АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА
Ҟәыӷарала аҩызцәа алхла
Моавтәи акаршәрақәа рҿы иҟалаз ахҭысқәа ақьырсианцәа зегь рзы гәҽанҵароуп (1 Кор. 10:6, 8, 11). Израильаа мыцхәы аамҭа рыцырхыргон амцнцәахәқәа ирымҵахырхәоз иламысдаз моавттәи аҳәсақәа, уи агәнаҳа ӷәӷәа днарҟаҵеит. Уи ажәлар ҭанархеит (Ахыԥхь. 25:9). Есыҽны ҳара иҳақәшәоит Иегова имаҵ зымуа: аҵара ҳацызҵо, аус ҳацызуа, ҳҭынхацәа, ҳгәылацәа, иаҳдыруа ауаа. Ҳашԥахьчо ари абиблиатә хҭыс Аҩсҭаа ишьацҳәақәа рҟынтә?
УАХӘАԤШ АВИДЕОДРАМА «ПРЕДОСТЕРЕГАЮЩИЕ ПРИМЕРЫ ДЛЯ СОВРЕМЕННЫХ СЛУЖИТЕЛЕЙ БОГА» АЦЫԤҴӘАХА, АНАҨС ҴАҞА ИААГОУ АЗҴААРАҚӘА РҬАК ҞАҴА:
- Зыгәра идыргози Иамин Зимрии егьырҭ ахацәеи? 
- Дышԥаицхрааи Финеес Иамин аҭагылазаашьа ииашаны ахәаԥшра? 
- Излеиԥшымзеи ауаҩы қьиарала изыҟазаареи иҩызахареи? 
- Избан аизараҿгьы аҩызцәа ҟәыӷарала изалхлатәу? 
- Избан изаԥсам хаҭала иаҳзымдыруа ауаа аинтернет аҿы гәыԥла ианеиҿцәажәо рыҽрылархәра?