АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА | ИҾЫЦУ АМАҴЗУРАТӘ АШЫҚӘС АЗЫ АХЫҚӘКҚӘА ЫҚӘЫРГЫЛ
Аҳра ажәабжьҳәаҩцәа рышкол аҿы аҵара шәҵала
Шьоукы ргәы иаанагоит Аҳра ажәабжьҳәаҩцәа рышкол ахысра зылшо уадаҩрак змам роуп ҳәа. Аха уи ус акәӡам. Иаҭаху абри ауп: ауаҩы Иеговеи иареи реизыҟазаашьақәа бзиазар ауп, насгьы Иегова иорганизациа аҟынтә иоур илшо иарбан дҵазаалакгьы анагӡара дазхиазар ауп (Ис. 6:8).
УАХӘАԤШ АВИДЕОНҴАМҬА «„АШӘ ДУ ҞЬАҞЬАӠА“ ИАНААТУА, АГӘРАХАҴАРА ААШӘЫРԤШЛА. АҲРА АЖӘАБЖЬҲӘАҨЦӘА РЫШКОЛ АҾЫ АҴАРА ШӘҴАЛА», АНАҨС ҴАҞА ИААГОУ АЗҴААРА АҬАК ҞАҴА:
Избан Гебриел ашкол дахысырц азы арзаҳал хасырҭәаару-ихасмырҭәаару ҳәа дызхәыцуаз, аха ишԥаицхрааи Филиппаа рахь 4:13 иану ажәақәа?