Ишәымоума шәара ашьақәырӷәӷәарақәа?
«Аӡәы дымӡырҩӡакәа аҭак ҟаиҵозар, уи хшыҩдароуп, насгьы иара дланарҟәуеит» (АЖӘАМААНАҚӘА 18:13).
1, 2. а) Иаҳҵар акәзеи ҳара, насгьы избан? б) Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?
ҲАРА зегьы аинформациа агәаҭашьеи ииашоу алкаақәа рыҟаҵаразы уи ахархәашьеи ҳҵароуп (Ажәамаанақәа 3:21—23; 8:4, 5). Мамзар Аҩсҭаа идунеии иареи ҳжьара рзымариахоит (Ефесаа рахь 5:6; Кәаласаа рахь 2:8). Ҳәарада, ииашоу алкаақәа ҟаҳҵарц азы ашьақәырӷәӷәарақәа ҳамазар ауп. Ажәамаанақәа 18:13 аҿы иануп: «Аӡәы дымӡырҩӡакәа аҭак ҟаиҵозар, уи хшыҩдароуп, насгьы иара дланарҟәуеит».
2 Ари астатиаҿы еилҳаргоит ашьақәырӷәӷәарақәа рыԥшаареи ииашоу алкаақәа рыҟаҵареи иаҳԥырхагахар алшо. Ҳара иара убас еилаҳкаауеит аинформациа агәаҭашьа ҳзырҵо абиблиатә принципқәеи аҿырԥштәқәеи.
«ИАРБАН АЖӘАЗААЛАКГЬЫ» АГӘРА ШӘЫМГАЛАН
3. Избан Ажәамаанақәа 14:15 аҿы иану абиблиатә принцип ақәныҟәара зҳахәҭоу? (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.)
3 Иахьа аинформациа ахьынтәиҳауа рацәоуп. Уи ҳауеит аинтернети, ателевизори, ажурналқәеи, агазеҭқәеи рыла. Иара убас аелектронтә ԥошьҭалеи СМС аацҳарақәеи рыла иҳауа рацәоуп, насгьы ҳҩызцәагьы имаҷымкәа ахҭысқәа ҳзеиҭарҳәалар ауеит. Угәы иаанагар алшоит уи ҵыхәаԥҵәара амам ҳәа. Убри аҟынтә агәҽанызаара ааҳарԥшлар ауп. Иҟалап ҳҩызцәа абзиара ргәы иҭакны уи ҟарҵозар, аха иҟоуп ауаа аинформациа шиашам дырны ирылазырҵәо, насгьы хҭыск ишыҟаҵәҟьаз акәымкәа, еихаргыла-еиҵаргыла изҳәо. Иарбан библиатә принципқәоу иҳацхраауа иҳаҳауа аинформациа агәаҭара? Ажәамаанақәа 14:15 аҿы иануп: «Аԥышәа змам иарбан ажәазаалакгьы агәра игоит, аилкаара змоу ауаҩы ишьаҿақәа заа дрызхәыцуеит».
4. Иҳацхраар шԥалшо ҳзыԥхьо алхра, Филиппаа рахь 4:8, 9 иану инақәыршәаны, насгьы избан ииашоу аинформациа ҳамазар зхадоу? (Шәахәаԥш иара убас арамка «Ииашоу аинформациа аилкаара иҳацхраауа амыругақәа».)
4 Ииашоу аӡбарақәа ҳадаҳкылаларц азы узықәгәыӷыртә иҟоу аинформациа ҳамазар ауп. Убри аҟынтә ҳзыԥхьо аналаҳхуа агәҽанызаара ӷәӷәа ааҳарԥшлар ауп. (Шәаԥхьа Филиппаа рахь 4:8, 9.) Ҳара ҳаамҭа ақәҳмырӡлар ауп аинтернет аҿы зыгәра угартә иҟам ажәабжьқәа рыхәаԥшра, мамзаргьы уҳәан-сҳәанқәа рылазырҵәо аелектронтә аацҳарақәа рыԥхьара. Еиҳарак ихадоуп аҵабырг иацәхьаҵыз ргәаанагарақәа ахьрыладырҵәо асаитқәа рҽырцәыхьчара. Дара ирҭахуп Анцәа ижәлар рыгәрахаҵара дырԥсыҽыр, насгьы аҵабырг иашамшәа иаадырԥшыр. Зыгәра угартә иҟам аинформациа иҽеим аӡбарақәа рахь унанагоит. Ииашам аинформациа анырра шәнаҭом ҳәа ахаангьы шәымхәыцлан (1 Тимофеи иахь 6:20, 21).
5. Иарбан ииашамыз информациоу Израильаа ираҳаз, насгьы ишԥарныри уи?
5 Ииашам аинформациа алҵшәа бааԥсқәа аанагоит. Моисеи ихаан 12-ҩык аԥшыхәыҩцәа Изқәыргәыӷыз адгьыл ахь ицеит. Жәаҩык хынҳәны ианаа, уи адгьыл иҽеимкәа иахцәажәон (Ахыԥхьаӡарақәа 13:25—33). Дара иҟам-ианым рҳәон, убри аҟынтә Иегова ижәлар шәеит, насгьы ргәы каҳаит (Ахыԥхьаӡарақәа 14:1—4). Избан? Иҟалап дара урҭ ирҳәоз иашан ҳәа ргәы иаанагазҭгьы, избанзар реиҳараҩык ирҳәоз еиԥшын. Убри аҟынтә дара егьырҭ ҩыџьа аԥшыхәыҩцәа Изқәыргәыӷыз адгьыл иазкны ирҳәоз азыӡырҩра рҭахымхаӡеит (Ахыԥхьаӡарақәа 14:6—10). Дара афактқәа зегьы реилкаареи Иегова иқәгәыӷреи аҭыԥан ииашамыз аинформациа агәра ргарц рыӡбеит.
6. Избан иџьаҳамшьалар зҳахәҭоу Иегова ижәлар иҽеимкәа ишрыхцәажәо анҳаҳауа?
6 Ҳара еиҳарак агәҽанызаара ааҳарԥшлар ҳахәҭоуп Иегова ижәлар ак анырзырҳәо. Ишәхашәмыршҭлан ҳара ҳаӷа, Аҩсҭаа, «ҳашьцәа ахара рыдызҵоз» ҳәа шизҳәоу (Аатра 12:10). Иисус иҳәон ҳаӷацәа мыцла ацәгьарақәа шаҳзырҳәало (Матфеи 5:11). Ҳара ари агәҽанҵара зҿлымҳарыла ҳазыӡырҩлар, Иегова ижәлар иҽеимкәа ишрыхцәажәо анҳаҳауа иџьаҳшьалаӡом.
7. Иарбан зҵаарақәоу ҳхы иаҳҭар ҳахәҭоу аелектронтә ԥошьҭала асаламшәҟәы ма СМС аацҳара ҳашьҭаанӡа?
7 Ижәгәаԥхома шәара шәҩызцәа аелектронтә ԥошьҭала асаламшәҟәқәеи СМС аацҳарақәеи рзышьҭра? Ажәабжьқәа рҿы аинтерес зҵоу хҭыск жәбазар, мамзаргьы иааџьоушьаша ак шәаҳазар, ишәоуама агәаҳәара ажурналист иеиԥш иаразнак уи зегьы рзеиҭаҳәара? Аелектронтә ԥошьҭала асаламшәҟәы ма СМС аацҳара шәышьҭаанӡа, шәхы шәазҵаа: «Агәра ганы сыҟоума ари аинформациа шиашоу? Исымоума ашьақәырӷәӷәарақәа?» Агәра ганы шәыҟамзар, ауаа амц рылашәырҵәар алшоит. Убри аҟынтә аинформациа иашоу ииашаму шәзымдыруазар, аӡәгьы изышәмышьҭын. Наҟ ианышәх!
8. Иҟарҵози тәылақәак рҿы ҳаӷацәа, насгьы ишԥаҳалшо ҳазымхәыцӡакәа урҭ ҳрыцхраалар?
8 Иҟоуп даҽа мзызк аелектронтә ԥошьҭала асаламшәҟәы ма СМС аацҳара ҳамхәыцӡакәа ианаҳашьҭуа зшәарҭоу. Тәылақәак рҿы ҳажәабжьҳәаратә ус закәанла ишьақәырӷәӷәаӡам, мамзаргьы зынӡа мап ацәкуп. Ҳаӷацәа урҭ атәылақәа рҿы ҳдыршәарц, мамзаргьы агәреибагара ҳаҟәыҵырц азы цасҳәа ииашам аинформациа ауаа ирыладырҵәоит. Шәазхәыц Асовет Еидгыла аамҭазы иҟаз. КГБ аҿы аус зуаз уҳәан-сҳәан ауаа ирыладырҵәон зегь ирдыруаз аишьцәа Иегова ижәлар рҭиуеит ҳәаa. (Шәахәаԥш албаага.) Илахьеиқәҵагоуп, аха аишьцәа аӡәырҩы уи амц агәра ргеит, насгьы Иегова иорганизациа аанрыжьит. Ԥыҭрак ашьҭахь урҭ рҟынтә аӡәырҩы хынҳәит, аха иҟоуп имхынҳәызгьы. Дара уи амц рыгәрахаҵара арԥсыҽыртә алдыршеит (1 Тимофеи иахь 1:19). Ишԥаҳалшо ари аҩыза арыцҳара ҳҽацәаҳахьчар? Угәы иамыхәо, мамзаргьы ашьақәырӷәӷәарақәа змам аҭоурыхқәа рылашәмырҵәалан. Иаашәаҳауа зегьы рыгәра шәымгалан. Уи аҭыԥан ашьақәырӷәӷәарақәа шәымоу ишәымаму шәазхәыц.
