Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w21 ииуль ад. 14—19
  • Аицлабра шәҽацәышәыхьчала — аҭынчра шәыхьчала!

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Аицлабра шәҽацәышәыхьчала — аҭынчра шәыхьчала!
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2021
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • ШӘМОТИВҚӘА ГӘАШӘҬАЛА
  • АХАМАԤАГЬАРЕИ АШЬЫЦРЕИ ШӘҼЫРЦӘЫШӘЫХЬЧАЛА
  • АБИБЛИАТӘ ҾЫРԤШТӘҚӘА ШӘЫРҾЫԤШЛА
  • Лара лгәы иҭаз аартны Анцәа иалҳәеит
    Шәаҿыԥшла урҭ рыгәрахаҵара
  • Анна Анцәа диҳәоит аԥа длиҭарц
    Учимся на примерах из Библии
  • Иегова шәгәы арҭынчра илшәырша
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2020
  • Аизара аиҳабацәа Гедеон шәиҿыԥшла
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2023
Шәахәаԥш еиҳаны
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2021
w21 ииуль ад. 14—19

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 28

Аицлабра шәҽацәышәыхьчала — аҭынчра шәыхьчала!

«Хамаԥагьарала ҳхы мҩаԥаҳамгалап, аӡәи-аӡәи ҳҵәылеибамхлап, ҳаиҵамшьыцлап» (ГАЛ. 5:26).

АШӘА 101 Ҳаидгыланы аус еицаҳуеит

АХҲӘААa

1. Иднарҟаҵозеи ауаа аицлабра?

АРИ АДУНЕИ аҿы ауаа егьырҭ иреиӷьушәа рхы аадырԥшырц азы иааҟарымҵо акгьы ыҟаӡам. Абизнес змоу ауаҩы ибизнес еизҳазыӷьаларц азы зегьы дрыӷрагыланы дцар ауеит. Аиааира згар зҭаху ахәмарҩы дзацлабуа иакәым ак изиур ауеит. Мамзаргьы аӡәы ауниверситет дҭаларц азы даҽаӡәы иҿы ихиҩылаар ауеит. Абиблиаҿы ус еиԥш иҟоу аусқәа ацәеижь зҵоу «агәнаҳарақәа» ҳәа рызҳәоуп. Ақьырсианцәа ус ахымҩаԥгара шиашам еилыркаауеит (Гал. 5:19—21). Иҟалар алшома аизараҿы аӡәы изымдырӡакәа аишьцәеи аиҳәшьцәеи аицлабра рыбжьеиҵар? Ари азҵаара еилҳаргар ҳахәҭоуп, избанзар аицлабра аизараҿы акзаара хнарбгалоит.

2. Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?

2 Ари астатиаҿы еилҳаргоит аицлабра ҳазцәырызгар алшо аҟазшьа бааԥсқәа ҩба. Иара убас ҳарзааҭгылоит егьырҭ иреиӷьушәа зхы аазмырԥшуаз Абиблиаҿы зыӡбахә ҳәоу Анцәа имаҵзуҩцәа рҿырԥштәқәа. Аха шәааи зны Иегова имаҵ аура ҳгәазҭазҵо ҳазхәыцып.

ШӘМОТИВҚӘА ГӘАШӘҬАЛА

3. Иарбан зҵаарақәоу ҳхы иаҳҭар ҳахәҭоу?

3 Аамҭа-аамҭала ҳара зегьы ҳхы гәаҳҭалароуп. Ухы уазҵаа: «Егьырҭ схы анрыҿсырԥшуа аума схы ахәшьара анасҭо? Изынасыгӡозеи аизараҿы исыду аусқәа? Иашьак, ма иаҳәшьак сышреиӷьу аасырԥшырц азы аума? Мамзаргьы зегь иреиӷьу Иегова исҭаларц ахьысҭаху азы акәу?» Избан арҭ азҵаарақәа ҳхы иаҳҭалар зыбзиоу? Ҳахәаԥшып Абиблиа иану.

