Шәыбжьы ҭыганы гәырӷьарыла ашәа шәҳәала!
«Анцәа изы ашәаҳәара бзиоуп» (АԤСАЛ. 146:1 [147:1, АдҾ]).
1. Иарбан лшароу иаҳнаҭо ашәаҳәара?
ЕИЦЫРДЫРУА ашәақәа зыҩуа апоет зны иҳәеит: «Ажәақәа удырхәыцуеит. Амузыка ацәаныррақәа узцәырнагоит. Ашәа акәзар, азхәыцра аилкаара иуцхраауеит». Ҳашәақәа Иегова дҳараркуеит, насгьы иара иахь абзиабара шҳамоу аадырԥшуеит. Уи иареи ҳареи ҳаизааигәанатәуеит. Убри аҟынтә иџьашьатәым Иегова ишаҳаҭцәа хаҭала ма аизарақәа рҿы еснагь ашәақәа ахьизырҳәо. Ашәаҳәара ииашаҵәҟьоу амҵахырхәара иахәҭакуп.
2, 3. а) Избан шьоукы аизарақәа рҿы ашәаҳәара изацәыԥхашьо? б) Иарбан зҵаарақәоу еилҳарго?
2 Ишәгәаԥхома шәара аизараҿы ашәаҳәара? Мамзаргьы уи шәацәыԥхашьоу? Ҭыԥқәак рҿы ахацәа ауаа ишраҳауа ашәаҳәара иацәыԥхашьоит. Уи аизара зегь иҽеим анырра рнаҭар алшоит, еиҳараӡак аҭакԥхықәра зду аишьцәа ашәаҳәара иацәыԥхашьозар, мамзаргьы дара ашәаҳәараан егьырҭ аусқәа ирҿызар (Аԥсал. 29:13 [30:12, АдҾ]).
3 Ашәаҳәара Иегова имаҵ аура иахәҭакны иҳаԥхьаӡозар, усҟан ашәа анырҳәо аамҭазы азал ҳаҩныҵлаӡом, насгьы уи ахәҭа ҳҽагҳмырхарц заа аизарахь ҳнеилоит. Убри аҟынтә дасу ҳхы ҳазҵаароуп: «Сышԥазыҟоу ақьырсиантә еизараҿы ашәаҳәара? Исыцхраауазеи егьырҭ ишраҳауа ашәаҳәара сацәыԥхашьозар? Иҟасҵар сылшозеи ҳашәақәа гәыкала исҳәаларц?»
АШӘАҲӘАРА АНЦӘА ИМҴАХЫРХӘАРА ИАХӘҬАКУП
4, 5. Ишԥазыҟаз ажәытәан израильаа Иегова имҵахырхәараҿы ашәаҳәара?
4 Жәытә-натә аахыс Иегова изиашаз имаҵзуҩцәа ашәаҳәарала Анцәа дҳараркуан. Иаҳҳәап, ажәытәан израильаа азиашара аарԥшны Анцәа имаҵ аныруаз, ашәаҳәара аҭыԥ ду азалырхуан. Убас аҳ Давид ауахәамазы зегь анирхиоз, иара 4 000-ҩык алевитцәа алихит, урҭ ашәаҳәарала Иегова дҳараркларц азы. Урҭ рҟынтә 288-ҩык «Иегова ашәа шизҳәатәыз дырҵан, насгьы рус бзианы ирдыруан» (1 Аш. 23:5; 25:7).
5 Ауахәама аргылара анхыркәшаз, амузыкеи ашәаҳәареи ихадоу ароль рзалхын. Абиблиаҿы иануп: «Иегова дырҽхәо, насгьы иҭабуп ҳәа иаҳәо абыкьқәеи ашәаҳәаҩцәеи рыбжьқәа анеицыла, абыкьқәеи, абҩа иалху аџьамқәеи, егьырҭ амузыкатә инструментқәеи ашәа рыцырҳәо ианалага, Иегова дырҽхәо... Иегова иҩны... аԥсҭҳәа ҩначылеит». Ҳәарада, иҷыдаз ари ахҭыс уа иҟаз рыгәрахаҵара арӷәӷәеит (2 Аш. 5:13, 14; 7:6).
