Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w17 ноиабр ад. 9—14
  • Ишәыԥшаауама шәара Иегова иҿы аҽыҵәахырҭа?

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Ишәыԥшаауама шәара Иегова иҿы аҽыҵәахырҭа?
  • Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2017
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • «АҼЫҴӘАХЫРҬА-ҚАЛАҚЬҚӘА АЛЫШӘХ»
  • «АҚАЛАҚЬ АИҲАБАЦӘА ИРАИҲӘАРОУП... ИҞАЛАЗ»
  • «АРҬ АҚАЛАҚЬҚӘА РУАК АХЬ ДЫБНАЛАР АУП»
  • «АРҬ АҚАЛАҚЬҚӘА ШӘАРА ШӘЗЫ ИҼЫҴӘАХЫРҬАХОИТ»
  • Аиашареи агәшаҭареи злоу Анцәа Иегова шәиҿыԥшла
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2017
Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2017
w17 ноиабр ад. 9—14

Ишәыԥшаауама шәара Иегова иҿы аҽыҵәахырҭа?

«Иегова имаҵзуҩцәа рыԥсы еиқәирхоит, насгьы иара иҿы аҽыҵәахырҭа зыԥшааз ахара идҵахом» (АԤСАЛ. 34:22, АдҾ).

АШӘАҚӘА: 8, 54

ИШԤАҲАЦХРААУЕИ АҼЫҴӘАХЫРҬА-ҚАЛАҚЬҚӘА ИРЫЗКУ АЖӘЫТӘТӘИ АЗАКӘАН...

  • ...аизара аиҳабацәа агәнаҳа ӷәӷәа ҟазҵаз иарбан цхыраароу ирҭар рылшо аилкаара?

  • ...Анцәа ҳара ҳахь агәшаҭара ааирԥшырц азы аусқәа рыҟаҵара шаҭаху аилкаара?

  • ...Иегова шаҟа гәыкала иҳанаижьуа аилкаара?

1. Иарбан цәаныррақәоу лассы-лассы Анцәа имаҵзуҩцәа ирҭынхаз агәнаҳа иахҟьаны ирызцәырҵуа?

«САРА — насыԥ змам уаҩуп, суаҩ рыцҳауп!» (Рим. 7:24). Арҭ ажәақәа апостол Павел ихазы иҳәеит. Иахьагьы имаҷымкәа Анцәа имаҵзуҩцәа ус еиԥш иҟоу ацәаныррақәа рызцәырҵуеит. Ҳара зегь ҳнаӡаӡам, убри аҟынтә ҳусқәа рыла Иегова иргәырӷьара анҳалымшо ҳгәы каҳауеит. Агәнаҳа ӷәӷәа ҟазҵаз ақьырсианцәа шьоукы Анцәа уи ахаангьы иранаижьуам ҳәа ргәы иаанагоит.

2. а) Ишԥаҳнарбо Аԥсалом 34:22 (АдҾ) Анцәа имаҵзуҩцәа мыцхәы рхы ахара адырҵалар шиҭахым? б) Еилҳаргозеи ари астатиаҿы? (Шәахәаԥш арамка «Ихархәагоу аурокқәа, мамзаргьы аԥааимбаражәатә еиҿырԥшрақәа?».)

2 Абиблиа аҟынтә ҳара еилаҳкаауеит Иегова иҿы аҽыҵәахырҭа зыԥшааз рхы ахара адырҵалар шрыхәҭам. (Уаԥхьа Аԥсалом 34:22, АдҾ.) Иаанагозеи Иегова иҿы аҽыҵәахырҭа аԥшаара? Иарбан шьаҿақәоу иҟаҵатәу Иегова ҳара ҳахь агәшаҭара ааирԥшырц, насгьы иҳанаижьырц? Ари азҵаара аҭак ҳаԥшаар ҳалшоит ажәытәан израильаа ирыҭаз аҽыҵәахырҭа-қалақьқәа ирызкыз азакәан еилҳаргар. Уи адҵа иқәныҟәон аиқәшаҳаҭра Азакәан Аҩынҩажәижәаба мшы 33 шықәса ҳ. ҳ. аус аура иаҟәыҵаанӡа». Аха уи адҵа ҟазҵаз Иегова иоуп. Убри аҟынтә аҽыҵәахырҭа-қалақьқәа ирызкыз адҵа иаҳәо еиӷьны иҭаҳҵаар, ҳара еилаҳкаауеит Иегова агәнаҳаи, агәнаҳаҟаҵаҩцәеи, ахьхәреи дшырзыҟоу. Раԥхьа шәааи урҭ ақалақьқәа заҭахыз еилҳаргап.

«АҼЫҴӘАХЫРҬА-ҚАЛАҚЬҚӘА АЛЫШӘХ»

3. Иҟарҵар акәзи израильаа, ауаҩы игәы иҭакны аӡәы дишьызҭгьы?

3 Ажәытәан Израиль Иегова иарбанзаалак ауаҩшьра даара иӷәӷәоу гәнаҳаны иԥхьаӡон. Аӡәы игәы иҭакны ауаҩы данишьуаз, «зшьа зуаз» — иршьыз зегь раасҭа изааигәоу иуа — уи ауаҩшьҩы дишьыр акәын (Ахыԥхь. 35:19). Убас ауаҩшьҩы иԥсҭазаарала акгьы ихараӡамкәа иишьыз ауаҩы иԥсы ҿихуан. Иаразнак иҟаҵаз ашьоура Изқәыргәыӷыз адгьыл мҟьашьырц иахьчон, избанзар Иегова адҵа ҟаиҵеит: «Шәахьынхо аҭыԥ шәымҟьашьын, избанзар ашьа адгьыл аҟьашьуеит» (Ахыԥхь. 35:33, 34).

4. Иҟаиҵар акәзи машәырла аӡә дызшьыз ауаҩы?

4 Аха иҟаиҵар акәзи машәырла аӡә дызшьыз ауаҩы? Азакәан инақәыршәаны иара уеизгьы акгьы зхарамыз дахьишьыз азы аҭак ҟаиҵар акәын (Аҟаз. 9:5). Аха агәшаҭара аарԥшны Иегова уи ауаҩы ашьоура зуаз иҟынтә дыбналаны ҽыҵәахырҭаны иҟаз ф-қалақьк рҟынтә руак ахь дцартә алшара ииҭон. Ауаҩшьҩы уи ақалақь аҿы даанхар акәын аԥхьаԥшьаҩы дыԥсаанӡа (Ахыԥхь. 35:15, 28).

5. Избан аҽыҵәахырҭа-қалақьқәа ирызкыз азакәан Иегова еиӷьны иеилкаара изҳацхраауа?

5 Аҽыҵәахырҭа-қалақьқәа ауаа ракәӡам изхәыцыз. Иегова Иисус Навин адҵа ииҭеит: «Израиль аԥацәа ираҳәа: „Аҽыҵәахырҭа-қалақьқәа алышәх“». Арҭ ақалақьқәа ԥшьоуп ҳәа ԥхьаӡан (Иис. Н. 20:1, 2, 7, 8). Иегова ихаҭа урҭ иҷыдоу аус азы иалихит. Уи ҳаргьы иахьа Иегова иҿы аҽыҵәахырҭа аԥшаара шҳалшо еиӷьны аилкаара иҳацхраауеит.

«АҚАЛАҚЬ АИҲАБАЦӘА ИРАИҲӘАРОУП... ИҞАЛАЗ»

6, 7. а) Ишԥарыӡбоз ақалақь аиҳабацәа машәырла ашьра ҟазҵаз иус? (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.) б) Избан ауаҩшьҩы ақалақь аиҳабацәа иҟалаз атәы реиҳәар зихәҭаз?

6 Машәырла аӡәы дызшьуаз ауаҩы аҽыҵәахырҭа-қалақь ахь дыбналар акәын, насгьы «уи ақалақь аиҳабацәа иҟалаз рзеиҭеиҳәар ихәҭан». Уи ашьҭахь ақалақь аиҳабацәа уи ауаҩы анхаразы аҭыԥ изалырхуан (Иис. Н. 20:4). Аамҭақәак рышьҭахь уи ауаҩы ашьра ахьыҟаиҵаз ақалақь иатәыз аиҳабацәа рахь дрышьҭуан, урҭ аиҳабацәа уи аус рыӡбар акәын. (Уаԥхьа Ахыԥхьаӡарақәа 35:24, 25.) Ашьра ҟазҵаз ауаҩы аҽыҵәахырҭа-қалақь ахь дгьежьыр илшон аиҳабацәа ашьра машәырла иҟаҵан ҳәа анырыӡбоз.

