АҴАРАЗЫ АСТАТИА 16
Аишьцәеи аиҳәшьцәеи Иегова дшырзыҟоу еиԥш шәырзыҟаз
«Шәмыӡбан хыхь-хыхьла, ҵабыргтә ӡбарала шәыӡба» (ИОАНН 7:24).
АШӘА 101 Ҳаидгыланы аус еицаҳуеит
АХҲӘААa
1. Иарбан ҳгәы шьҭызхуа ҵабыргу Иегова изкны Абиблиа иҳаилнаркаауа?
АУАА шәхаҿсахьеи шәоуреи-шәыҭбаареи инарықәыршәаны шәзеиԥш уаҩу рыӡбозҭгьы, ишәгәаԥхарызма уи шәара? Ҳәарада, мап. Шаҟа ибзиоузеи Иегова ахаан ус ахьыҟаимҵо! Самуил Иессеи иԥацәа данрыхәаԥшуаз, Иегова иибоз имбаӡеит. Анцәа Самуил иеиҳәеит Иессеи иԥацәа руаӡәк Израиль аҳас дшыҟало. Аха рыуа дарбану? Самуил Иессеи иԥеиҳаб Елиав даниба, иҳәеит: «Хымԥада абри иоуп Иегова иалихыз». Елиав аҳ иԥшра иман. «Аха Иегова Самуил иеиҳәеит: „Уамыхәаԥшын уи иҭеиҭыԥш, иоура ду, избанзар сара уи мап ицәыскит“». Иаҳнарҵозеи уи ҳара? «Анцәа ауаҩ иеиԥш акәӡам акы дшахәаԥшуа: ауаҩы аблақәа ирбо ауп иибо, Иегова агәы дҭаԥшуеит» (1 Сам. 16:1, 6, 7).
2. Избан Иоанн 7:24 иану инақәыршәаны ҳаблақәа ирбо ала ауаа рықәыӡбара зҳахәҭам? Иҳаилшәыркаа.
2 Ҳанамӡара иахҟьаны ҳара ҳаблақәа рыла иаҳбо инақәыршәаны ауаа ҳрықәыӡбалар ҳалшоит. (Шәаԥхьа Иоанн 7:24.) Аха ҳаблақәа рыла иаҳбо ауаҩы изкны иҳанаҳәо маҷуп. Иаҳҳәап, аҳақьым бзиагьы ауаҩы диҿаԥшит ҳәа ихьуа изеилкааӡом. Ауаҩы ихигахьоу ачымазарақәеи уажәы ихьуеи еиликаарц азы иара зҿлымҳарала ауаҩы ииҳәо дазыӡырҩыроуп. Иҟалап иара ауаҩы арентген ахь дишьҭыргьы. Ус ҟаимҵар, ииашамкәа ихәышәтәра далагар алшоит. Убас еиԥшҵәҟьа аишьцәа рыԥшра мацара ҳахәаԥшуазар, урҭ аҵыхәтәанынӡа иаҳзеилкаауам. Ҳара ҳҽазаҳшәалароуп ауаҩы ихаҿсахьа аасҭа акырӡа ихадоу абара — дзеиԥш уаҩу аилкаара. Ҳәарада, ҳара ауаа ргәы ҳазҭаԥшӡом, убри аҟынтә Иегова урҭ шеиликаауа еиԥш ахаан иаҳзеилкаауам. Аха уеизгьы Иегова ҳаиҿыԥшлар ҳалшоит. Ишԥа?
3. Ишԥаҳацхраауеи ари астатиаҿы еилҳарго абиблиатә ҭоурыхқәа Иегова иҿыԥшра?
3 Дышԥарзыҟоу Иегова имаҵзуҩцәа? Иара урҭ дырзыӡырҩуеит. Рҭагылазаашьеи ирхыргахьоуи инақәыршәаны дрызныҟәоит. Иара убас агәрыцҳашьара ааирԥшуеит. Уажәы ҳахәаԥшуеит Иегова Ионеи, Илиеи, Агарьи, Лоти дышрызныҟәоз, насгьы ҳаиҿыԥшлар шҳалшо еилаҳкаауеит.
ЗҾЛЫМҲАРАЛА ШӘӠЫРҨЛА
4. Избан ҳара Иона ҳиқәыӡбар залшо?
4 Ҳара Иона иҭагылазаашьа аҵыхәтәанынӡа иахьаҳзымдыруа иахҟьаны ҳгәы иаанагар ауеит уи зыгәра агара иаԥсамыз, насгьы Иегова изымӡырҩуаз уаҩын ҳәа. Иона Иегова иҟынтә еилыкка иҟаз адҵа иоуит — Ниневиаа ақәыӡбаратә жәабжь рылеиҳәар акәын. Аха уи аҭыԥан иара аӷба дақәтәаны Иегова иҟынтә нырцәҟа дыбналеит (Иона 1:1—3). Ишәҭарызма шәара Иона ари адҵа анагӡаразы даҽа лшарак? Ишәымҭазҭгьы ҟаларын. Аха Иегова даҽакала дхәыцуан (Иона 3:1, 2).
5. Иҳаилдыркаауазеи Иона изкны Иона 2:1, 2, 9 иану ажәақәа?
5 Иона инцәаиҳәара иара дзеиԥш уаҩыз аилкаара иҳацхраауеит. (Шәаԥхьа Иона 2:1, 2, 9.) Ҳәарада, Иона лассы-лассы Анцәа диҳәон. Инцәаиҳәарақәа руак иаҳнарбоит иара дышуаҩ бзиаз. Иара Иегова идҵа дшацәыбналазгьы, инцәаиҳәара аҟынтә еилаҳкаауеит ахынраалара шилаз, Иегова изыҟаиҵоз ахә шишьоз, насгьы изыӡырҩра дшазхиаз. Еилкаауп Иегова Иона игха ихы зазимышьҭыз, иҳәара аҭак зыҟаиҵаз, насгьы иԥааимбар иаҳасабала анаҩсгьы ихы дзаирхәоз!
Ауаҩы иҭагылазаашьа еилаҳкаар, агәрыцҳашьара аарԥшра ҳзымариахоит. (Шәахәаԥш абзац 6.)b
6. Иарбан мзызқәоу иҳамоу ауаҩы зҿлымҳарала изыӡырҩразы?
6 Ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи зҿлымҳарала ҳарзыӡырҩларц азы ҳара ахынраалареи ачҳареи ҳалазароуп. Уи азы х-мзызк ирыдамзаргьы ҳамоуп. Актәи, усҟан ҳара ауаҩы иқәыӡбара ҳахыццаклаӡом. Аҩбатәи, ҳашьцәа рцәаныррақәеи рмотивқәеи еилаҳкаауеит, уи ҳацхраауеит агәрыцҳашьара аарԥшра. Ахԥатәи, ауаҩы ихы еиӷьны аилкаара ҳицхраауеит. Зны-зынла ауаҩы игәы иҵхо ихаҭа цқьа изеилкаауам, уи аӡәы изеиҭеиҳәаанӡа (Ажәам. 20:5). Азиа инхо аизара аиҳабы иҳәоит: «Зны сара агха сыхьит — сымхәыцӡакәа сцәажәеит. Аиаҳәшьа лҭакқәа еиӷьылтәыроуп ҳәа ласҳәеит. Аха ԥыҭрак ашьҭахь еилыскааит лара аԥхьара шылцәыцәгьаз, убри аҟынтә аҭак ҟалҵарц азы лхы ирацәаны аус шадылулоз». Шаҟа ихадоузеи аизара аиҳабацәа рзы аӡәы алабжьара ирҭаанӡа зегьы ибзианы аилкаара! (Ажәам. 18:13).
7. Иаҳнарҵозеи Иегова Илиа дышизныҟәаз?
7 Ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи шьоукы рааӡашьеи, ркультуреи, рҟазшьеи иахҟьаны ргәы иҭоу аӡәы изеиҭаҳәара рцәыцәгьоуп. Иҟаҳҵар ҳалшозеи ргәы ҳзаартра рзымариахарц азы? Шәазхәыц Илиа Иезавель данылцәыбналоз Иегова уи дышизныҟәаз. Илиа игәы иҭаз зегьы жәҩантәи Иаб изеиҭеиҳәаанӡа акыраамҭа цеит. Аха аиҭаҳәара даналага, Иегова зҿлымҳарала дӡырҩуан. Данизыӡырҩы ашьҭахь, иара Илиа игәы шьҭихит, насгьы ихадоу адҵа ииҭеит (1 Аҳ. 19:1—18). Ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ргәы ҳзаадыртырц азы аамҭа аҭаххар алшоит, аха уи аныҟарҵалак ауп дара анеилаҳкааҵәҟьоу. Иегова иеиԥш ачҳара ааҳарԥшлар, дара ҳагәра агара иалагоит. Анаҩс ргәы иҵхо ҳзеиҭарҳәарц рыӡбар, зҿлымҳарала ҳарзыӡырҩыр ауп.
АИШЬЦӘЕИ АИҲӘШЬЦӘЕИ ЕИӶЬНЫ ШӘРАБАДЫР
8. Дышԥалыцхрааи Иегова Агарь, Аҟазаара 16:7—13 иану инақәыршәаны?
8 Аврам Сара лымаҵ зуаз Агарь ԥҳәысс данига ашьҭахь, Агарь хшыҩдарала ахымҩаԥгара далагеит. Лара лцәа ахшара даналашәа, уи Сара лыпату лалырҟәуа далагеит ахәыҷқәа ахьлымамыз азы. Убри аҟынтә Сара Агарь дыбналартә аҟынӡа дналгеит (Аҟаз. 16:4—6). Ҳанамӡара иахҟьаны ҳара ҳхәыцыр алшоит Агарь дыԥҳәыс ԥагьан, насгьы илықәнагаҵәҟьаз дақәшәеит ҳәа. Аха Иегова ус иԥхьаӡомызт. Иара имаалықь Агарь дылзынаишьҭит. Амаалықь Агарь даниԥшаа, лгәазыҟашьа аԥсахра длыцхрааит, дагьылзылԥхеит. Агарь еилылкааит Иегова дшибоз, насгьы лҭагылазаашьа аҵыхәтәанынӡа ишеиликаауаз. Лара Иегова иалҳәеит: «Уара зегь збо Нцәоуп». (Шәаԥхьа Аҟазаара 16:7—13.)
9. Избан Иегова Агарь қьиарала дызлызныҟәоз?
9 Иидыруази Иегова Агарь илызкны? Иара идыруан лара илыԥсҭазаашьаз, насгьы илхылгоз зегь ибон (Ажәам. 15:3). Лара Мысра датәын, аха ауриацәа рҭаацәараҿы дынхон. Иҟалап зны-зынла лара аӡәгьы бзиа димбошәа лгәы иаанагозҭгьы, насгьы лҭаацәеи лыԥсадгьыли гәхьаалгозҭгьы. Уи адагьы, Аврам ԥҳәысс имаз лара заҵәык лакәӡамызт. Усҟантәи аамҭазы Анцәа имаҵ зуаз ахацәа шьоукы ирацәаны аҳәса рыман. Аха уи Иегова аԥхьанатә гәҭакыс имаз иақәшәомызт (Матф. 19:4—6). Иџьашьатәӡам аҭаацәараҿы уи ашьыцреи аицәымӷреи ахьцәырнагоз. Иегова идыруан Агарь Сара лҿаԥхьа дышиашамыз, аха иара убас иара Агарь лцәаныррақәеи лҭагылазаашьеи еиликаауан, убри аҟынтә қьиарала длызныҟәон.
Аишьцәеи аиҳәшьцәеи еиӷьны шәрабадыр. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 10—12.)c
10. Ишԥаҳалшо аишьцәеи аиҳәшьцәеи еиӷьны ҳрабадырлар?
10 Ҳара аилибакаара ҳашьҭазар, Иегова ҳаиҿыԥшуеит. Шәашьцәеи шәаҳәшьцәеи еиӷьны шәрабадырла. Шәрацәажәала урҭ аизара алагаанӡа, иара убас ианынҵәалак ашьҭахьгьы, ажәабжьҳәара шәрыцны шәцала, алшара шәымазар, аҩныҟа иаашәыԥхьа акреицышәфарц азы. Усҟан еилышәкаауеит ԥхаррак зҵамшәа ижәбоз аиаҳәшьа ииашаҵәҟьаны дшыԥхашьаҩу, аԥара арҳара бзиа ибоит ҳәа шәызхәаԥшуаз аиашьа ииашаҵәҟьаны агәыҭбаара шилоу, мамзаргьы аизара лассы-лассы иагхан зхәыҷқәа зманы иаауа ан лҭаацәараҿы аҿагыларақәа дышрықәшәо (Иов 6:29). Ҳәарада, ҳара иаҳусым ҳҽалаҳамгалароуп (1 Тим. 5:13). Аха ибзиахон аишьцәеи аиҳәшьцәеи ирыԥсҭазаашьоу еилаҳкаалар, насгьы еиӷьны ҳрабадырлар.
11. Избан аизара аиҳабацәа аишьцәеи аиҳәшьцәеи бзианы ирдыруазар зрыхәҭоу?
11 Аизара аиҳабацәа аишьцәеи аиҳәшьцәеи иреиҷаҳалароуп, убри аҟынтә урҭ ибзианы ирдыруазар ауп. Ҳазхәыцып раионтә хылаԥшҩыс амаҵ зуаз Артур иҿырԥштәы. Аизара аиҳабыс амаҵ зуаз иашьаки иареи иаҳәшьак илҭааит. Дара ргәы иаанагон лара рацәак аӡә иацәажәара зҭахым лоуп ҳәа. Артур иҳәоит: «Ҳара еилаҳкааит аҭаацәара даналала ашьҭахь шықәсқәак анҵы лхаҵа дшыԥсыз. Ауадаҩрақәа дышрықәшәозгьы, лара Иегова бзиа дызбо ҩыџьа аԥҳацәа лааӡеит, насгьы дара Анцәа изиашаны имаҵ руеит. Уажәы лара лылақәа ацара иаҿуп, адепрессиагьы даргәаҟуеит. Ус шакәугьы, лара лыгәрахаҵара ӷәӷәоуп, насгьы Иегова бзиа дылбоит. Ҳара еилаҳкааит уи аиаҳәшьа ҳара ҳзы дышҿырԥш бзиаз» (Флп. 2:3). Уи араионтә хылаԥшҩы Иегова диҿыԥшуан. Иегова изиашоу имаҵзуҩцәа бзианы идыруеит, насгьы ирхырго ауадаҩрақәа ибоит (Ақәҵ. 3:7). Аизара аиҳабацәа аишьцәеи аиҳәшьцәеи бзианы ирдыруазар, рыцхраара еиҳагьы ирзымариахоит.
12. Ишԥалыхәеи Азиа инхо аиаҳәшьа леизара аҟынтә иаҳәшьак ибзианы дахьлабадырыз?
12 Ишәгәамԥхо аиашьа еиӷьны шәиабадырыр, иара иахь агәрыцҳашьара аарԥшра еиҳа ишәзымариахоит. Абар Азиа инхо иаҳәшьак илҳәо: «Ҳаизараҿы иаҳәшьак мыцхәы лыбжьы рдуны дцәажәон. Сара сгәы иаанагон лара ахымҩаԥгашьа лыздырӡом ҳәа. Аха ажәабжьҳәара слыцны санца, еилыскааит лара аџьармыкьаҿы лҭаацәа аԥсыӡҭира дышрыцхраауаз. Аахәаҩцәа неирц азы лара урҭ лыбжьы рдуны дрыԥхьон». Лара иацылҵоит: «Сара избеит сашьцәеи саҳәшьцәеи еилыскааларц азы, урҭ бзианы издыруазар шсыхәҭоу». Ҳәарада, уи азы аџьабаа батәуп. Аха «шәарҭгьы шәгәы-шәыԥсы ҳзаашәырты» ҳәа Абиблиа иану алабжьара ҳақәныҟәалар, ауаа зегь бзиа избо Иегова ҳаиҿыԥшлоит (1 Тим. 2:3, 4; 2 Кор. 6:11—13).
АГӘРЫЦҲАШЬАРА ААШӘЫРԤШЛА
13. Аҟазаара 19:15, 16 иану инақәыршәаны, иҟарҵазеи амаалықьцәа Лот Анцәа инапхгара ақәныҟәара данахымыццакуаз, насгьы избан?
13 Имариамыз аамҭазы Лот Иегова инапхгара ақәныҟәара дахыццакуамызт. Ҩыџьа амаалықьцәа Лот иахь инеины иарҳәеит иҭаацәа Содом иалигар шихәҭаз. Избан? Амаалықьцәа ирҳәеит: «Ҳара ари аҭыԥ ықәаҳгоит» (Аҟаз. 19:12, 13). Адырҩаҽны, шьыжьымҭан Лот иҭаацәеи иареи аҩны идәылымҵӡацызт. Убри аҟынтә амаалықьцәа Лот даҽазнык игәиҽанырҵеит. Аха иара дыццакуамызт. Ҳара ҳгәы иаанагар ауеит Лот Иегова ииҳәаз хьаас имкит ҳәа, мамзаргьы дизымӡырҩӡеит ҳәа. Аха Иегова Лот даанимыжьӡеит. Амаалықьцәа Лот иҭаацәеи иареи рнапы ианкны ақалақь иалыргеит, «избанзар Иегова уи дрыцҳаишьеит». (Шәаԥхьа Аҟазаара 19:15, 16.)
14. Избан Иегова Лот дызрыцҳаишьаз?
14 Лот ирыцҳашьаразы Иегова ирацәаны амзызқәа имазар ҟалон. Иҟалап Лот ақалақь анҭыҵ инхоз ауаа дрыцәшәозҭгьы, убри аҟынтә иҩны адәылҵра изымгәаӷьуазҭгьы. Иҟан егьырҭ ашәарҭарақәагьы. Содом иаакәыршаны асфальт зҭаз ажрақәа ыҟан, иҟалап Лот идыруазҭгьы аамҭақәак раԥхьа ҩыџьа аҳцәа урҭ ажрақәа ишырҭаҳахьаз (Аҟаз. 14:8—12). Аҭаацәара иахадаз, насгьы ҩыџьа аԥҳацәа змаз Лот иԥҳәыси иԥҳацәеи рзы игәы ҭынчымзар ҟалон. Иара убас Лот амал ду иман, ус анакәха, Содом аҩн бзиа имазар ҟаларын (Аҟаз. 13:5, 6). Ҳәарада, арҭ амзызқәа Лот ихымҩаԥгашьа дыриашаӡомызт, аха Иегова Лот игха ихы азимышьҭӡеит. Иара уи дуаҩ иашоуп ҳәа иԥхьаӡон (2 Пиотр 2:7, 8).
Ауаҩы ҳаизыӡырҩуазар, агәрыцҳашьара шаарԥштәу еилаҳкаауеит. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 15, 16.)d
15. Иҟаҳҵалар ҳахәҭоузеи ауаҩы иқәыӡбара аҭыԥан?
15 Ауаҩы иқәыӡбара аҭыԥан иеилкаара шәҽазышәшәала. Европа инхо Вероника зыхьӡу аиаҳәшьа убас иагьыҟалҵеит. Лара илҳәоит: «Иаҳәшьак еснагь деиқәышьшьы дыҟан, насгьы аӡәгьы диацәажәомызт. Зны-зынла лааигәа анеирагьы сшәон. Аха сара схәыцит: „Лҭыԥ аҿы сыҟазҭгьы, сара аҩыза дысҭаххон“. Убри аҟынтә бышԥаҟоу ҳәа слазҵаарц сыӡбеит. Ларгьы лгәы иҵхоз сзеиҭалҳәеит! Уажәшьҭа уи еиҳа еиӷьны деилыскаауеит».
16. Избан агәрыцҳашьара ааҳарԥшларц азы Анцәа ҳиҳәалар зҳахәҭоу?
16 Аҵыхәтәанынӡа ҳаилызкаауа Иегова заҵәык иоуп (Ажәам. 15:11). Убри аҟынтә иара шәиҳәала егьырҭ дышрыхәаԥшуа еиԥш рыхәаԥшра дшәыцхраарц, насгьы дара рахь агәрыцҳашьара шаарԥшлатәу шәирбарц. Анцәа дахьиҳәоз абзоурала Анжела зыхьӡу аиаҳәшьа еиҳа агәрыцҳашьара аалырԥшуа далагеит. Леизараҿы иҟаз иаҳәшьак лаабра цәгьахеит. Анжела илҳәоит: «Ҳәарада, лара лықәыӡбара, насгьы лмацәажәара еиҳа имариан, аха сара Иегова сиҳәеит уи аиаҳәшьа леилкаара дсыцхраарц». Иҟаиҵама Иегова Анжела лыҳәара аҭак? Лара иацылҵоит: «Ҳара ажәабжьҳәара ҳаиццеит. Уи ашьҭахь сааҭқәак рыҩныҵҟа ҳаицәажәон. Сара зҿлымҳарала сылзыӡырҩуан. Уажәшьҭа уи аиаҳәшьа еиҳагьы бзиа дызбоит, слыцхрааларцгьы сҭахуп».
17. Ҳзызхиазар акәзеи ҳара?
17 Ҳара ҳамхәыцлароуп шьоук рахь агәрыцҳашьара ааҳарԥшлароуп, егьырҭ уи иаԥсаӡам ҳәа. Ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи зегьы Ионеи, Илиеи, Агарьи, Лоти реиԥш ауадаҩрақәа ирықәшәоит. Лассы-лассы урҭ ауадаҩрақәа рхаҭа рхы ҭадыргылоит. Аиаша ҳҳәозар, зны-зынла ҳхаҭагьы ус ҳахьлоит. Убри азоуп Иегова агәрыцҳашьара ааҳарԥшларц зҳаиҳәо (1 Пиотр 3:8). Иегова ҳанизыӡырҩуа, зеиԥшыҟам жәларбжьаратәи ҳаиашьараҿы иҟоу акзаара ҳарӷәӷәоит. Убри аҟынтә шәааи ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ҳарзыӡырҩлап, насгьы аилкаареи агәрыцҳашьареи ааҳарԥшлап.
АШӘА 87 Уааи, иагьуоуп агәыраҳаҭра!
a Ҳанамӡара иахҟьаны ҳара ауаа иаразнак ҳрықәыӡбар ҳалшоит, насгьы рмотивқәа ҽеиӡам ҳәа ҳхәыцыр ауеит. Аха Иегова ҳара дҳаиԥшӡам, иара ауаҩы игәы дҭаԥшуеит (1 Сам. 16:7). Ари астатиаҿы ҳара еилҳаргоит Иегова абзиабара аарԥшны Ионеи, Илиеи, Агарьи, Лоти дышрыцхрааз. Уи ҳацхраауеит ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи Иегова дшырзыҟоу еиԥш рзыҟазаара.
b АСАХЬАҚӘА РҾЫ ИАҲБО: зықәрахь инеихьоу аиашьа иқәыԥшу аиашьа аизара дагхан дахьааиз игәаԥхаӡом, аха анаҩс еиликаауеит уи амҩан амашәыр дшақәшәаз.
c АСАХЬАҚӘА РҾЫ ИАҲБО: раԥхьа агәыԥ ахылаԥшҩы игәы иаанагеит аиаҳәшьа аӡә иацәажәара рацәак изгәамԥхо лоуп ҳәа. Аха ԥыҭрак ашьҭахь иара еиликаауеит лара дшыԥхашьо, насгьы ибзианы илзымдыруа ауаа рацәажәара шылцәыцәгьоу.
d АСАХЬАҚӘА РҾЫ ИАҲБО: аиаҳәшьа Аҳратә зал аҿы даҽа иаҳәшьак раԥхьаӡакәны данылба, ԥхаррак лыҵамшәа лгәы иабеит, аха еиӷьны данлабадыр, уи ус шакәым еилылкааит.