АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА
Уҭаацәараҿы абзиабара аарԥшла
Абзиабара аҷабга иаҩызоуп, уи аҭаацәара еиднакылоит. Абзиабара ахьыҟоу аҭаацәараҿы зегьы еицхыраауеит, насгьы акзаара рымоуп. Ишԥарылшо ахацәа, аҳәса, насгьы аҭаацәа абзиабара аарԥшра?
Зыԥҳәыс бзиа дызбо ахаҵа, лгәаҳәарақәеи, лгәаанагареи, лцәаныррақәеи дрызхәыцуеит (Еф. 5:28, 29). Иара иҭаацәа ныҟәигоит, насгьы доуҳала иӷәӷәазарц дрыцхраауеит. Уи азы иара аҭаацәаратә мҵахырхәара бжьамыжьӡакәа имҩаԥигоит (1 Тим. 5:8). Зхаҵа бзиа дызбо аԥҳәыс, лхаҵа пату иқәылҵоит, насгьы аҭаацәара хадас иамоу иара шиакәу еилылкаауеит (Еф. 5:22, 33; 1 Пиотр 3:1—6). Ахаҵагьы аԥҳәысгьы рыгхақәа ранеибажьлароуп (Еф. 4:32). Аиҷаҳара аазырԥшуа аҭаацәа рхәыҷқәа доусу рҭахрақәа ирызхәыцуеит, насгьы Иегова иахь абзиабара рыларааӡоит (Ҩынтә. 6:6, 7; Еф. 6:4). Аҭаацәа рхәыҷқәа иразҵаауеит ашкол аҿы изықәшәо ауадаҩрақәа, насгьы урҭ ишыриааиуа. Аб, ан, насгьы ахәыҷқәа бзиа ианеибабо аҭаацәараҿы зегьы анасыԥ рымазаауеит.
УАХӘАԤШ АВИДЕОНҴАМҬА «АҬААЦӘАРАҾЫ АБЗИАБАРА ААҲАРԤШУЕИТ», АНАҨС ҴАҞА ИААГОУ АЗҴААРАҚӘА РҬАК ҞАҴА:
Дышԥалеиҷаҳауеи зыԥҳәыс бзиа дызбо ахаҵа иԥҳәыс?
Ишԥаалырԥшуеи зхаҵа бзиа дызбо аԥҳәыс лхаҵа пату шиқәылҵо?
Ишԥарыцхраауеи зхәыҷқәа бзиа избо аҭаацәа рхәыҷқәа Анцәа Иажәа бзиа ирбаларц?