Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w23 февраль ад. 20—25
  • Анцәа иҳаиҭаз зыхә ҳараку аҳамҭа — аԥсҭазаара — ахә шәшьала

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Анцәа иҳаиҭаз зыхә ҳараку аҳамҭа — аԥсҭазаара — ахә шәшьала
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2023
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • АНЦӘА ИҲАИҬАЗ АҲАМҬА — АԤСҬАЗААРА — АХӘ ШӘШЬАЛА
  • ШӘГӘАБЗИАРА ИАԤЫРХАГОУ АШЬЦЫЛАРАҚӘА ШӘҼЫРЦӘЫШӘЫХЬЧАЛА
  • ШӘХЫ АШӘАРҬАРА ИҬАШӘМЫРГЫЛАЛАН
  • АРЫЦҲАРАҚӘА ҲАНРЫҚӘШӘО
  • АШЬА ШӘҼАЦӘЫШӘЫХЬЧАЛА
  • ШӘҞӘЫШЫЗ
  • Узқәымгәыӷуа аҭагылазаашьа заа уҽазыҟаҵа
    Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2023
  • Аԥсҭазаара — ҳамҭоуп
    Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
  • Анцәа аԥсҭазаара дшазыҟоу
    Иаҳнарҵаҵәҟьозеи Абиблиа?
  • Ҳамҭас ишәыҭоу аԥсҭазаара ахә ҳаракны ишәшьала
    Иаҳнарҵозеи Абиблиа?
Шәахәаԥш еиҳаны
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2023
w23 февраль ад. 20—25

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 9

Анцәа иҳаиҭаз зыхә ҳараку аҳамҭа — аԥсҭазаара — ахә шәшьала

«Иара илоуп ҳара ҳаԥсы злаҭоу, ҳазланеи-ааиуа, ҳазлаҟоу» (АУС. 17:28).

АШӘА 141 Аԥсҭазаара иџьашьахәу ҳамҭоуп

АХҲӘААa

1. Шаҟа ахә ҳаракузеи Иегова изы ҳаԥсҭазаара?

ШӘХАҾЫ иаажәг шәҩыза еицырдыруа асахьаҭыхҩы иҭихыз асахьа ҳамҭас ишәиҭазшәа. Ааи, уи асахьа даараӡа иажәуп, џьара-џьара аԥшшәы цахьеит, насгьы иҷҷахьеит. Аха уеизгьы уи даараӡа ахә цәгьоуп, миллионла адолларқәа ирыԥсоуп. Ҳәарада, шәара уи аҳамҭа ахә шәшьалоит, насгьы шәахылаԥшлоит. Жәҩантәи Ҳҩыза, Иеговагьы, агәыҳалалра аарԥшны аҳамҭа ду ҳзыҟаиҵеит — аԥсҭазаара ҳамҭас иҳаиҭеит. Уи адагьы Иегова ҳҿихырц азы Иԥа иԥсҭазаара ҳахҭынҵаны иаҳирбеит ҳаԥсҭазаара иара изы шаҟа ахә ҳараку (Иоанн 3:16).

2. Дыззыԥшузеи Иегова ҳара ҳҟынтә, 2 Коринфаа рахь 7:1 иану инақәыршәаны?

2 Иегова аԥсҭазаара ҳазҭаз иоуп (Аԥсал. 36:9). Апостол Павел уи абас дахцәажәеит: «Иара илоуп ҳара ҳаԥсы злаҭоу, ҳазланеи-ааиуа, ҳазлаҟоу» (Аус. 17:25, 28). Убри аҟынтә ҳара ишьақәырӷәӷәаны иаҳҳәар ҳалшоит аԥсҭазаара Анцәа иҳаиҭаз ҳамҭоуп ҳәа. Иара абзиабара аарԥшны иаҭаху зегь ҳаиҭоит (Аус. 14:15—17). Аха Иегова ҳихьчарц азы аџьашьахәқәа ҟаиҵаӡом. Иара иҭахуп ҳара ҳхаҭа иахьынӡаҳалшо ҳгәабзиара ҳахылаԥшларц, насгьы иареи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа ҳахьчаларц. (Шәаԥхьа 2 Коринфаа рахь 7:1.) Избан ҳгәабзиареи ҳаԥсҭазаареи ҳахьчалар зҳахәҭоу, насгьы ишԥаҳалшо уи аҟаҵара?

