АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА
Ахатә ҩыза иалхра ҭакԥхықәрала уазнеи
Соломон аҟәыӷара ааимырԥшӡеит: амцнцәахәқәа ирымҵахырхәоз аҳәса ааигеит (1 Аҳ. 11:1, 2; w18.07 16, абз. 7).
Аамҭак ашьҭахь иҳәса ирыхҟьаны Соломон Иегова иахь имаз абзиабара хьшәашәеит (1 Аҳ. 11:3—6; w19.01 15, абз. 6).
Иегова Соломон игәы изыԥжәеит (1 Аҳ. 11:9, 10; w18.07 17, абз. 9).
Абиблиа ақьырсианцәа ргәазҭанаҵоит, аҭаацәара изыцалало «Иҳақәиҭу иитәу» иакәзарц (1 Кор. 7:39). Аха ауаҩы дӡаахзаргьы, уи иаанагаӡом уи уара узы / бара бзы хатә ҩыза бзиахоит ҳәа. Убри аҟынтә шәхы шәазҵаа: «Дсыцхраалома уи ауаҩы анаҩсгьы гәык-ԥсыкала Иегова имаҵ аура? Шаҟа ҵуазеи Иегова имаҵ иуеижьҭеи/луеижьҭеи? Иубарҭоума гәыкала Анцәа бзиа дшибо/дшылбо?» Ихадоу ари аӡбара шәыдышәкылаанӡа, аҭаацәара шәзыцалало ибзианы деилышәкаароуп. Уи азы шәаамҭа шәамеигӡан!