АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА
Излашәарҭоузеи агәынамӡара?
Иегова игәы инархьуеит аӡәы агәынамӡара анааирԥшуа (Ахыԥхь. 11:1; w01-U 15/6 17, абз. 20).
Агәынамӡара — мыцхәы ахбзиабареи аџьшьара аамырԥшреи ирылҵшәоуп (Ахыԥхь. 11:4—6; w06-U 15/7 15, абз. 7).
Агәынамӡара егьырҭ ауаа рыԥсҭазаара аруадаҩуеит (Ахыԥхь. 11:10—15; it-U «Ссора», ахеиҵа «Ропот», абз. 1).
Израильаа ацәҳәыраҿы рыԥсҭазаара шыцәгьазгьы, аџьшьара аарԥшразы амзызқәа рацәаны ирыман. Иегова иаҳзыҟаиҵо абзиарақәа гәаҳҭозар, агәынамӡара ааҳарԥшлаӡом.