АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА | ИОВ (ИОВ) 11—15
Иов аԥсҭалара шыҟало ӷәӷәала агәра игон
Иов Иегова иԥсы ҭеиҵар шилшо агәра шигоз ааирԥшит
14:7—9, 13—15
- Иов аҵла ҿырԥштәыс иааигеит, иҟалап уи азеиҭынҵла акәызҭгьы. Уи ала иара иааирԥшит Иегова иԥсы аҭаҵара шилшо ала имаз агәрахаҵара 
- Зышьаҭа ибзианы изышьҭхьоу азеиҭынҵла адеибаркыра иалнаршоит уи ашьапы хҵәазаргьы аҿиаа ҿыц ашьҭра. Аҵла адацқәа еибгазар, уи ҿыц иазҳар алшоит 
- Аарҩара бааԥс ашьҭахь ақәа аур, азеиҭынҵла иҩахьоу ахџыџ авҵиаа ҿыц аунашьҭыр алшоит. Усҟан иара «аиҭаҳатә еиԥш амахә аунашьҭуеит»