6. Иарбан программоу еиҿикааз Неемиа, иерусалимтәи аҭӡамц аиҭашьақәыргылара анхыркәшаз?
6 Неемиа Иерусалимтәи аҭӡамцқәа реиҭашьақәыргыларазы аус данахагылаз, иара алевитцәа еизигеит урҭ аоркестртә ккомпонимент рыцны ашәа рҳәаларц. Иерусалимтәи аҭӡамц анеиҭашьақәыргылаз, еиҿкаан иҷыдоу амузыкатә программа. «Ҩ-хор дук» Иегова дырҽхәо рҽеиҩшаны ақалақь аҭӡамц иқәгыланы ицон, ауахәама аҿаԥхьа еиԥылаанӡа. Убри аамҭазы рыбжьы убриаҟара идуун, ихароу аҭыԥқәа рҿы иуаҳартә иҟан (Неем. 12:27, 28, 31, 38, 40, 43). Ҳәарада, Иегова даара игәы иахәон имаҵзуҩцәа гәыкала ашәа ахьизырҳәоз.
7. Ишԥааирԥши Иисус Анцәа имҵахырхәараҿы ашәақәа ихадоу аҭыԥ шааныркыло?
7 Ақьырсиантә еизара анышьақәгыла ашьҭахьгьы амузыка Анцәа имҵахырхәараҿы ихадоу аҭыԥ ааннакылон. Иазгәаҭатәуп аҭоурых аҿы зегь раҵкыс ихадаз аухазы Иисус уаххьа азгәаҭара анаԥиҵа, апостолцәеи иареи Иегова дзырҽхәоз ашәақәа шырҳәоз. (Уаԥхьа Матфеи 26:30.)
8. Рхы ишԥадырхәоз раԥхьатәи ақьырсианцәа ашәақәа Анцәа имҵахырхәараҿы?
8 Раԥхьатәи ақьырсианцәа Анцәа ашәақәа рыла дшыҳараклатәу аҿы аҿырԥшы ҳарҭеит. Дара Иегова имҵахырхәаразы ауахәамахь ицоз израильаа реиԥш, лассы-лассы рыҩнқәа рҿы еизон. Урҭ рыҩнқәа ауахәама еиԥш иԥшӡамызт, насгьы идумызт, аха дара уеизгьы гәыкала ашәа рҳәон. Иԥшьоу адоуҳа ацхыраарала апостол Павел ақьырсианцәа ирзиҩуан: «Христос иажәа шәгәаҵа ҟәыӷараны, илашарбаганы иҭазааит, имарымажахааит,— ахшыҩрҵаратә шәаналацәажәо, амҩа шәанықәеибаҵо, шәанеилабжьо, Иҳақәиҭу шәиаҭабууа, дҳаракуа, аԥсалмақәа, аныҳәашәақәа, адоуҳашәақәа анышәҳәо» (Кәал. 3:16). Ҳашәаҳәагатә шәҟәқәа ирну ашәақәа, ҳәарада, «доуҳатә шәақәоуп», насгьы урҭ «ҳагәқәа рҿы аџьшьара аарԥшны» иҳәалатәуп. Уи игәрагоу, иҟәышу атәы иҳаиҭо адоуҳатә фатәы иахәҭакуп (Матф. 24:45).
АԤХАШЬАРА ҲАИААИР ШҲАЛШО
9. а) Избан шьоукы аизарақәеи аконгрессқәеи рҿы ашәаҳәара изацәыԥхашьо? б) Иарбан лабжьарақәоу Иегова гәыкала ашәа изҳәараҿы иҳацхраар алшо, насгьы изыхәҭада уи аганахь ала аҿырԥштәы ҳаҭара? (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.)
9 Избан шьоукы ашәаҳәара изацәыԥхашьо? Иҟалап уи рҭаацәараҿы ма ркультураҿы иаԥымзар. Зны-зынла ашәаҳәаҩцәа ҳанырзыӡырҩуа, урҭ шаҟа ибзианы ашәа рҳәо џьаҳшьоит. Ҳгәы каҳар алшоит ҳара урҭ реиԥш ашәа ахьаҳзымҳәо. Аха уи Ҳанцәа Иегова ашәа изҳәара иаҳԥырхагамхароуп. Шәхы шәҩаханы ашәаҳәагатә шәҟәы шәҿаԥхьа икны, гәыкала ашәа шәҳәала! (Езд. 3:11; уаԥхьа Аԥсалом 146:1 [147:1, АдҾ]). Уажәы Аҳратә залқәа рҿы ашәақәа ртекст аекран аҿы иддырбоит. Уи ашәаҳәара иҳацхраауеит. Иара убас иазгәаҭатәуп ашәаҳәара Аизара аиҳабацәа рзы иԥшьоу амаҵзура ашкол апрограмма ишахәҭаку, избанзар аизара аиҳабацәа уи аҿы аҿырԥш бзиа ддырбалароуп.
10. Иаҳгәалашәозар акәзеи, егьырҭ ишраҳауа ашәаҳәара ҳацәыԥхашьозар?
10 Зны-зынла шьоукы рыбжьы ҭыганы ашәаҳәара ишәоит, избанзар рыбжьы егьырҭ рыбжьы аҵкыс идухоит, мамзаргьы егьырҭ иргәаԥхом ҳәа ргәы иаанагоит. Аха шәазхәыц: ҳанцәажәо «ҳара зегьы агәнаҳарақәа маҷымкәа иҟаҳҵоит» (Иак. 3:2). Аха ҳара уи иахҟьаны ацәажәара ҳаҟәыҵӡом! Нас иалҳаршар аума инаӡам ҳабжьы Иегова ашәала ирҳаракра иаԥырхагахартә?
11, 12. Иарбан лабжьарақәоу еиӷьны ашәаҳәара иҳацхраауа?
11 Зны-зынла ашәаҳәара ҳацәыԥхашьоит, избанзар уи шыҟаҵатәу ҳаздыруам. Аха иуадаҩым алабжьарақәа ҳхы иаҳархәалар, еиӷьны ашәаҳәашьа ҳҵар ҳалшоитa.
12 Шәыбжьы дузарц, насгьы амч амазарц азы, ииашаны аԥсыԥ алага-ҩагара аҭахуп. Афымца алампочка шанаркуа еиԥш, уԥсыԥ убжьы иацхраауеит. Ашәа анаҳҳәо, ҳабжьы ҳанцәажәо еиԥш, мамзаргьы еиҳаны амч амазароуп. Ииашаны шәыԥсыԥ алага-ҩагаразы абас ҟашәҵар шәылшоит. Шәҽыриашаны шәгыл, шәыжәҩахыр еиҵышәх, шәыԥсыԥ жәга ҵаҟатәи шәрыԥҳақәа аҳауала иҭәырц. Илажәгала шәыԥсыԥ ашьшьыҳәа, ашьшьыҳәа шәыԥхьаӡо. Иахьынӡашәылшо ирацәаны шәыԥхьаӡа. Шәҽазышәшәа ашәаҳәараан убас аҟаҵара. Иазгәаҭатәуп Абиблиа ахаҭа Иегова имаҵзуҩцәа рыбжьы ҭыганы ашәа аҳәара ргәы шазҭанаҵо (Аԥсал. 33:1—3, АдҾ).
13. Ишԥаҳалшо ҳамшәаӡакәа ашәаҳәара?
13 Аҭаацәаратә мҵахырхәараан, мамзаргьы аӡәгьы шәааигәара даныҟам абас ҟашәҵа. Ашәаҳәагатә шәҟәаҿы иалышәх бзиа ижәбо ашәа. Шәыбжьы рдуны, шәымшәакәа ажәақәа шәрыԥхьа. Уи ашьҭахь убас еиԥш шәыбжьы амч аҭаны зныктәи шәыԥсыԥ агарала амузыкатә фразаҿы иаагоу ажәақәа зегьы шәрыԥхьа. Анаҩс убас еиԥш шәыбжьы ҭыганы уи афраза шәҳәа (Ис. 24:14). Шәара игәашәҭоит шәыбжьы еиҳа ишеиӷьхаз. Уи ацәшәара ма ацәыԥхашьара ахәҭам!
