АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА
Азиашара аарԥшла арҭ аҵыхәтәантәи амшқәа рзы
УИ ЗХАДОУ Иаарласны узыршанхо ахҭысқәа ирылагоит аҟынтә, ҳара агәымшәареи Иегова иахь агәрагареи ҳамазароуп. Арыцҳара ду алагоит амцдинхаҵарақәа рықәгара ала (Матф. 24:21; Аат. 17:16, 17). Уи имариам аамҭазы ҳара гәымшәарала Иегова иӡбара иазку иџьбароу ажәабжь ауаа ирылаҳҳәалоит (Аат. 16:21). Ҳара Магог аҟынтә Гог дҳақәлоит (Иез. 38:10—12, 14—16). Убасҟан Иегова ижәлар ихьчоит, насгьы аибашьра Армагеддон далагоит (Аат. 16:14, 16). Урҭ ахҭысқәа гәымшәарала ҳарԥыларц азы, ҳара уажәнатә аԥышәарақәа раан Иегова иахь азиашара ааҳарԥшлароуп.
УИ ШЫҞАҴАТӘУ
- Иҳараку Иегова инормақәа урықәныҟәала (Ис. 5:20). 
- Аишьцәеи аиҳәшьцәеи урыцны Иегова анаҩсгьы уимҵахырхәала (Аур. 10:24, 25). 
- Иегова иорганизациа иунаҭо алабжьарақәа иаразнак урықәныҟәала (Аур. 13:17). 
- Уазхәыцла Иегова имаҵзуҩцәа ажәытәан ишеиқәирхоз (2 Пиотр 2:9). 
- Иегова уиҳәала, насгьы зегь рыла уиқәгәыӷла (Аԥсал. 112:7, 8). 
УАХӘАԤШ АВИДЕОНҴАМҬА «АГӘЫМШӘАРА АХЬАҲҬАХХО ԤХЬАҞАТӘИ АХҬЫСҚӘА» АҞЫНТӘ АЦЫԤҴӘАХА, АНАҨС ҴАҞА ИААГОУ АЗҴААРАҚӘА РҬАК ҞАҴА:
- Ишԥаԥышәаз ажәабжьҳәаҩцәа иаадырԥшуаз аӡырҩра, даҽа еизарак ахь ишиастәу анрарҳәа? 
- Ишԥеидҳәалоу азыӡырҩреи агәымшәареи? 
- Избан Армагеддон аан агәымшәара заҳҭаххо? 
- Уажәнатә уҽырзыҟаҵала агәымшәара ахьаҭаххо ахҭысқәа - Иарбан библиатә цыԥҵәахоу агәра ҳзырго Иегова имаҵзуҩцәа реиқәырхара шилшо? (2 Аш. 20:1—24).