Давид Соломон ауасҭацәа драбаирдыруеит, насгьы аныҳәарҭа аргыларазы амаҭәахәқәа иирбоит
АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА
Иқәыԥшу амаҵзураҿы ақәҿиарақәа ҟарҵаларц урыцхраала
Давид идыруан Иегова ицхыраарала Соломон қәҿиарала аныҳәарҭа аргылара дшалго (1Аш 22:5; w17.01 28, абз. 8).
Давид Соломон игәазҭеиҵеит Иегова диқәгәыӷны аус инапы аиркырц (1Аш 22:11—13).
Давид Соломон дицхраарц азы акы дамеигӡеит (1Аш 22:14—16; w17.01 28, абз. 7; уахәаԥш ацәаҿы иану асахьа).
УХЫ УАЗҴАА: «Срыцхраалар шԥасылшо иқәыԥшу ақьырсианцәа, Иегова игәырӷьаҵәа имаҵ руларц, ақәҿиарагьы рымазарц азы?» (w18.03 13—14, абз. 14, 15).