14. а) Избан ибзианы ашәаҳәаразы ҳҿы ибзианы аартра захәҭоу? (Шәахәаԥш арамка «Еиӷьны ашәаҳәара ҳҵар шҳалшо».) б) Шәрыхцәажәа еиӷьны ашәаҳәара иуцхраауа ҳәа ишәыԥхьаӡо алабжьарақәа.
14 Шәыбжьы ишахәҭоу еиԥш амч аиуам, шәҿы уиаҟара иаашәмыртлар. Убри аҟынтә абар ишәыхәар алшо даҽа лабжьарак: шәҿы шәанцәажәо аҵкыс, еиҳаны иаашәыртла. Иҟашәҵар шәылшозеи шәара шәыбжьы зынӡа ихәыҷызар ма мыцхәы идузар? Хықәкыла шәжьышәақәа шәыркәадала, насгьы ашәаҳәаразы аҽаршьцыларақәа шәҿы аркны иҟашәҵала. Уи азы шәқьышәқәа маҷк инеимакны (ишәмырӷәӷәан) «ммм-ммм-ммм...» шәҳәа. Убри аамҭазы шәара шәхи шәгәышԥи рҿы авибрациа шәаҳауазар ауп. Ишәхашәмыршҭлан иара убас шәыԥсыԥ инарҵауланы алага-ҩагара.
ГӘЫКАЛА АШӘА ШӘҲӘАЛА
15. а) Иарбан лаҳәароу иҟаҵаз есышықәсатәи аиԥылараҿы 2016 шықәсазы? б) Иарбан мзызқәоу иҿыцу ашәаҳәагатә шәҟәы аҭыжьразы иҟаз?
15 2016 шықәсазы Пенсильваниа имҩаԥысыз есышықәсатәи аиԥылараҿы аиашьа Стивен Летт алаҳәара ҟаиҵеит хара имгакәа ҳқьырсиантә еизарақәа рҿы ҳхы ишаҳархәало иҿыцу ашәаҳәагатә шәҟәы «Гәырӷьарыла Иегова ашәа изышәҳәала». Аиашьа Летт идеилиркааит иҿыцу ашәаҳәагатә шәҟәы зыҭрыжьыз мзызқәак ишреиуоу англыз бызшәала еиҭарҿыцу «Адунеи ҿыц аиҭага» ахьҭыҵыз. Бызшәақәак рҿы ашәақәа ртекст еиҭа аус рыдулара аҭаххеит, насгьы 2013 шықәсазы иҭыҵыз Абиблиа аиҭагаҿы уаҳа иуԥымло ажәақәа ашәаҳәагатә шәҟәы ианыхтәын. Иара убас уахь иацырҵеит ажәабжьҳәаратә маҵзура иазку, насгьы аҿыхразы аџьшьара зныԥшуа ашәақәа. Уи инеиҳангьы, Иегова имҵахырхәараҿы ашәаҳәара ихадоу аҭыԥ ахьааннакыло азы, Анапхгаратә хеилак иаӡбеит ашәаҳәагатә шәҟәы еиҭарҿыцу «Адунеи ҿыц аиҭага» еиԥш зхаҭабзиара ҳараку аматериалқәа рыла иҟарҵарц.
16, 17. Иарбан ԥсахрақәоу иҿыцу ашәаҳәагатә шәҟәаҿы иҟаҵаз?
16 Ашәаҳәагатә шәҟәы «Гәырӷьарыла Иегова ашәа изышәҳәала» ахархәара маншәалазарц азы, ашәақәа атемақәа рыла еихшоуп. Иаҳҳәап, раԥхьатәи 12 шәак Иегова изкуп, анаҩстәи 8 — Иисуси аҿыхреи ирызкуп, убас егьырҭгьы. Ашәаҳәагатә шәҟәаҿы атематә рбага ыҟоуп, убри аҟынтә аишьцәа рзы имариахоит, иаҳҳәап, иаарту ажәахә азы ианаало ашәа алхра.
17 Ашәақәа ауаа ргәаҵанӡа инеиларц азы, урҭ ражәақәа еиҭарҿыцын. Жәақәак ԥсахын, аҵакы еиҳа еиӷьны аарԥшразы. Иара убас ауаа уаҳа рхы иадмырхәо ажәақәагьы ԥсахтәын. Иаҳҳәап, иҿыцу ашәаҳәагатә шәҟәаҿы уаҳа иуԥылом иажәыз ажәа «гласить», насгьы ашәа ахьӡ «Долготерпение» «Проявляйте терпение» ала иԥсахуп. Иара убас ашәаҳәагатә шәҟәаҿы уаҳа иуԥылаӡом ажәақәа «шеол», насгьы «гадес». Избан? Ҳаизарақәа ирҭаауеит иҿыцу аӡәырҩы, ма ааигәа Абиблиа аҵара иалагаз ауаа, убри аҟынтә арҭ ажәақәа рзеилымкаар алшоит.
Аҭаацәаратә мҵахырхәараан ашәақәа шәҵала (Шәахәаԥш абзац 18.)
18. Избан изхадоу иҿыцу ашәақәа рзыӡырҩра? (Шәахәаԥш иара убас албаага.)
18 Ашәаҳәагатә шәҟәы «Гәырӷьарыла Иегова ашәа изышәҳәала» иану ашәақәа анцәаиҳәарақәа иреиԥшуп. Урҭ ҳацхраауеит Анцәа иахь иҳамоу ацәаныррақәа раарԥшра. Егьырҭ ашәақәа абзиабара аарԥшреи аус қьиақәа рыҟаҵареи ҳгәазҭарҵоит (Аур. 10:24). Ҳашәақәа рмелодиеи ртексти ибзианы иаҳдыруазар ауп. Ашәақәа аҩны шәаныҟоу ишәҳәала. Убасала урҭ шәҵоит, насгьы аԥсы ахаҵаны ишәҳәалоит!b
19. Иарбан зеиԥшыҟам рольу Иегова имҵахырхәараҿы амузыка иааннакыло?
19 Ииашаҵәҟьаны Анцәа имҵахырхәараҿы ашәаҳәара даара ихадоуп. Уи ҳара ҳзы Иегова иахь абзиабареи аџьшьареи раарԥшразы лшара бзиоуп. (Уаԥхьа Исаиа 12:5.) Уи адагьы, гәыкала ашәа анаҳҳәо егьырҭ ргәазҭаҳҵар ҳалшоит иԥхамшьаӡакәа рыбжьы ҭыганы ашәаҳәара. Ашәа анаҳҳәо, аизараҿы зегьы, аҿар реиԥш, зықәрахь инеихьоугьы, ааигәа Абиблиа аҵара иалагазгьы, Иегова ддырҽхәалар рылшоит. Убри аҟынтә акгьы ҳԥырхагамхааит ашәаҿы ҳцәаныррақәа раарԥшра. Анцәа идоуҳа ацхыраарала аԥсаломшәаҳәаҩ иҩит: «Нцәа Ҳазшаз ашәа ҿыц изышәҳәа» (Аԥсал. 95:1 [96:1, АдҾ]). Шәааи ари ааԥхьара ҳацныҟәаны гәырӷьарыла, ҳабжьы ҭыганы Анцәа ашәа изаҳҳәалап!
a Еиӷьны ашәаҳәашьа шәҵар шшәылшо иазкны еиҳаны алабжьарақәа шәыԥшаар шәылшоит ҳтелехәаԥшра апрограммаҿы (аҟәша НАША СТУДИЯ > РЕЧИ).
b Ашәаҳәара ҳҽазыҟаҳҵарц азы аконгрессқәа рҿы апрограмма ахәҭақәа ирылагаанӡа жәа-минуҭк ицо амузыкатә видеонҵамҭала иалагоит. Уи шьақәгылоуп аоркестртә музыкала, уи ҳгәи ҳахшыҩи аконгресс апрограмма иазыҟанаҵоит. Убри аҟынтә иахәҭоуп амузыкатә видеонҵамҭа алагаанӡа ҳҭыԥқәа аанкыланы, амузыка ԥшӡа азыӡырҩра.