Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w19 август ад. 2—7
  • «Гәкажьра ҟаҳамҵароуп»

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • «Гәкажьра ҟаҳамҵароуп»
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2019
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • ПАВЕЛ ИҾЫРԤШЫ ИАҲНАРҴО
  • АУАДАҨРАҚӘА ҲАРМЫХӘАԤШӠАКӘА АНАҨСГЬЫ ИЕГОВА ИМАҴ ҲУЕИТ
  • ҲГӘЫӶРА ҲАЛАԤШ АҚӘКУП
  • Шәызну амҩа шәанымҵын!
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2020
  • Шәеидара шәаҵаз, насгьы иаҭахым аидара ааншәыжь
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2023
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2019
w19 август ад. 2—7

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 31

«Гәкажьра ҟаҳамҵароуп»

«Убри аҟынтә гәкажьра ҟаҳамҵароуп» (2 КОР. 4:16).

АШӘА 128 Аҵыхәтәанынӡа ачҳара

АХҲӘААa

1. Иҟарҵалар рыхәҭази ақьырсианцәа амҩабжара иаанымгыларц азы?

АҚЬЫРСИАНЦӘА наӡаӡатәи аԥсҭазаарахь уназго амҩа ианыланы аҩра иаҿуп. Уи амҩа ҳанылеижьҭеи акыр ҵуазаргьы имҵуазаргьы, амҩабжара ҳаангылар ҳҭахӡам. Апостол Павел Филиппаа ириҭаз алабжьара аҵыхәтәанынӡа ахачҳара аарԥшра ҳгәазҭанаҵоит. Павел исаламшәҟәы ззиҩыз ақьырсианцәа шьоукы Иегова имаҵ руеижьҭеи акыр ҵуан. Дара Анцәа изиашан, аха апостол Павел уеизгьы иргәалаиршәеит анаҩсгьы ахачҳара аарԥшуа рымҩа ианызарц шрыхәҭаз. Иара иҳәеит: «Сцоит схықәкахьы». Павел иҭахын даргьы убас ҟарҵаларц (Флп. 3:14).

2. Избан Павел Филиппаа алабжьара ианаамҭаз ириҭеит ҳәа ҳҳәар зҳалшо?

2 Павел илабжьара даара ихәарҭан, избанзар филипптәи аизара ашьаҭа анакы нахыс аԥышәарақәа ирықәшәон. Ишԥашьақәыргылаз уи аизара? 50 шықәса ҳ. ҳ. азы апостол Павел абара иман. Уи абараҿы иара Македониаҟа дцарц ааԥхьара иоуит. Убри аҟынтә Павел Сила диманы ақалақь Филиппқәа рахь дцеит (Аус. 16:9). Уа дара Лидиа зыхьӡыз аԥҳәыс дрықәшәеит. Иегова Лидиа лгәы ааиртит аҟынтә, ажәабжь бзиа лыдылкылеит (Аус. 16:14). Дук мырҵыкәа лҭаацәагьы ларгьы аӡы рыҽӡаархит. Аха Аҩсҭаа ақьырсианра здызкылаз иаразнак рышьҭашәарыцара далагеит. Ажәлар еизаны Павели Силеи ақалақь ахылаԥшцәа рахь инаганы аҭынчра еиларгазшәа ахара рыдырҵеит. Убри иахҟьаны ирыпҟеит, иҭаркит, аҵыхәтәаны ақалақь иалҵырц ирыҳәеит (Аус. 16:16—40). Ргәы карыжьма нас Павели Силеи? Мап. Икаҳама ргәы ҿыц ақьырсианра здызкылаз? Мап, даргьы ахачҳара аадырԥшит. Ҳәарада, Павели Силеи рҿырԥшы урҭ ргәы арӷәӷәон.

3. Еиликаауази апостол Павел, насгьы еилҳаргозеи уажәы?

