АУРОК 17
Ишԥаҳацхраауеи ҳара араионтә хылаԥшыҩцәа?
Малави
Ажәабжьҳәаразы аиԥылара
Ажәабжьҳәаратә маҵзура
Аизара аиҳабацәа реиԥылара
Ақьырсиантә Бырзентә Ҩырақәа рҟны Варнава, насгьы апостол Павел рыӡбахә лассы-лассы иануп. Арҭ ахацәа раԥхьатәи ақьырсиантә еизарақәа ирҭаауа хылаԥшыҩцәаны амаҵ руан. Избан дара ус зыҟарҵоз? Дара гәыкала еиҷаҳауан доуҳала иҟаз аишьцәа рыбзазара. Зны Павел Варнава иеиҳәеит: «Уааи ҳхынҳәны аишьцәа ҳарҭаап ...русқәа шыҟоу ҳбап». Иара дазхиан даара акырӡа ихараны ацара, ихаҵара ицеиҩызшоз рырӷәӷәаразы (Аусқәа 15:36, АдҾ). Убасҵәҟьа иҟоу агәазыҟашьа рымоуп аизара иаҭаауа ахылаԥшыҩцәа иахьагьы.
Дара ҳарӷәӷәаразы иаауеит. Араионтә хылаԥшҩы шықәсыкахь ҩынтә инықәырԥшны иуҳәозар 20 еизара (раионк) дырҭаауеит, еизарак аҿы мчыбжьык дыҟоуп. Ҳара арҭ аԥышәа змоу аишьцәеи дара рыҳәсеи ирҿаҳҵаауа рацәоуп. Дара рҽазыршәоит аизараҿ зегьы, ахәыҷқәагьы, зықәрахь инеихьоугьы рабадырра, насгьы гәахәарала ҩнаҭацыԥхьаӡа ажәабжьҳәареи абиблиатә ҵарақәе́и рахь ирыццоит. Араионтә хылаԥшыҩцәа аизара аиҳабацәа имҩаԥырго ахьчаратә ус ахь ирыццоит, иара убас ҳара зегь ҳдырӷәӷәоит, аизарақәеи аконгрессқәеи рҿы угәы шьҭызхуа ажәахәқәа рыманы ианықәгыло (Аусқәа 15:35).
Дара аизараҿы зегьы ирыдҵаалоит. Араионтә хылаԥшыҩцәа рхықәкы — аизарақәа доуҳала рырӷәӷәара ауп. Дара аизара аиҳабацәеи амаҵзуратә цхырааҩцәеи еизганы ирылацәажәоит иҟаҵаз аихьӡарақәа, насгьы алабжьара рырҭоит. Дара апионерцәа рмаҵзура аиӷьтәра ирыцхраауеит, насгьы аизарахь ҿыц иааз ирабадыруеит, рдоуҳатә қәҿиарақәа ирыдҵаалоит. Урҭ аишьцәа зегьы ҳара иҳацхраарц азы раамҭеи рымчқәеи аныхра иазхиоуп (2 Коринфаа 8:23). Дара ирымоу агәрахаҵареи Анцәа изиашареи ҿырԥш дууп ҳара ҳзы (Ауриацәа 13:7).
Иарбан хықәку ирымоу араионтә хылаԥшыҩцәа?
Ишԥашәыцхраауеи шәара урҭ рҭаара?