АҴАРАЗЫ АСТАТИА 8
Ашьыцра шәҽацәышәыхьчала, аҭынчра шәашьҭаз
«Ҳамч-ҳалшара зегьы бзиарала, ҭынчрала аҟазаареи аҳәатәеиқәшәареи ирызкыз» (РИМ. 14:19).
АШӘА 113 Аҭынчра аиашара иалҵшәоуп
АХҲӘААa
1. Иҟалазеи Иосиф иҭаацәараҿы ашьыцра иахҟьаны?
ИАКОВ иԥацәа зегьы бзиа ибон, аха 17 шықәса зхыҵуаз Иосиф зегьы дреиӷьишьон. Иарбан цәаныррақәоу уи Иосиф иашьцәа ирызцәырнагоз? Дара рашьа иҵашьыцуа иалагеит, игәаӷгьы ркит. Ҳәарада, Иосиф акгьы ихараӡамызт. Аха дара Иосиф дырҭиит, рабгьы дыржьеит — зегь реиҳа бзиа иибоз иԥа агыгшәыг дафеит ҳәа иарҳәеит. Ашьыцра иахҟьаны рҭаацәараҿы аҭынчра дырӡит, рабгьы игәы еиҟәыржәеит (Аҟаз. 37:3, 4, 27—34).
2. Избан ашьыцра зшәарҭоу, Галаҭаа рахь 5:19—21 иану инақәыршәаны?
2 Иԥшьоу Аҩыраҿы ашьыцраb аԥсрахьы уназго аҟазшьақәа рыбжьара еиқәыԥхьаӡоуп, насгьы ацәеижь зҵоу агәнаҳарақәа ирхыԥхьаӡалоуп. Уи излаҳәо ала ашьыцра злоу ауаҩы Анцәа Иаҳра ибараны дыҟам. (Шәаԥхьа Галаҭаа рахь 5:19—21.) Лассы-лассы ашьыцра аицәымӷреи, аибафареи, аԥсахеибакреи реиԥш иҟоу аҟазшьа цәгьақәа арҿиоит.
3. Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?
3 Иосиф иашьцәа рҭоурых иаҳнарбоит ашьыцра аҭаацәараҿы иҟоу акзаареи аҭынчреи хнарбгалар шалшо. Ҳәарада, ҳара Иосиф иашьцәа иҟарҵаз аҩыза ахаангьы иҟаҳҵаӡом, аха иаҳхаҳмыршҭлароуп зегьы ҳшынаӡам, насгьы ҳгәы шгьангьашу (Иер. 17:9). Убри аҟынтә иџьашьатәӡам зны-зынла аӡәы иҵашьыцра ҳахьалаго. Шәааи ҳрыхәаԥшып Абиблиа иану ҳгәаҳҽанызҵо ҿырԥштәқәак. Урҭ иаҳдырбоит ҳгәаҿы ашьыцра цәырызгар алшо. Иара убас ҳрыхәаԥшуеит ашьыцра аҽацәыхьчареи аҭынчра аизырҳареи иҳацхраауа алабжьарақәа.
ИЦӘЫРЫЗГОЗЕИ АШЬЫЦРА?
4. Избан Филистимаа Исаак изиҵашьыцуаз?
4 Амал. Исаак дуаҩ беиан аҟынтә, Филистимаа иҵашьыцуа иалагеит (Аҟаз. 26:12—14). Уи иахҟьаны дара Исаак ирахә-ишәахә аӡы ахьынтәидиржәуаз аҵеџьқәа нышәла идырҭәит (Аҟаз. 26:15, 16, 27). Иахьагьы шьоукы Филистимаа иреиԥшуп, дара амали аԥареи змоу ирыҵашьыцуеит. Урҭ ирҭаху егьырҭ ирымоу даргьы ирымазарц мацара акәӡам, аха егьырҭ уи рцәыӡырц ауп.
5. Изиҵашьыцуази адиннапхгаҩцәа Иисус?
5 Аӡәы ҳаҭыр аниқәырҵо. Ауриатә диннапхгаҩцәа Иисус иҵашьыцуан аӡәырҩы бзиа дахьырбоз азы (Матф. 7:28, 29). Иисус Анцәа дихаҭарнакын, насгьы ауаа аҵабырг дирҵон. Ус шакәызгьы, адиннапхгаҩцәа Иисус ихьӡ дырцәгьарц азы уҳәан-сҳәани иҟам-иаными ауаа ирыладырҵәон (Марк 15:10; Иоанн 11:47, 48; 12:12, 13, 19). Иаҳнарҵозеи ари ахҭыс? Ҳара ҳхы ҳацклаԥшлароуп аҟазшьа бзиақәа аазырԥшуа, насгьы аизараҿы бзиа ирбо аишьцәеи аиаҳәшьцәеи рыҵашьыцра ҳаламгарц азы. Уи аҭыԥан, ҳарҿыԥшлар бзиоуп (1 Кор. 11:1; 3 Иоанн 11).
6. Ишԥааԥши Диотреф ашьыцра дыкны дшагоз?
6 Аӡәы аҭакԥхықәрақәа анидырҵо. Актәи ашәышықәсазы инхоз Диотреф ақьырсиантә еизараҿы аҭакԥхықәра змаз аишьцәа дрыҵашьыцуан. Иара аизараҿы хадара иуларц иҭахын аҟынтә, апостол Иоанни аҭакԥхықәра здыз егьырҭ аишьцәеи рыхьӡ ирцәгьон (3 Иоанн 9, 10). Ҳәарада, ҳара Диотреф иеиԥш ҳхы мҩаԥаҳгалаӡом, аха ҳаргьы ашьыцра ҳалагар алшоит иаҳҭахыз ҭакԥхықәрак даҽаӡәы ианидырҵо, еиҳараӡак уи анагӡара иара ҳиеицәамкәа иҳалшон ҳәа ҳгәы иаанагозар.
Ҳгәы адгьыл иеиԥшуп, ҳҟазшьа бзиақәа ашәҭ ԥшӡа иеиԥшуп. Ашьыцра аҳаскьын бааԥс иеиԥшуп. Ашьыцра абзиабареи, агәрыцҳашьареи, ақьиареи реиԥш иҟоу аҟазшьа бзиақәа ахәаҽыр алшоит (Шәахәаԥш абзац 7.)
7. Иаҳнырыр шԥалшо ашьыцра?
7 Ашьыцра аҳаскьын бааԥс иеиԥшуп. Уи ҳгәаҿы адацқәа ашьҭыр, аҵхра ҳцәыцәгьахар алшоит. Уи адагьы, ашьыцра егьырҭ аҟазшьа бааԥсқәа цәырнагоит, иаҳҳәап, аԥагьара, мыцхәы ахбзиабара, аицлабра. Аҳаскьын бааԥс ашәҭ шахәаҽуа еиԥш, ашьыцра ибзиоу аҟазшьақәа реизырҳара иаҳԥырхагоуп, иаҳҳәап, абзиабара, агәрыцҳашьара, ақьиара. Убри аҟынтә ашьыцра адацқәа ашьҭаанӡа наҟ иқәаҳгароуп. Иҳацхраауазеи иҽеим уи аҟазшьа аҿагылара?
АХЫНРААЛАРА ЕИЗШӘЫРҲАЛА, НАСГЬЫ ИШӘЫМОУ ШӘАЛАГӘЫРӶЬАЛА
Ҳаҿагылар шԥаҳалшо аҳаскьын бааԥс иеиԥшу ашьыцра? Анцәа иԥшьоу идоуҳа ацхыраарала ҳара иҳалшоит ашьыцра ҳгәаҟынтә шьаҭанкыла иҵаҳхыр, насгьы ахынраалара еизырҳауа иҳамоу ҳалагәырӷьалар (Шәрыхәаԥш абзацқәа 8, 9.)
8. Иарбан ҟазшьақәоу ашьыцра аҿагылара иҳацхраауа?
8 Ахынраалара еизҳарҳауазар, иара убас иҳамоу ҳалагәырӷьозар, ашьыцра аҿагылара ҳзымариахоит, насгьы ҳгәаҿы уи азы аҭыԥ нҳажьуам. Ахынраалара ҳалазар ҳхы мыцхәы иҳараҳклаӡом. Ахынраалара злоу ауаҩы зегьы дреиӷьуп ҳәа иԥхьаӡаӡом (Гал. 6:3, 4). Ауаҩы имоу далагәырӷьозар, уи ахә ишьоит, насгьы ихы егьырҭ ирыҿирԥшӡом (1 Тим. 6:7, 8). Ауаҩы ахынраалара илазар, насгьы имоу ахә ишьозар, егьырҭ ак анроуа деигәырӷьоит.
9. Иарбан цхыраароу иԥшьоу адоуҳа иаҳнаҭо Галаҭаа рахь 5:16, насгьы Филиппаа рахь 2:3, 4 иану инақәыршәаны?
9 Ҳара ашьыцра ҳаиааирц, насгьы иҳамоу ҳзырханы ахынраалара еизҳарҳарц азы Анцәа идоуҳа ацхыраара ҳҭахуп. (Шәрыԥхьа Галаҭаа рахь 5:16; Филиппаа рахь 2:3, 4.) Иегова идоуҳа ҳацхраауеит ҳгәаҵаҿы иҵәаху ахәыцрақәеи ҳмотивқәеи реилкаара. Анцәа ицхыраарала ҳара иҳалшоит иҽеим ахәыцрақәеи ацәаныррақәеи мап рцәаҳкыр, насгьы ахәарҭа ҳзаазго рыла иҳаԥсахыр (Аԥсал. 26:2; 51:10). Шәааи ҳахәаԥшып Моисеии апостол Павели рҿырԥштәы. Урҭ ашьыцра ишаҿагылатәу аганахь ала зеиԥшыҟам аҿырԥшы ҳзынрыжьит.
Ҷкәынак Моисеии Иисус Навини рахь дыҩны дааин иҳәоит ақьалаҿы ҩыџьа ахацәа аԥааимбарцәа реиԥш рхы шымҩаԥырго. Иисус Навин Моисеи иеиҳәоит урҭ ааникыларц, аха Моисеи мап икуеит. Иара иҳәоит Иегова урҭ идоуҳа ахьриҭаз даара дшеигәырӷьо (Шәахәаԥш абзац 10.)
10. Иарбан ҭагылазаашьоу Моисеи дзықәшәаз? (Шәахәаԥш ацәаҿы иаагоу асахьа.)
10 Моисеи Анцәа ижәлар рыбжьара амчра ду иман, аха ииулакгьы иааникылоз аҭыԥ ицәымӡырц дашьҭамызт. Иаҳҳәап, зны Иегова Моисеи имаз иԥшьоу адоуҳа хәҭак имхны аизара ақьала аҿаԥхьа игылаз Израиль аиҳабацәа гәыԥҩык ириҭеит. Дук мырҵыкәа Моисеи иаҳаит аизара ақьалахь имнеиз ҩыџьа аиҳабацәагьы иԥшьоу адоуҳа шроуз, насгьы аԥааимбарцәа реиԥш рхы амҩаԥгара ишалагаз. Иисус Навин Моисеи урҭ ааникыларц иеиҳәеит. Иҟаиҵазеи Моисеи? Иара дымшьыцӡеит Иегова урҭ аҳаҭыр ахьраҭәеишьаз азы. Иара ахынраалара илан аҟынтә, урҭ дрыцгәырӷьон (Ахыԥхь. 11:24—29). Иаҳнарҵозеи ҳара Моисеи иҿырԥшы?
Ишԥарылшо аизара аиҳабацәа ахынраалара аарԥшраҿы Моисеи иҿыԥшлар? (Шәрыхәаԥш абзацқәа 11, 12.)c
11. Иҿыԥшлар шԥарылшо аизара аиҳабацәа Моисеи?
11 Шәара аизара аиҳабыс амаҵ жәуазар, ишәыҳәахьоума зныкыр даараӡа ишәгәаԥхо дҵак анагӡашьа даҽаӡәы ишәырҵарц? Иаҳҳәап, шәара даараӡа ишәгәаԥхоит есымчыбжьа аизараҿы «Ахьчаратә бааш» аҟынтә астатиа аилыргара, аха уи аус анагӡашьа даҽаӡәы ишәырҵарц ишәыҳәеит. Моисеи иеиԥш ахынраалара шәылазар, уаҳа шәыхә ршьаӡом ҳәа шәгәы иаанагаӡом. Уи аҭыԥан, шәгәырӷьаҵәа аиашьа шәицхраауеит.
12. Ишԥаадырԥшуеи иахьа аишьцәеи аиаҳәшьцәеи аӡәырҩы ахынраалара шрылоу, насгьы ирымоу ахә шыршьо?
12 Шәааи уажәшьҭа зықәрахь инеихьоу аишьцәа аӡәырҩы зықәшәо аҭагылазаашьа ҳазхәыцып. Урҭ акыршықәса рыҩныҵҟа аизара аиҳабацәа рхеилак акоординаторцәас амаҵ руан. Аха 80 шықәса анырхыҵ, инарыгӡоз аҭакԥхықәра хынрааларала егьырҭ ирыдырҵеит. 70 шықәса зхыҵыз араионтә хылаԥшыҩцәагьы ахынраалара аарԥшны ирымоу аҭакԥхықәра еиҳа иқәыԥшу аишьцәа ирырҭоит. Дара Иегова иорганизациаҿы егьырҭ адҵақәа рынагӡара иазхиоуп. Иара убас аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Вефиль аҿы амаҵ зуаз аишьцәеи аиаҳәшьцәеи аӡәырҩы ажәабжьҳәара ирышьҭит. Азиашара аазырԥшуа урҭ ақьырсианцәа уаанӡа инарыгӡоз адҵақәа уажәы иназыгӡо ирыҵашьыцӡом.
13. Избан Павел 12-ҩык апостолцәа дрыҵашьыцлар залшоз?
13 Апостол Павелгьы ахынраалара илан, насгьы имаз ахә ишьон. Иара игәаҿы ашьыцра еизҳарц алиршомызт. Павел Анцәа имаҵ аураҿы ирацәаны аџьабаа ибон, аха ахынраалара аарԥшны иҳәеит: «Сара Апостолцәа зегь рахьтә сҵыхәтәантәиуп, Дапостолуп ҳәа зласзуҳәаша аҳаҭыр саԥсам» (1 Кор. 15:9, 10). Иисус адгьыл аҿы Анцәа имаҵ аниуаз 12-ҩык апостолцәа ивагылан, аха Павел ақьырсианра анидикыла Христос данԥсы, насгьы иԥсы анҭала ашьҭахь ауп. Ԥыҭрак ашьҭахь Павел егьырҭ ажәларқәа рзы апостолс дшалхызгьы, иара ахаангьы 12-ҩык апостолцәа дырхыԥхьаӡаламызт (Рим. 11:13; Аус. 1:21—26). Павел 12-ҩык апостолцәа дрыҵашьыцуамызт, урҭ Иисус иааигәаны иҿцәажәара алшара ахьрымаз азы. Иара имаз ахә ишьон.
14. Иҟаҳҵалозеи ҳара ахынраалара ҳалазар, насгьы иҳамоу ахә ҳшьозар?
14 Ҳаргьы Павел иеиԥш иҳамоу ахә ҳшьозар, насгьы ахынраалара ҳалазар, Иегова амчра зиҭаз ҳаҭыр рықәаҳҵалоит (Аус. 21:20—26). Анцәа ақьырсиантә еизараҿы напхгара зуло ахацәа алихит. Урҭ шынаӡамгьы Иегова «ауаа аҳамҭақәа» ракәны иԥхьаӡоит (Еф. 4:8, 11). Ҳара урҭ ҳаҭыр рықәаҳҵозар, насгьы иҳарҭо анапхгара хынрааларала иҳадаҳкылозар, Иегова ҳаицәыхарахом, насгьы ҳашьцәеи ҳареи иҳабжьоу акзаара ҳцәыӡӡом.
ҲАМЧ-ҲАЛШАРА ЗЕГЬЫ ҬЫНЧРАЛА АҞАЗААРА ИАЗАҲКЫП
15. Иҟаҳҵалар акәзеи ҳара?
15 Ҳара ҳабжьара аиҵашьыцра ҟалар, аҭынчра ҳцәыӡыр алшоит. Ҳара ҳгәаҿы ашьыцра аҭыԥ аҳамҭалароуп, насгьы егьырҭ рыгәқәа рҿы уи цәырҳамгалароуп. Уи даараӡа ихадоуп, избанзар Иегова иҭахуп «ҳамч-ҳалшара зегьы бзиарала, ҭынчрала аҟазаареи аҳәатәеиқәшәареи» ирызкызарц (Рим. 14:19). Аха иҟаҳҵалар акәзеи ашьыцра аҿагылараҿы егьырҭ ҳрыцхрааларц азы, насгьы ишԥаҳалшо аҭынчра ахьчара?
16. Ҳрыцхраар шԥаҳалшо ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ашьыцра аҿагылара?
16 Ҳара ҳхаҿгьы иаҳзаамгозар ауеит ҳгәазыҟашьеи ҳхымҩаԥгашьеи ҳакәша-мыкәша иҟоу ауаа шаҟа ирныруа. Ари адунеи иаҭахуп ҳара ҳмал ҳахыҽхәаларц (1 Иоанн 2:16). Аха уи аҩыза агәазыҟашьа ашьыцра арҿиоит. Ҳара ҳааҟәымҵӡакәа иҳамоу амал, ма иааҳхәарц иаҳҭаху ҳаламцәажәозар, егьырҭ ргәаҿы ашьыцра цәыраҳгалаӡом. Иара убасгьы аизараҿы иҳамоу аҭакԥхықәрақәа ҳархымыҽхәозар, аишьцәеи аиаҳәшьцәеи ашьыцра аҿагылара ҳрыцхраауеит. Аха ҳааҟәымҵӡакәа аизараҿы иҟаҳҵо ҳалацәажәозар, ашьыцра ахьеизҳауа аҭыԥ ҳархиоит. Уи аҭыԥан аишьцәеи аиаҳәшьцәеи русқәа шцо ҳазҵаауазар, насгьы иҟарҵо аус бзиақәа рзы иҳарҽхәозар, ирымоу алагәырӷьара ҳрыцхраауеит, насгьы аизараҿы акзаареи аҭынчреи еизҳарҳауеит.
17. Рыҽшԥарыԥсахи Иосиф иашьцәа, насгьы ишԥаныри уи рҭаацәара?
17 Ҳара ашьыцра ҳаиааир ҳалшоит! Еиҭах ҳазхәыцып Иосиф иашьцәа рҿырԥштәы. Акыршықәса рышьҭахь дара Мысра ианнеи, ирҭииз рашьа дырбеит. Иосиф дызусҭаз реиҳәаанӡа, урҭ рҽырыԥсаху-рҽырмыԥсаху еиликаарц азы иԥишәеит. Иосиф иашьцәа рзы афатә-ажәтә ирхиеит, аха иашьеиҵбы Вениамин зегьы иреиҳаны афатә изықәиргылеит (Аҟаз. 43:33, 34). Аха иашьцәа уи азы Вениамин иҵамшьыцӡеит. Уи аҭыԥан дара рашьеи раб Иакови хьаас ишрымаз аадырԥшит (Аҟаз. 44:30—34). Иосиф иашьцәа ашьыцра иахьаиааиз абзоурала рҭаацәараҿы аҭынчра еиҭашьақәыргылан (Аҟаз. 45:4, 15). Ҳаргьы ҳгәаҟынтә ашьыцра шьаҭанкыла иқәаҳгар, ҳҭаацәареи ҳаизареи рҿы аҭынчра ыҟазаауеит.
18. Иҟалозеи аҭынчра аизырҳара ҳашьҭазар, Иаков 3:17, 18 иану инақәыршәаны?
18 Иегова иҭахуп ашьыцра ҳаҿагылаларц, насгьы аҭынчра ҳашьҭазарц. Уи ҟаҳҵаларц азы ҳхы аус адаҳулалароуп. Ари астатиа ишҳаилнаркааз еиԥш, зегьы ашьыцра ҳалоуп (Иак. 4:5). Уи адагьы, иааҳакәыршаны иҟоу зегьы уи аизырҳара ҳгәазҭанаҵоит, аха ахынраалара еизҳарҳалар, насгьы иҳамоу ахә ҳшьалар, ҳгәаҿы ашьыцразы аҭыԥ ҟалом. Усҟан аҟазшьа бзиақәа реизырҳара ахьымариоу, аҭынчра ахьыҟоу аҭагылазаашьа ҳарҿиалоит. (Шәаԥхьа Иаков 3:17, 18.)
АШӘА 130 Шәыгәнаҳақәа шәанеибажьла
a Иегова ижәлар аҭынчра зыбжьоу жәларуп. Аха ашьыцра аарԥшра ҳалагар, иҳабжьоу аҭынчра ыӡыр алшоит. Ари астатиаҿы еилҳаргоит ашьыцра цәырызгар алшо. Иара убас еилаҳкаауеит уи аҟазшьа цәгьа ҳаҿагыланы аҭынчра еизҳарҳалар шҳалшо.
b ЖӘАҚӘАК РҴАКЫ. Абиблиа излаҳәо ала, ашьыцра аазырԥшуа ауаҩы аӡәы имоу иаргьы имазарц иҭахуп, аха уи инеиҳангьы, дызҵашьыцуа имоу ицәыӡырц иҭахуп.
c АСАХЬАҾЫ ИАҲБО: аизара аиҳабацәа рхеилак реиқәшәараҿы «Ахьчаратә бааш» мҩаԥызго зықәрахь инеихьоу аиашьа иҳәоит иқәыԥшу аизара аиҳабы уи амҩаԥгашьа иирҵарц. Аиашьа инаигӡо адҵа бзиа ибоит аҟынтә, азныказы игәы каҳауеит, аха иара аизара аиҳабацәа ирыдыркылаз аӡбара гәыкала идикылоит, убри аҟынтә иара иқәыԥшу аиашьа ихәарҭоу алабжьара ииҭоит, насгьы дирҽхәоит.