АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА
Ииашам аинформациа рылаумырҵәалан
Иахьа аинформациа ирласны адунеи зегь иалаҵәар алшоит агазеҭқәа, арадио, ателехәаԥшра, насгьы аинтернет ала. Аиашара злоу Анцәа имаҵ зуа ирҭахӡам амц аларҵәара рхы аладырхәырц, уи рзымдырӡакәа иҟарҵозаргьы (Аԥсал. 31:5; Ақәҵ. 23:1). Ииашоу-ииашаму гәамҭаӡакәа егьырҭ ираҳҳәо аинформациа урҭ ӷәӷәала ирԥырхагахар алшоит. Аинформациа иашоу ииашаму еилукаарц азы ухы уазҵаа:
«Агәра угартә иҟоума ахыҵхырҭа?» Иҟалап ак еиҭазҳәо афактқәа зегь изымдыруазар. Жәабжьк еиҭаҳәо ауаа ианеимырдо акы рцәагымхар ауӡом. Убри аҟынтә аинформациа ибзианы издыруа иҟынтә иаҳмаҳазар ҳгәаҳҽанызар ауп. Еиҳараӡак агәҽанызаара аадырԥшлар ауп аизараҿы аҭакԥхықәра зду, избанзар аишьцәеи аиҳәшьцәеи урҭ рыгәра ргоит.
«Еиҭауҳәо аинформациа ауаҩы дызлаҟам ала даанарԥшуама?» Аинформациа аӡәы ихьӡ ԥхасҭанатәуазар, уи зынӡа иҳамҳәар еиӷьуп (Ажәам. 18:8; Флп. 4:8).
«Ииашоу жәабжьума уи?» Ажәабжь ҿыцқәеи аацҳарақәеи рыгәрагара уахымыццаклан.
УАХӘАԤШ АФЛОМАСТЕРТӘ АНИМАЦИА «ИШԤААНКЫЛАТӘУ УҲӘАН-СҲӘАН?», АНАҨС ҴАҞА ИААГОУ АЗҴААРАҚӘА РҬАК ҞАҴА:
Иарбан мчу ирымоу ажәақәа Ажәамаанақәа 12:18 иану инақәыршәаны?
Ишԥаҳацхраауеи Филиппаа рахь 2:4 иану апринцип егьырҭ рыӡбахә анаҳҳәо?
Ҳхы мҩаԥаҳгар шԥаҳахәҭоу, егьырҭ рыхцәажәара аҵәы алхреи ақьиара знымԥшуа ажәақәеи рахь ииасуазар?
Иарбан зҵаароу ҳхы иаҳҭар ҳахәҭоу, аӡәы иӡбахә аҳәара ҳалагаанӡа?