АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА
Дара ҳхылаԥшларц азы рхы иамеигӡакәа аџьабаа рбоит
Араион ахылаԥшыҩцәа рхатә ҩызцәеи дареи зҭаауа аизарақәа рҿы иҟоу аишьцәеи аиҳәшьцәеи рхы иамеигӡакәа иреиҷаҳауеит. Ҳара зегь ҳаиԥш, даргьы рхатә ҭахрақәа рымоуп; зны-зынла дара ааԥсоит, ргәы анкаҳауа, ма агәҭынчымра анрызцәырҵуагьы ыҟоуп (Иак 5:17). Аха дара уеизгьы есымчыбжьа раԥхьаӡа иргыланы изызхәыцуа аишьцәеи аиҳәшьцәеи ргәы шышьҭырхша ауп. Араион ахылаԥшыҩцәа «еиҳау аҳаҭыр иаԥсоуп» (1Тм 5:17).
Апостол Павел аишьцәеи аиҳәшьцәеи «[р]гәы шьҭ[и]хыр[ц]» азы Римҟа дцараны даныҟаз, рхаҵара ирӷәӷәарц мацара акәым, даргьы ихаҵара дырӷәӷәарц иҭахын (Рм 1:11, 12). Уазхәыцхьоума уара араион ахылаԥшҩы иԥшәмеи иареи ргәы шьҭухыр шулшо?
УАХӘАԤШ АВИДЕОНҴАМҬА «АРАИОН АХЫЛАԤШҨЫ ИМАҴЗУРА», АНАҨС ҴАҞА ИААГОУ АЗҴААРАҚӘА РҬАК ҞАҴА:
Ишԥареиҷаҳауеи араион ахылаԥшыҩцәа рхатә ҩызцәеи дареи аишьцәеи аиҳәшьцәеи рхы иамеигӡакәа?
Иарбан хәарҭоу урҭ ахьуеиҷаҳауа иузаанаго?
Ишԥаҳалшо урҭ ргәы шьҭаҳхыр?