АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА | ТИТ ИАХЬ 1 — ФИЛИМОН ИАХЬ
Қалақьцыԥхьаӡа аизара аиҳабацәа ахаргыл
Павел Тит идиҵеит қалақьцыԥхьаӡа аизара аиҳабацәа ахаиргыларц. Убас еиԥш иахьагьы аизарақәа рҿы аишьцәа алызхуа араионтә хылаԥшыҩцәа роуп.
АНАПХГАРАТӘ ХЕИЛАК
Раԥхьатәи ақьырсианцәа реизараҿы иҟаз аиҿкаара инақәыршәаны Анапхгаратә хеилак араионтә хылаԥшыҩцәа аҭакԥхықәра ду рыдырҵоит — аизара аиҳабацәеи амаҵзуратә хылаԥшыҩцәеи ралхра.
АРАИОНТӘ ХЫЛАԤШЫҨЦӘА
Араионтә хылаԥшҩы ихәҭоуп Анцәа диҳәаны, цқьа дазхәыцны аизара аиҳабацәа рхеилак идыргало аишьцәа ркандидатурақәа рыхәаԥшра. Анаҩс иара аҭахрақәа ирықәшәо аишьцәа алихуеит.
АИЗАРА АИҲАБАЦӘА
Аизара аиҳабацәас иалырхыз аишьцәа абиблиатә ҭахрақәа ирықәшәаларц азы анаҩсгьы ирылшо зегь ҟарҵалароуп.