АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА
Иегова иҿы ахыҵакырҭа уашьҭаз
Израиль аҽыҵәахырҭа-қалақьқәа фба ыҟан, уа машәырла аӡә дызшьыз ауаҩы иҽиҵәахыр илшон (Ахыԥхь. 35:15; w17.11 10, абз. 4).
Аизара аиҳабацәа иҟалаз бзианы иҭырҵаауан (Ахыԥхь. 35:24; w17.11 11, абз. 6).
Аҽыҵәахырҭа-қалақь аҿы ауаҩы аӡәгьы дышиламкьысуаз идыруан (Ахыԥхь. 35:25; w17.11 12, абз. 13).
Машәырла аӡә дызшьыз ауаҩы аҽыҵәахырҭа-қалақь аҿы иҽиҵәахырц азы иаанижьуаз рацәан. Ҳаргьы Иегова агәшаҭара аарԥшны ҳагәнаҳа ҳанаижьырц ҳҭахызар ак ҟаҳҵароуп.