АҴЫХӘТӘАНЫНӠА ЗЕГЬ АНАҲЗЫМДЫРУА
9. Иаҳԥырхагахар алшозеи ҳара ииашоу алкаа аҟаҵара?
9 Зны-зынла ҳара аҵыхәтәанынӡа ииашам аинформациа ҳаҳауеит. Даҽа информациак афактқәа зегь унаҭом. Уи ииашоу алкаа аҟаҵара иаҳԥырхагахар алшоит. Ҳара ахаангьы агәра ҳгаӡом аҵыхәтәанынӡа ииашам аинформациа. Иҟаҳҵар акәзеи нас ҳара ус еиԥш иҟоу аинформациа ҳамжьарц азы? (Ефесаа рахь 4:14).
10. Избан Израильаа шьоукы рашьцәа ирабашьырц ак аазрыгымхаз, аха ирыцхраазеи уи аҽацәыхьчара?
10 Ҳара Иисус Навин ихаан аӡиас Иордан мраҭашәаратәи аган аҿы инхоз Израильаа зықәшәаз ахәарҭа алаҳхыр ҳалшоит (Иисус Навин 22:9—34). Дара ираҳаит Иордан мрагыларатәи аган аҿы инхоз Израильаа аӡиас ааигәара амҭанагарҭа ду дыргылеит ҳәа. Ганкахьала уи иашан, аха ирзымдыруазгьы ыҟан. Убри аҟынтә мраҭашәаратәи аган аҿы инхоз Израильаа ргәы иаанагеит мрагыларатәи аган аҿы инхоз рашьцәа Иегова иҿагылеит ҳәа, убри азы дара рҽеидкыланы рабашьра рҽазыршәеит. (Шәаԥхьа Иисус Навин 22:9—12.) Аха урҭ жәылаанӡа, мраҭашәаратәи аган аҿы инхоз израильаа иҟаҵәҟьаз еилыркаарц шьоук рышьҭит. Еилыркаазеи дара? Мрагыларатәи аган аҿы инхоз амҭанагарҭа здыргылаз амцнцәахәқәа амҭа рызнаргаларц азы акәмызт. Урҭ уи баҟаҵас идыргылеит, дара Иегова ишимҵахырхәо зегьы ирдыруазарц азы. Ҳхаҿы иааҳгар ҳалшоит Израильаа шаҟа игәырӷьаз ашьақәырӷәӷәарақәа зегь еилкааны рашьцәа рабашьра иахьаламгаз.
11. а) Избан Давид Мемфивосфеи ииашамкәа дызизныҟәаз? б) Ицхраар алшози Давид ус аҟамҵара?
11 Иҟалар алшоит ҳара иҳазкны аҵыхәтәанынӡа ииашам аинформациа ауаа ирыладырҵәар, уи ҳгәы ҳнархьыр ауеит. Мемфивосфеи убри аҩыза дақәшәеит. Аҳ Давид гәыҭбаарыла Мемфивосфеи иабду Саул иитәыз адгьыл зегьы ииҭеит (2 Самуил 9:6, 7). Аха ԥыҭрак ашьҭахь Давид Мемфивосфеи изкны иҽеимыз ак иаҳаит. Иара еилимкааӡеит иаҳаз иашазу ииашамзу, убри аҟынтә Мемфивосфеи имаз зегь имихит (2 Самуил 16:1—4). Аамҭақәак рышьҭахь Давид Мемфивосфеи даниацәажәа, агха шихьыз еиликааит. Анаҩс Давид Мемфивосфеи имазара ахәҭа изиргьежьит (2 Самуил 19:24—29). Иаразнак ак аӡбара аҭыԥан Давид иҟаҵәҟьаз аилкааразы аамҭа алихызҭгьы, Мемфивосфеи ари аҩыза агәаҟра дақәшәомызт.
12, 13. а) Иҟаиҵози Иисус амц анизырҳәоз? б) Иҟаҳҵалар ҳалшозеи ҳара амц анаҳзырҳәо?
12 Иҟашәҵар шәылшозеи шәара ишәызкны аӡәы амц иҳәозар? Убри аҩыза иақәшәеит Иисус, насгьы Иоанн Аӡӡаахҩы. (Шәаԥхьа Матфеи 11:18, 19.) Иҟаиҵазеи Иисус? Иара ауаа ихырҳәааз шиашамыз агәра диргарц азы иаамҭеи имчи зегьы азимкӡеит. Уи аҭыԥан иара ауаа ргәазҭеиҵеит ашьақәырӷәӷәарақәа рыԥшааларц. Иара иҭахын ауаа иусқәеи иҵарақәеи рхы азырышьҭларц. Иисус иҳәеит: «Аҟәыӷара иара аусқәа рыла ахы аанарԥшит» (Матфеи 11:19).
13 Ҳара Иисус акрызҵазкуа ак ҳирҵоит. Зны-зынла ауаа ирылшоит ииашамкәа, ма иҽеимкәа иҳахцәажәар, ҳара уи ҳахьӡ бжьнахыр ҳәа ҳшәозар ауеит. Аха ҳхымҩаԥгашьала иааҳарԥшыр ҳалшоит уи шымцу. Иисус иҿырԥштәы ишаҳнарбо еиԥш, ҳаԥсҭазаашьа ала ҳара ишьақәҳарӷәӷәоит иаҳхарарҵо зегьы шиашам.
ШӘХЫ ШӘАҚӘЫМГӘЫӶЛАН
14, 15. Избан ҳхатә еилкаара ҳақәымгәыӷлар зҳахәҭоу?
14 Ишаҳбаз еиԥш ашьақәырӷәӷәарақәа рыԥшаара мариамзар алшоит. Аха иҟоуп даҽа уадаҩракгьы, уи ҳанамӡара ауп. Иҟалап ҳара Иегова имаҵ ҳуеижьҭеи акыршықәса ҵуазар, убри аҟынтә аҟәыӷара еизҳарҳазар алшоит. Егьырҭ пату ҳақәырҵозар ауеит ииашаны ахәыцра ахьҳалшо азы. Иҳазцәырнагар алшома уи ауадаҩрақәа?
Абиблиа ҳгәаҳҽаннаҵоит ҳхатәы еилкаара ҳақәымгәыӷларц
15 Ааи. Ҳара ҳхатә еилкаара ақәгәыӷра ҳалагар алшоит. Ҳхатә цәаныррақәеи ҳгәаанагареи ҳхәыцшьа ианырлартә алҳаршар ауеит. Ашьақәырӷәӷәарақәа анҳамамгьы ҳгәы иаанагар ауеит аҭагылазаашьа еилаҳкаауеит ҳәа. Уи даара ишәарҭоуп. Абиблиа ҳгәазҭанаҵоит ҳхатә еилкаара ҳақәымгәыӷларц (Ажәамаанақәа 3:5, 6; 28:26).
16. Иҟалазеи аресторан аҿы, насгьы игәы иаанагазеи Том, иаагоу аҿырԥштәы ишаҳәо ала?
16 Иааҳгап аҿырԥштәы. Шәхаҿы иаажәг: хәылбыҽхак азы аԥышәа змоу аизара аиҳабы Том аресторан ахь даннеи Џьон зыхьӡыз аизара аиҳабы дибеит. Уи иԥҳәыс лакәымкәа даҽа ԥҳәыск длыдтәалан. Иубаратәы иҟан аамҭа бзианы ишырхыргоз. Дара ччон, насгьы игәыдеибаҳәҳәалон. Том агәҭынчымра иоуит, насгьы азҵаарақәа изцәырҵит: «Еилыҵуама Џьон иԥҳәыси иареи? Ирыԥсыхәозеи рхәыҷқәа?» Том уи аҩыза шыҟалоз уаанӡа ибахьан. Шәгәы иаанагарызи шәара Том иҭыԥ аҿы шәыҟазҭгьы?
17. Еиликаазеи Том ԥыҭрак ашьҭахь, насгьы иаҳнарҵозеи уи ҳара?
17 Шәазхәыц. Том игәы иаанагеит Џьон иԥҳәыс длызиашам ҳәа, аха имазма иара ашьақәырӷәӷәарақәа зегьы? Ԥыҭрак ашьҭахь уи аҽны Том Џьон аҭел дизасит, насгьы еиликааит уи аԥҳәыс Џьон иаҳәшьа шлакәыз, лара харантәи дааны дыҟан. Џьон иаҳәшьеи иареи еибамбеижьҭеи акыршықәса ҵуан. Лара сааҭқәак ракәын илымаз аҟынтә, урҭ аресторан аҿы мацара акәын еиқәшәар ахьрылшоз. Иԥҳәыс дзымааит. Том даара деигәырӷьеит игәы иаанагаз уаҳа аӡәгьы иахьиеимҳәаз. Иаҳнарҵозеи уи ҳара? Иегова имаҵ ҳуеижьҭеи шаҟа ҵуазаалакгьы, ииашоу алкаа ҟаҳҵарц азы ашьақәырӷәӷәарақәа ҳамазар ауп.
18. Избан ҳашьа изкны иҽеим акы агәра ҳгар зҳалшо?
18 Иашьаки ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа уиаҟара ибзиамзар, уи идҳәалоу аҭагылазаашьа ииашаны аилкаара еиҳа иаҳцәыцәгьахар ауеит. Ҳаилибамкаарақәа ҳхы рзаҳашьҭлар, ҳашьа игәра агара ҳаҟәыҵыр алшоит. Убри аҟынтә уи изкны иҽеим ак ҳаҳар, ашьақәырӷәӷәарақәа шҳамамгьы уи агәра агара ҳҭаххар алшоит. Иаҳнарҵозеи уи ҳара? Ҳашьцәа рахь иҽеим ацәаныррақәа еизҳарҳалар, ашьақәырӷәӷәарақәа змам ииашам алкаақәа ҟаҳҵалар алшоит (1 Тимофеи иахь 6:4, 5). Ашьыцреи ахыбаареи реиԥш иҟоу иҽеим ацәаныррақәа ҳгәаҵаҿы иаанҳмыжьлар ауп. Ахаан ишәхашәмыршҭлан Иегова ишиҭаху ҳашьцәа бзиа иаҳбаларц, насгьы гәык-ԥсыкала иранаҳажьларц. (Шәаԥхьа Кәаласаа рахь 3:12—14.)
АБИБЛИАТӘ ПРИНЦИПҚӘА ҲРЫХЬЧОИТ
19, 20. а) Иарбан библиатә принципқәоу иҳацхраауа аинформациа иашоу ииашаму аилкаара? б) Еилҳаргозеи анаҩстәи астатиаҿы?
19 Иахьа даараӡа ицәгьоуп зыгәра угартә иҟоу ашьақәырӷәӷәарақәа рыԥшаара, насгьы урҭ иашоу ииашаму аилкаара. Избан? Иҳауа аинформациа аиҳарак аҵыхәтәанынӡа ашьақәырӷәӷәарақәа зегь ҳнаҭом, мамзаргьы абжакы мцуп, насгьы ҳаргьы ҳнаӡаӡам. Иҳацхраар алшозеи ҳара? Анцәа Иажәа иану апринципқәа! Иаҳҳәап, актәи иҳанаҳәоит ашьақәырӷәӷәарақәа зегь еилымкааӡакәа ак аҳәара ма ак аҟаҵара шҟәыӷарам (Ажәамаанақәа 18:13). Аҩбатәи апринцип иҳаилнаркаауеит иҳаҳауа зегь иашоу ииашаму еилымкааӡакәа агәра агара шҳахәҭам (Ажәамаанақәа 14:15). Иегова имаҵ ҳуеижьҭеи шаҟа ҵуазаалакгьы ҳара ҳхатә еилкаара ҳақәымгәыӷлар ауп (Ажәамаанақәа 3:5, 6). Абиблиатә принципқәа ҳрыхьчоит зыгәра угартә иҟоу ашьақәырӷәӷәарақәа ҳхы иархәаны ииашоу алкаақәа ҟаҳҵозар, насгьы иҟәыӷоу аӡбарақәа ҳадаҳкылозар.
20 Аха иҟоуп даҽа уадаҩрак. Лассы-лассы ҳара иаҳбо ала ауаҩы ҳиқәыӡбоит. Анаҩстәи астатиаҿы ҳара еилҳаргоит уи аҩыза агха ҟаҳҵар ахьалшо аҭагылазаашьақәа, насгьы уи ҳҽацәаҳахьчар шҳалшо.