АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА
Иуҭахума уара Аҳра ажәабжьҳәаҩцәа рышкол аҿы аҵара ахысра?
Уара 23 шықәса ухыҵхьазар, аха 65 шықәса уеиҳамзар, насгьы уаамҭа зегь амаҵзура иазукуазар? Агәабзиара умазар, насгьы ажәабжьҳәаҩцәа рыцхыраара ахьаҭаху амаҵ аура улшозар? Арҭ азҵаарақәа рҭак ааи акәзар, узазымхәыцрызеи Аҳра ажәабжьҳәаҩцәа рышкол аҿы аҵара ахысра? Ари ашкол иахысхьеит зықьҩыла аҭаацәара иалоу ақьырсианцәа, иара убас ԥҳәыс даазымгац аишьцәеи, хаҵа имцац аиҳәшьцәеи. Аха уеизгьы аҭаацәара иаламлац аишьцәа аҭахуп. Иегова уиҳәала игәаԥхара анагӡаразы, насгьы Иԥа иҿыԥшразы агәаҳәара уиҭарц (Аԥсал. 40:8; Матф. 20:28; Аур. 10:7). Иара убас уазхәыц, уԥара аныхырҭақәа урмаҷыр шулшо, ари ашкол аҿы аҵара уахысырц азы.
Иарбан лшарақәоу ирзаатуа ари ашкол иалгаз ажәабжьҳәаҩцәа? Шьоукы атәым бызшәала иахьцәажәо атерриториахь идәықәырҵеит, ма ақалақь дуқәа рҿы ҷыдала еиҿкааз ажәабжьҳәаратә маҵзура аҽалархәра рылшеит. Егьырҭ аушьҭымҭацәа аамҭак ашьҭахь амаҵ аура иалагеит араионтә хылаԥшыҩцәа рыцхырааҩцәас, раионтә хылаԥшыҩцәас, ма миссионерцәас. Урызхәыцла Иегова имаҵ ауразы иҟоу алшарақәа, аԥааимбар Исаиа имаз агәазыҟашьа аҩыза еизырҳала. Уи иҳәеит: «Абар сахьыҟоу! Сышьҭы сара» (Ис. 6:8).
УАХӘАԤШ АВИДЕОНҴАМҬА «АМИССИОНЕРЦӘА ГӘАЦԤЫҲӘАРАЛА АҼАҨРА АҬАГАЛАРА ИАЛАХӘУП», АНАҨС ҴАҞА ИААГОУ АЗҴААРАҚӘА РҬАК ҞАҴА:
Ирышьҭуада миссионерс амаҵ аура?
Иҟарҵозеи амиссионерцәа?
Иарбан гәырӷьароу амиссионертә маҵзура иаанаго?