АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА
Иулшома уара уаамҭеи умчи Иегова изкра?
Иахьа аԥааимбар Исаиа заа ишиҳәахьаз еиԥш иубарҭоуп, адгьыл аҿы иҟоу Иегова иорганизациа аизҳара ишаҿу (Ис. 54:2). Убри аҟынтә еиҳаны иаҭахуп Аҳратә залқәа, Аконгресстә залқәа, афилиалқәа. Урҭ ахыбрақәа рыргылара адагьы, рымаҵ ауреи реиҭарҿыцреи анаҩсгьы иаҭахуп. Ус анакәха, иарбан лшарақәоу иаҳзаатуа ҳаамҭеи ҳамчи Иегова изкразы?
Иулшоит Аҳратә зал аилыргара уҽалаурхәыр, уара узҵазкуа ажәабжьҳәаратә гәыԥ ианеилдырго.
Аҳратә зал амаҵ ауразы иҟоу арҵара уахысыр улшоит.
Иҟалоит иалоуҵар «Аҭыԥантәи аргыларатә ҟәша апрограммаҿы хатәгәаԥхарала амаҵзуразы арзаҳал» (DC-50), аамҭа-аамҭала аргылараҿы ацхыраара аҟаҵаразы, насгьы уааигәара иҟоу атеократиатә ргыларақәа рымаҵ аура аҽалархәразы.
Иҟалоит иалоуҵар «Хатәгәаԥхарала амаҵзуразы арзаҳал» (A-19), мчыбжьык ма инеиҳаны рыҩныҵҟа аҭыԥантәи афилиал, ма уи акомплексқәа руак аҿы ацхырааразы.
УАХӘАԤШ АВИДЕОНҴАМҬА «ИҾЫЦУ АРГЫЛАРАТӘ ПРОЕКТ» АЦЫԤҴӘАХА, АНАҨС ҴАҞА ИААГОУ АЗҴААРАҚӘА РҬАК ҞАҴА:
Зҽызыԥсахзеи 2014 шықәса раахыс авидеонҵамҭақәа рхархәараҿы?
Иарбан ргыларатә проекту уи иадҳәаланы еиҿыркааз, насгьы шаҟа аамҭа иадхалозеи уи аргылара?
Ацхыраара ҟарҵар шԥарылшо хатәгәаԥхарала амаҵ аура зҭаху?
Избан Рамапо ицо аргыларақәа рҿы ацхырааразы арзаҳал DC-50 залаҵатәу, насгьы аҭыԥантәи аргыларатә ҟәша изрыдҵаалатәу?
Иарбан шьақәырӷәӷәарақәоу иаҳзырбо ари аргыларатә проект Иегова ацхыраара шаиҭо?
Ацхыраара ауҭар шԥаулшо ари апроект, уҭагылазаашьақәа аргылара аҽалархәразы алшарақәа урымҭозаргьы?