АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА | АЛЕВИТ 4, 5
Иегова зегь иреиӷьу иҭала
5:5—7, 11
Израильаа аӷарра рԥырхагамызт Иеговеи дареи рыбжьара аҭынчра ыҟазарц азы. Зегь реиҳа иӷарыз израильаагьы инаргоз амҭақәа рыла Иегова ддыргәырӷьалар рылшон. Зегь реиҳа ихадаз — инаргоз амҭа маҷ ахаҭабзиара ҳаракызар акәын. Иегова ашылагьы ҳамҭас идикылон, аха уи пату зқәу асасцәа рзы афатә злырхуаз зхаҭабзиара ҳаракыз акәны иҟазар ахәҭан (Аҟаз. 18:6). Иахьа ҳара Иегова изнаҳгоит ажәала дҳаразкуа амҭа (Аур. 13:15). Иҟалап ҳҭагылазаашьақәа ирацәаны аҟаҵара ҳалдмыршозар. Аха Иегова изы ихадоу зегь иреиӷьу ахьиаҳҭо ауп.
Угәы шԥашьҭнахуеи ари азхәыцра амаҵзураҿы уаанӡа еиԥш ирацәаны иузыҟамҵозар, угәабзиара ахьыԥсыҽхаз, ма умч ахькәадахаз иахҟьаны?