Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w20 апрель ад. 26—31
  • Шәызну амҩа шәанымҵын!

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Шәызну амҩа шәанымҵын!
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2020
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • ИАРБАН ЕИԤХНЫҨЛАРОУ ПАВЕЛ ДЫЗЛАЦӘАЖӘОЗ?
  • АԤҞАРАҚӘА ШӘРЫҚӘНЫҞӘАЛА
  • АҲАМҬА ШӘАЗХӘЫЦЛА, НАСГЬЫ АӠӘЫ ДЗЫХҞЬАШО ХАҲӘНЫ ШӘҞАМЛАН
  • АУАДАҨРАҚӘА ШӘАНРЫҚӘШӘОГЬЫ, АХАЧҲАРА ААШӘЫРԤШЛА
  • «Гәкажьра ҟаҳамҵароуп»
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2019
  • Шәеидара шәаҵаз, насгьы иаҭахым аидара ааншәыжь
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2023
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2020
w20 апрель ад. 26—31

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 18

Шәызну амҩа шәанымҵын!

«Сара... аҵыхәтәанынӡа сыҩит» (2 ТИМ. 4:7, АдҾ).

АШӘА 129 Ахачҳара ааҳарԥшлап

АХҲӘААa

1. Иҟаҳҵалар ҳахәҭоузеи ҳара зегьы?

ИШӘҬАХХОЗМА шәара аиԥхныҩлара аҽалархәра, уи ауадаҩрақәа шацу шәдыруазҭгьы, еиҳарак шәычмазаҩызар, мамзаргьы шәааԥсаны шәыҟазар? Ишәҭахымхар ҟаларын. Аха апостол Павел иҳәеит ииашаҵәҟьоу ақьырсианцәа зегьы аҩра иаҿуп ҳәа (Аур. 12:1). Ус анакәха, ҳара зегьы, ҳҿазаргьы, ҳажәызаргьы, ҳамч ҭазаргьы, ҳааԥсаны ҳаҟазаргьы, Иегова иҳаиҭо аҳамҭа ҳаурц ҳҭахызар, аҵыхәтәанынӡа ахачҳара ааҳарԥшлароуп (Матф. 24:13).

2. Избан Павел ари аҩыза алабжьара ҳаҭара зилшоз, 2 Тимофеи иахь 4:7, 8 иану инақәыршәаны?

2 Павел уи аҩыза алабжьара ҳаҭара илшон, избанзар иара аҵыхәтәанынӡа дыҩит. (Шәаԥхьа 2 Тимофеи иахь 4:7b, 8.) Аха дызлацәажәози Павел лымкаала?

ИАРБАН ЕИԤХНЫҨЛАРОУ ПАВЕЛ ДЫЗЛАЦӘАЖӘОЗ?

3. Иарбан еиԥхныҩлароу Павел дызлацәажәоз?

3 Ихадоу ак ҳирҵарц азы Павел зны-зынла ажәытәан Бырзентәыла ахәмаррақәа шымҩаԥыргоз далацәажәон (1 Кор. 9:25—27; 2 Тим. 2:5). Иара ақьырсианцәа рыԥсҭазаара аиԥхныҩлара иаҿирԥшуан (1 Кор. 9:24). Ауаҩы «аҩра» далагоит Иегова иҽизкны аӡы иҽанӡааихуа (1 Пиотр 3:21). Аҵыхәтәанынӡа дыҩны ацәаҳәа дахысуеит Иегова иҟынтә наӡаӡатәи аԥсҭазаара ҳамҭас ианиоуа (Матф. 25:31—34, 46; 2 Тим. 4:8).

4. Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?

4 Излеиԥшузеи аиԥхныҩлара иалахәу рымҩеи ақьырсиан иԥсҭазаареи? Излеиԥшу рацәоуп, аха шәааи урҭ рахьтә хԥа ҳрылацәажәап. Актәи, ҳара аԥҟарақәа ҳрықәныҟәалароуп, аҩбатәи, аҳамҭа ҳазхәыцлароуп, ахԥатәи, ауадаҩрақәа ҳанрықәшәогьы, ахачҳара ааҳарԥшлароуп.

АԤҞАРАҚӘА ШӘРЫҚӘНЫҞӘАЛА

Ҳара зегьы абиблиатә ԥҟарақәа ҳрықәныҟәалароуп. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 5—7.)e

5. Иарбан ԥҟарақәоу ҳзықәныҟәалар ҳахәҭоу, насгьы избан?

