АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА
Иегова илоу аҟәыӷаразы дҳаракла
Иегова Соломон уаҩ иимбац аҟәыӷара ииҭеит (1 Аҳ. 10:1—3; w99-U 1/7 30, абз. 6).
Шева аҳкәажә даараӡа иџьалшьеит Иегова Соломон ииҭаз аҟәыӷара анылба (1 Аҳ. 10:4, 5; w99-U 1/11 20 абз. 6).
Шева аҳкәажә Иегова дҳаралкит, Соломон аҳас дахьыҟаиҵаз азы (1 Аҳ. 10:6—9; w99-U 1/7 30, абз. 7).
Ишԥаҳалшо Шева аҳкәажә леиԥш Анцәа иҳаиҭо аҟәыӷара ахә ҳаракны ишаҳшьо ааҳарԥшыр? Алшарақәа руак — Иисус ирҵарақәа рыла анхареи, иахьынӡаҳалшо иҿыԥшреи роуп (Матф. 12:42; 1 Пиотр 2:21). Даҽа лшарак — уи аҟәыӷара аӡбахә ажәабжьҳәараҿы аҳәара ауп.