АНЦӘА ИҲАИҬАЗ АҲАМҬА — АԤСҬАЗААРА — АХӘ ШӘШЬАЛА

3. Избан агәабзиара ҳамазар зхадоу?

3 Избан агәабзиара ҳамазар зхадоу? Амзызқәа руак, ҳара иаҳҭахуп ҳамчқәа зегьы Иегова имаҵ аура иазаҳклар (Марк 12:30). Ҳара ҳақәныҟәалар ҳҭахуп абри абиблиатә лабжьара: «Шәцәеижь Анцәа игәы иақәшәо, зыԥсы ҭоу, иԥшьоу кәырбанс иҟашәҵа» (Рим. 12:1). Убри аҟынтә ҳгәабзиара иаԥырхагахар алшо зегьы ҳҽацәыҳахьчоит. Ҳәарада, егьа ҟаҳҵаргьы ачымазарақәа зегьы рҟынтә ҳхы ҳзыхьчаӡом. Аха ҳгәабзиара ҳахылаԥшларц азы иҳалшо зегь ҟаҳҵоит. Избанзар жәҩантәи Ҳаб иҳарбар ҳҭахуп иҳаиҭаз зыхә ҳараку аҳамҭа — аԥсҭазаара — ахә ҳаракны ишаҳшьо.

4. Ииҭахызи аҳ Давид?

4 Аҳ Давид иҳәеит Анцәа ҳамҭас ииҭаз аԥсҭазаара ахә зишьоз: «Хәарҭас иаанагозеи сыԥсра, хәарҭас иаанагозеи анышә сахьарҭо? Асаба уарҽхәалар алшома? Иалшома асаба уажәа еснагь ишынаугӡо ауаа ирзеиҭанаҳәалар?» (Аԥсал. 30:9). Иҟалап Давид арҭ ажәақәа иԥсра маҷк шагыз иҩызар. Аха иара иахьынӡалшо иԥсы ҭазарц, насгьы агәабзиара имазарц иҭахын. Ҳәарада, ҳаргьы иаҳҭаху уи ауп.

5. Иҟаҳҵалар ҳахәҭоузеи ҳақәреи ҳгәамбзиареи ҳармыхәаԥшӡакәа?

5 Ҳчымазара ма ҳақәра иахҟьаны, иҟалап, уаанӡа иҟаҳҵоз ҳзыҟамҵозар. Уи ӷәӷәала ҳгәы канажьлар ауеит. Аха избан ҳгәы каҳмыжьлар, насгьы ҳгәабзиара ҳахылаԥшлар зҳахәҭоу? Избанзар шаҟа ҳхыҵуазаалакгьы, насгьы ҳчымазара зеиԥшразаалакгьы уеизгьы аҳ Давид иеиԥш Иегова дҳарҽхәалар ҳалшоит. Шаҟа ҳгәы ҟанаҵозеи ҳанамӡара дамыхәаԥшӡакәа Анцәа ҳахә ҳаракны ишишьо ахьаҳдыруа! (Матф. 10:29—31). Ҳаԥсыргьы иара игәы хыҭ-хыҭуа ҳаԥсы анҭеиҵо аамҭа дазыԥшызаауеит (Иов 14:14, 15). Убри аҟынтә ҳаԥсы ҭанаҵы шәааи, ҳгәабзиара ҳахылаԥшларц азы иҳалшо зегь ҟаҳҵалап.

ШӘГӘАБЗИАРА ИАԤЫРХАГОУ АШЬЦЫЛАРАҚӘА ШӘҼЫРЦӘЫШӘЫХЬЧАЛА

6. Дыззыԥшузеи Иегова ҳара ҳҟынтә иаҳфои иаҳжәуеи рганахь ала?

6 Абиблиа угәабзиара ушацклаԥшлаша, насгьы ихырҳагоу афатә шуфалаша иазку шәҟәӡам. Аха уа урҭ азҵаарақәа рганахь ала Иегова игәаанагара ануп. Иаҳҳәап, уа иануп «уцәеижь иаԥырхагоу наҟ иуԥырга» ҳәа (Еккл. 11:10). Иара убас Абиблиа амцхә афареи арыжәтә аҽаршьреи ирықәыӡбоит. Избанзар урҭ угәабзиара иаԥырхагоуп, уҭадырхаргьы ауеит (Ажәам. 23:20). Иегова иҭахуп иаҳфо-иаҳжәуа, насгьы шаҟа ҳфо шаҟа ҳжәуа ҳацклаԥшларц, иара убас ҳаԥсы цәгьамзарц (1 Кор. 6:12; 9:25).

7. Ишԥаҳацхраауеи Ажәамаанақәа 2:11 аҿы иану, агәабзиара иадҳәалоу азҵаарақәа рганахь ала аӡбара бзиақәа рыдкылара?

7 Аԥсҭазаара ахә ҳаракны ишаҳшьо зныԥшуа аӡбарақәа ҳадаҳкылаларц азы, ҳара аҟәышра ҳҭахуп (Аԥсал. 119:99, 100; шәаԥхьа Ажәамаанақәа 2:11). Иаҳҳәап, фатәык бзиа иаҳбозар, аха уи шаҳԥырхагоу ҳдыруазар, уи ҳфалаӡом. Иара убас аҟәышра ҳҭахуп ҳацәа иагҳмырхаларц, абаҩрҵәыра ҟаҳҵаларц, агигиена ҳацклаԥшларц, насгьы ҳаҩны ацқьара ҳахылаԥшларц азы.

ШӘХЫ АШӘАРҬАРА ИҬАШӘМЫРГЫЛАЛАН

8. Ишԥаҳнарбо Абиблиа Иегова ҳаԥсҭазаара ашәарҭара иҭаҳмыргылаларц шиҭаху?

8 Иегова израильаа ириҭаз Азакәан аҿы иааган, аҩни аусуреи рҿы амашәыр рмыхьырц азы ирыцхраауаз амҩақәҵарақәа (Ақәҵ. 21:28, 29; Ҩынтә. 22:8). Машәырк иахҟьаны аӡә даныԥсуаз, амашәыр зыхҟьаз дахьдырхәуан (Ҩынтә. 19:4, 5). Азакәан иаҳәон аӡәы игәы иҭаӡамкәа акәзаргьы, имицыз ахәыҷы аԥырхага ииҭазҭгьы, уи дахьдырхәыр шакәыз (Ақәҵ. 21:22, 23). Иԥшьоу Аҩыра ишаҳнарбо еиԥш, Иегова иҭахуп ҳаԥсҭазаара ашәарҭара иҭаҳмыргылаларц.

Ишԥаҳалшо арҭ аҭагылазаашьақәа рҿы аԥсҭазаара пату шақәаҳҵо ааҳарԥшыр? (Шәахәаԥш абзац 9.)

9. Иҟаҳҵалар ҳалшозеи амашәыр ҳмыхьырц азы? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

9 Анцәа иҳамҭа — аԥсҭазаара — ахә ҳаракны ишаҳшьо ааҳарԥшуеит аҩны, насгьы аусураҿы ҳаԥсҭазаара ашәарҭара иҭаҳмыргылозар. Иаҳҳәап, ҳара иҵару амаҭәарқәеи, ахимикатқәеи, ахәшәқәеи анкаҳажьуа уи ишахәҭоу иҟаҳҵоит. Иара убас урҭ ахәыҷқәа ирымкырц ҳахылаԥшуеит. Уи адагьы ҳара амцеи, аӡырши, аток ала аус зуа амыругақәеи анаҳку ҳгәыҳҽануп, насгьы урҭ хылаԥшрада иаанҳажьӡом. Хәшәқәак анужәуа аԥсҟы укыр ҟалаӡом. Ус еиԥш иҟоу ахәшә ҳжәуазар, амашьына ҳақәтәаӡом. Иара убас арыжәтә ҳжәызар, ма ҳааԥсаны ҳаҟазар, аԥсҟы ҳкӡом. Уи адагьы амашьына анныҟәаҳцо аҭел ҳкӡом.

АРЫЦҲАРАҚӘА ҲАНРЫҚӘШӘО

10. Иҟаҳҵар ҳалшозеи арыцҳара ҳақәшәаанӡа, насгьы уи ҳанақәшәалак?

10 Ҳара ҳаԥсҭазаара ашәарҭара иҭазыргыло аҭагылазаашьақәа зегьы ҳазрыцәцаӡом. Еиҳарак аԥсабаратә рыцҳарақәеи, аепидемиақәеи, аибашьрақәеи аныҟало. Аха ус еиԥш иҟоу арыцҳарақәа раангьы ҳхы еиқәҳархарц азы ак ҟаҳҵар ҳалшоит. Иаҳҳәап, аҳәынҭқарцәа ирҳәозар акоменданттә сааҭ иқәныҟәатәуп ҳәа, ҳахьынхо аҭыԥ ааныжьны даҽаџьара ицатәуп ҳәа, ма даҽак ҟаҵатәуп ҳәа, урҭ ҳарзыӡырҩроуп (Рим. 13:1, 5—7). Шәарҭарақәак заа игәоуҭар алшоит. Убри аҟынтә аҳәынҭқарцәа напхгарак ҳарҭозар, урҭ ҳарзыӡырҩыр ҟәышрахоит. Иаҳҳәап ҳаҩны аӡыржәтәи, ирласны ибжьымсуа афатәи, иаҳҭаххар алшо ахәшәқәеи ҵәахны иҳамазар бзиоуп.

11. Иҟаҵалатәузеи аӡә иҟынтә даҽаӡә иахь ииасуа ачымазара аан?

11 Иҟаҵалатәузеи ҳахьынхо аҭыԥ аҿы аӡәы иҟынтә даҽаӡә иахь ииасуа ачымазара ҟалазар? Ҳара ҳнапқәа ҳаӡәӡәаларц, ауаа рааигәа ҳамнеиларц, асабрадақәа ныҟәаҳгаларц, насгьы акарантин аҿы ҳаҟазарц аҳәынҭқарцәа ианҳарҳәо, урҭ рнапхгара ҳазыӡырҩлоит. Убас ала Анцәа иҳаиҭаз зыхә ҳараку аҳамҭа — аԥсҭазаара — ахә шаҳшьо ааҳарԥшуеит.

12. Ишԥаҳацхраауеи Ажәамаанақәа 14:15 аҿы иану апринцип, арыцҳара аан ҳаззыӡырҩлаша аилкаара?

12 Арыцҳара аан ҳҩызцәеи, ҳгәылацәеи, иара убас СМИ рҟынтә зыгәра угартә иҟам аинформациа ҳаҳар ауеит. «Иаарҳәо зегь» агәра агара аҭыԥан, ҳара аҳәынҭқарратә, насгьы амедицинатә еиҿкаарақәа рҟынтә зегь раасҭа зыгәра угартә иҟоу роуп ҳаззыӡырҩло. (Шәаԥхьа Ажәамаанақәа 14:15.) Анапхгаратә хеилаки афилиалқәеи аизарақәа рымҩаԥгареи ажәабжьҳәареи ирызкны анапхгара ҳарҭаанӡа, аинформациа ибзианы игәарҭоит (Аур. 13:17). Ҳара урҭ рнапхгара ҳақәныҟәозар, ҳахгьы ҳахьчоит егьырҭгьы ԥырхага раҳҭаӡом. Уи адагьы аӡырҩра ахьааҳарԥшуа абзоурала, аизара ахьӡ бзиа амазаауеит (1 Пиотр 2:12).

АШЬА ШӘҼАЦӘЫШӘЫХЬЧАЛА

13. Иааҳарԥшыр шԥаҳалшо аԥсҭазаара ахә ҳаракны ишаҳшьо, ашьа ҳаларҵар анырҭаху?

13 Аӡәырҩы ирдыруеит Иегова ишаҳаҭцәа ашьа ԥшьоуп ҳәа ишырыԥхьаӡо. Ҳара ашьа иазку Иегова изакәанқәа ҳарзыӡырҩуеит, убри аҟынтә ашьа ҳалаҳҵаӡом, аамҭа мгаӡакәа аҳақьымцәа рыцхыраара ҳаур анакәугьы (Аус. 15:28, 29). Аха уи иаанагаӡом ҳаԥсыр ҳҭахуп ҳәа. Ҳара Анцәа иҳамҭа — аԥсҭазаара — ахә ҳаракны иаҳшьоит. Убри аҟынтә ашьалаҵара ада ибзианы ҳазхәышәтәыр зылшо аҳақьымцәа рахь ҳцоит.

14. Ҳҽырцәыҳахьчар шԥаҳалшо аамҭа мгаӡакәа аҳақьымцәа рыцхыраара ануҭаху аҭагылазаашьақәа?

14 Ари астатиаҿы иаагоу алабжьарақәа ҳрықәныҟәалар, насгьы ҳгәабзиара ҳахылаԥшлар, аоперациа ӷәӷәак, ма иуадаҩу даҽа процедурак ҳҭахымхар алшоит. Аха аоперациа аҟаҵара ҳақәшәаргьы, ҳгәабзиара бзиазар ирласны ҳабзиахоит. Уи адагьы аҩни аусуреи рҿы ҳаԥсҭазаара ашәарҭара иҭазыргылар алшо аҭагылазаашьақәа ҳҽырцәыҳахьчалароуп. Иара убас амашьына анныҟәаҳцо аԥҟарақәа ҳрықәныҟәалароуп. Усҟан ҳҽырцәыҳахьчар ҳалшоит аамҭа мгаӡакәа аоперациа ануҭаххо аҭагылазаашьақәа.

Ҳара аԥсҭазаара ахә ҳаракны иаҳшьоит, убри аҟынтә адокумент «Волеизъявление» харҭәааны иҳамоуп, насгьы есымша иҳацуп. (Шәахәаԥш абзац 15.)c

15. а) Избан адокумент «Волеизъявление» еснагь иҳацзар закәу? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.) б) Ишԥаҳалшо ибзианы ҳазхәыцны ашьалаҵара иазку аӡбара ҳадаҳкылар? (Шәахәаԥш албаага.)

15 Ҳара аԥсҭазаара ахә ҳаракны иаҳшьоит, убри аҟынтә адокумент «Волеизъявление и доверенность относительно медицинского вмешательства» есымша иҳацуп. Уа ашьа алаҵареи еиуеиԥшым амедицинатә процедурақәеи ҳшырзыҟоу ануп. Имажәӡаци шәара шәдокумент «Волеизъявление»? Уи шәымамзар, мамзаргьы иажәызар, ҿыц ихашәырҭәаа. Уи аус ахышәымган. Ҳгәаанагара ақьаад аҿы ианҵаны иҳамазар, аҳақьымцәа аамҭа мгаӡакәа ацхыраара ҳарҭар ауеит. Иара убас уи абзоурала, дара иаҳԥырхагахар алшо аметодқәа рыла ҳхәышәтәра иалагаӡом, насгьы уи иахҟьаны аилибамкаара ҳабжьалаӡомb.

16. Иҟаҳҵар ҳалшозеи адокумент «Волеизъявление» шхарҭәаатәу ҳзымдыруазар?

16 Дарбанзаалак ауаҩы дқәыԥшзаргьы, дыӷәӷәазаргьы амашәыр дақәшәар, ма дычмазаҩхар ауеит (Еккл. 9:11). Убри аҟынтә адокумент «Волеизъявление» ахарҭәаара ҟәыӷароуп. Уи шхарҭәаатәу шәзымдыруазар, аизара аиҳабацәа шәразҵаа. Дара уи рдыруеит. Аха урҭ шәара шәзы аӡбара рыдыркылаӡом. Аӡбара здызкылаша шәара шәоуп (Гал. 6:4, 5). Аха дара шәыцхраар ауеит иҟоу ахәышәтәышьатә методқәа реилкаареи ишәыӡбаз ақьаад аҿы анҵареи.

ШӘҞӘЫШЫЗ

17. Излоубарҭахозеи агәабзиара иадҳәалоу азҵаарақәа рганахь ала аҟәышра шааҳарԥшуа?

17 Агәабзиареи аҽыхәышәтәреи ирызку азҵаарақәа жәпакы рҿы ихадоу ароль нанагӡоит Абиблиа ала иааӡоу ҳаламыс (Аус. 24:16; 1 Тим. 3:9). Ҳара аӡбара анҳадаҳкыло, насгьы уи атәы егьырҭ ианраҳҳәо Филиппаа рахь 4:5 иану алабжьара ҳақәныҟәалароуп: «Шәҳәатәы иашәыргарц шәшашьҭам зегьы ирбарҭазааит». Ҳара аҟәышра ааҳарԥшуеит ҳгәабзиара азы мыцхәы ҳамгәаҭеиуазар. Иара убас ҳара ҳгәаанагара егьырҭ ирыдаҳцалаӡом. Ҳара ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи бзиа иаҳбоит, насгьы пату рықәаҳҵоит, урҭ ирыдыркылаз аӡбара ҳара ҳтәы иеиԥшымзаргьы (Рим. 14:10—12).

18. Ҭабуп ҳәа иаҳҳәар шԥаҳалшо Иегова аԥсҭазааразы?

18 Ҭабуп ҳәа иаҳҳәар шԥаҳалшо Иегова аԥсҭазааразы? Ҳара уи ҳахылаԥшуеит, насгьы иҳамоу аҟынтә зегь иреиӷьу иаҳҭоит (Аат. 4:11). Ааи, уажәы ҳара еиуеиԥшым ачымазарақәеи агәаҟрақәеи ҳрықәшәоит. Аха Ҳазшаз уи аҩыза аԥсҭазаара акәӡам ҳара ҳзы ииҭаху. Иаарласны иара ахьааи аԥсреи ахьыҟамло наӡаӡатәи аԥсҭазаара ҳамҭас иҳаиҭоит (Аат. 21:4). Аха уи аамҭа ааиаанӡа шәааи, ҳаԥсы ахьҭоу, насгьы бзиа ҳазбо жәҩантәи Ҳаб, Иегова, имаҵ аура ахьҳалшо ахә ҳаракны иаҳшьалап!

АҬАК ШԤАҞАШӘҴАРЫЗ?

  • Избан ҳаԥсҭазаара ахә ҳаракны иаҳшьалар зҳахәҭоу?

  • Иааҳарԥшыр шԥаҳалшо ҳаԥсҭазаара ахә ҳаракны ишаҳшьо?

  • Излоубарҭахозеи агәабзиара иадҳәалоу азҵаарақәа рҿы аҟәышра шааҳарԥшуа?

АШӘА 140 Абар, наӡаӡатәи аԥсҭазаара!

a Ари астатиа Анцәа иҳамҭа — аԥсҭазаара — еиҳагьы ахә ашьара иҳацхраауеит. Ҳара ҳрылацәажәоит арыцҳарақәа раан ҳаԥсҭазаареи ҳгәабзиареи ҳахьчар, насгьы амашәыр ҳҽацәыҳахьчар шҳалшо иазку алабжьарақәа. Иара убас ҳара ҳалацәажәоит, иаалырҟьаны амедицинатә цхыраара ҳҭаххар, уи ҳазыҟаҵаны ҳаҟазар шҳалшо.

b Шәахәаԥш асаит jw.org аҿы авидеонҵамҭа «Ашьа ахархәарала имҩаԥырго амедицинатә процедурақәа рганахь ала аӡбара ҳадаҳкылар шҳалшо».

c АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Иқәыԥшу аиашьа «Волеизъявление» хаирҭәаауеит. Уи есымша ицуп.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра