АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА
Апионертә маҵзура — Иегова ирҳаракразы лшароуп
Израильаа Иегова ирҽхәаразы амзызқәа рацәаны ирыман. Анцәа урҭ Мсыр иалигеит, насгьы афараони ируааи рҟынтә ихьчеит (Ақәҵ. 15:1, 2). Иегова иахьагьы имаҵзуҩцәа дреиҷаҳауеит. Ишԥаҳалшо иара иахь аџьшьара аарԥшра? (Аԥсал. 116:12).
Азнеишьақәа руак — ицхырааҩу пионерс, ма пионерс амаҵ аура ауп. Уара Анцәа уиҳәалар улшоит агәаҳәареи амчи уиҭарц, уи амаҵзуразы (Флп. 2:13). Аӡәырҩы ицхырааҩу пионерс амаҵ аура ала иалагеит. Март, апрель, иара убас аизара араионтә хылаԥшҩы данаҭаауа амзақәа рзы уара шаҟа аамҭа ажәабжь уҳәало алухыр улшоит — 30, ма 50 сааҭ. Ицхырааҩу пионерс амаҵ аныууа иуоуа агәырӷьара угәазҭанаҵар алшоит пионерс амаҵ аура. Пионерс амаҵ руеит амш зегь аус зуа, иара убас згәабзиара ҽеимгьы (mwb16.07 8). Иегова изы ҳара ҳхы мап ацәкра ҳазхиоуп! (1 Аш. 16:25).
УАХӘАԤШ АВИДЕОНҴАМҬА «МОНГОЛИА АҞЫНТӘ ХҨЫК АИҲӘШЬЦӘА», АНАҨС ҴАҞА ИААГОУ АЗҴААРАҚӘА РҬАК ҞАҴА:
Иарбан уадаҩрақәоу х-ҩык аиҳәшьцәа ирхыргаз, пионерс аҟаларазы?
Дышԥарзылԥхеи урҭ Иегова?
Иарбан лшарақәоу амаҵзураҿы дара ирзаатыз?
Ргәы зызҭанаҵазеи арҭ аиҳәшьцәа рҿырԥштәы егьырҭ?