5 Аиԥхныҩлара иалахәу ауаҩы аиааира игарц азы аԥҟарақәа еилеимгалароуп. Убасҵәҟьа ҳаргьы наӡаӡатәи аԥсҭазаара ҳамҭас иҳаурц азы абиблиатә ԥҟарақәа ҳрықәныҟәалароуп (Аус. 20:24; 1 Пиотр 2:21). Аха Аҩсҭаа инапаҵаҟа иҟоу ауааи иареи ақьырсиантә мҩала ҳцаларц рҭахӡам, урҭ ирҭаху дара рымҩала ҳцаларц ауп (1 Пиотр 4:4). Дара ҳзықәныҟәо аԥҟарақәа ирхыччоит, насгьы ирҳәоит дара зну амҩа еиҳа еиӷьуп, уи ахақәиҭра унаҭоит ҳәа. Шаҟа рхы ржьозеи дара! (2 Пиотр 2:19).

6. Ишәнарҵозеи шәара Браиан иҿырԥштәы?

6 Аҩсҭаа идунеи анырра знаҭо ирыцыҩуа иаарласны еилыркаауеит иалырхыз амҩа ахақәиҭра шырнамҭо, аха тәыс ишыҟанаҵо (Рим. 6:16). Ҳазхәыцып Браиан иҿырԥштәы. Иҭаацәа игәазҭарҵон ақьырсиантә мҩа алихырц, аха данхбыџха иара ақьырсиантә мҩа анасыԥ шунаҭо агәра имго далагеит. Иара иӡбеит Аҩсҭаа инормақәа рыла инхо дрыцыҩларц. «Усҟан сара исзеилкааӡомызт убас исҭахыз ахақәиҭра ииашаҵәҟьаны тәыс сшыҟанаҵоз,— иҳәоит Браиан.— Сара анаркотикқәа сыдыскыло салагеит, насгьы арыжәтә сҽасыршьуан, аҳәсагьы срыцныҟәон. Анаҩстәи ашықәсқәа рыҩныҵҟа еиҳа иӷәӷәаз анаркотикқәа сыдыскылон, урҭ рыдагьы ԥсыхәа смоуа сҟалеит. Уи аԥара аҭахын, убри аҟынтә анаркотикқәа рыҭира салагеит». Аха аҵыхәтәаны Браиан иӡбеит инормақәа рыла анхара далагарц. Иара дызныз амҩа даныҵит, насгьы 2001 шықәсазы аӡы иҽӡааихит. Иахьа иара ақьырсиантә мҩа ахьалихыз даара деигәырӷьоитc.

7. Иарбан мҩақәоу иҟоу, Матфеи 7:13, 14 иану инақәыршәаны?

7 Шаҟа ихадоузеи ииашоу амҩа алхра! Аҩсҭаа иҭахуп ҳара зегьы аԥсҭазаарахь уназго амҩа ҭшәа ҳаныҵны ари адунеи аҿы еиҳараҩык зну амҩа ҭбаа ҳаныларц. Ари амҩа алызхуа рацәаҩуп, уи ала ацарагьы мариоуп, аха уҭанархоит. (Шәаԥхьа Матфеи 7:13, 14.) Ҳазну амҩа иаша ҳанымҵырц, насгьы Иегова инормақәа рыла инымхо ауаа ҳрышьҭамларц азы, ҳара Иегова игәра ҳгалароуп, насгьы ҳаизыӡырҩлароуп.

АҲАМҬА ШӘАЗХӘЫЦЛА, НАСГЬЫ АӠӘЫ ДЗЫХҞЬАШО ХАҲӘНЫ ШӘҞАМЛАН

Ҳара зегьы аҳамҭа ҳазхәыцлароуп, насгьы егьырҭ зыхҟьашо хаҳәны ҳҟамлароуп. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 8—12.)f

8. Иҟаиҵар акәзеи аиԥхныҩлара иалахәу ауаҩы дкаҳар?

8 Аиԥхныҩлара иалахәу ауаҩы дшьацәхнысланы дкамҳарц азы иаԥхьаҟа дыԥшуеит. Аха иара аӡәы дигәҭасны дкаҳар, ма аҟәаԥа-ҿаԥара дахҟьашар ауеит. Аха уеизгьы дгыланы ҩаԥхьа дыҩроуп. Иара дзызхәыцуа дзыхҟьашаз акәӡам, аха аҵыхәтәантәи ацәаҳәа дшахысуа, насгьы аҳамҭа шиоуа ауп.

9. Иҟаҳҵар акәзеи акы ҳахҟьашар?

9 Ҳаргьы ҳазну амҩаҿы зныкымкәа ҳкаҳар ауеит, иаҳҳәап, ииашам ак ҳҳәар ма иҟаҳҵар ҟалоит. Мамзаргьы иҳацыҩуа аӡәы иҟаиҵо агха ҳԥырхагахар алшоит. Уи џьашьатәӡам. Инаӡоу ҳәа аӡәгьы ҳаҟаӡам, насгьы зегьы аԥсҭазаарахь ҳназго иҭшәоу амҩа ҳаицануп. Убри аҟынтә зны-зынла ҳара «ҳаигәҭаслар» ҟалоит. Павел иҳәон зны-зынла ҳара агәала шҳаибаҭало (Кәал. 3:13). Аха ҳзыхҟьашаз азхәыцра аҭыԥан, шәааи иаҳзыԥшу аҳамҭа ҳазхәыцлап. Акы ҳахҟьашазар, шәааи ҳгыланы ҳамҩа иацаҳҵап. Ҳгәааны Иегова имаҵ аура ҳаҟәыҵыр, аиааира ҳазгаӡом, аҳамҭагьы ҳауӡом. Уи адагьы, иҭшәоу амҩаҿы иҳацыҩуа ҳарԥырхагахар ауеит.

10. Иҟаҳҵар ҳалшозеи ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи зыхҟьашо хаҳәны ҳҟамларц азы?

10 Иҟаҳҵар ҳалшозеи еиҭа ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи зыхҟьашо хаҳәны ҳҟамларц азы? Ҳара ҳтәы аргара аҭыԥан, ианалшо, дара ирҭаху ишырҭаху аҟаҵара ҳарԥырхагамзароуп (Рим. 14:13, 19—21; 1 Кор. 8:9, 13). Ари азҵаараҿы ҳара аиԥхныҩлара иалахәу зынӡаск ҳреиԥшӡам. Урҭ ирыцыҩуа ирацлабуеит, насгьы дара заҵәык аиааирц рҭахуп. Дара рхы заҵәык ауп изызхәыцуа. Убри аҟынтә зегь раԥхьа инеирц азы егьырҭ ирыгәҭаслар ауеит. Аха ҳара ҳаицлабӡом (Гал. 5:26; 6:4). Ҳара хықәкыс иҳамоу иахьынӡаҳалшо еиҳаны ауаа ҳрыцхраарц ауп, даргьы ҳара ҳаиԥш аиааира ргарц, насгьы аҳамҭа роурц азы. Убри аҟынтә ҳара Анцәа идоуҳа зҵоу Павел илабжьара ҳақәныҟәоит: «Доусы ихы ашьҭазаара мацара акәымкәа, егьырҭ рҭагылазаашьа, ргәаҳәара ҳасаб рзуны дныҟәалааит» (Флп. 2:4).

11. Дзызхәыцуазеи аиԥхныҩлара иалахәу, насгьы избан?

11 Аиԥхныҩлара иалахәу иаԥхьаҟа аԥшра адагьы, аҵыхәтәантәи ацәаҳәа дазхәыцуеит. Уи ацәаҳәа иблала ишимбогьы, уи дшахысуа, насгьы аҳамҭа шиоуа ихаҿы иааигалар илшоит. Есымша аҳамҭа дахьазхәыцуа аҩра ицхраауеит.

12. Ҳзықәиргәыӷуазеи Иегова?

12 Аҵыхәтәанынӡа иҩны ацәаҳәа иахысуа Иегова имаҵзуҩцәа ажәа риҭоит аҳамҭа шроуа — наӡаӡатәи аԥсҭазаара ажәҩан аҿы ма адгьыл аҿы. Абиблиа уи аҳамҭа аӡбахә аҳәоит, убри аҟынтә ҳара иҳалшоит уи аԥсҭазаара зеиԥшрахо ҳхаҿы иааҳгар. Иегова ҳаԥхьаҟа иҳаиҭо аԥсҭазаара еснагь ҳазхәыцлар, ахачҳара аарԥшны аиааира агара ҳазхиазаауеит.

АУАДАҨРАҚӘА ШӘАНРЫҚӘШӘОГЬЫ, АХАЧҲАРА ААШӘЫРԤШЛА

Ҳара ҳзықәшәо ауадаҩрақәа ҳармыхәаԥшӡакәа ҳаҩлар ҳҭахуп. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 13—20.)g

13. Излеиԥшымзеи аиԥхныҩлара иалахәу рҭагылазаашьеи ҳҭагылазаашьеи?

13 Ажәытәан Бырзентәыла аиԥхныҩларақәа рҿы иҩуаз ауадаҩрақәа рыман, иаҳҳәап, дара ааԥсар, ма хьаак рымазар ауан. Аха дара зықәгәыӷлар рылшоз аҽазыҟаҵарақәа рыбзоурала ироуз аҟазареи рымчи заҵәык акәын. Ҳаргьы ҳазну амҩа ҳанысырц азы ҳазыҟарҵоит. Аха ҳҭагылазаашьа урҭ рҭагылазаашьа излеиӷьу ыҟоуп. Ҳара Иегова амч ҳаиҭоит, уи имч ҳәаак амам, иара ианааҳҭаху дҳацхраар илшоит. Иегова ҳиқәгәыӷлар, иара ҳагьазыҟаиҵалоит, амчгьы ҳаиҭалоит! (1 Пиотр 5:10).

14. Ишԥаҳацхраауеи 2 Коринфаа рахь 12:9, 10 иану ауадаҩрақәа рыхгара?

14 Павел иуадаҩрақәа рацәан. Иара ацәгьа изырҳәон, ишьҭашәарыцон, уи адагьы зны-зынла дааԥсон, насгьы «ашҳам ҭархага» ҳәа дзышьҭаз ауадаҩра даргәаҟуан (2 Кор. 12:7). Аха иара урҭ ауадаҩрақәа ирыхҟьаны игәы каижьӡомызт, уи аҭыԥан, урҭ еиҳа Иегова иқәгәыӷра ицхраауа ак еиԥш дрыхәаԥшуан. (Шәаԥхьа 2 Коринфаа рахь 12:9, 10.) Уи аҩыза агәазыҟашьа ахьимаз азы Иегова ауадаҩрақәа зегь рыхгара дицхраауан.

15. Иаҳдырбозеи ауадаҩрақәа, Павел ҳаиҿыԥшлар?

15 Ҳаргьы ҳагәрахаҵаразы ацәгьа ҳзырҳәозар, ма иҳашьҭашәарыцозар ҟалоит. Уи адагьы, ҳгәабзиара ҽеимзар, ма ҳамчқәа ҳалӡааны ҳаҟазар ауеит. Аха Павел ҳаиҿыԥшуазар, урҭ ауадаҩрақәа Иегова дышҳацхраауа ҳдыбар алшоит.

16. Иҟашәҵалар шәылшозеи шәгәабзиара ҽеимзаргьы?

16 Иҟалап шәара аиарҭа шәамазар, аинвалидцәа рколиаска шәантәалазар, шәшьамхқәа кәадазар, ма шәыла цозар. Ус акәзар, ишәылшома иҿоу, насгьы зымч ҭоу шәрывагыланы аҩра? Ҳәарада! Аԥсҭазаарахь уназго амҩа иану рыбжьара ирацәаҩуп зықәрахь инеихьоу, насгьы зымч кәадоу. Дара рымч ала уи рылшарымызт, убри аҟынтә Иегова имч иақәгәыӷуеит. Уи азы аизараҿы иҟоу апрограмма ҭелла иазыӡырҩуеит, мамзаргьы иҭаҩны иҟоу апрограмма авидео ала иахәаԥшуеит. Уи адагьы, аҳақьымцәеи, амедиаҳәшьцәеи, рыуацәеи аҵабырг рзеиҭарҳәоит, убасала аҵаҩцәа разыҟаҵара аус рҽаладырхәуеит.

17. Дышԥарзыҟоу Иегова агәабзиара змам имаҵзуҩцәа?

17 Иегова изы иҟашәҵаларц ишәҭаху зегь шәылымшозар, шәгәы кашәмыжьлан, насгьы ицәгьоу ари адунеи аҵыхәтәа ааиаанӡа ишәзычҳауам ҳәа шәымхәыцлан. Иегова агәрахаҵара ахьаашәырԥшуа азы бзиа шәибоит, насгьы шықәсы рацәала иара изы иҟашәҵоз зегьы ахаан ихашҭӡом. Уажәы ицхыраара еиҳагьы ишәҭахуп, убри аҟынтә иара шәаанижьӡом (Аԥсал. 9:10). Уи аҭыԥан, еиҳагьы дышәзааигәахоит. Абар згәабзиара еиҳа-еиҳа еицәахо аиаҳәшьа илҳәаз: «Сгәабзиара еицәахоит аҟынтә, ажәабжь аҳәаразы исымоу алшарақәа еиҳа-еиҳа имаҷхоит. Аха сара издыруеит иҟасҵо ахәыҷы Иегова дшаргәырӷьо, уи саргьы агәырӷьара сзаанагоит». Шәгәы каҳаны шәаныҟоу, Иегова дышшәыцу шәхашәмыршҭлан. Павел иҿырԥшы шәазхәыцла, насгьы угәы шьҭызхуа иажәақәа шәгәалашәыршәала: «Саныԥсыҽу... гәахәара соуеит, избан акәзар санымчыдоу ауп сара саныӷәӷәоу» (2 Кор. 12:10).

18. Иарбан уадаҩра ӷәӷәоу шьоукы ирхырго?

18 Аԥсҭазаарахь уназго амҩа иану шьоукы даҽа уадаҩрак рымоуп. Урҭ зықәшәо ауадаҩрақәа егьырҭ зынӡагьы ирзымдыруазар ауеит. Иаҳҳәап, дара адепрессиа рымазар, мамзаргьы агәҭынчымра ӷәӷәа иаргәаҟуазар ҟалоит. Избан бзиа иаҳбо урҭ аишьцәеи аиҳәшьцәеи рҭагылазаашьа еиҳа ицәгьоуп ҳәа ҳҳәар зҳалшо? Избанзар ауаҩы инапы ԥҵәазар, ма аколиаска дантәалазар, зегьы уи рбоит, ицхраарцгьы рҭаххоит. Аха адепрессиа, ма агәҭынчымра ӷәӷәа иаргәаҟуа ауаҩы акы дшаргәаҟуа уимырбозар алшоит. Уи ихьаа знапы ма зшьапы ԥҵәаны иҟоу ихьаа аасҭа еиҵаӡам, аха шаҟа ицәыцәгьоу ҳзымдыруазар ауеит, убри аҟынтә агәрыцҳашьара ааҳмырԥшуазар алшоит.

19. Иаҳнарҵозеи ҳара Мемфивосфеи иҿырԥшы?

19 Ачымазара шәаргәаҟуазар, насгьы егьырҭ шәырзеилымкаауазар, Мемфивосфеи иҿырԥштәы шәгәы шьҭнахыр ауеит (2 Сам. 4:4). Акы, иара дцыркьуан, ҩба, аҳ Давид уи иҽеимкәа дахьизхәыцыз азы ииашамкәа дизныҟәеит. Мемфивосфеи акгьы ихараӡамызт. Аха иара Давид игәаӷ имкӡеит. Мемфивосфеи имаз азылԥхарақәа рыхә ишьон. Иара игәалашәон уаанӡа Давид иара иахь ақьиара шааирԥшхьаз (2 Сам. 9:6—10). Убри аҟынтә Давид Мемфивосфеи ииашамкәа данизныҟәа, иара уи мыцхәы хьаас имкит, аха аҭагылазаашьа ахи-аҵыхәеи реилкаара иҽазишәеит. Иара Давидгьы дизымгәааӡеит, иҟалаз азы Иеговагьы ахара идимҵаӡеит. Мемфивосфеи дзызхәыцуаз Иегова иалихыз аҳ дышицхрааша акәын (2 Сам. 16:1—4; 19:24—30). Иегова Мемфивосфеи иҭоурых Иажәа ианырҵартә еиԥш иҟаиҵеит, ҳара зеиԥшыҟам уи иҿырԥшы ҳаҿыԥшларц азы (Рим. 15:4).

20. Ишԥарныруеи шьоукы агәҭынчымра, аха зыгәра ганы иҟазар рылшозеи дара?

20 Агәҭынчымра ӷәӷәа иахҟьаны аишьцәеи аиҳәшьцәеи шьоукы есыҽны изықәшәо аҭагылазаашьақәа рҿгьы мыцхәы ргәы хыҭ-хыҭуеит, насгьы ауаа анрыхәаԥшуа ишәоит. Дара ирцәыцәгьазар ауеит ауаа рацәа рылатәара, аха уеизгьы аизарақәеи аконгрессқәеи бжьарыжьӡом. Дара даараӡа ирцәыцәгьоуп ирзымдыруа ауаҩы иацәажәара, аха уеизгьы ажәабжь рҳәоит. Шәаргьы урҭ шәыруаӡәкзар, ижәдыруаз ус зхы збо шәымацара шшәакәым. Агәра ганы шәыҟаз Иегова ахә шишьо гәыкала иҟашәҵо зегьы. Шәгәы ахькашәмыжьуа ишьақәнарӷәӷәоит иара дшышәзылԥхо, насгьы амч шшәиҭоd (Флп. 4:6, 7; 1 Пиотр 5:7). Ишәхыжәго ауадаҩра зеиԥшразаалакгьы Иегова имаҵ жәуазар, агәра ганы шәыҟазар шәылшоит иара дышшәыргәырӷьо.

21. Иҳалшозеи ҳара зегьы Иегова ицхыраарала?

21 Насыԥны, Павел зыӡбахә иҳәоз амҩеи аиԥхныҩларақәа ахьымҩаԥырго амҩеи злеиԥшым рацәоуп. Абиблиатә аамҭақәа раан аиԥхныҩларақәа ирылахәыз рҟынтә аиааира згоз аӡәызаҵәык иакәын. Аха ақьырсиантә мҩаҿы ахачҳара аарԥшны аҵыхәтәантәи ацәаҳәа аҟынӡа инеиуа зегьы ҳамҭас наунагӡатәи аԥсҭазаара роуеит (Иоанн 3:16). Иара убас аиԥхныҩлара иалахәу зегьы агәабзиара рымазар ауп, избанзар ирымамзар, изаиааиӡом. Аха ақьырсиантә мҩаҿы агәабзиара змамгьы ыҩлар рылшоит (2 Кор. 4:16). Иегова ицхыраарала ҳара зегьы аиааира ҳгар ҳалшоит!

АҬАК ШԤАҞАШӘҴАРЫЗ?

  • Иарбан еиԥхныҩлароу Павел дызлацәажәоз?

  • Иарбан уадаҩрақәоу ҳзықәшәо?

  • Иҳацхраауазеи ахачҳара аарԥшра?

АШӘА 144 Аҳамҭа улаԥш ахыз!

a Иахьа Иегова ишаҳаҭцәа аӡәырҩы ақәра ду ауадаҩрақәа рызцәырнагоит, мамзаргьы ачымазарақәа идыргәаҟуеит. Ҳаргьы даара ҳанааԥсоу ыҟоуп. Убри аҟынтә аҩра ҳалымшошәа ҳбоит. Ари астатиаҿы еилҳаргоит ҳара зегьы ишҳалшо ахачҳара аарԥшны аҩра, насгьы Павел зыӡбахә иҳәоз аԥсҭазаарахь ҳназго амҩаҿы аиааира агара.

b 2 Тимофеи иахь 4:7, АдҾ: «Сара ибзианы сықәԥон, аҵыхәтәанынӡа сыҩит, сыгәрахаҵара сыхьчеит».

c Шәахәаԥш ианвар 1, 2013 шықәсазы иҭыҵыз ажурнал «Ахьчаратә бааш» аҿы арубрика «Библия меняет жизнь».

d Агәҭынчымра ӷәӷәа ишаиааитәу, насгьы шьоукы уи ишаиааиз иазкны еиҳаны еилышәкаарц азы шәахәаԥш асаит jw.org® аҿы маи 2019 шықәсазы иҭыҵыз апрограмма. (Шәахәаԥш агәылаҵа БИБЛИОТЕКА > JW BROADCASTING®.)

e АСАХЬАҾЫ ИАҲБО: зықәрахь инеихьоу аиашьа гәацԥыҳәарала ажәабжьҳәара иҽахьалаирхәуа ақьырсиантә мҩа ахымҟьара ицхраауеит.

f АСАХЬАҾЫ ИАҲБО: ҳара иҳахҟьаны аӡәы дшьацәхныслар алшоит уи арыжәтә идаҳцалозар, мамзаргьы ҳхаҭа мыцхәы ҳжәуазар.

g АСАХЬАҾЫ ИАҲБО: аиашьа ахәышәтәырҭаҿы дшышьҭоугьы ақьырсиантә мҩа даныҵӡом, иара иҳақьым ажәабжь бзиа изеиҭеиҳәоит.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра