АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА
Ажәабжьҳәараҿы ааигәа иҟалаз ахҭысқәа урылацәажәала
Иисус ажәабжьҳәараҿы ааигәа иҟалаз ахҭысқәа дрылацәажәон, ауаа ихадаз ак дирҵарц азы (Лука 13:1—5). Уаргьы адунеи аҿы иҟоу ахҭысқәа рыӡбахә уҳәалар улшоит Аҳра иазку ажәабжь ахь ауаа аинтерес рызцәыругарц азы. Иаҳҳәап, уалацәажәар улшоит зегь рыхәқәа ишрыцлаз, аԥсабаратә рыцҳарақәеи аилаҩынтрақәеи шырацәахаз, анаркотикқәа здызкыло рхыԥхьаӡара ишазҳаз, ма даҽа уадаҩрак. Анаҩс ауаҩы дзырхәыцша азҵаара иҭ. Уиазҵаар улшоит: «Шәгәы ишԥаанаго, иԥҵәома знымзар-зны...», ма «Ӡбашьас иамоузеи...» Уи ашьҭахь иалухыз атема иадҳәалоу ажәеинраала уизаԥхьа. Ауаҩы аинтерес изцәырҵзар, авидеонҵамҭа ирба, ма амаҵзуразы иҟоу амыругақәа рҟынтә апубликациа идгал. Ҳара хықәкыс иҳамоу ҳахьынхо аҭыԥ аҿы ажәабжь бзиа ауаа ргәаҟынӡа анагара ауп. Убри аҟынтә шәааи уи азы иҳалшо зегь ҟаҳҵалап! (1 Кор. 9:22, 23).
Иарбан темақәоу шәахьынхо аҭыԥ аҿы ауаа аинтерес рызцәырызгар алшо?