АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА | РИМАА РАХЬ 9—11
Ахәшаҵла иазку аҿырԥштәы
Ҵакыс иамоузеи асимволтә ахәшаҵла, насгьы уи ахәҭақәа?
- Ахәшаҵла: Авраами Анцәеи ирыбжьаҵаз аиқәшаҳаҭрахь иаҵанакуаз Анцәа иқәыргәыӷра анаӡара. 
- Агәыцә: Иисус, Авраам ихылҵшьҭра ихадоу ахәҭа. 
- Амахәҭақәа: 144 000 — арҭ зегьы Авраам ихылҵшьҭра аҩбатәи ахәҭахьы иаҵанакуа ауаа ихарҭәаау рхыԥхьаӡара. 
- Ихжәаз амахәҭақәа: Иисус дыздызымкылаз ауриацәа. 
- Иахаҳау амахәҭақәа: егьырҭ ажәларқәа рҟынтә доуҳала иалху ақьырсианцәа. 
Заа ишҳәаз еиԥш Авраам ихылҵшьҭра — Иисус, насгьы 144 000 — егьырҭ ажәларқәа рҟынтә ауаа азылԥхарақәа рзаанагоит (Рим. 11:12; Аҟаз. 22:18).
Еилыскаазеи сара Иегова изкны, Авраам ихылҵшьҭра аганахьала игәҭакы шынаигӡаз аҟынтә?