АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА
Есыҽны Абиблиа уаԥхьала, аҟәыӷара ԥшаала
Анцәа иҳаиҭо аҟәыӷара иҵәаху ахазына еиԥш ахә ҳаракуп (Ажәм 2:1—6). Аҟәыӷара ҳацхраауеит ииашаны ахәыцреи аӡбара бзиақәа рыдкылареи. Уи ҳара ҳахьчоит. Убри аҟынтә уи «зегь раасҭа [ихадоуп]» (Ажәм 4:5—7). Анцәа Иажәа иагәылоу адоуҳатә бырлашқәа рыԥшааразы аџьабаа батәуп. Ҳалагар ҳалшоит Абиблиа «уахгьы-ҽынгьы» аԥхьара ала, даҽакала иуҳәозар, есыҽны (ИсН 1:8). Иҟаҳҵар ҳалшозеи есыҽны Анцәа Иажәа аԥхьара шьцыларас иҳамазарц азы, насгьы уи агәахәара ҳзаанагаларц азы?
УАХӘАԤШ АВИДЕОНҴАМҬА «АҾАР АНЦӘА ИАЖӘА БЗИА АБАШЬА РҴОИТ», АНАҨС ҴАҞА ИААГОУ АЗҴААРА АҬАК ҞАҴА:
Избан иқәыԥшу арҭ аишьцәеи аиҳәшьцәеи есыҽны Абиблиа аԥхьара зырцәыуадаҩыз, насгьы ирыцхраазеи дара?
Меланиа
Замуель
Селин
Рафаелло
АБИБЛИА АԤХЬАРАЗЫ СЫГРАФИК: