АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА
Узқәымгәыӷуа аҭагылазаашьа заа уҽазыҟаҵа
Избан уи зхадоу? Уара иаалырҟьаны аҳақьымцәа рыцхыраара уҭаххар, ма ахәышәтәырҭаҿ ушьҭаҵатәхар алшоит. Убри аҟынтә уажәнатә уҽазыҟауҵар бзиоуп, ианаҭаххалак еиҳа ишеиӷьу урхәышәтәырц азы. Убас уара аԥсҭазаареи ашьа иазку Иегова изакәани пату шрықәуҵо ааурԥшуеит (Аус 15:28, 29).
Уҽазыҟауҵар шԥаулшо?
Иегова уиҳәа, насгьы зегьы ибзианы урызхәыцны адокумент «Волеизъявление и доверенность относительно медицинского вмешательства» (dpa)a харҭәаа. Аӡы зыҽӡаазххьоу ажәабжьҳәаҩцәа уи адокумент алитературазы аҭакԥхықәра зду аиашьа имырхыр рылшоит. Зықәра наӡам рхәыҷқәа рзы «Удостоверение личности» (ic) иаҳәар рылшоит.
Зцәазтәымкәа иҟоу аиҳәшьцәа аизара аиҳабы иҳәар рылшоит абланк «Информация для беременных» (S-401) риҭарц. Уи ахшара дроуаанӡа, насгьы ахшараиура аан ицәырҵыр алшо амедицина иадҳәалоу азҵаарақәа ииашаны рыӡбара ирыцхраауеит.
Уара ахәышәтәырҭаҿы ушьҭаҵатәызар, ма медицинатә процедурак аан ашьа уларҵар ҳәа ушәозар, уи аизара аиҳабы изеиҭаҳәа, насгьы аҳақьымцәеи амедиаҳәшьцәеи ираҳәа, Иегова ишаҳаҭ дуҭаар шуҭаху.
Ишԥарылшо аизара аиҳабацәа уцхраар? Дара «Волеизъявление» ахарҭәаара иуцхраар рылшоит. Аха дара уара уҭыԥан аӡбара рыдыркылаӡом, насгьы дасу хаҭала ииӡбар акәу азҵаарақәа рганахь ала ргәаанагара рҳәаӡом (Рм 14:12; Гл 6:5). Уара аизара аиҳабацәа ианроуҳәалак уҭагылазаашьаҿы арацәаны ашьа уцәыӡыр шалшо, дара аамҭа мгаӡакәа уи ахәышәтәырҭақәа ирыдҳәалоу ацхырааратә комитет (КСБ) ирарҳәоит.
Ишԥарылшо КСБ аҟынтә аишьцәа уцхраар? КСБ аҿы амаҵ зуа аишьцәа азыҟаҵоуп, Иегова ишаҳаҭцәа ашьалаҵара ишазыҟоу аҳақьымцәеи аиуристцәеи реилыркаара. Урҭ аишьцәа уҳақьым иацәажәар рылшоит ашьалаҵара аҭыԥан иузыҟарҵар алшо иеилдыркаарц азы, насгьы иаҭаххар ашьалаҵарада узхәышәтәуа аҳақьым дузырыԥшаар рылшоит.
УАХӘАԤШ АВИДЕОНҴАМҬА «АШЬА АХАРХӘАРАЛА ИМҨАԤЫРГО АМЕДИЦИНАТӘ ПРОЦЕДУРАҚӘА РГАНАХЬ АЛА АӠБАРА ҲАДАҲКЫЛАР ШҲАЛШО», АНАҨС ҴАҞА ИААГОУ АЗҴААРА АҬАК ҞАҴА:
Иуцхраар шԥалшо ари авидеонҵамҭа узқәымгәыӷуа аҭагылазаашьа заа аҽазыҟаҵара?
a Ашьа ахархәара иадҳәалоу азҵаарақәа рыӡбара иуцхраауеит ашәҟәы «Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы!», аурок 39.