Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w20 апрель ад. 8—13
  • Шәышԥарзыҟоу ажәабжь зашәҳәо ауаа?

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Шәышԥарзыҟоу ажәабжь зашәҳәо ауаа?
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2020
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • ЗЫГӘРА РГОЗЕИ АУАА?
  • ИРГӘАԤХОЗЕИ АУАА?
  • ИИСУС ИҴАҨЦӘАХО РЕИԤШ ШӘРЫХӘАԤШЛА
  • Аҳаҭырқәҵара
    Ауаа бзиа ижәбала. Аҵаҩцәа азыҟашәҵала
  • Ишәыдышәкылома аҵаҩцәа разыҟаҵара ааԥхьара?
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2021
  • Анцәа дхазымҵо ауаа Анцәа иеилкаара ҳрыцхраауеит
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2019
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2020
w20 апрель ад. 8—13

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 15

Шәышԥарзыҟоу ажәабжь зашәҳәо ауаа?

«Шәыблақәа аахтны амхурсҭақәа шәнарзыԥшы: урҭ шышәра ишәны, ихҟәашааӡа, абҵара иазыхиоуп» (ИОАНН 4:35).

АШӘА 64 Ҳгәырӷьаҵәа ҭагалара аус ҳалахәуп

АХҲӘААa

1, 2. Ииҳәарц ииҭахызи Иисус Иоанн 4:35, 36 иану ажәақәа рыла?

ИИСУС амхурсҭақәа дрывсны ацара даҿын, иҟалап уи макьана иҟамлацыз, ииаҵәаз ачаԥшь акәызҭгьы (Иоанн 4:3—6). Уи аҟалара еиҭа ԥшьымз агын. Убри аҟынтә Иисус иажәақәа уамашәа иубаратәы иҟан: «Шәыблақәа аахтны амхурсҭақәа шәнарзыԥшы: урҭ шышәра ишәны, ихҟәашааӡа, абҵара иазыхиоуп». (Шәаԥхьа Иоанн 4:35, 36.) Ииҳәарц ииҭахызи Иисус?

2 Иара зыӡбахә иҳәоз ачаԥшь аҭагалара акәымкәа, ауаа реизгара акәзар ауан. Ҳазхәыцып Иисус арҭ ажәақәа иҳәаанӡа иҟалаз ахҭыс. Иудеиаа Самариаа атәарбомызт, убри аҟынтә шамахамзар, ирацәажәомызт, аха Иисус самариатәи аԥҳәыс ажәабжь лзеиҭеиҳәеит, ларгьы уи лыдылкылеит! Иисус иҟәашӡа аҭагалара иазхианы игылоу аҽаҩра аӡбахә аниҳәоз аамҭазы самариатәи аԥҳәыс Иисус иӡбахә ззеиҭалҳәаз ауаа Иисус изыӡырҩырц азы аара иаҿын (Иоанн 4:9, 39—42). Абиблиатә хыҵхырҭак аҿы уи иазкны абас ҳәоуп: «Ауаа ажәабжь ишақәҿырҭыз... ишьақәнарӷәӷәон аҭагалара иазхиоу аҽаҩра ишеиԥшыз».

Иҟаҳҵар ҳахәҭоузеи «амхурсҭақәа шышәра ишәны, ихҟәашааӡа» ишыҟоу ҳбозар? (Шәахәаԥш абзац 3.)

3. Ишԥаныруеи ауаа ажәабжь шырзеиҭашәҳәо, урҭ Иисус дышрыхәаԥшуаз еиԥш шәрыхәаԥшлар?

3 Шәышԥарзыҟоу ажәабжь зашәҳәо ауаа? Шәрыхәаԥшуама урҭ аҭагалара иазхиоу аҽаҩра еиԥш? Ааи акәзар, ишԥаныруеи уи ажәабжь шырзеиҭашәҳәало? Актәи, еиҳа гәацԥыҳәарала ажәабжь шәҳәалоит. Аҭагалара аамҭа кьаҿуп, убри аҟынтә уи иахыццактәуп. Аҩбатәи, ауаа ажәабжь бзиа иахьақәҿырҭуа шәеигәырӷьалоит. Абиблиаҿы иануп ауаа аҽаҩра анҭаргало ишгәырӷьо (Ис. 9:3). Ахԥатәи, ауаа зегьы аҵабырг здызкылар зылшо реиԥш шәрыхәаԥшлоит, убри аҟынтә дасу инаало азнеишьа аԥшаара шәҽазышәшәалоит.

4. Иаҳнарҵозеи ҳара апостол Павел иҿырԥштәы?

4 Иисус иҵаҩцәа шьоукы ргәы иаанагон Самариаа ахаан аҵабырг рыдыркылом ҳәа, аха Иисус ус иԥхьаӡомызт. Иара урҭ аҵабырг здызкылар зылшо реиԥш дрыхәаԥшуан. Ҳаргьы ҳҭыԥ аҿы инхо ауаа Христос иҵаҩны аҟалара зылшо реиԥш ҳрыхәаԥшлароуп. Апостол Павел уи аганахь ала аҿырԥш бзиа ҳзынижьит. Иҿаҳҵаар ҳалшозеи уи? Ари астатиаҿы еилҳаргоит Павел: 1) дзацәажәоз зыгәра ргоз дшазхәыцуаз, 2) иргәаԥхоз аилкаара дшашьҭаз, 3) аҵабырг здызкыло реиԥш дышрыхәаԥшуаз.

ЗЫГӘРА РГОЗЕИ АУАА?

5. Избан Павел асинагогаҿы ажәабжь ззеиҭеиҳәоз ибзианы изеиликаауаз?

5 Павел лассы-лассы аиудеиатә синагогақәа рҿы ажәабжь иҳәон. Иаҳҳәап, Фессалоника иҟаз асинагогаҿы иара «инеиԥынкылан х-сабшак Аҩырақәа ирныз» аиудеиаа ирзеиҭеиҳәон (Аус. 17:1, 2). Павел асинагогақәа рҿы ажәабжьҳәара изымариазҭгьы ҟаларын, избанзар иаргьы диудеин (Аус. 26:4, 5). Иара идыруан аиудеиаа зыгәра ргоз, убри аҟынтә рацәажәашьа дақәшәон (Флп. 3:4, 5).

6. Излеиԥшымзи Павел аџьармыкьаҿы ажәабжь зеиҳәоз ауааи асинагогаҿы дзацәажәоз ауааи?

6 Ашьҭашәарыцаҩцәа апостол Павел зны Фессалоника, анаҩс Вериа даналырца, иара Афинақәа рахь дцеит. Уагьы «асинагогаҿ Иудеиааи Анцәа ицәшәози» рацәажәара далагеит (Аус. 17:17). Аха аџьармыкьаҿы ажәабжь зеиҳәоз ауаа аиудеиаа зынӡа иреиԥшӡамызт. Иара изыӡырҩуаз рыбжьара иҟан афилософцәеи Анцәа ҵабырг дыззымдыруаз ауааи, дара рзы Павел ииҳәоз иҿыцыз ак акәын. Дара Павел ус иарҳәеит: «Уара уахьтә ҳлымҳақәа уамашәа иҟоу ак раҳауеит» (Аус. 17:18—20).

7. Ишԥеиԥсахуаз Павел ажәабжьҳәараҿы изнеишьақәа Аусқәа 17:22, 23 иану инақәыршәаны?

7 Шәаԥхьа Аусқәа 17:22, 23. Павел Афинақәа рҿы инхоз Анцәа ҵабырг дыззымдыруаз ауаа ажәабжь шырзеиҭеиҳәози асинагогаҿы Иудеиаа ишырзеиҭеиҳәози еиԥшӡамызт. Иҟалап Павел Афинақәа рҿы инхоз ауаа зыгәра ргоз аилкаара иҽазишәозҭгьы. Иара икәша-мыкәша иҟаз гәеиҭон, насгьы рдинхаҵаратә ҵасқәа дрыцклаԥшуан. Анаҩс Аҩыра иану аҵабырги урҭ рдинхаҵареи злеиԥшыз иԥшаауан. «Иауриаз ақьырсиан иеиԥш иара еиликаауан Анцәа ҵабырг дыззымдыруаз абырзенцәа Иудеиааи ақьырсианцәеи Рынцәа ишимҵамхырхәоз,— иҳәоит библиаҭҵааҩык,— аха убри аамҭазгьы Павел идирбар иҭахын зыӡбахә иҳәоз Анцәа Афинаа ирзымдыруаз аӡә шиакәмыз». Убри аҟынтә Павел изнеишьа урҭ рықәыршәара иҽазишәон. Иара Афинаа иреиҳәеит ирзеиҭеиҳәоз ажәабжь «иаҳзымдыруа Анцәа» ҳәа изышьҭаз, зымҵахырхәара рҽазыршәоз Анцәа ишитәыз. Дара Аҩыра иану акгьы шырзымдыруазгьы, Павел урҭ ахаан ақьырсианра рыдыркылом ҳәа дхәыцуамызт. Иара урҭ аҭагалара иазхиоу аҽаҩра еиԥш дрыхәаԥшуан, убри аҟынтә ажәабжь рызнеигарц азы изнеишьақәа иԥсахуан.

Апостол Павел иеиԥш азҿлымҳара аашәырԥшла, дасу инаало азнеишьа шәыԥшаала, насгьы ауаа аҵабырг здызкылар зылшо реиԥш шәрыхәаԥшла. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 8, 12, 18.)c

8. а) Ишәыцхраар алшозеи шәҭыԥ аҿы ауаа зыгәра рго аилкаара? б) Аӡәы ихатә динхаҵара имоуп ҳәа шәеиҳәазар, ҭакс иҟашәҵар шәылшозеи?

8 Павел иеиԥш азҿлымҳара аашәырԥшла. Ажәабжь зашәҳәо ауаҩы зыгәра иго аилкаара шәҽазышәшәала. Ишԥаирԥшӡеи иара иҩны ма имашьына? Иубарҭома ихьӡи, имаҭәеи, иҭеиҭыԥши, ицәажәашьеи рыла иарбан динхаҵароу иара имоу? Иҟалап иара ихатә динхаҵара имоуп ҳәа ихаҭа ишәеиҳәаргьы. Иҷыдоу пионерс амаҵ зуа иаҳәшьак ус анларҳәо, абас аҭак ҟалҵоит: «Сара исҭахӡам зыгәра зго шәыдысцалар. Сара сааит ҳалацәажәарц...»

9. Изеиҭашәҳәар шәылшозеи зхатә динхаҵара змоу ауаҩы?

9 Изеиҭашәҳәар шәылшозеи зхатә динхаҵара змоу ауаҩы? Шәҽазышәшәа еицышәзеиԥшу ак аԥшаара. Иҟалап иаргьы Нцәа заҵәык димҵахырхәозар, Иисус ауаа реиқәырхаҩ шиакәу агәра игозар, мамзаргьы ацәгьара иаарласны ианықәгахо аамҭазы ҳшынхо хеиҵозар. Еицышәзеиԥшу темак шьаҭас иҟаҵаны абиблиатә жәабжь ауаҩы игәаԥхартә еиԥш изеиҭашәҳәа.

10. Иҟаҳҵалар акәзеи ҳара, насгьы избан?

10 Ишәхашәмыршҭлан ауаҩы идинхаҵара иаҳәо зегьы хеимҵозаргьы шалшо. Убри аҟынтә идинхаҵара анеилышәкаалак ашьҭахьгьы, хаҭала иара зыгәра иго аилкаара шәҽазышәшәала. Австралиа иҷыдоу пионерс амаҵ зуа Девид иҳәоит: «Иахьа аӡәырҩы афилософиеи рдинхаҵареи еидырҳәалоит». Албаниа инхо Дональта илҳәоит: «Ажәабжьҳәараҿы иаҳԥыло шьоукы ирҳәоит рхатә динхаҵара шрымоу, аха ԥыҭрак ашьҭахь еилкаахоит дара ииашаҵәҟьаны Анцәа дышхарымҵо». Аргентина миссонерс амаҵ зуа аиашьа иҳәоит: «Шьоукы ирҳәоит х-хаҿрак змоу Анцәа игәра ргоит ҳәа, аха ииашаҵәҟьаны дара агәра ргаӡом Аби, Аԥеи, иԥшьоу адоуҳаи Нцәак ихәҭаку роуп ҳәа. Уи анудыруа, узацәажәо ауаҩи уареи еицышәзеиԥшу атема аԥшаара еиҳа имариоуп». Убри аҟынтә ауаҩы зыгәра игаҵәҟьоу аилкаара шәҽазышәшәа. Усҟан апостол Павел шәиҿыԥшлоит. Иара иҳәеит: «Зегьы рзы зегьы сҽырхьысыгӡеит» (1 Кор. 9:19—23).

ИРГӘАԤХОЗЕИ АУАА?

11. Ишԥаилшеи Павел Листра инхоз ауаа ажәабжь бзиа ргәаԥхартә еиԥш рзеиҭаҳәара, Аусқәа 14:14—17 иану инақәыршәаны?

11 Шәаԥхьа Аусқәа 14:14—17. Павел ауаа иргәаԥхо аилкаара дашьҭан, анаҩс уи инақәыршәаны дызлацәажәаша иӡбон. Иаҳҳәап, Листра инхоз ауаа Аҩыра зынӡа ирыздырӡомызт, мамзаргьы ирдыруаз маҷын. Убри аҟынтә Павел ирдыруаз акәын дызлацәажәоз. Иара аҽаҩра бзиеи ауаҩы агәахәара изаазгои дрылацәажәон. Иара ихы иаирхәоз ажәақәеи аҿырԥштәқәеи изыӡырҩуаз иаразнак еилыркаауан.

12. Ишԥашәылшо ауаа иргәаԥхо аилкаара, насгьы ирашәҳәаша аӡбара?

12 Шәҽазышәшәала ажәабжь зашәҳәо ауаа иргәаԥхо аилкаара, анаҩс уи инақәыршәаны ирашәҳәаша шәазхәыцла. Ишәыцхраар алшозеи ауаҩы иигәаԥхо аилкаара, иҩны шәаннеиуа? Дырҩегь иаҭахуп азҿлымҳара! Иҟалап иара абаҳча дҭазар, ашәҟәы даԥхьозар, имашьына ҟаиҵозар, мамзаргьы даҽа уск даҿызар. Аҭагылазаашьа ианаалозар, дызҿу аус шәзаламцәажәарызеи? (Иоанн 4:7). Ауаҩы ишәу алагьы иара изкны ак еилаҳкаар ҳалшоит, иаҳҳәап, дызмилаҭу, занааҭс имоу, ма иарбан спорту бзиа иибо. «Сара 19 шықәса зхыҵуаз арԥыс иацәажәара салагеит, иара ишәыз амаӷрахҵәа еицырдыруаз ашәаҳәаҩ исахьа анын,— иҳәоит Густаво,— сара уи саналацәажәа, иара иҳәеит уи ашәаҳәаҩ убас дзигәаԥхоз. Убасала абиблиатә ҵара салагеит, уажәы уи арԥыс ҳашьа иоуп».

13. Ишԥашәылшо ауаҩы Абиблиа аҵара иҭаххартә еиԥш идыжәгалар?

13 Ауаҩы абиблиатә ҵара анидыжәгало, уи хәарҭас изаанаго иеилшәыркаа (Иоанн 4:13—15). Зны ҳаҳәшьа ажәабжь анылҳәоз, аинтерес аазырԥшыз ԥҳәыск уи лыҩныҟа даалыԥхьеит. Ҳаҳәшьа аҭӡамц аҿы икыдыз асертификат анылба, еилылкааит уи аԥҳәыс арҵаҩра ҭызҵаауаз апрофессор шлакәыз. Усҟан лара илҳәеит ҳаргьы ауаа аҵара шыдҳарҵо Абиблиа аҵаразы апрограммеи аизарақәеи рыла. Уи аԥҳәыс Абиблиа аҵара дақәшаҳаҭхеит, адырҩаҽны аизарахь днеит, насгьы аконгресс даҭааит. Шықәсык ашьҭахь лара аӡы лыҽӡаалхит. Шәхы шәазҵаа: «Иргәаԥхозеи ажәабжьҳәараҿы аинтерес аазырԥшыз ауаа? Исылшома абиблиатә ҵара убас сахцәажәар, уи алагара рҭаххартә еиԥш?»

14. Ишԥашәылшо ауаҩы иҭахрақәа шәрызхәыцны абиблиатә ҵара мҩаԥыжәгалар?

14 Ауаҩы Абиблиа ирҵара шәалагазар, уи амҩаԥгара еснагь шәҽазыҟашәҵала. Шәҽаназыҟашәҵо шәазхәыцла ауаҩы дшааӡаз, имоу аҵара, насгьы иигәаԥхо. Иалшәхла шәзыԥхьаша абиблиатә жәеинраалақәа, ишәырбаша авидеонҵамҭақәа, насгьы шәзыхцәажәаша асахьақәа. Шәхы шәазҵаа: «Игәаҵанӡа инеир алшозеи еиҳарак?» (Ажәам. 16:23). Албаниа пионерс амаҵ зуаз Флора Абиблиа злырҵоз аԥҳәыс зны ус лҳәеит: «Сара аԥсцәа рыԥсы ҭалоит ҳәа сызхаҵом». Флора уи мчыла агәра ллыргарц дашьҭамлеит. Лара илҳәоит: «Сара еилыскаауан лара раԥхьа уи шыҟалаҵәҟьо ҳақәзыргәыӷуа Анцәа деилылкаар шлыхәҭаз». Убри аҟынтә Флора абиблиатә ҵара анымҩаԥылгоз еснагь Иегова ибзиабареи, иҟәыӷареи, имчи инаҵшьны дрылацәажәон. Ԥыҭрак ашьҭахь уи аԥҳәыс аԥсҭалара шыҟало агәра лгеит. Иахьа лара гәацԥыҳәарала Иегова имаҵ луеит.

ИИСУС ИҴАҨЦӘАХО РЕИԤШ ШӘРЫХӘАԤШЛА

15. Аусқәа 17:16—18 иану инақәыршәаны, иибазеи Павел Афинақәа рҿы, аха избан Афинаа акгьы рылҵуам ҳәа зимԥхьаӡоз?

15 Шәаԥхьа Аусқәа 17:16—18. Афинақәа рҿы инхоз ауаа аныхамҵахырхәареи, аламысдареи, афилософиеи рылаҽны ишыҟазгьы, Павел урҭ ахаан аҵабырг рыдыркылом ҳәа иԥхьаӡомызт, урҭ иара дахьдырџьозгьы игәы канамыжьит. Павел ихаҭагьы зны ахаҵара змаз ԥхарсуа иман, дырзыӷьашкын, аха иара ақьырсианра идикылеит (1 Тим. 1:13). Иисус Павел дқьырсианхар шалшо шибоз еиԥш, Павел ибон Афинаагьы аҵабырг рыдыркылар шрылшоз. Ус иагьыҟалеит (Аус. 9:13—15; 17:34).

16, 17. Иарбан ҿырԥштәу ауаҩы дзеиԥшразаалакгьы аҵабырг идикылар шилшо ҳзырбо?

16 Актәи ашәышықәсазы еиуеиԥшым ауаа Иисус иҵаҩцәа ракәны иҟалеит. Павел абырзен қалақь Коринф инхоз ақьырсианцәа асаламшәҟәы анырзиҩуаз иҳәеит аизара аҟынтә шьоукы уаанӡа ацәгьоурақәа ишырҿыз, мамзаргьы ламысдарала рхы шымҩаԥыргоз. Анаҩс иациҵеит: «Шәарҭ шәахьтә шьоукы абраҟа зыӡбахә ҳәоу злаҟаз шәалаҟан; аха шәара шәӡаахын-шәыԥшьан» (1 Кор. 6:9—11). Агәра шәызгарызма шәара урҭ рыҽшырыԥсахуа, насгьы Иисус иҵаҩцәаны ишыҟало?

17 Иахьа аӡәырҩы Иисус иҵаҩцәаны иҟаларц азы аҽыԥсахра иазхиоуп. Австралиа иҷыдоу пионерс амаҵ зуа аиаҳәшьа еилылкааит ауаҩы дзеиԥшразаалакгьы аҵабырг идикылар шилшо. Зны лара аҩнқәа ахьырҭиуа аофис аҿы зцәеижь асахьа иарганы иҟаз, насгьы мыцхәы иҭбааз амаҭәа зшәыз ӡӷабк дылбеит. Аиаҳәшьа илҳәоит: «Азныказы слакҩакит, аха уеизгьы лацәажәара салагеит. Сара еилыскааит уи аӡӷаб Абиблиа даараӡа аинтерес шлымаз, убри аҟынтә лцәеижь Аԥсаломқәа рҟынтә ажәеинраалақәа шанылҵаз». Уи аӡӷаб Абиблиа аҵара дақәшаҳаҭхеит, насгьы аизарақәа рҭаара далагеитb.

18. Избан ауаҩы акгьы илҵуам ҳәа ахәыцра зиашам?

18 Избан Иисус амхурсҭақәа хҟәашааӡа иҟоуп ҳәа зиҳәаз? Игәы иаанагозма иҵаҩцәаны иҟало ауаа рацәахоит ҳәа? Мап. Аҩыраҿы иҳәан иара дхазҵоз шырацәамхоз (Иоанн 12:37, 38). Уи адагьы, Иисус ауаа ргәы иҭоу ибарҭан (Матф. 9:4). Иара еиҳарак дхазҵар зылшоз азҿлымҳара шриҭозгьы, зегьы гәацԥыҳәарала ажәабжь рзеиҭеиҳәон. Ҳара ауаа ргәы иҭоу ҳбарҭаӡам, убри аҟынтә ажәабжь ахьаҳҳәо аҭыԥ аҿы аӡәгьы аҵабырг идикылаӡом, мамзаргьы ажәабжь заҳҳәо ауаа акгьы рылҵуам ҳәа ҳамхәыцлароуп! Уи аҭыԥан, ауаа аҵабырг здызкылар зылшо реиԥш ҳрыхәаԥшлароуп. Абар Буркина-Фасо миссионерс амаҵ зуа Марк ииҳәаз: «Лассы-лассы аихьӡарақәа ҟазҵо реиԥш сызхәаԥшуа Абиблиа аҵара иаҟәыҵуеит, аха аҽыԥсахра зҭахымыз реиԥш сызхәаԥшуа доуҳала еизҳауеит. Убри аҟынтә сара еилыскааит ҳхы акәымкәа, Иегова идоуҳа ҳақәгәыӷлар шҳахәҭоу».

19. Ҳрыхәаԥшлар шԥаҳахәҭоу ҳҭыԥ аҿы инхо ауаа?

19 Азныказы ҳгәы иаанагар ауеит ажәабжь ахьаҳҳәо аҭыԥ аҿы аҭагалара иазхиоу аҽаҩра иеиԥшу ауаа рацәам ҳәа. Аха ишәхашәмыршҭлан Иисус иҵаҩцәа иреиҳәаз: «Амхурсҭақәа... шышәра ишәны, ихҟәашааӡа, абҵара иазыхиоуп». Ауаҩы иҽиԥсахыр, насгьы Иисус иҵаҩ иакәхар илшоит. Иегова агәра игоит ауаа аҵабырг рыдыркылар шрылшо, иара изы урҭ «зыхә ҳараку амазара» иеиԥшуп (Агг. 2:7). Ауаа Иеговеи Иисуси реиԥш ҳрыхәаԥшлар, рыԥсҭазаашьа иазкны еиҳаны еилаҳкаалоит, насгьы иргәаԥхо ҳазхәыцлоит. Ҳара урҭ атәымуаа реиԥш акәымкәа, иҳашьцәахо, насгьы иҳаҳәшьцәахо реиԥш ҳрыхәаԥшлоит.

ИШԤАШӘЫЛШО ПАВЕЛ ИЕИԤШ...

  • шәзацәажәо ауаа зыгәра рго инақәыршәаны ажәабжь рзеиҭаҳәара?

  • ауаа еиҳа иргәаԥхо алацәажәара?

  • шәзацәажәо ауаа аҵабырг здызкылар зылшо реиԥш рыхәаԥшра?

АШӘА 57 Ауаа зегьы ажәабжь рзеиҭаҳҳәоит

a Ишԥаныруеи ажәабжь заҳҳәо ауаа ҳшырзыҟоу урҭ ажәабжь шырзеиҭаҳҳәо, насгьы аҵабырг шыдҳарҵо? Ари астатиа иаҳнарбоит Иисуси апостол Павели ажәабжь зарҳәоз ишырзыҟаз, насгьы ҳара урҭ ҳарҿыԥшлар шҳалшо. Дара ауаа зыгәра ргоз, насгьы иргәаԥхоз иазхәыцуан, иара убас урҭ аҵабырг здызкылар зылшо реиԥш ирыхәаԥшуан.

b Арубрика «Абиблиа ауаа рыԥсҭазаашьа аԥсахуеит» аҿы ишәыԥшаар шәылшоит ауаа рыԥсҭазаашьа шырыԥсахыз узырбо егьырҭ аҿырԥштәқәа. 2017 шықәсанӡа уи арубрика «Ахьчаратә бааш» аҿы ианырҵон. Уажәы уи арубрика асаит jw.org® аҿы ишәыԥшаар шәылшоит. (Шәахәаԥш агәылаҵа ҲАРА ИҲАЗКНЫ > АԤСҬАЗААРА АҞЫНТӘ АХҬЫСҚӘА.)

c АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Хаҵеи-ԥҳәыси ҩнаҭацыԥхьаӡа ажәабжь рҳәоит, дара ирбоит: 1) ашәҭқәа рыла ирԥшӡоу аҩн бзиа; 2) ахәыҷы дахьыҟоу аҭаацәара; 3) адәахьгьы аҩныҵҟагьы еилажьу аҩны; 4) зхатә динхаҵара змоу аҭаацәара. Дабашәықәшәарыз аҵабырг здызкылар зылшо ауаҩы?

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра