АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА | ИҾЫЦУ АМАҴЗУРАТӘ АШЫҚӘС АЗЫ АХЫҚӘКҚӘА ЫҚӘЫРГЫЛ
Атеократиатә ргыларақәа шәхы рылашәырхәла
Анцәа ҳахьимҵахырхәо ахыбрақәа рыргылара иԥшьоу ҳмаҵзура иахәҭакуп (Ақәҵымҭа 36:1). Иулшарызма уахьынхо иацәыхарамкәа имҩаԥысуа аргыларатә ус зны-зынла уацхраалар? Ааи акәзар, «Аҭыԥантәи аргыларатә ҟәша апрограммаҿы хатәгәаԥхарала амаҵзуразы арзаҳал» харҭәаа (DC-50). Мамзаргьы, иҟалап уҩны иацәыхароу аҭыԥқәа рҿы имҩаԥысуа аргыларатә ус уацхраалар улшозар, мчыбжьқәак ма мызқәак рыҩныҵҟа. Ус акәзар, «Хатәгәаԥхарала амаҵзуразы арзаҳал» харҭәаа (A-19). Аргыларатә проектқәа рҿы хатәгәаԥхарала амаҵ аура зылшо аргыларатә ус иазҟазоу рымацара ракәӡам (Неемиа 2:1, 4, 5).
УАХӘАԤШ АВИДЕОНҴАМҬА «„АШӘ ДУ ҞЬАҞЬАӠА“ ИАНААТУА, АГӘРАХАҴАРА ААШӘЫРԤШЛА. АТЕОКРАТИАТӘ РГЫЛАРАҚӘА ШӘХЫ РЫЛАШӘЫРХӘЛА», АНАҨС ҴАҞА ИААГОУ АЗҴААРА АҬАК ҞАҴА:
Дзыцәшәози Сара, аха илыцхрааи лара?