АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА
Уи еснагь шәазхәыцла
Ҳзызхәыцлар акәзеи? Филиппаа рахь 4:8 ҳгәазҭанаҵоит ииаша-ҵабыргу, гәыкала иҟоу, залымдара злам, ицқьа-шәқьоу, абзиабара иаԥсоу, гәахәара узҭо ҳазхәыцларц. Ҳәарада, уи иаанагаӡом ақьырсианцәа адоуҳатә мацара иазхәыцлар ауп ҳәа. Аха ҳара ҳхәыцрақәа Иегова игәы иахәозар ауп. Ҳхәыцрақәа Анцәа иахь иҳамоу азиашара дырԥсыҽыртә рылҳмыршароуп (Аԥсал. 19:14).
Ҳара иҳалшо ҟаҳҵалароуп, ицқьам ахәыцрақәа ҳҽырцәаҳахьчаларц азы. Ҳара ҳанамӡара аҿагылара адагьы, «ари аамҭа анцәахәы» Аҩсҭаагьы ҳаиҿамгылар ада ԥсыхәа ҳамам (2 Кор. 4:4). Иара инапаҿы иҟоуп амассатә информациа ахархәагақәа. Убри аҟынтә убжьызхуа Аҩсҭаа инырра убарҭоуп ателехәаԥшраҿы, арадиодырраҭараҿы, аинтернет аҿы, иара убас икьыԥхьу аҭыжьымҭақәа рҿы. Ҳара ҳхәыцрақәа ҳрыцкламԥшлар уи ҳхәыцшьа ианыруеит, насгьы хымԥада уи ҳхымҩаԥгашьа ианыԥшуеит (Иак. 1:14, 15).
УАХӘАԤШ АВИДЕОНҴАМҬА «АЗИАШАРА ААРԤШРА ИШӘԤЫРХАГОУ АҞАЗШЬАҚӘА ШӘҼЫРЦӘЫШӘЫХЬЧАЛА. ИҼЕИМ АГӘЫРҾЫХАГАҚӘА», АНАҨС ҴАҞА ИААГОУ АЗҴААРАҚӘА РҬАК ҞАҴА:
Дызхәаԥшуази аиашьа иҭел аҿы, насгьы ишԥеиныри уи?
Ишԥаицхрааи Галаҭаа рахь 6:7, 8, насгьы Аԥсалом 119:37 аҟны иану?