АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА
Иегова иҿы аҵара ҵала
УИ ЗХАДОУ Ҳамҩақәҵаҩ Ду — Анцәа Иегова — зегь иреиӷьу аҵара ҳаиҭоит. Иара иаҳирҵоит уажәнатә ҳаԥсҭазаара еиӷьаҳтәыр шҳалшо, насгьы адунеи ҿыц аҿы аԥсҭазаара ҳазыҟаиҵоит. Уи азы иара ҳара ҳҟынтә акгьы дазыԥшӡам! (Ис. 11:6—9; 30:20, 21; Аат. 22:17). Иара убас Иегова ирҵара абзоурала, ҳара ауаа аԥсҭазаара рызҭо ажәабжь бзиа ҟазарала ирызнаҳгоит (2 Кор. 3:5).
УИ ШЫҞАҴАТӘУ
Ахынраалареи аҟәымшәышәреи аарԥшла (Аԥсал. 25:8, 9).
Ухы иархәала Иегова иудигало арҵара, иаҳҳәап, аиԥылара «Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи» аҿы иҟоу адҵақәа рынагӡара.
Иқәыргылала адоуҳатә хықәкқәа (Флп. 3:13).
Уазхиаз уԥсҭазаараҿы ак мап ацәкра Иегова иҟынтә рҵарак уоурц азы (Флп. 3:8).
УАХӘАԤШ АВИДЕОНҴАМҬА «ИЕГОВА УРҬ ДОУҲАЛА ИРБЕИОИТ» АНАҨС ҴАҞА ИААГОУ АЗҴААРАҚӘА РҬАК ҞАҴА:
Иарбан уадаҩрақәоу ирымаз Аҳра ажәабжьҳәаҩцәа рышкол аҿы аҵара зҵар зҭахыз ажәабжьҳәаҩцәа?
Иддырҵозеи Аҳра ажәабжьҳәаҩцәа рышкол аҿы?
Ишԥарыцхрааи аишьцәеи аиаҳәшьцәеи реизарахь амаҵзуразы ирзынарышьҭыз аушьҭымҭацәа?
Иарбан ҭахрақәоу иҟоу Аҳра ажәабжьҳәаҩцәа рышкол аҿы аҵара рҵарц азы? (kr-U 189).
Иарбан рҵароу Иегова иорганизациаҿы уара иҵегь узхысыр улшо?
Еихьӡарас иҟауҵар улшозеи Иегова иҿы аҵара уҵалар?