3 Павел дазхиан ахачҳара аарԥшра (2 Кор. 4:16). Аха иара идыруан уи азы илаԥш ихықәкы ахаан иахимгалар шихәҭаз. Иаҳнарҵозеи ҳара Павел иҿырԥшы? Ишԥаадырԥшуаз ахачҳара иахьатәи ақьырсианцәа, насгьы ҿырԥшыс иаҳзынрыжьзеи урҭ? Ишԥаҳацхраауеи иҳамоу агәыӷра аҵыхәтәанынӡа ахачҳара аарԥшра?

ПАВЕЛ ИҾЫРԤШЫ ИАҲНАРҴО

4. Ишԥааирԥшуаз Павел агәацԥыҳәара иҭагылазаашьа шымариамызгьы?

4 Шәазхәыц Павел Филиппаа асаламшәҟәы анырзиҩуаз иҭагылазаашьа зеиԥшраз. Иара Рим дыҟан, насгьы аҩны адәылҵра азин имамызт. Убри аҟынтә ишиҭахыз ажәабжьҳәара илшомызт. Аха уеизгьы иара иахь инеиуаз ажәабжь рзеиҭеиҳәон, насгьы хара иҟаз аизарақәа асаламшәҟәқәа рзиҩуан. Иахьагьы зықәра, мамзаргьы згәамбзиара иахҟьаны аҩны изымдәылҵуа ақьырсианцәа рыҩны ирызнеиуа ажәабжь бзиа рзеиҭаҳәара рҽазыршәоит. Иара убас дара асаламшәҟәқәа рзырыҩуеит ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи хаҭала зацәажәара рылымшо ауаа.

5. Ицхраауази Павел илаԥш ихықәкы ахымгара, Филиппаа рахь 3:12—14 иану инақәыршәаны?

5 Апостол Павел уаанӡа иҟаиҵахьаз аихьӡарақәа, мамзаргьы агхақәа иԥырхагахартә алиршомызт. Иара иҳәеит: «Сышьҭахь сызхысхьоу схаршҭуа, саԥхьаҟа исзыԥшу сгәы-сыԥсы рзырхоуп». Ишьҭахьҟа инижьыз ихаимыршҭуазҭгьы, иара ԥхьаҟа ацара, даҽакала иаҳҳәозар, Анцәа дизиашаны аанхара илшомызт. (Шәаԥхьа Филиппаа рахь 3:12—14.) Иԥырхагахар алшози Павел? Актәи, иара дқьырсианхаанӡа ауриацәа рыбжьара ахьӡи-аԥшеи ирҳахьан. Аха иара уи «ҟьамсарк аиԥш» иԥхьаӡон (Флп. 3:3—8). Аҩбатәи, уаанӡа иара ақьырсианцәа гәымбылџьбарала дрышьҭашәарыцон аҟынтә, ихы ахара адиҵозар ҟаларын. Аха иара уи ацәанырра Иегова имаҵ аура иԥырхагахартә алимыршаӡеит. Ахԥатәи, иара Иегова изы иҟаиҵахьаз маҷмызт, аха уи азхоуп ҳәа ахаангьы дхәыцуамызт. Иара ауадаҩрақәа рацәаны ихигахьан, зныкымкәа абахҭа дҭаркхьан, дрыпҟахьан, ахаҳә дадыргахьан, аӷбаӡааҟәрыларақәа ихигахьан, амла данакуазгьы, ишәиҵаша анимамызгьы ыҟан. Аха абарҭқәа зегьы дырмыхәаԥшӡакәа иара амаҵзураҿы ихы деигӡомызт (2 Кор. 11:23—27). Иҟаиҵахьаз, насгьы ихигахьаз шырацәазгьы, Павел идыруан ԥхьаҟа деихалар шихәҭаз. Ҳаргьы убас ҟаҳҵалароуп.

6. Иаҵанакуазеи ҳашьҭахь иаанҳажьыз, насгьы иаҳхаҳаршҭыр ҳахәҭоу аусқәа рахь?

6 Ишԥаҳалшо Павел ҳаиҿыԥшны ҳашьҭахьҟа инҳажьыз азхьамԥшра? Иҟалап уаанӡа иҟаҳҵахьаз агәнаҳақәа рзы ҳаламыс ҳаргәаҟуазар. Ус акәзар, изымҩаԥаҳамгарызеи Христос иԥсхҭынҵара хәарҭас иаҳзаанаго ҳзырбо ҳхатә ҭҵаара? Ҳгәы шьҭызхуа уи атема ҭаҳҵаалар, ҳазхәыцлар, насгьы Анцәа ҳиҳәалар, ҳааҟәымҵӡакәа ҳхы ахара адаҳҵалаӡом, насгьы Иегова иҳанаижьхьоу агәнаҳақәа рзы ҳхы ақәыӡбарагьы ҳаҟәыҵуеит. Ҳазааҭгылап Павел иҿырԥшы иаҳнарҵо даҽакгьы. Ақьырсианцәа шьоукы еиҳаны Иегова имаҵ руларц азы аԥара бзиа ахьроуаз аусура мап ацәыркит. Ҳаргьы ус ҟаҳҵазар, иҳалшома ҳашьҭахьҟа иаанҳажьыз ҳхаршҭра, насгьы иҳарҳар ҳалшоз амал азымгәышьра? (Ахыԥхь. 11:4—6; Еккл. 7:10). Иаанҳажьхьоу аусқәа рахь иара убас иаҵанакуазар алшоит Иегова имаҵ аураҿы иҟаҳҵахьоу, мамзаргьы иаҳхаҳгахьоу аԥышәарақәа. Ҳәарада, Иегова иҳаиҭаз ацхыраареи азылԥхарақәеи ҳанрызхәыцуа, Ҳаб еиҳагьы ҳаизааигәахоит. Аха ҳара иаҳҭахӡам Иегова изы иҟаҳҵахьоу азхоуп ҳәа ахәыцра ҳалагар (1 Кор. 15:58).

Ҳара наӡаӡатәи аԥсҭазаарахь ҳназго амҩа ҳахызҟьар алшо ҳҽацәаҳахьчалароуп, насгьы ҳхықәкы ҳхы азаҳашьҭлароуп (Шәахәаԥш абзац 7.)

7. Иҟаҵалатәузеи аҳамҭа ҳаурц азы 1 Коринфаа рахь 9:24—27 иану инақәыршәаны? Иаажәга аҿырԥштәы.

7 Павел еиликаауан Иисус «ишәылшо зегь ҟашәҵала» ҳәа аниҳәа, ииҳәарц ииҭахыз (Лука 13:23, 24, АдҾ). Иара идыруан, Иисус иеиԥш, аҵыхәтанынӡа илшоз зегь ҟаиҵалар шихәҭаз. Убри аҟынтә ақьырсиан иԥсҭазаара аиԥхныҩлара иаҿирԥшит. (Шәаԥхьа 1 Коринфаа рахь 9:24—27.) Аиԥхныҩлара иалахәу ауаҩы аиааира игарц иҭахуп аҟынтә, изакәызаалак акы дазхьаԥшуам. Ҿырԥштәыс иааҳгар ҳалшоит иахьа аиԥхныҩларақәа ахьымҩаԥырго мҩақәак. Урҭ амҩақәа рҿы еиуеиԥшым адәқьанқәеи ауаҩ илаԥш хызкшеи рацәоуп. Даангылома аиԥхныҩлара иалахәу аӡәы адәқьан аҿы иқәу акы дахәаԥшырц азы? Ҳәарада, мап! Иара аиааира игарц иҭахуп. Ҳаргьы аԥсҭазаарахь ҳназго амҩа ҳануп аҟынтә, ҳхызхыр алшо зегьы ҳҽырцәаҳахьчалароуп. Павел иеиԥш ҳалаԥш еснагь ҳхықәкы иақәкны иаҳкызар, хымԥада аҳамҭа ҳауеит!

