АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА
Ацәгьеи абзиеи реиҩдыраашьа ҵала
Аспортсмен ибзианы дазыҟаҵазарц азы дааҟәымӡҵакәа ибаҩ ирҵәлароуп. Убас еиԥш, ҳаргьы еснагь ҳахшыҩ аус адаҳулалароуп, ацәгьеи абзиеи реиҩдырааразы (Аур. 5:14). Зегьы иҟарҵо аҟаҵара еиҳа ишымариоугьы, ҳхәыцны ҳхатә ӡбарақәа ҳадаҳкылалароуп. Избан? Избанзар доусы иҳадаҳкыло аӡбарақәа рзы Анцәа иҿаԥхьа аҭак ҟаҳҵоит (Рим. 14:12).
Ҳара аӡы ҳаҽӡааҳхижьҭеи акыршықәса ҵуазаргьы, ҳгәы иаанамгалароуп еснагь аӡбара бзиақәа ҳадаҳкылалоит ҳәа. Аӡбара бзиақәа ҳадаҳкылаларц азы Иеговеи, Иажәеи, иорганизациеи ҳрықәгәыӷлароуп (Иис. Н. 1:7, 8; Ажәам. 3:5, 6; Матф. 24:45).
УАХӘАԤШ АВИДЕОНҴАМҬА «ШӘЫЛАМЫС ЦҚЬАЗ», АНАҨС ҴАҞА ИААГОУ АЗҴААРАҚӘА РҬАК ҞАҴА:
Иарбан ӡбароу Емма илыдылкылар акәыз?
Избан аӡәы иламыс ишаҵанакуа еиԥш ииӡбаша азҵаарақәа рҿы ҳгәаанагара аҳәара зҳахәҭам?
Иарбан иҟәыӷоу лабжьароу хаҵеи-ԥҳәыси Емма илырҭаз?
Иабалыԥшааи Емма лхы шымҩаԥылгаша аилкаара илыцхрааз аинформациа?