7 Избан ақалақь аиҳабацәа ари аус рыӡбар захәҭаз? Урҭ израильтәи ажәлар Анцәа иҿаԥхьа ицқьаны аанхара ирыцхраауан. Уи адагьы, ауаҩы дызшьыз иҟаиҵаз аиҳабацәа ианырзеиҭеиҳәоз ауп Иегова агәшаҭара анааирԥшуаз. Библиаҭҵааҩык иҩуан ауаҩшьҩы ақалақь аиҳабацәа рахь дымнеизҭгьы, «иԥсҭазаара ашәарҭара иҭаиргылон» ҳәа. Иара иациҵеит: «Уи ауаҩы дыршьызҭгьы, иара иакәын изхарахоз, избанзар Анцәа иазалихыз аҽыҵәахырҭа-қалақьқәа рҿы иҽихьчомызт». Машәырла ауаҩы дызшьуаз иԥсы еиқәирхар илшон, аха уи азы ацхыраара даҳәаны идикылар ихәҭан. Иара аҽыҵәахырҭа-қалақь ахь дыбналар акәын, мамзар иишьыз иуа дишьыр илшон.

8, 9. Избан агәнаҳа ӷәӷәа ҟазҵаз ақьырсиан аизара аиҳабацәа рҿы ацхыраара даҳәар зихәҭоу?

8 Агәнаҳа ӷәӷәа ҟазҵаз ақьырсианцәагьы аизара аиҳабацәа рҿы ацхыраара рыԥшаалар ауп. Избан уи зхадоу? Актәи, избанзар Иегова аизара аиҳабацәа ус еиԥш иҟоу аусқәа рыӡбаларц рыдиҵеит (Иак. 5:14—16). Аҩбатәи, аизара аиҳабацәа агәнаҳа ҟазҵо Анцәеи дареи реизыҟазаашьақәа еиҭашьақәдыргыларц, насгьы агәнаҳа уаҳа иҟарымҵарц ирыцхраауеит (Гал. 6:1; Аур. 12:11). Ахԥатәи, аизара аиҳабацәа аԥышәеи адырреи рымоуп, насгьы иахьхәуа ақьырсиан ишицхраатәу, иара убас игәы шышьҭыхтәу рдыруеит. Иегова урҭ ахацәа «ақәаршҩы аҟынтә ахыҵакырҭа» иаҿирԥшуеит (Ис. 32:1, 2). Ииашаҵәҟьаны, аизара аиҳабацәа агәшаҭара аазырԥшуа Анцәа Иегова иҟынтә ҳамҭоуп!

9 Аӡәырҩы Анцәа имаҵзуҩцәа агәҭынчра роуит, аизара аиҳабацәа рҿы ацхыраара ианаҳәа. Абар Дениел зыхьӡу аиашьа дзықәшәаз хҭыск. Иара агәнаҳа ӷәӷәа ҟаиҵеит, насгьы дшәаны мызқәак рыҩныҵҟа уи атәы аизара аиҳабацәа иреиҳәомызт. «Ариаҟара аамҭа анцахьоу,— иҳәоит Дениел, —аизара аиҳабацәа акгьы рзыҟаҵом ҳәа сгәы иаанагон. Аха убри аамҭазгьы сгәы сзырҭынчуамызт, иҟасҵаз азы аҭак аҭара ансықәшәо сазыԥшын. Иегова саниҳәоз, еснагь зегь раԥхьаӡа исанаижьырц сиҳәон». Аҵыхәтәаны Дениел аизара аиҳабацәа рахь дцаны, зегь рзеиҭеиҳәеит. «Ҳәарада, уи агәаӷьра даара исцәыцәгьан,— иҳәоит иара. — Аха уи ашьҭахь сыԥсы еивызгеит, сҟәаҟәа иқәжьыз аидара аӡәы иқәихызшәа! Уажәшьҭа Иегова гәыкала иҳәара сылшоит». Уажәы Дениел иламыс цқьоуп, насгьы ааскьа амаҵзуратә цхырааҩыс дҟарҵеит.

«АРҬ АҚАЛАҚЬҚӘА РУАК АХЬ ДЫБНАЛАР АУП»

10. Иҟаиҵар акәзи машәырла аӡә дызшьыз ауаҩы иара иахь агәшаҭара аадырԥшырц азы?

10 Машәырла аӡә дызшьыз ауаҩы агәшаҭара иоурц азы иаразнак иааигәара иҟаз аҽыҵәахырҭа-қалақь ахь дыбналар акәын. (Уаԥхьа Иисус Навин 20:4.) Иԥсҭазаара еиқәирхарц азы ари ақалақь ахь дцаны, аԥхьаԥшьаҩы дыԥсаанӡа уа даанхар акәын. Ари ауаҩы мап зцәикшаз рацәан: иҩны, насгьы иусура аанижьыр акәын, иара убас иахьиҭахыз ацара уаҳа алшара имамызт (Ахыԥхь. 35:25)a. Аха уи уиаҟара цәыӡ думызт. Ауаҩшьҩы аҽыҵәахырҭа-қалақь аанижьызҭгьы, икеиҭәаз ашьа хьаас ишимамыз ааирԥшуан, ихатә ԥсҭазаарагьы ашәарҭара иҭаиргылон.

11. Иҟаиҵар акәзеи иахьхәуа ақьырсиан, Анцәа игәшаҭара ус иахәҭоу ак еиԥш дшамыхәаԥшуа ааирԥшырц азы?

11 Убас еиԥш иахьагьы ауаҩы агха ҟаиҵазар, аха дахьхәуазар, насгьы Анцәа иара иахь агәшаҭара ааирԥшырц иҭахызар, уи азы ашьаҿақәа рыҟаҵара ихәҭоуп. Уаҳа агәнаҳа ҟаимҵалар ауп, иара убас агәнаҳахь дназгар алшо аусқәагьы иҽырцәихьчалар ауп. Апостол Павел иҩуан уаанӡатәи рыгәнаҳақәа ирыхьхәыз Коринф инхоз ақьырсианцәа иҟарҵаз. Абар иажәақәа: «Анцәа иахьтә ишәоуз агәырҩа заҟа аҽрыцқьарахь, ахара ахыхрахь ишәыԥхьаз, заҟа шәгәы-шәыԥсы еибанаркыз, ашәаӡыӡара, ахӡыӡаара шәызнарҵысыз, азалымдара аҿагыларазы шаҟа гәаҳәара шәнаҭаз!» (2 Кор. 7:10, 11). Убри аҟынтә агхақәа уаҳа рыҟамҵаразы иҳалшо зегь ҟаҳҵозар, Иегова иҳарбоит гәыкала ҳшахьхәуа, насгьы игәшаҭара цәгьашақә ахархәара шаҳҭахым.

12. Мап зцәикыр акәхар алшозеи ақьырсиан Иегова иара иахь анаҩсгьы агәшаҭара ааирԥшларц иҭахызар?

12 Мап зцәикыр акәхар алшозеи, ақьырсиан Иегова иара иахь анаҩсгьы агәшаҭара ааирԥшларц иҭахызар? Иара дазхиазароуп агәнаҳахь дназгар алшо аусқәа зегьы мап рыцәкра, урҭ иара изы зыхә ишьо ракәзаргьы (Матф. 18:8, 9). Иаҳҳәап, шәҩызцәа руак Иегова игәамԥхо аусқәа рыҟаҵара шәгәазҭеиҵозар, шәаҟәыҵуама иацәажәара? Арыжәтә аганахь ала ауадаҩрақәа шәымазар, мыцхәы шәамхажәыр ахьалшо аҭагылаазашьақәа шәҽырцәышәыхьчалома? Игәаԥхашәадоу, насгьы иҟьашьу агәазыҳәарақәа шәырҿагылазар, шәҽырцәышәыхьчалома иҟьашьу ахәыцрақәа шәызцәырызгар алшо афильмқәа, асаитқәа, ма егьырҭ аусқәа? Ишәхашәмыршҭлан, Анцәа иҿаԥхьа ҳацқьаны аанхаразы иҟаҳҵо зегьы лҵшәада иаанхом. Иегова уанаанижьуа иуоуа ацәаныррақәа иреицәоу ак ыҟам. Аха убри аамҭазы, Иегова азиашара зныԥшуа наӡаӡатәи ибзиабара ануныруа, уи иеиӷьу ак ыҟам (Ис. 54:7, 8, албаага).

«АРҬ АҚАЛАҚЬҚӘА ШӘАРА ШӘЗЫ ИҼЫҴӘАХЫРҬАХОИТ»

13. Избан аҽыҵәахырҭа-қалақь аҿы аҭынчреи анасыԥи амазаара залшоз?

13 Аҽыҵәахырҭа-қалақь ахь ибналаз ауаҩы акгьы дацәымшәалар ауан, избанзар Иегова иҳәеит: «Арҭ ақалақьқәа шәара шәзы иҽыҵәахырҭахоит» (Иис. Н. 20:2, 3). Иегова иҭахӡамызт ауаҩшьҩы иҟаиҵаз ацәгьоуразы еиҭа иқәыӡбарц. Иара убас иара зшьа зуаз азин ииҭаӡомызт ари ақалақь ахь дцаны ауаҩшьҩы иԥсҭазаара имхра. Убри аҟынтә ибналаз ауаҩы ҭынч, акгьы дацәымшәаӡакәа дынхалар илшон, избанзар Иегова дихьчон. Иара абахҭа дҭакымызт. Уи аус иулар, егьырҭ дрыцхраалар, насгьы ҭынч Иегова имаҵ иулар илшон. Ааи, аҽыҵәахырҭа-қалақьқәа рҿы инасыԥу, гәахәарала иҭәу аԥсҭазаара амҩаԥгара ҟалон!

Иегова агәшаҭара шааирԥшуа агәра жәгала (Шәрыхәаԥш абзацқәа 14—16.)

14. Зыгәра ганы дыҟазар илшозеи иахьхәуа ақьырсиан?

14 Зны-зынла агха ӷәӷәа ҟазҵаз, аха иахьхәыз ақьырсианцәа рхы ахара адырҵоит. Ргәы иаанагаларгьы ҟалоит иҟарҵаз Иегова ахаан ихашҭӡом ҳәа. Шәаргьы ус шәгәы иаанагозар, ҳшәыҳәоит ишәхашәмыршҭлан Иегова агәшаҭара аарԥшны ишшәанаижьыз. Уаҳа шәхы ахара адшәымҵалар шәылшоит. Уи ус шәакәу хыхь зыӡбахә ҳәаз Дениел агәра игеит. Аизара аиҳабацәа рыцхыраарала иара ариашареи аламыс цқьеи иоуит, насгьы игәы ҭынчхеит. Дениел иҳәоит: «Анцәа ишиҭаху зегь аныҟасҵа ашьҭахь сыламыс цқьахеит. Сыгәнаҳа аҵыхәтәанынӡа исанажьын. Иегова ҳшақәиргәыӷыз еиԥш ҳауадаҩрақәа игоит, насгьы урҭ уаҳа ахаан иҳамбартә еиԥш иҟаиҵоит». Аҽыҵәахырҭа-қалақь ахь ибналаз ауаҩы зшьа зуаз дицәымшәаӡакәа ҭынч дынхалар илшон. Уи ҳаргьы иаҳзуҳәар ҟалоит: Иегова ҳагәнаҳа ҳанаижьзар, ҳамшәалар ауп иара уи еиҭа игәалашәоит, мамзаргьы ҳахьирхәуеит ҳәа. (Уаԥхьа Аԥсалом 102:8—10 [103:8—12, АдҾ].)

15, 16. Избан Иисус Ҳаԥхьаԥшьаҩы, насгьы Ҳҿыхҩы шиакәу ахьаҳдыруа Иегова агәшаҭара шааирԥшуа агәра заҳнарго?

15 Иегова агәшаҭара шааирԥшуа агәра агаразы ҳара еиҳагьы амзызқәа ҳамоуп, ажәытәан израильаа ирымаз аасҭа. Апостол Павел аҵыхәтәанынӡа Иегова изыӡырҩра ахьилымшоз азы игәы каҳаны даныҟаз, иҳәеит: «Иҭабуп ҳәа иасҳәоит Сынцәа Иҳақәиҭу Иисус Христос изы» (Рим. 7:25). Павел иҽеим агәазыҳәарақәа дшырҿагылозгьы, насгьы дзыхьхәхьаз агхақәа рзы ахара идызшәа шибозгьы, агәра ганы дыҟан Анцәа «Иисус ила» ишианаижьыз. (Аур. 9:13, 14). Христос Ҳаԥхьаԥшьаҩы иоуп, убри аҟынтә «Иара, енагь зыԥсҭоу ибзоураны Анцәа дазхазҵо реиқәырхара, цҳаражәҳәаҩыс рзыҟалара имчуп» (Аур. 7:24, 25). Ажәытәан Израиль аԥхьаԥшьаҩы имаҵзура ажәлар рыгәнаҳақәа ранажьразы алшара рнаҭон. Аха ҳара Ҳаԥхьаԥшьаҩы Иисус Христос имаҵзура абзоурала еиҳа ирацәаны амзызқәа ҳамоуп Иегова агәшаҭареи ҳзыԥсам ақьиареи шааирԥшуа агәра ҳгарц азы (Аур. 4:15, 16).

16 Убри аҟынтә Иегова иҿы аҽыҵәахырҭа ҳаԥшааларц азы, Христос иԥсхҭынҵара агәра ҳгалар ауп. Уи азы иазхаӡом аҿыхра ауаа рацәа рзы ишнагаз ус баша адырра. Агәра жәгала Иисус шәара шәзы дшыԥсыз (Гал. 2:20, 21). Агәра жәгала аҿыхратә ԥсхҭынҵара абзоурала Анцәа шәыгхақәа шәанаижьыр шилшо. Агәра жәгала аҿыхра наӡаӡа анхаразы агәыӷра шышәнаҭаз. Иисус иԥсхҭынҵара — ари Иегова хаҭала шәара шәзы иҟаиҵаз ҳамҭоуп.

17. Избан Иегова иҿы аҽыҵәахырҭа аԥшаара зегьы изреиӷьу?

17 Аҽыҵәахырҭа-қалақьқәа ирызку азакәан Иегова игәшаҭара аилкаара иҳацхраауеит. Ари азакәан Анцәа аԥсҭазаара ԥшьоуп ҳәа шиԥхьаӡо, насгьы аизара аиҳабацәа ҳацхраар шрылшо ҳнарбоит, иара убас гәыкала ахьхәра иаанаго ҳаилнаркаауеит. Насгьы уи агәра ҳнаргоит Иегова гәык-ԥсык ала ҳагәнаҳақәа шҳанаижьуа. Ишәыԥшаауама шәара Иегова иҿы аҽыҵәахырҭа? Уи зегь раасҭа ишәарҭадароу ҭыԥуп (Аԥсал. 90:1, 2 [91:1, 2, АдҾ]). Анаҩстәи астатиаҿы ҳалацәажәоит аҽыҵәахырҭа-қалақьқәа ирызку азакәан Иегова иҿыԥшра, насгьы аиашареи агәшаҭареи раарԥшра ишҳацхраауа.

a Аиудаизм иазку хыҵхырҭақәак ишырҳәо ала, машәырла ауаҩы дызшьыз иҭынхацәа иара дахьыҟаз аҽыҵәахырҭа-қалақь ахь ииасуазҭгьы ҟаларын.

Ихархәагоу аурокқәа, мамзаргьы аԥааимбаражәатә еиҿырԥшрақәа?

XIX ашәышықәса анҵәамҭа инаркны ажурнал «Сторожевая башня» аҿы аҽыҵәахырҭа-қалақьқәа рԥааимбаражәатә ҵакы ҳаилзыркаауа астатиақәа ҭыҵуа иалагеит. Сентиабр 1, 1895 шықәсазы иҭыҵыз аҭыжьымҭаҿы ианын: «Моисеи изакәан аҿы иҟаз ари адҵа иаҿурԥшыр алшон агәнаҳаҟаҵаҩ Христос иҿы ахыхьчарҭа иԥшаар шилшоз». Уаҵәҟьа ианын: «Иисус игәра зго ихьчара иоуеит». Шәышықәса рышьҭахь «Сторожевая башня» аҿы ианын аҽыҵәахырҭа-қалақьқәа ишаадырԥшуаз ашьа иазку аԥҟара ахьеилаҳгаз азы аԥсра ҳацәихьчарц азы Анцәа иҟаиҵаз.

Аха аброшиура «Так было угодно тебе» аҿы иҳаилыркаан аҵыхәтәантәи аамҭазы ҳпубликациақәа рҿы аԥааимбаражәатә еиҿырԥшрақәа рыӡбахә уиаҟара заным. Уа ианын: «Иарбан хҭысзаалакгьы, дарбан уаҩызаалакгьы, мамазаргьы маҭәарзаалакгьы ԥааимбаражәатә еиҿырԥшроуп ҳәа иҳаԥхьаӡоит, уи ус шакәу Иԥшьоу Аҩыра еилыкка иаҳәозар. Даҽа ганкахьала ҳара еиуеиԥшым ауааи ахҭысқәеи аԥааимбаражәатә ҵакы раҳҭом, уи Абиблиа ишьақәнамырӷәӷәозар». Иԥшьоу Аҩыраҿы аҽыҵәахырҭа-қалақьқәа ирымоу аԥааимбаражәатә ҵакы аганахь ала акгьы аным, убри аҟынтә уажәтәии анаҩстәии астатиақәа рҿы ҳара ҳазааҭгылоит уи ажәытәтәи азакәан иалҳкаар ҳалшо аурокқәа.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра