Иегова Давиди иареи аиқәшаҳаҭра рыбжьеиҵеит. Давид уи дазхәыцуеит
АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА
Иегова Давиди иареи аиқәшаҳаҭра рыбжьеиҵоит
Иегова Давид иеиҳәеит ихылҵуа аҳцәаны ишыҟаиҵо (2 Сам. 7:11, 12; w10-U 1/4 20, абз. 3; уахәаԥш ацәаҿы иану асахьа).
Иегова Давиди иареи ирыбжьеиҵаз аиқәшаҳаҭра ахәҭақәак Мессиа иҿы инаӡеит (2 Сам. 7:13, 14; Аур. 1:5; w10-U 1/4 20, абз. 4).
Мессиа инапхгара иҟанаҵо зегьы наӡаӡа иҟазаауеит (2 Сам. 7:15, 16; Аур. 1:8; w14-U 15/10 10, абз. 14).
Мессиа инапхгара ашәышықәсақәа рыбжьара ишыҟазаауа ҳаилыркааразы амреи амзеи зегь раасҭа ианаало символқәоуп (Аԥсал. 89:35—37). Ажәҩан зырлашо урҭ ашамҭақәа урыхәаԥшны Иегова Иаҳра ацхыраарала уареи уҭаацәареи рзы иҟаиҵо уазхәыцла.