АУАДАҨРАҚӘА ҲАРМЫХӘАԤШӠАКӘА АНАҨСГЬЫ ИЕГОВА ИМАҴ ҲУЕИТ

8. Еилҳаргозеи уажәы?

8 Шәааи еилҳаргап ҳгәы казыжьыр алшо х-ҭагылазаашьак: инамӡаз ҳгәыхәтәқәа, агәамбзиара, ҵыхәаԥҵәара змам ауадаҩрақәа. Абарҭ ауадаҩрақәа зхызгаз аишьцәеи аиаҳәшьцәеи рҿырԥштәы ҳгәы шьҭнахыр алшоит (Флп. 3:17).

9. Иаҳнырыр шԥалшо инамӡаз ҳгәыхәтәқәа?

9 Инамӡаз ҳгәыхәтәқәа. Ҳәарада, ҳара иаҳҭахуп Иегова ҳзықәиргәыӷуа абзиарақәа ҳбарц. Уи цәгьарак аҵам. Аԥааимбар Аввакумгьы иҭахын Иегова Иуда ацәгьара анықәиго амш ибарц, аха Иегова иҳәеит: «Уазыԥшыз» (Авв. 2:3). Даараӡа ҳаззыԥшу акыраамҭа иҟамлозар, ҳгәы каҳар, насгьы агәацԥыҳәара ҳцәыӡыр ауеит (Ажәам. 13:12). XX ашәышықәса алагамҭазы ақьырсианцәа убас рыхьит. Усҟан доуҳала иалхыз ақьырсианцәа аӡәырҩы ргәы иаанагон 1914 шықәсазы жәҩантәи аҳамҭа роуеит ҳәа. Аха уи ашықәсан иззыԥшыз анырмоу, ишԥазнеи уи дара?

Роиали Перли Спатц ргәыхәтәы 1914 шықәсазы инамӡеит, аха дара уеизгьы ажәашықәсақәа рыҩныҵҟа гәацԥыҳәарала Иегова имаҵ руан (Шәахәаԥш абзац 10.)

10. Иҟарҵазеи хаҵеи-ԥҳәыси ргәыхәтәы анынамӡа?

10 Еилҳаргап уи ауадаҩра иақәшәаз ҩыџьа ақьырсианцәа рҿырԥштәы. Аиашьа Роиал Спатц иҽӡааихит 1908 шықәсазы. Усҟан иара 20 шықәса ихыҵуан. Иара агәра ганы дыҟан иаарласны ажәҩан ахь дышцо. Убри аҟынтә иигараны иҟаз Перл зыхьӡыз аԥҳәызба 1911 шықәсазы ус леиҳәеит: «Бара ибдыруеит 1914 шықәсазы иҟало. Ҳаибагарц ҳҭахызар, ҳаццакыр еиӷьуп!» Ргәы каҳама дара, насгьы иаҟәыҵма Иегова имаҵ аура, 1914 шықәсазы жәҩантәи аҳамҭа анырмоу? Мап. Избанзар зегь раԥхьаӡа иргыланы дара рхы ззырышьҭуаз аҳамҭа аиура акәымкәа, Анцәа имаҵ аура акәын. Дара азхиан ахачҳара аарԥшны анаҩсгьы Анцәа имаҵ аура. Убри абзоурала Роиали Перли адгьыл аҿы рмаҵзура хдыркәшаанӡа акыршықәса рыҩныҵҟа гәацԥыҳәарала, насгьы зиашарала Иегова имаҵ руан. Ҳәарада, шәара ижәбар шәҭахуп Иегова ихьӡ ширыцқьо, аҳра аура азин шимоу шышьақәирӷәӷәо, насгьы ҳзықәиргәыӷыз шынаигӡо. Агәра ганы шәыҟаз Иегова уи иазалихыз аамҭазы хымԥада ишыҟаиҵо. Уи амш ааиаанӡа, шәааи гәацԥыҳәарала Иегова имаҵ ҳаулап, насгьы инамӡаз ҳгәыхәтәқәа ҳгәы карыжьыртә алҳмыршалап.

Артур Секорд иқәрахь дышнеихьазгьы, анаҩсгьы Иегова изы илшоз зегь ҟаиҵалар иҭахын (Шәахәаԥш абзац 11.)

11, 12. Избан ҳгәабзиара ԥсыҽзаргьы, аԥсҭазаарахь ҳназго амҩа ҳанымҵӡакәа аҩра зҳалшо? Иаажәга аҿырԥштәы.

11 Агәамбзиара. Аиԥхныҩлара иалахәу аиааира игарц азы игәабзиара ӷәӷәазар ауп. Иаҳҳәар ҳалшозеи аԥсҭазаарахь ҳназго амҩала аҩра иаҿу рзы? Ҳара ҳгәабзиара усҟак ибзиамзаргьы, иҳалшоит ҳагәрахаҵара арӷәӷәара, насгьы амаҵзураҿы агәацԥыҳәара аарԥшра. Ааи, згәабзиара ԥсыҽу ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи аӡәырҩы Иегова изы ирылшо зегь аҟаҵара рҽазыршәоит (2 Кор. 4:16). Ҿырԥштәыс дааҳгап Артур Секорд зыхьӡу аиашьа. Иара 55 шықәса Вефиль аҿы Иегова имаҵ иуан. 88 шықәса анихыҵуаз игәабзиара ԥсыҽхеит. Ихылаԥшуаз аиаҳәшьа зны илакҭа дҭаԥшын ус иалҳәеит: «Аиашьа Секорд, иааҟауҵахьоузеи уара Иегова имаҵ аураҿы!» Аха иара иҟаиҵахьаз азхоуп ҳәа иԥхьаӡомызт. Иара ҳаҳәшьа даалыхәаԥшын, дааԥышәарччан, иҳәеит: «Ааи, имаҷымкәа аџьабаа збахьеит, аха аус злоу шаҟа ҟаҳҵахьоу акәӡам. Уажәы Анцәа ҳизиашаны ҳаанхалароуп, уи ауп еиҳа ихадоу».

12 Иҟалап шәара Иегова имаҵ жәуеижьҭеи акыршықәса ҵуазар, насгьы уаанӡа ишәылшоз уажәшьҭа ишәылымшозар. Уи ус акәзар, шәгәы кашәмыжьын. Агәра ганы шәыҟаз Иегова имаҵ аураҿы иааҟашәҵахьоу зегьы ахә ҳаракны ишишьо (Аур. 6:10). Иара убасгьы ишәхашәмыршҭлан Иегова бзиа дшаҳбо шьақәзырӷәӷәо шаҟа ҟаҳҵо шакәым. Ҳара Иегова ҳашизиашоу ааҳарԥшуеит ииашоу агәазыҟашьа анеизҳарҳауа, насгьы ҳамч зықәхо аныҟаҳҵо (Кәал. 3:23). Иегова ҳҭагылазаашьа ибоит, насгьы иҳалымшо дазыԥшӡам (Марк 12:43, 44).

Анатоли Мельник иԥҳәыс Лидиеи иареи Анцәа изиашаны иаанхеит, имаҷымкәа ауадаҩрақәа ишрықәшәозгьы (Шәахәаԥш абзац 13.)

13. Ҳгәы шԥазҭанаҵо Анатолии Лидиеи рҿырԥштәы еснагь ахачҳара аарԥшуа Иегова имаҵ аура?

13 Ҵыхәаԥҵәара змам ауадаҩрақәа. Иегова имаҵзуҩцәа шьоукы акыршықәса рыҩныҵҟа ауадаҩрақәеи ашьҭашәарыцарақәеи ирықәшәон. Абар аиашьа Анатоли Мельникb иҿырԥштәы. Иара 12 шықәса анихыҵуаз иаб абахҭа дҭаркит, анаҩс Сибраҟа дрышьҭит. Дара ахьынхоз Молдовантәи Сибранӡа 7 000 километра бжьан. Шықәсык ашьҭахь Анатоли иани, иандуи, иабдуи, иареи Сибраҟа ирышьҭит. Ԥыҭрак ашьҭахь дара даҽа қыҭак аҿы имҩаԥысуаз аизарақәа рҭааразы алшара роуит, аха уи азы аҵааршәыраха 30 километра шьапыла ицалар акәын. Шықәсқәак рышьҭахь Анатоли хышықәса ҳәа абахҭа дҭаркит, усҟан иԥҳәыс Лидиеи шықәсык зхыҵуаз иԥҳаи рхала инхеит. Абарҭ ауадаҩрақәа зегь ирмыхәаԥшӡакәа, Анатоли иҭаацәеи иареи зиашарыла Иегова имаҵ руан. Уажәы Анатоли 82 шықәса дырҭагылоуп. Иара Агәҭанытәи Азиа афилиал акомитет аҿы амаҵ иуеит. Шәааи Анатолии Лидиеи реиԥш Анцәа имаҵ аураҿы еснагь ахачҳара аарԥшуа иҳалшо зегь ҟаҳҵалап (Гал. 6:9).

ҲГӘЫӶРА ҲАЛАԤШ АҚӘКУП

14. Иҟаиҵози Павел ихықәкы наигӡарц азы, иажәақәа инарықәыршәаны?

14 Павел агәра ганы дыҟан дызнылаз амҩа мҩабжара ишнимыжьуа, насгьы ихықәкы шынаигӡо. Иара иԥшьоу адоуҳала далхын аҟынтә, Анцәа ииҭоз жәҩантәи аҳамҭа аниоуаз дазыԥшын. Аха Павел еиликаауан уи азы еснагь аџьабаа шбалатәыз (Флп. 3:14). Иара Филиппаа ирзиҩыз асаламшәҟәаҿы аинтерес зҵоу аҿырԥштәы рзааигеит. Уи рхықәкы рылаԥш ахырымгаларц ирыцхраар акәын.

15. Ихы ишԥаирхәеи Павел атәылауаҩра иазкыз аҿырԥштәы, Филиппаа рхықәкы анагӡара ргәазҭеиҵарц азы?

15 Павел Филиппаа иргәалаиршәеит дара жәҩантәи атәылауаҩра шрымаз (Флп. 3:20). Избан уи рхадмыршҭлар зрыхәҭаз? Усҟантәи аамҭақәа раан ауаа даараӡа ирҭахын римтәи атәылауаҩра роурц, избанзар уи алшарақәа рацәаны иунаҭонc. Филиппқәа рҿы инхоз ақьырсианцәа закәанла римтәи тәылауааны иԥхьаӡан, убри аҟынтә римтәи азакәанқәа рыла инхалар акәын. Аха доуҳала иалхыз ақьырсианцәа римтәи атәылауаҩра аасҭа еиӷьыз атәылауаҩра рыман, уи ирнаҭоз еиҳагьы ирацәан. Уи римтәи атәылауаҩра зынӡа иузадкыломызт! Убри аҟынтә Павел Филиппаа иреиҳәеит «Христос игәырӷьажәа шәаԥсаны шәыҟазароуп» ҳәа (Флп. 1:27). Иахьа иԥшьоу адоуҳала иалху ақьырсианцәа рылаԥш еснагь ргәыӷра — жәҩантәи рҳамҭа — иақәкуп. Уи аҿы дара аҿырԥш бзиа ҳдырбоит.

16. Иҳамоу агәыӷра зеиԥшразаалакгьы иҟаҳҵалар акәзеи ҳара анаҩсгьы, Филиппаа рахь 4:6, 7 иану инақәыршәаны?

16 Ҳара ҳзықәгәыӷуа ажәҩан аҿы наунагӡа анхара акәзаргьы, адгьыл аҿы акәзаргьы, ҳхықәкы наҳагӡарц азы ҳаихалароуп. Ҳҭагылазаашьа зеиԥшразаалакгьы, ҳара шьҭахьҟа иаанҳажьхьоу ҳазхьамԥшлароуп, насгьы ԥхьаҟа ҳцалароуп (Флп. 3:16). Ҳара ҳгәыхәтәы намӡазшәа ҳбар ауеит, ҳгәабзиара ԥсыҽхар алшоит, мамзаргьы ауадаҩрақәеи ашьҭашәарыцарақәеи ҵыхәаԥҵәара рымамшәа ҳбозар ауеит. Ишыҟазаалакгьы, «ак гәырҩажәымган, ак хьаашәымган». Уи аҭыԥан шәгәы иҵхо, шәзыргәамҵуа зегьы Анцәа изеиҭашәҳәала, усҟан иара шәгәи шәыхшыҩи зыхьчо аҭынчра шәиҭоит. (Шәаԥхьа Филиппаа рахь 4:6, 7.)

17. Еилҳаргозеи ҳара анаҩстәи астатиаҿы?

17 Аиааира иазааигәоу аиԥхныҩлара иалахәу ауаҩы имчқәа зегь еизганы дшыҩуа еиԥш, ҳаргьы ҳазну амҩа еиҳа икьаҿхацыԥхьаӡа, ҳԥеиԥш бзиа еиҳагьы ҳхы азаҳашьҭлароуп. Уажәы уи еиҳагьы ихадоуп, убри аҟынтә иҳалшо зегь ҟаҳҵалар ҳҭахуп. Иҟаҳҵалар акәзеи ҳазну амҩа ҳахымҟьарц, насгьы ҳамчқәа камԥсарц азы? Анаҩстәи астатиа ҳацхраауеит ииашоу ахықәкқәа рықәыргылара, насгьы аԥсҭазаараҿы еиҳарак ихадоу ҳхы азышьҭра (Флп. 1:9, 10).

АҬАК ШԤАҞАШӘҴАРЫЗ?

  • Ҳгәы шԥазҭанаҵо апостол Павел иҿырԥшы анаҩсгьы Иегова имаҵ аура, насгьы ҳалаԥш ҳхықәкы ахымгара?

  • Иҳацхраауазеи ҳазну амҩа ҳаныланы аҩра, ҳгәыхәтәқәа намӡазаргьы, ҳгәабзиара ԥсыҽхазаргьы, ҳауадаҩрақәа ҵыхәаԥҵәара рымамзаргьы?

  • Игәазҭазҵози Павел илшоз зегь аҟаҵара?

АШӘА 79 Урҭ ахачҳара аарԥшышьа дшәырҵала

a Иегова имаҵ ҳуеижьҭеи шаҟа ҵуазаалакгьы ҳара иаҳҭахуп доуҳала ҳаизҳаларц, насгьы Анцәа имаҵ аураҿы ҳҽеиӷьаҳтәларц. Апостол Павел игәрахаҵара ицеиҩызшоз иашьцәеи иаҳәшьцәеи уи аҟаҵара ргәазҭеиҵон. Филиппаа ирзиҩыз асаламшәҟәы ҳгәы арӷәӷәоит, насгьы ҳазну аԥсҭазааратә мҩа ҳацәхымҟьакәа, анаҩсгьы ҳаҩларц ҳгәазҭанаҵоит. Ари астатиа иаҳнарбоит Павел илабжьара ҳхы ишаҳархәаша.

b Шәаԥхьа октиабр 22, 2004 шықәсазы иҭыҵыз ажурнал «Пробудитесь!» аҿы аиашьа Мельник ибиографиа «С детства научен любить Бога».

c Ақалақь Филиппқәа Рим иаҵанакуан аҟынтә, уа инхоз ауаа римтәи атәылауаҩра иунаҭоз азинқәа рыман. Убри аҟынтә апостол Павел иааигаз аҿырԥштәы зегьы ибзиаҵәҟьаны еилыркаауан.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра