АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА
Иалшома аӡәы заҵәык ихымҩаԥгашьа аҭагылазаашьа аԥсахыр?
Израильаа моавитаа рхыхра иаҿашәеит (Ахыԥхь. 25:1, 2; lv 97, абз. 1, 2).
Израильаа иаадырԥшыз азиашамреи ахбзиабареи Иегова игәы ԥнажәон (Ахыԥхь. 25:3—5; lv 98, абз. 4).
Агәымшәара аазырԥшыз аӡәы заҵәык ихымҩаԥгашьа абзоурала Иегова ажәлар рахь игәыԥжәара ааникылеит (Ахыԥхь. 25:6—11).
УХЫ УАЗҴАА: «Иарбан ҭагылазаашьақәоу агәымшәара ахьысҭаххо, зегьы среиԥшымхарц азы?»