Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w17 ноиабр ад. 15—20
  • Аиашареи агәшаҭареи злоу Анцәа Иегова шәиҿыԥшла

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Аиашареи агәшаҭареи злоу Анцәа Иегова шәиҿыԥшла
  • Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2017
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • АҼЫҴӘАХЫРҬА-ҚАЛАҚЬҚӘА АХЬЫҞАЗ
  • АУАҨЫ ИԤСҬАЗААРА АХӘ ШӘШЬАЛА
  • АБАРҬ «АМҨАҚӘҴАРАҚӘА ИНАРЫҚӘЫРШӘАНЫ ШӘЫӠБАЛА»
  • Ишәыԥшаауама шәара Иегова иҿы аҽыҵәахырҭа?
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2017
  • Ҳара арыцҳашьара ду аазырԥшуа Анцәа имаҵ ҳуеит
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2021
Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2017
w17 ноиабр ад. 15—20

Аиашареи агәшаҭареи злоу Анцәа Иегова шәиҿыԥшла

«Иашарыла аӡбара ҟашәҵала, шәыбжьара абзиабара зныԥшуа ақьиареи агәшаҭареи аашәырԥшла» (ЗАХ. 7:9).

АШӘАҚӘА: 125, 88

ИШӘЫЛШОМА ИҲАИЛШӘЫРКААР?

  • Ишԥаҳалшо Иегова игәшаҭара аҿыԥшра, аӡәы ианаҳажьырц данҳаҳәо?

  • Иааҳарԥшлар абаҳалшо ауаҩы иԥсҭазаара Иегова дшазыҟоу еиԥш ҳшазыҟоу?

  • Ишԥарылшо аизара аиҳабацәа аизараҿы аӡәы игха ӷәӷәа анырыӡбо Иегова игәшаҭара аҿыԥшра?

1, 2. а) Дышԥазыҟаз Иисус Анцәа Изакәан? б) Ишԥеиларгоз Азакәан ашәҟәдырҩцәеи афарисеицәеи?

ИИСУС Моисеи изакәан бзиа ибон. Уи џьашьатәӡам, избанзар жҩантәи Иаб Иегова иакәын ари Азакәан израильаа ирызҭаз. Иисус изы Иеговеи иареи реизыҟазаашьақәа зегь раасҭа ихадан. Иисус гәык-ԥсык ала Анцәа изакәан бзиа ишибало Аԥсалом 39:9 (40:8, АдҾ) аҿы заа иҳәахьан. Уа иануп: «Сара Уара уҭахра насыгӡар сҭахуп, иа, Анцәа ду, Уара узакәангьы сгәаҿы иҟоуп». Иажәақәеи иусқәеи рыла Иисус ишьақәирӷәӷәон Азакәан шынаӡоу, ауаа ахәарҭа шырзаанаго, насгьы хымԥада ишынагӡахо (Матф. 5:17—19).

2 Иҟалап Иисус даара игәы инархьуазҭгьы ашәҟәдырҩцәеи афарисеицәеи Иаб Изакәан шеиларгоз анибоз. Дара Азакәан аҿы иҟаз уиаҟара ихадамыз аԥҟарақәа еиҳа ирықәныҟәон, уи азы Иисус иагьреиҳәеит «араҳанеи, аҵыбреи, ашыхәи рҽаҩра жәаба рахьтәи хәҭак алазгалауа» ҳәа. Иарбан гхоу урҭ иҟарҵоз? Иисус ишиҳәаз ала, дара Азакәан аҿы еиҳа ихадаз — аиашаӡбареи, агәшаҭареи, азиашареи — ирызхьаԥшуамызт (Матф. 23:23). Ахамаԥагьара злаз арҭ ауаа реиԥш акәымкәа, Иисус Азакәан ҵакыс иамаз инарҵауланы еиликаауан, иара Анцәа иԥҟарақәа зегьы рҿы иҟазшьақәа шааирԥшуаз ибон.

3. Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?

3 Ақьырсианцәа аиқәшаҳаҭра Азакәан иқәныҟәалар акәӡам (Рим. 7:6). Аха изаанижьзеи Иегова уи Азакәан Иажәа, Абиблиаҿы? Иара иҭахуп ҳара еиҳа ихадоу, даҽакала иуҳәозар, Азакәан иаҵоу апринципқәа, еилаҳкааларц, насгьы ҳрықәныҟәаларц. Иаҳнарҵозеи ҳара аҽыҵәахырҭа-қалақьқәа ирызку азакәан? Ари аԥхьа иҟаз астатиаҿы ҳара еилаҳкааит машәырла ауаҩшьра ҟазҵаз иҟаиҵашаз, насгьы еилҳаргеит уи иаҳнарҵо. Аха аҽыҵәахырҭа-қалақьқәа ирызку азакәан Иегова изкны, насгьы уи иҿыԥшра шҳалшо атәы иаҳнарҵо рацәоуп. Ари астатиаҿы ҳара х-зҵаарак еилҳаргоит: избан аҽыҵәахырҭа-қалақьқәа ирызку азакәан Иегова агәшаҭара шааирԥшуа зышьақәнарӷәӷәо? Иҳаилнаркаауазеи уи Анцәа аԥсҭазаара дшахәаԥшуа аганахь ала? Ишԥаныԥшуеи ари азакәан инаӡоу Анцәа ииашаӡбара? Арҭ азҵаарақәа шәанрызхәыцуа, шәҽазышәшәа жәҩантәи Ҳаб шәиҿыԥшыр ахьшәылшо аганқәа реилкаара. (Уаԥхьа Ефесаа рахь 5:1.)

АҼЫҴӘАХЫРҬА-ҚАЛАҚЬҚӘА АХЬЫҞАЗ

4, 5. а) Избан Иегова изиҭахыз аҽыҵәахырҭа-қалақьқәа рҟынӡа анеира мариазарц, насгьы ишԥаҟаҵаз уи? б) Иаҳнарҵозеи уи Иегова изкны?

4 Аҽыҵәахырҭа-қалақьқәа ахьыҟаз аҭыԥқәа рҟынӡа анеира мариан. Иегова адҵа ҟаиҵеит Израиль аҿы урҭ ф-қалақьк ыҟазарц — Иордан аҩ-ганк рҿы хԥа-хԥа. Избан? Избанзар машәырла аӡә дызшьыз изааигәаз аҽыҵәахырҭа-қалақь ахь абналара изымариахарц азы (Ахыԥхь. 35:11—14). Урҭ ақалақьқәа рахь узгоз амҩақәа бзиан (Ҩынтә. 19:3). Аиудеиатә ҵас инақәыршәаны, амҩақәа рҿы аҽыҵәахырҭа-қалақьқәа рахь амҩа узырбоз адыргақәа гылан. Урҭ ақалақьқәа ыҟамызҭгьы, машәырла аӡә дызшьыз атәым тәылахь дыбналар акәхон, уа иара игәрахаҵара аанижьыр ауан.

5 Шәхаҿы иаажәг: Иегова адҵа ҟаиҵеит згәы иҭакны ауаҩы дызшьуаз ашьра дақәдыршәарц. Аха иара деиҷаҳаит машәырла аӡәы дызшьуаз ауаҩы агәшаҭареи ахыхьчарҭеи иоурц! Библиаҭҵааҩык иҩит: «Зегьы иахьынӡазалшоз имарианы еиҿкаан. Уи ииашаҵәҟьаны Анцәа игәшаҭара аныԥшуан». Иегова имаҵзуҩцәа рахьырхәра мацара дашьҭам, насгьы игәымбылџьбароу ӡбаҩым. Иара «гәыҭбаарала иҟоу Анцәа» иоуп» (Еф. 2:4).

6. Иуҳәар залшома афарисеицәа агәшаҭара злоу Анцәа Иегова иҿыԥшуан ҳәа? Иҳаилшәыркаа.

6 Афарисеицәа агәшаҭара аарԥшра иашьҭамызт. Иаҳҳәап, аиудеиатә ҵас инақәыршәаны дара хынтә еиҳаны гхак ҟазҵоз ауаҩы ианарыжьуамызт. Иисус афарисеии аҳазалхҩи ирызку ажәаманаа еиҭаҳәаны урҭ дрықәыӡбеит. Афарисеи абас еиԥш Анцәа диҳәон: «Анцәа! иуџьысшьоит егьырҭ ауаа — арҳәцәа, агәнырхаҩцәа, акалҭшьҭаныҟәацәа, мамзаргьы абри аҳазалхҩы иҩызцәоу сахьреиԥшым». Убри аамҭазы аҳазалхҩы ахынраалара аарԥшны Анцәа игәшаҭара даҳәон. Избан афарисеицәа агәшаҭара заадмырԥшуаз? Избан акәзар Абиблиаҿы дара «егьырҭ лазырҟәуаз, ихәынгазшьауаз» ҳәа рызҳәоуп (Лука 18:9—14).

Ирзымариоума егьырҭ шәҿаԥхьа аҭамзаара ашьҭаҵара? Ахынраалара аашәырԥшла егьырҭ шәацәажәара рзымариазарц азы (Шәрыхәаԥш абзацқәа 4—8.)

7, 8. а) Ишԥаҳалшо Иегова иҿыԥшра аӡәы гәнаҳарыла данҳазныҟәо? б) Избан иранаҳажьырц ианҳаҳәо, ҳхынраалара аԥышәара иахысуеит ҳҳәар зҳалшо?

7 Шәиҿыԥшла Иегова, афарисеицәа ракәымкәа. Агәрыцҳашьара аашәырԥшла. (Уаԥхьа Ефесаа рахь 4:32.) Иаҳҳәап, шәҿаԥхьа аҭамзаара шьҭазҵарц зҭаху шәрызхәыц (Лука 17:3, 4). Шәхы шәазҵаа: «Ианасыжьуама сара иаразнак, насгьы исзымариоума сара уи, ауаҩы зныкымкәа сиргәаахьазаргьы? Шаҟа исҭахны синаалозеи сара сзыргәааз?

8 Иранаҳажьырц ианҳаҳәо, ҳхынраалара аԥышәара иахысуеит ҳҳәар ҳалшоит. Афарисеицәа уи рзымҭиит, избанзар рхы егьырҭ раасҭа еиҳаны ирбон. Ақьырсианцәа ракәзар, рхы аҵкыс егьырҭ еиҳаны ирбалар ауп, насгьы гәыкала иранарыжьлар ауп (Флп. 2:3). Шәиҿыԥшлома шәара Иегова? Ишәзыҭиуама шәхынраалара иахысуа аԥышәара? Ахынраалара ааҳарԥшуазар, егьырҭ ҳҿаԥхьа аҭамзаара ашьҭаҵара рзымариахоит, ҳаргьы урҭ ранажьра ҳзымариахоит. Агәаара шәахымыццаклан, насгьы иаарласны шәеинаалала (Еккл. 7:8, 9).

АУАҨЫ ИԤСҬАЗААРА АХӘ ШӘШЬАЛА

9. Дышԥарыцхраауаз Иегова израильаа ауаҩы иԥсҭазаара шаҟа ахә ҳараку аилкаара?

9 Аҽыҵәахырҭа-қалақьқәа еиҳараӡак изыҟаз израильаа ашьа акаҭәаразы ахара рыдымзарц азы акәын (Ҩынтә. 19:10). Иегова аԥсҭазаара ахә ҳаракны ишьоит, насгьы «акгьы зхарам ршьа казҭәо анапы» ицәымӷуп (Ажәам. 6:16, 17). Иара ииашоу, иԥшьоу Анцәа иоуп, убри аҟынтә иара машәырла иҟаҵаз ашьра аус иӡбон. Машәырла аӡәы дызшьуаз иахь агәшаҭара шаадырԥшуазгьы, иара уеизгьы иҟалаз атәы ажәлар реиҳабацәа ирзеиҭеиҳәар акәын. Дара уи ашьра машәырла иҟаиҵеит ҳәа анырыӡбоз, уи ауаҩы аҽыҵәахырҭа-қалақь аҿы даанхар акәын аԥхьаԥшьаҩы дыԥсаанӡа, иҟалап иԥсы ахьынӡаҭаз даанхаргьы акәызҭгьы. Ашьра иамаз алҵшәа бааԥсқәа израильаа ауаҩы иԥсҭазаара шаҟа иԥшьоу аилкаара ирыцхраауан. Ауаа зегьы аԥсҭазаара ҳамҭас ирызҭаз Анцәа имҵахырхәара рҭахызҭгьы, дара иҟарҵоз ма иҟарымҵоз егьырҭ ауаа рыԥсҭазаара ашәарҭара иҭанамыргылаларц иацклаԥшлар акәын.

10. Дышԥарықәыӡбеи Иисус ауаа рыԥсҭазаара пату ақәзымҵоз ашәҟәдырҩцәеи афарисеицәеи?

10 Ашәҟәдырҩцәеи афарисеицәеи уи аҿы Иегова зынӡаск иеиԥшмызт. Дара рзы ауаа рыԥсҭазаара акы иаԥсамызт. Иабааԥшуаз уи? Иисус иҳәеит: «Аҟәыӷарахь иназгауа ацаԥхақәа рымызхыз: шәхаҭақәа уахь шәызнеиуам, инеиуа шәырԥырхагоуп» (Лука 11:52). Дара ауаа Анцәа Иажәа аҵакы рзаадыртлар, насгьы наӡаӡатәи аԥсҭазаарахь иназго амҩала ацара ирыцхраалар рыхәҭан. Уи аҭыԥан, дара ауаа Аԥсҭазаарахылаԥшҩы, Иисус, иҟәыргон (Аус. 3:15). Дара ауаа иддырбоз амҩа наӡаӡатәи аԥсрахьы унанагон. Ахамаԥагьара злаз ашәҟәдырҩцәеи афарисеицәеи рхы акәын изызхәыцуаз, ауаа рыԥсҭазаара хьаас ирымамызт. Шаҟа игәымбылџьбароузеи!

11. а) Дышԥаиҿыԥшуаз апостол Павел аԥсҭазаара ахә зшьо Анцәа Иегова? б) Иуцхраауазеи Павел иеиԥш уаргьы агәацԥыҳәара аарԥшра?

11 Ишԥаҳалшо Иегова иҿыԥшра, насгьы иҟаҳҵар акәзеи ашәҟәдырҩцәеи афарисеицәеи ҳреиԥшымхарц азы? Иахәҭоуп ауаҩы иԥсҭазаара ахә ҳаракны ашьара, насгьы гәацԥыҳәарала ажәабжь зҳәоз апостол Павел иҿыԥшра. Иара ииашаҵәҟьаны иҳәар илшон: «Ахҭархарамҩа уаҩ данылозар — шьа сыдым». (Уаԥхьа Аусқәа 20:26, 27.) Аха Павел ажәабжь зиҳәоз ахара ахьидыз, мамзаргьы Иегова уи дҵас иахьыҟаиҵаз акәӡам. Иара ауаа бзиа ибон, насгьы рыԥсҭазаара ахә ҳаракны ишьон (1 Кор. 9:19—23). Ҳаргьы ауаа рыԥсҭазаара Иегова дшазыҟоу ҳазыҟазар ауп, иара «дазыԥшуп зегьы аҭамзаара ианаҳәаша аамҭа» (2 Пиотр 3:9). Шәара уи шәҭахума? Шәҽазышәшәа ажәабжь ззеиҭашәҳәо ауаа рахь агәшаҭара аарԥшра. Усҟан шәара хымԥада еиҳа гәацԥыҳәарала ажәабжь шәҳәалоит, уи агәырӷьара шәзаанагоит.

12. Избан Анцәа имаҵзуҩцәа рзы ашәарҭадара зхадоу?

12 Убри адагьы, ҳара Иегова еиԥш аԥсҭазаара пату ақәаҳҵозар, ҳаԥсҭазаара зыхьчо агәҽанҵарақәа ишабалак ҳрызнеилаӡом. Ҳара амашьына ишахәҭоу еиԥш, ҳмыццакӡакәа иныҟәаҳгалар ауп, насгьы ашәарҭадаратә гәҽанҵарақәа ҳрықәныҟәозар ауп. Урҭ ҳрықәныҟәалар ауп аизарақәа рахь ҳанцо, мамзаргьы Анцәа имҵахырхәаразы аҭыԥқәа рыргылареи рырҽеиреи ҳрылахәызар. Ашәарҭадареи агәабзиареи еиҳа ихадоуп, инышәхуа аамҭеи аԥареи раасҭа. Ҳанцәа еснагь ииашоу ҟаиҵоит. Ҳаргьы убас ҟаҳҵалар ҳҭахуп. Еиҳарак аизара аиҳабацәа ашәарҭадара иазхәыцлар ауп, рхатә шәарҭадара еиԥш, егьырҭ ртәгьы (Ажәам. 22:3). Аизара аиҳабы ашәарҭадара аганахь ала агәҽанҵарақәа шәиҭозар, шәизыӡырҩы (Гал. 6:1). Иегова ауаҩы иԥсҭазаара дшазыҟоу еиԥш шәазыҟаз, аӡәы ишьа шәыдымзарц азы.

АБАРҬ «АМҨАҚӘҴАРАҚӘА ИНАРЫҚӘЫРШӘАНЫ ШӘЫӠБАЛА»

13, 14. Ишԥарылшоз израильтәи ажәлар реиҳабацәа аиашаӡбара Анцәа, Иегова, иҿыԥшра?

13 Иегова израильтәи ажәлар реиҳабацәа ирыдиҵеит иҳараку инормақәа рыла ажәлар ирықәыӡбаларц. Раԥхьа дара афактқәа зегьы ҭырҵаар рыхәҭан. Анаҩс ауаҩшьҩы имотивқәа еилкааны, игәазыҟашьа иахәаԥшны, уаанӡатәи иԥсҭазаара иазхәыцны дрыцҳашьатәу дрыцҳашьатәыму рыӡбар акәын. Анцәа ииашаӡбара иқәныҟәаны, дара еилыркаар акәын иишьыз дицәымӷзу дицәымӷымзу, насгьы ишьра иҭахызу иҭахымзу. (Уаԥхьа Ахыԥхьаӡарақәа 35:20—24.) Ауаҩшьра шыҟалаз збаз аӡәыр дыҟазҭгьы, ҩыџьа иреиҵамкәа ишьақәдырӷәӷәар акәын уи ашьра машәырла ишыҟамлаз (Ахыԥхь. 35:30).

14 Иҟалаз аус ҭҵааны, аиҳабацәа ауаҩы ихаҭа изхәыцлар акәын, иҟаиҵаз аус мацара акәымкәа. Дара агәеилых бзиа аадырԥшлар рыхәҭан, даҽакала иуҳәозар, ирымбозгьы абара рҽазыршәалар акәын. Аха агәеилых бзиеи, агәшаҭареи, аиашаӡбареи реиԥш иҟоу Анцәа иҟазшьақәа раарԥшразы, зегь раԥхьаӡа иргыланы дара Иегова идоуҳа рҭахын (Ақәҵ. 34:6, 7).