4. Избан егьырҭ ҳхы рыҿҳарԥшлар зҽеим Галаҭаа рахь 6:3, 4 иану инақәыршәаны?

4 Абиблиаҿы иануп егьырҭ ҳхы рыҿҳарԥшлар шҽеим. (Шәаԥхьа Галаҭаа рахь 6:3, 4.) Избан? Ганкахьала ҳхы зыҿҳарԥшуа ҳреиӷьушәа ҳбозар уи аԥагьара ҳазцәырнагар алшоит. Даҽа ганкахьала урҭ ҳашреиӷьым ҳбозар уи ҳгәы канажьыр ауеит. Ансгьы-арсгьы уи ахәарҭа ҳзаанагаӡом (Рим. 12:3). Грециа инхо аиаҳәшьа Катеринаb илҳәоит: «Уаанӡа сара еснагь еиҳа иԥшӡаз, аҩызцәа рацәаҩны измаз, насгьы ажәабжь бзианы изҳәоз аиҳәшьцәа схы рыҿсырԥшуан. Убри аҟынтә акгьы саԥсамызшәа збон». Шәааи иаҳхаҳмыршҭлап, Иегова иара иахь ҳзааиԥхьаз ҳахьыԥшӡо, аҩызцәа рацәаҩны иахьҳамо, ма аҿаԥыц ахьаҳҿо азы шакәым. Уи зыҟаиҵаз иара бзиа ибара, насгьы иԥа изыӡырҩра ҳахьазхиаз азы ауп (Иоан. 6:44; 1 Кор. 1:26—31).

5. Иаҳнарҵозеи Хиун иҿырԥштәы?

5 Иҟоуп ҳхы иаҳҭар ҳахәҭоу даҽа зҵааракгьы: «Сышԥардыруеи сара: аҭынчра зырҿио иеиԥш акәу, егьырҭ еснагь ажәа рымазкуа иеиԥш акәу?» Ҳахәаԥшып Аладатәи Кореиа инхо Хиун зыхьӡу аизара аиҳабы ихьыз. Уаанӡа иара егьырҭ аишьцәа драцлабуан. Хиун иҳәоит: «Сара урҭ еснагь ак рзысҳәон, насгьы ажәа рымаскуан». Иалҵшәахазеи уи? Иара иҳәоит: «Сара исыхҟьаны аизараҿы аишьцәа аилибамкаара рыбжьалеит». Хиун иҩызцәа рыцхыраарала дышиашамыз еиликааит. Иахьа иара иҿырԥшыгоу аизара аиҳаб иоуп. Аизараҿы аҭынчра арҿиара аҭыԥан, аицлабра шьцыларас иҳамазар аамҭа мгакәа ҳҽыҳаԥсахроуп.

АХАМАԤАГЬАРЕИ АШЬЫЦРЕИ ШӘҼЫРЦӘЫШӘЫХЬЧАЛА

6. Дназгозеи ауаҩы аицлабрахь, Галаҭаа рахь 5:26 иану инақәыршәаны?

6 Шәаԥхьа Галаҭаа рахь 5:26. Иарбан ҟазшьақәоу ауаҩы аицлабрахь дназго? Актәи, ахамаԥагьара. Ахамаԥагьара злоу ауаҩы дԥагьоуп, ихы мацара дазхәыцуеит. Аҩбатәи, ашьыцра. Ишьыцуа ауаҩы егьырҭ ирымоу иоурц иҭахуп, уи азмырхакәа измоугьы имамзарц иҭахуп. Ус анакәха ашьыцра ауаҩы ицәымӷра ауп иаанаго. Убри азоуп ахамаԥагьареи ашьыцреи ачымазара бааԥс еиԥш изацәыбналалатәу!

7. Иаҳԥырхагахар шԥалшо ахамаԥагьареи ашьыцреи? Иаажәга аҿырԥштәы.

7 Ахамаԥагьареи ашьыцреи аҳаирплан иҭарҭәо абылтәы иаларҭәо еиԥшуп. Аҳаирплан шьҭыԥраар алшоит, аха шәарҭарада изтәаӡом. Ицқьам абылтәы аҳаирплан аусура иаԥырхагоуп. Уи иахҟьаны аҳаирплан антәо амашәыр ҟалар ауеит. Убас еиԥшҵәҟьа аԥагьареи ашьыцреи злоу ауаҩы аамҭак аҩныҵҟа Иегова имаҵ иулар илшоит, аха иҽимԥсахыр ааха ӷәӷәа иоуеит (Ажәам. 16:18). Иегова имаҵ аура даҟәыҵуеит, ихгьы егьырҭгьы дырԥырхагахоит. Ишԥаҳалшо ахамаԥагьареи ашьыцреи ҳҽырцәаҳахьчар?

8. Иҳацхраауазеи ахамаԥагьара аҽацәыхьчара?

8 Апостол Павел Филиппаа ирзиҩыз ажәақәа ахамаԥагьара аҽацәыхьчара иҳацхраауеит. Иара иҩит: «Шәхы-шәыԥсы мацаразыҳәа, ахамаԥагьара аҳаҭыр азы егьҟашәымҵан, ахӡырымгара шәашьҭаз, шәызлоу ауааԥсыра раҵкыс еиҳаны шәгылоушәа шәгәы иаанашәмырган» (Флп. 2:3). Ари алабжьара ҳақәныҟәалар еиҳа аҟазара змоу аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҳрацлаблаӡом. Урҭ еиҳагьы ҳреигәырӷьалоит, еиҳарак рҟазареи рылшарақәеи Иегова имаҵ ауразы рхы иахьадырхәо. Даргьы аишьцәеи аиҳәшьцәеи иреиҳау реиԥш ирыхәаԥшлар иҳалоу абзиарақәагьы гәарҭалоит, ҳара ҳахәгьы ршьалоит. Убасҟан ҳара зегьы аизараҿы аҭынчреи акзаареи ыҟазарц ҳацхраалоит.

9. Ишԥаҳалшо ашьыцра аҿагылара?

9 Анамӡара иахҟьаны ҳара ашьыцра ҳалоуп, аха ахӡырымгара, даҽакала иуҳәозар ҳалшарақәа шмаҷу аилкаара, уи аҿагылара иҳацхраауеит. Ахӡырымгара злоу ауаҩы зегьы дреиӷьушәа, зегь иара идыруашәа ихы мҩаԥигалаӡом. Уи ауаҩы егьырҭ ирылоу аҟазшьа бзиақәа рыҿҵаара дашьҭоуп. Иаҳҳәап, шәеизара аҟынтә иашьак ибзианы ажәахәқәа иманы дықәгылозар ауеит. Шәара ишәылшоит урҭ иҽшырзыҟаиҵо шәиазҵаар. Мамзаргьы иаҳәшьак афатә хааны иҟалҵозар, маӡас иаҵоу шәлазҵаар ауеит. Ма шәеизараҿы аӡәы аҩызцәа рыԥшаара ицәыцәгьазар, уи ззымариоу дидҵаалар илшоит. Убас ҳара ашьыцра ҳабжьалартә алҳаршом, насгьы ибзиоу ак ҳаибарҵалоит.

АБИБЛИАТӘ ҾЫРԤШТӘҚӘА ШӘЫРҾЫԤШЛА

Гедеон ахынраалара аарԥшны ефремааи иареи рыбжьара аҭынчра ихьчеит. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 10—12.)

10. Иарбан ҭагылазаашьоу Гедеон дзықәшәаз?

10 Шәааи Гедеони ефремааи зықәшәаз ҳгәалаҳаршәап. Шьҭрала Манассиа еимшьҭра иатәыз Гедеони 300-ҩык ируааи Иегова ицхыраарала аиааира ду ргеит. Уи азы дара рхы ҳараркуа иалагар ауан. Убри аамҭазы ефремаа Гедеон иахь иаауеит. Аха урҭ зааз аиааира идныҳәаларазы акәӡам, аха Анцәа иаӷацәа рабашьрахь ааԥхьара ахьримҭаз агәынамӡара аадырԥшырц азы ауп. Дара убриаҟара рхы иазхәыцуан, зегь раасҭа ихадаз рхашҭит: Гедеон иигаз аиааирала Иегова дшыҳараикыз, насгьы ижәлар шиихьчаз (Аӡб. 8:1).

11. Иреиҳәазеи Гедеон ефремаа?

11 Гедеон ахынраалара аарԥшны ефремаа иреиҳәеит: «Шәара шәаасҭа еиҳаны иҟасҵазеи?» Анаҩс иргәалаиршәеит Иегова даргьы аиааира ду агара дышрыцхраахьаз. Уи ашьҭахь ефремаа рыҽдырҭынчит (Аӡб. 8:2, 3). Гедеон урҭ хынрааларала дахьрацәажәоз абзоурала Анцәа ижәлар рыбжьара аҭынчра ихьчеит.

12. Иаҳнарҵозеи ефремааи Гедеони рҿырԥшы?

12 Иаҳнарҵозеи ари ахҭыс? Ефремаа рҿырԥшы иаҳнарбоит ауаҩы мыцхәы ихы дазхәыцуазар Иегова ирҳаракра зегь раасҭа ишхадоу ихашҭыр шилшо. Аҭаацәара ахадацәеи аизара аиҳабацәеи Гедеон иҿырҵаар рылшо рацәоуп. Аӡәы дҳацәгәаазар иҭыԥ аҿы ҳхы ҳаргылар бзиоуп. Иара убас иеихьӡарақәа рзы дҳарҽхәар ҳалшоит. Уи азы ахынраалара ҳҭахуп, еиҳараӡак дзыргәааша акгьы ҟаҳамҵазар. Аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҳабжьара аҭынчра ахьчара еиҳа ихадоуп, акгьы шаҳхарам ашьақәырӷәӷәара аасҭа.

Анна Иегова игәра лгон аҟынтә аҭагылазаашьа лхала аӡбара даламгаӡеит, агәҭынчрагьы лыхьчеит. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 13, 14.)

13. Иарбан уадаҩроу Анна дзықәшәаз, насгьы дышԥаиааи уи?

13 Ҳазхәыцып Анна лҿырԥшы. Лара Елкана зыхьӡыз алевит иԥҳәыс лакәын. Аха Елкана Феннана зыхьӡыз даҽа ԥҳәыскгьы диман. Елкана Анна еиҳа бзиа дибон Феннана лаасҭа, аха Феннана ахәыҷқәа лыман, Анна аӡәгьы длымаӡамызт. Уи иахҟьаны Феннана Анна есымша дҵәылылхуан. Убри аҟынтә Анна дҵәыуон акрыгьылфомызт (1 Сам. 1:2, 6, 7). Ус шакәызгьы Абиблиаҿы џьаргьы ианӡам Анна Феннана аҭак лылҭон ҳәа. Лара Иегова игәра ганы лгәы иҭаз зегь изеиҭалҳәеит. Даҟәыҵма уи ашьҭахь Феннана Анна лҵәылхра? Абиблиаҿы уи анӡам. Аха ҳара иаҳдыруеит Анна уи ашьҭахь агәҭынчра шлоуз, уаҳагьы лылахь шеиқәымыз (1 Сам. 1:10, 18).

14. Иаҳнарҵозеи Анна лҿырԥшы?

14 Иаҳнарҵозеи Анна лҿырԥшы? Аӡәы шәара шәаасҭа деиӷьушәа ихы ааирԥшуазар ишәхашәмыршҭын, шәхы шымҩаԥыжәго шәара шәоуп изыӡбо. Аицлабра шәаларгалартә алшәмыршан. Ауаҩы ацәгьа шәзиузаргьы, ацәгьа изыжәымун. Шәыбжьара аҭынчра ахьчаразы ишәылшо зегь ҟашәҵала (Рим. 12:17—21). Аха иҟашәҵо хьаас имамзаргьышәара агәҭынчра шәымазаауеит.

Аполлоси Павели реихьӡарақәа зыбзоураз Иегова шиакәыз еилыркаауан, убри аҟынтә еицлабӡомызт. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 15—18.)

15. Излеиԥшызи Аполлоси Павели?

15 Шәааи аҵыхәтәаны еилҳаргап Аполлоси Павели рҿырԥшы иаҳнарҵо. Урҭ рҩыџьагьы Иԥшьоу Аҩыра бзианы ирдыруан, арҵаҩцәа бзиақәа реиԥш ахьӡ рыман, насгьы ирацәаҩны ауаа Христос иҵаҩцәаны аҟалара ирыцхрааит. Аха дара еицлабӡомызт.

16. Дзеиԥшрауаҩызи Аполлос?

16 Аполлос изҳаит актәи ашәышықәсазы аҵарауаа рацәаҩны иахьынхоз Александриа. Иара аҿаԥыц иҿан, Аҩырагьы бзианы идыруан (Аус. 18:24). Аполлос Коринф данынхоз аизара аҟынтә аишьцәеи аиҳәшьцәеи шьоукы ирҳәон егьырҭ аишьцәеи апостол Павели раасҭа иара бзиа дшырбоз (1 Кор. 1:12, 13). Игәы иахәозма уи Аполлос? Ҳәарада мап! Шәазхәыц, Аполлос Коринф ааныжьны данца Павел уи дхынҳәырц диҳәон (1 Кор. 16:12). Диҳәарызма Павел Аполлос уи аизараҿы аишьцәа драцлабуазҭгьы? Еилкаауп Аполлос илаз аҟазара ииашаны ихы ишаирхәоз, иара ауаа Анцәа иӡбахә рзеиҭеиҳәон, аишьцәагьы ргәы шьҭихуан. Уи адагьы агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит Аполлос ахынраалара шилаз. Абиблиаҿы џьаргьы ианӡам Акиллеи Прискиллеи Аполлос Иԥшьоу Аҩыра еиҳа инарҭбааны ианиеилдыркаауаз иара уи игәамԥхаӡеит ҳәа (Аус. 18:24—28).

17. Дышԥацхраауаз Павел аизараҿы аҭынчра аизырҳара?

17 Павел Аполлос иеихьӡарақәа ртәы идыруан, аха иара иаасҭа уи деиӷьыршьалар ҳәа дшәомызт. Павел ахынраалареи, ахӡырымгареи, аҟәыӷареи злаз уаҩын. Коринфаа ириҭаз алабжьара уи бзианы иаҳнарбоит. Коринф инхоз ақьырсианцәа шьоукы «Павел иҵаҩ соуп» ҳәа шырҳәозгьы иара уи дарԥагьомызт. Урҭ Анцәа Иеговеи Иисус Христоси рахь ихьаирԥшуан (1 Кор. 3:3—6).

18. Иаҳнарҵозеи Аполлоси Павели рҿырԥшы, 1 Коринфаа рахь 4:6, 7 иану инақәыршәаны?

18 Иаҳнарҵозеи апостол Павели Аполлоси рҿырԥшы? Ҳара ҳхы ҳамеигӡакәа Иегова имаҵ ҳуазар, насгьы ирацәаҩны ауаа аҵабырг аилкаара ҳрыцхраахьазар, ҳаихьӡарақәа зыбзоуроу Иегова шиакәу еилаҳкаауазароуп. Уи адагьы Иегова иорганизациаҿы аҭакԥхықәрақәа рацәаны иҳамазар аҭынчреи аӡәкреи рырҿиаразы еиҳаны алшарақәа ҳамоуп. Аҭакԥхықәра зду аишьцәа убас ахьыҟарҵо азы ҭабуп ҳәа раҳҳәоит. Дара Анцәа Иажәа шьаҭас иҟаҵаны аизара аҵара ддырҵоит, насгьы аишьцәеи аиҳәшьцәеи зҿыԥшлаша дара ракәымкәа Иисус Христос шиакәу еилыркаауеит. (Шәаԥхьа 1 Коринфаа рахь 4:6, 7.)

19. Иҟаҳҵалар акәзеи ҳара зегьы? (Шәахәаԥш арамка «Аишьцәеи аиҳәшьцәеи аицлабра ргәазҭашәымҵалан».)

19 Анцәа ҳара зегьы аҟазара ҳалеиҵеит. Уи ҳамаҵ еибауларц азы ҳхы иаҳархәалар ҳалшоит (1 Пиотр 4:10). Аӡәы игәы иаанагозар ауеит аизараҿы акзаара ахьчаразы иҟаиҵар илшо маҷушәа. Аха шәазхәыц: цыра-цырала ақьырмыт еиқәҵаны аҩны шдыргыло еиԥш, ҳус бзиақәа аизара зегьы еиднакылоит. Ҳара зегьы ҳхы аус адаҳулалароуп, егьырҭ ҳреиӷьушәа ҳгәаҿы ахәыцрақәа цәырымҵырц азы. Шәааи иҳалшо зегь ҟаҳҵалап аизараҿы аҭынчреи акзаареи ҳахьчаларц азы (Еф. 4:3).

Аишьцәеи аиҳәшьцәеи аицлабра ргәазҭашәымҵалан

Ҳара иҳазгәамҭаӡакәа аишьцәеи аиҳәшьцәеи аицлабра ргәазҭаҳҵар алшоит: ҳгәаанагарала ажәахәқәа иманы еиҳа еиӷьны иқәгыло аиашьа далаҳкаауазар, еиҳарак зҭакқәа ҳгәаԥхо рыӡбахә ҳҳәозар, ма зегь раасҭа еиӷьны ажәабжь зҳәо апионер ҳәа аӡә далаҳкаауазар. Зны-зынла ҳгәаанагарала еиҳа аҟазара злоу ҳәа иҳаԥхьаӡо аизара аиҳабы егьырҭ аизара аиҳабацәа дрыҿҳарԥшлар ауеит. Аха аизара аиҳабацәагьы иаабац уаауп. Урҭ ҳааҟәымҵӡакәа ишеиҿҳарԥшуа раҳалар дара-дара аицлабра иалагар рылшоит. Уи аизара зегь иаԥырхагахоит.

АҬАК ШԤАҞАШӘҴАРЫЗ?

  • Избан ҳмотивқәа гәаҳҭалар зхадоу?

  • Ҳҽызцәыҳахьчалар акәзеи аизараҿы аишьцәеи аиҳәшьцәеи аицлабра ргәазҭаҳамҵаларц азы?

  • Ишәдырҵазеи Гедеони, Аннеи, Аполлоси, апостол Павели рҿырԥшқәа?

АШӘА 80 «Ижәдыр, иагьеилышәкаа шаҟа дразу Иегова»

a Афарфор иалху аваза шьшьазар, мышкызны иԥҽуеит. Убас еиԥш аизараҿы аицлабра ыҟазар уи иаԥырхагамхар залшом. Аизараҿы аишьцәеи аиҳәшьцәеи еицлабуазар аҭынчра ҟалаӡом, насгьы аӡәк еиԥш Анцәа имҵахырхәара рылшаӡом. Ари астатиаҿы еилҳаргоит егьырҭ ҳреиӷьушәа ҳхы ҳамбалар шаҟа ихадоу, насгьы аизараҿы аҭынчра ыҟазарц азы иҟаҵалатәу.

b Хьыӡқәак ԥсахуп.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра