АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА
Ухәыцрақәа вба рымамыз
Анцәа иҿаԥхьа вба ҳамамзарц азы, ҳхымҩаԥгашьеи ҳцәажәашьеи рыдагьы, ҳхәыцрақәагьы ҳрыцклаԥшлароуп (Аԥс 19:14). Убри аҟынтә Абиблиа ҳгәазҭанаҵоит: «Шәазхәыцла иҵабыргу, ихадоу, ииашоу, ицқьоу, бзиа ибатәу, ибзианы изыхцәажәо, ибзиоу, арҽхәара иаԥсоу» (Фп 4:8). Ҳәарада, иҽеим ахәыцрақәа ахаан ҳхахьы имааиуа иаҳзыҟаҵаӡом. Аха аҽынкылара ҳацхраауеит урҭ ҳԥырцареи Иегова ихәаԥшышьала ииашоу ахәыцрақәа рыла рыԥсахреи. Ҳхәыцрақәа вба рымамзар, ҳусқәагьы вба роуӡом (Мк 7:21—23).
Абиблиатә жәеинраалақәа рыҵаҟа ианҵа ҳҽызцәыҳахьчалар ҳахәҭоу ахәыцрақәа.