15. Иаҳзеиҭашәҳәа афарисеицәеи Иисуси агәнаҳаҟаҵаҩцәа ишырзыҟаз шеиԥшмыз.

15 Афарисеицәа рхы ззыршьҭуаз агәнаҳа ҟазҵаз игәы иҭоу акәымкәа, иҟаиҵаз агха акәын. Иисус Матфеи иҩнаҿы афара-ажәра аныҟаз даннеи, иҵаҩцәа иразҵааит: «Шәырҵаҩы аҳазылхыҩцәеи агәнаҳара змоуи дрыдтәаланы акрызрыцифаузеи, изрыцижәуазеи?» Иисус иҳәеит: «Шәца, иагьеилышәкаа: „арыцҳашьароуп исҭаху, амҭа акәым“ сызҳәоу? Сара сзааз, иаша-ҵабыргла иҟоу рахьырхәразы акәӡам, агәнаҳара иаҵоу рыгәнаҳарақәа рхыхразы ауп» (Матф. 9:9—13). Иҳәарц иҭахызма Иисус агәнаҳаҟаҵаҩцәа рхымҩаԥгашьа цәгьарас акгьы алам ҳәа? Ҳәарада, мап! Иисус зегь ааиԥхьон рыгәнаҳақәа ирыхьхәырц. Уи ииҳәоз ажәабжь иахәҭакын (Матф. 4:17). Иисус ибеит аҳазалхыҩцәеи агәнаҳаҟаҵаҩцәеи рҟынтә шьоукы рҽырыԥсахыр шырҭахыз. Дара Матфеи иҩныҟа ус баша акрырфарц акәмызт изнеиз. Абиблиа инақәыршәаны, уа еизаз рыбжьара имаҷҩымкәа ишьҭанеицәа ыҟан (Марк 2:15). Илахьеиқәҵагоуп, аха афарисеицәа реиҳараҩык уеизгьы ирзеилымкааӡеит Иисус уа еизаз ауаа бзиарас ирыдибалаз. Афарисеицәа ишьақәдырӷәӷәон агәшаҭара злоу, ииашоу Анцәа имаҵ руеит ҳәа. Аха зымаҵ руаз иеиԥш акәымкәа, дара рыжәлар акгьы злымҵуа гәнаҳаҟаҵаҩцәас ирыԥхьаӡон.

16. Хықәкыс ирымоузеи аизара аиҳабацәа аӡбаратә зҵаарақәа анеилдырго?

16 Аизара аиҳабацәа аиаша бзиа избо Анцәа иҿыԥшлароуп (Аԥсал. 36:28 [37:28, АдҾ]). Раԥхьаӡа иргыланы дара зегьы ибзианы иҭырҵаароуп, агәнаҳа шыҟаҵаҵәҟьаз еилыркаарц азы. Агәнаҳа ҟаҵазҭгьы, аизара аиҳабацәа уи аус абиблиатә мҩақәҵарақәа инарықәыршәаны ирыӡбароуп (Ҩынтә. 13:12—14). Аусӡбаратә еиԥылараҿы дара рҽазыршәароуп агәнаҳа ӷәӷәа ҟазҵаз ақьырсиан дахьуоу дахьымхәуоу аилкаара. Ақьырсиан дахьхәуоу дахьымхәуоу аилкаара еснагь имариаӡам. Уи азы иазхәыцтәуп агәнаҳа ҟазҵаз игәазыҟашьа зеиԥшроу, иҟаиҵаз дшазыҟоу, насгьы игәы иҭоу (Аат. 3:3). Агәнаҳаҟаҵаҩ иахь агәшаҭара аадырԥшырц азы иҟаиҵаз дахьхәыр аупa.

17, 18. Ирыцхраар алшозеи аизара аиҳабацәа ақьырсиан гәыкала дшахьхәыз аилкаара? (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.)

17 Иеговеи Иисуси ауаҩы игәы иҭоу абара рылшоит. Аизара аиҳабацәа уи рылшаӡом. Шәара аизара аиҳабыс амаҵ жәуазар, ишәыцхраар алшозеи ақьырсиан гәыкала дшахьхәыз аилкаара? Актәи, Иегова аҟәыӷареи агәеилых бзиеи шәиҭарц шәиҳәала (1 Аҳ. 3:9). Аҩбатәи, Анцәа Иажәа, насгьы игәрагоу атәы илабжьарақәа шәрызхәыцла, уи «Анцәа иахьтә иаауа агәырҩа», даҽакала иуҳәозар гәыкала ахьхәра, «идгьылтәу, иуаҩытәыҩсатәу агәырҩа» излаиеиԥшым аилкаара ишәыцхраауеит (2 Кор. 7:10, 11). Зыгәнаҳақәа ирыхьхәызи уи ҟазымҵази ирызкны Абиблиа иаҳәо ҭышәҵаа: иарбан цәаныррақәоу урҭ ирымаз? Изеиԥшрази урҭ ргәазыҟашьа? Русқәа?

18 Ауаҩы ихаҭа шәизхәыцла, уи иҟаиҵаз агха мацара акәымкәа. Шәрызхәыцла уи иааӡареи имотивқәеи зеиԥшраз, иара убас дзықәшәо ауадаҩрақәа. Абар ақьырсиантә еизара Ахада Иисус изкны Абиблиаҿы заа ианыз: «Иара аус иӡбаӡом, насгьы ириашаӡом ила иабои иаҳауеи мацарала. Иара иашала иӡбоит аӷарцәа рус, насгьы адгьыл аҿы инхо иԥагьақәам рыбзазаразы иашарала иҿаԥиҽлоит» (Ис. 11:3, 4). Аизара аиҳабацәа, шәара Иисус иеизара шәеиҷаҳаларц шәахаиргылеит, убри аҟынтә агәра ганы шәыҟаз уи иашарылеи гәшаҭарылеи аӡбара аҟаҵара дышшәыцхраало (Матф. 18:18—20). Шаҟа ҳаигәырӷьозеи ҳара абас еиԥш аиҷаҳара аазырԥшуа аизара аиҳабацәа ахьҳамоу! Урҭ рыцхыраара абзоурала ҳаргьы ҳабжьара аиашареи агәшаҭареи ааҳарԥшлар ҳалшоит.

19. Иарбан урокқәоу шәхазы ишәыԥшааз аҽыҵәахырҭа-қалақьқәа ирызкыз азакәан аҿы?

19 Моисеи изакәан аҿы «адырреи аҵабырги» ануп. Уи Иеговеи ипринципқәеи реилкаара иҳацхраауеит (Рим. 2:20). Убас ала аҽыҵәахырҭа-қалақьқәа ирызкыз азакәан аизара аиҳабацәа иднарҵоит иашарыла аус аӡбара, ҳаргьы иаҳнарҵоит ҳабжьара «абзиабара зныԥшуа ақьиареи агәшаҭареи» раарԥшышьа (Зах. 7:9). Ҳара Моисеи изакәан аҵаҟа ҳаҟам, аха Иегова иҽимԥсахӡеит. Иара изы аиашареи агәшаҭареи еснагь даара ихадоуп. Шаҟа ҳаҭыр дуузеи Ҳанцәа имаҵ аура! Шәааи уи ҳаиҿыԥшны зеиԥшыҟам иҟазшьақәа ааҳарԥшлап, насгьы иара иҿы аҽыҵәахырҭа ҳаԥшаалап!

a Шәахаԥш март 1, 2006 шықәсазы иҭыҵыз ажурнал «Сторожевая башня» аҿы иҟоу астатиа «Вопросы читателей», адаҟьа 30.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра