АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА
Амаҵзураҿы иҳамоу аҟазара еиӷьаҳтәуеит. Ауаа рҭахрақәа урызхәыцла
УИ ЗХАДОУ Доуҳала иалху ақьырсианцәеи егьырҭ ауасақәеи ауаа ааԥхьара рырҭоит «аԥсҭазааратә ӡыхь зҭаху хәыда-ԥсада» иргарц (Аат. 22:17). «Аԥсҭазааратә ӡыхь» — ари зегь Иегова иара изыӡырҩуа ауаа агәнаҳаи аԥсреи рхы иақәиҭхарц азы ишьақәиргылаз ауп. Ҳара ҳрыцхраар ҳҭахуп культуралеи динхаҵаралеи еиԥшым ауаа. Убри аҟынтә дара ажәабжь бзиа анырзеиҭаҳҳәо ауаа рҭахрақәа ҳрызхәыцлароуп, насгьы хаҭала ауаҩы иацәажәашьа ҳдыруазароуп (Аат. 14:6).
УИ ШЫҞАҴАТӘУ
Иалхла атемақәеи абиблиатә жәеинраалақәеи уахьынхо аҭыԥ аҿы ауаа ргәы иҵхо инақәыршәаны. Ухы иаурхәар улшоит аицәажәарақәа рыхкқәа, ма ажәабжьҳәараҿы ақәҿиара змоу адгаларақәа. Иарбан темақәоу, насгьы жәеинраалақәоу ауаа еиҳа иззыӡырҩуа? Иарбан жәабжьқәоу ауаа злацәажәо? Иарбан темоу иргәаԥхо ахацәа, насгьы аҳәса?
Уазхәыцла уахьынхо аҭыԥ аҿы аԥсшәа шеибырҳәо, насгьы ауаа ишрацәажәалатәу (2 Кор. 6:3, 4).
Заа урыхәаԥш апубликациақәа ирну, насгьы амаҵуразы иҟоу амыругақәа рҟынтә авидеонҵамҭақәа рҵакы, алшара ануоулак узацәажәо иурбарц азы.
Ихҩылаа апубликациақәеи авидеонҵамҭақәеи уахьынхо аҭыԥ аҿы ауаа злацәажәо абызшәақәа рыла.
Узацәажәо иҭахрақәа инарықәыршәаны атемақәа ԥсахла (1 Кор. 9:19—23). Иаҳҳәап, узацәажәо изааигәоу аӡәы дыԥсызар, иарбан темоу узлацәажәо?
УАХӘАԤШ АВИДЕОНҴАМҬА, АНАҨС ҴАҞА ИААГОУ АЗҴААРАҚӘА РҬАК ҞАҴА:
Иарбан темоу ажәабжьҳәаҩ иалихыз ахаҵа диацәажәарц азы?
Дзықәшәазеи уи ахаҵа иԥсҭазаараҿы?
Иарбан библиатә жәеинраалоу ари аҭагылазаашьаҿы еиҳа ианаалоз, насгьы избан?
Ишԥауԥсахуеи адгалара узацәажәо ауаҩы аинтерес изцәыругарц азы?