Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w20 сентиабр ад. 2—7
  • Шәазхиоума шәара «уаакцәаҩны» аҟалара?

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Шәазхиоума шәара «уаакцәаҩны» аҟалара?
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2020
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • АГӘАҲӘАРА ЕИЗШӘЫРҲАЛА
  • АДЫРРАҚӘА ЕИЗШӘЫРҲАЛА
  • АГӘЫМШӘАРА ЕИЗШӘЫРҲАЛА
  • АИҾКААРА ШӘҼАШӘЫРШЬЦЫЛАЛА
  • ААМҬА ШӘЫМГАН
  • Иисус иҵаҩцәа еиҭа дрызнеиуеит
    Учимся на примерах из Библии
  • Иара ашәареи алакҩакреи дырҿагылан
    Шәаҿыԥшла урҭ рыгәрахаҵара
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2020
w20 сентиабр ад. 2—7

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 36

Шәазхиоума шәара «уаакцәаҩны» аҟалара?

«Умшәан; аринахыс ауаа укуа уалагап» (ЛУКА 5:10).

АШӘА 73 Иҳаҭ агәымшәара

АХҲӘААa

1. Иарбан ааԥхьароу Иисус ԥшьҩык аԥсыӡкыҩцәа ириҭаз, насгьы ишԥарыдыркылеи дара уи?

ПИОТРИ, Андреии, Иакови, Иоанни ԥсыӡкыҩцәан. Шәхаҿы иаажәг шаҟа иџьаршьаз Иисус абас анреиҳәа: «Шәаала Сара шәсышьҭаланы, шәуаакцәаҩны шәҟасҵоит». Ирыдыркылама дара ари ааԥхьара? Абар Абиблиа иаҳәо: «Даргьы, иаразнак, рыкаҭақәа ааныжьны, Иара ишьҭаххы рҿынархоит» (Матф. 4:18—22). Уи аӡбара рыԥсҭазаара шьаҭанкыла иаԥсахит. Уажәшьҭа аԥсыӡкра аҭыԥан дара «ауаа рклон», даҽакала иаҳҳәозар, ажәабжь бзиа рыларҳәалон, аҵаҩцәагьы азыҟарҵалон (Лука 5:10). Иахьагьы Иисус згәы цқьоу, аҵабырг бзиа избо ауаа уи аҩыза ааԥхьара риҭоит (Матф. 28:19, 20). Ишәыдышәкылама шәара уи?

2. Изыхәҭада Христос иааԥхьара ибзианы азхәыцра, насгьы ирыцхраауазеи уи аҟаҵара?

2 Иҟалап шәара Абиблиа шәҵоижьҭеи ԥыҭк ҵуазар, шәыԥсҭазаараҿгьы аԥсахрақәа ҟашәҵазар. Уажәшьҭа шәара шәхәыцуеит: «Салагарыма ауаа ажәабжь бзиа рылаҳәара?» Иисус иааԥхьара адкылара шәзымгәаӷьуазар, шәгәы кашәмыжьын. Уи иаанарԥшуеит уи аӡбара акыр шаҵанакуа шеилышәкаауа. Ааи, Абиблиаҿы иануп Пиотр иҩызцәеи иареи акаҭақәа «иаразнак» иаанрыжьит ҳәа, аха дара уи Иисус данырба аҽныҵәҟьа иҟарымҵаӡеит. Фымз раԥхьа дара Иисус иабадырхьан, насгьы Мессиа шиакәу еилыркаахьан (Иоанн 1:35—42). Иҟалап шәаргьы Иеговеи Иисуси ирызкны еилышәкаахьоу маҷымзар, насгьы доуҳала шәеизҳаларц шәҭахызар. Аха жәабжьҳәаҩыс шәҟалаанӡа уи ибзианы шәазхәыцроуп. Ирыцхраазеи Пиотри, Андреии, егьырҭ аҵаҩцәеи Иисус иааԥхьара адкылара?

3. Иарбан ҟазшьақәоу ишәыцхраауа Иисус иааԥхьара адкылара?

3 Иисус раԥхьаӡа иалихыз аҵаҩцәа аԥсыӡкра бзиа ирбон, уи шыҟаҵатәу рдыруан, агәымшәара рылан, еиҿкаан. Ҳәарада, урҭ аҟазшьақәа ажәабжьҳәараҿгьы ирыцхрааит. Ари астатиа аҟынтә шәара еилышәкаауеит урҭ аҟазшьақәа еизшәырҳар шшәылшо, насгьы урҭ ажәабжьҳәареи Христос иҵаҩцәа разыҟаҵареи ишшәыцхраауа.

АГӘАҲӘАРА ЕИЗШӘЫРҲАЛА

Пиотр иҩызцәеи иареи ауаа ажәабжь бзиа рзеиҭаҳәара иалагеит. Акрызҵазкуа уи аус иахьагьы имҩаԥысуеит. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 4, 5.)

4. Избан Пиотр аԥсыӡ зикуаз?

4 Пиотр иҭаацәа ныҟәигаларц мацаразы акәӡам аԥсыӡ зикуаз, иара уи аус бзиа ибон (Иоанн 21:3, 9—15). Пиотр ажәабжьҳәарагьы аҵаҩцәа разыҟаҵарагьы бзиа ибеит. Иегова ицхыраарала иара уи аус дазҟазахеит (Аус. 2:14, 41).

5. Дзыцәшәазеи Пиотр, Лука 5:8—11 иану инақәыршәаны? Иҳацхраар алшозеи ҳара ашәара аиааира?

5 Зегь раԥхьаӡа иргыланы ажәабжь заҳҳәо Иегова бзиа дахьаҳбо азы ауп. Иегова иахь абзиабара ҳацхраауеит ауаа ажәабжь бзиа рзеиҭаҳәара, уи цқьа иаҳзыҟамҵошәа ҳгәы иабозаргьы. Иисус Пиотр данааиԥхьа умшәан ҳәа иеиҳәеит. (Шәаԥхьа Лука 5:8—11.) Пиотр Иисус иҵаҩны аҟалара дшәаӡомызт. Нас дзыцәшәазеи иара? Иисус аџьашьахәы ҟаиҵеит Пиотр иҩызцәеи иареи ирацәаны аԥсыӡ ркырц азы. Пиотр уи даршанхеит, Иисус ишьҭанеирагьы даԥсам ҳәа иԥхьаӡеит. Аха иҟалап шәара Иисус иҵаҩны аҟалара шәшәозар. Ус акәзар, ишәырӷәӷәала шәыбзиабара Иегова иахь, Иисус иахь, насгьы ауаа рахь. Уи Иисус иааԥхьара адкылара ишәыцхраауеит (Матф. 22:37, 39; Иоанн 14:15).

6. Ҳгәазҭазҵозеи ажәабжь аҳәара?

6 Ҳрыхәаԥшып ажәабжьҳәара ҳгәазҭазҵо даҽа мзызқәак. Иисус иҳәеит: «Шәца ажәларқәа зегьы... исҵаҩцәаны иҟашәҵа» (Матф. 28:19, 20). Ҳара Иисус ҳаизыӡырҩлар ҳҭахуп. Иара убас ҳара иаҳбоит ауаа «уаҳа нарылымшо иааԥсаны, икараханы, ахьча-ԥыза дызмамкәа зҽыԥсаҟьаны идәықәу ауасақәа» ишреиԥшу. Дара Аҳра иазку аҵабырг еилыркаароуп (Матф. 9:36). Иегова иҭахуп ауаа зегьы аҵабырг еилыркаарц, насгьы еиқәхарц (1 Тим. 2:4).

7. Ишԥаҳнарбо Римаа рахь 10:13—15 иану ажәабжьҳәаратә ус даараӡа ишхадоу?

7 Иаҳҳәо ажәабжь ауаа шеиқәнархо ҳазхәыцуазар, уи аҟаҵара еиҳагьы иаҳҭаххоит. Аԥсыӡкҩы аԥсыӡ зикуа уи иҭиирц ма ифарц азы ауп, аха ҳара ауаа ажәабжь бзиа зраҳҳәо урҭ еиқәҳархарц азы ауп. (Шәаԥхьа Римаа рахь 10:13—15; 1 Тим. 4:16.)

АДЫРРАҚӘА ЕИЗШӘЫРҲАЛА

8, 9. Идыруазар акәзеи аԥсыӡкҩы, насгьы избан?

8 Иисус ихаан израильтәи аԥсыӡкҩы идыруазар акәын иарбан ԥсыӡу иикшаз (Алев. 11:9—12). Уи адагьы, иара идыруазар ихәҭан аԥсыӡ ахьикшаз. Аԥсыӡ иагәаԥхо аӡи афатәи ахьыҟоу аҭыԥқәа алнахуеит. Илшома аԥсыӡкҩы ианааиҭаххалак аԥсыӡ акра? Мап. Уи иара аамҭа амоуп. Зны Аокеан Ҭынч адгьылбжьахақәа руак аҿы инхо ҳашьа миссионерк ԥсыӡкра дааиԥхьеит. Убасҟан ауп амиссионер ианеиликаа аԥсыӡкра ианаауҭаххо ушзымцо. Иара аиашьа ус иеиҳәеит: «Уаҵәы ашьжьымҭан асааҭ 9 рзы ҳаиқәшәап». Аха аиашьа иҳәеит: «Мап, иузеилымкааит. Ҳара ианаҳҭаху акәӡам ҳанцо, аха аԥсыӡкра ианаамҭоу ауп».

9 Убас еиԥшҵәҟьа Иисус иҵаҩцәагьы ажәабжь рҳәаларц азы «аԥсыӡ» ахьыҟаз ицон. Иаҳҳәап, дара ажәабжь рҳәон аныҳәарҭаҿы, асинагогақәа рҿы, ҩнаҭацыԥхьаӡа, насгьы аџьармыкьақәа рҿы (Аус. 5:42; 17:17; 18:4). Ҳаргьы иаҳдыруазар ауп ҳҭыԥ аҿы инхо ауаа ҳақәшәар ахьалшо. Ҳара ҳазхиазароуп ак аԥсахра ауаа ахьыҟоу аҭыԥқәа рҿы ажәабжь ҳҳәаларц азы, насгьы ажәабжьҳәаразы иманшәалоу аамҭа алаҳхларц азы (1 Кор. 9:19—23).

АԤСЫӠКҨЫ БЗИА... 1. аԥсыӡ ахьктәу, насгьы ианктәу идыруеит. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 8, 9.)

10. Иарбан мыругақәоу Иегова иорганизациа ала иҳаиҭо?

10 Аԥсыӡкҩы мыругала деибыҭазароуп, насгьы урҭ рхархәашьа идыруазароуп. Ҳаргьы ҳус аҿы мыругала ҳаибыҭазароуп, урҭ рхархәашьагьы ибзианы иаҳдыруазароуп. Иисус иҵаҩцәа ажәабжь шырҳәалаша дирҵон. Иара иреиҳәеит ишьҭырхша, ажәабжьҳәара иахьцаша, насгьы ирҳәаша (Матф. 10:5—7; Лука 10:1—11). Иегова иахьагьы иорганизациа ала даараӡа ибзиоу амыругақәа ҳаиҭоитb. Уи адагьы, урҭ ҳхы ишаҳархәаша ҳирҵоит. Уи абзоурала ҳара иаҳҳәаша, насгьы ауаа аҵабырг шыдҳарҵаша бзианы иаҳдыруеит (2 Тим. 2:15).

АԤСЫӠКҨЫ БЗИА... 2. амыругақәа рхархәашьа идыруеит. (Шәахәаԥш абзац 10.)

АГӘЫМШӘАРА ЕИЗШӘЫРҲАЛА

11. Избан агәымшәара ҳалазар захәҭоу?

11 Аԥсыӡкҩы агәымшәара илазар ауп, избанзар иара издырӡом амш зеиԥшрахо, насгьы амшын ацәқәырԥара ианалаго. Уи адагьы, аԥсыӡкыҩцәа лассы-лассы уахынла ауп аус аныруа. Ҳаргьы агәымшәара ҳалазар ауп, избанзар ажәабжь аҳәара ҳалагар, насгьы Иегова ишаҳаҭ шҳакәу ҳҳәар, ҳҭынхацәа ҳҿагылар ҟалоит, ҳҩызцәа ҳхыччалар ауеит, уи адагьы ауаа иаҳҳәо ажәабжь иазымӡырҩлар алшоит. Аха ҳара уи џьаҳамшьароуп, избанзар Иисус заа иҳәахьан ус шыҟало (Матф. 10:16).

12. Иҳацхраар алшозеи агәымшәара аизырҳара Иисус Навин 1:7—9 иану инақәыршәаны?

12 Ишәыцхраар алшозеи агәымшәара аизырҳара? Актәи, агәра ганы шәыҟаз Иисус иахьагьы ажәабжьҳәаратә ус напхгара шазиуа (Иоанн 16:33; Аат. 14:14—16). Аҩбатәи, ишәхашәмыршҭлан Иегова еснагь дышшәеиҷаҳало (Матф. 6:32—34). Шәыгәрахаҵара еизшәырҳацыԥхьаӡа, ишәылоу агәымшәарагьы еизҳалоит. Пиотр иҩызцәеи иареи агәрахаҵара ӷәӷәа аадырԥшит рхы зланыҟәыргоз аус ааныжьны Иисус ианишьҭала. Шәаргьы шәыгәрахаҵара шыӷәӷәоу аашәырԥшит шәҩызцәеи шәҭынхацәеи ианрашәҳәа Абиблиа аҵареи Иегова ишаҳаҭцәа реизарақәа рахь аныҟәареи шәшалагаз! Ҳәарада, Иегова инормақәа инарықәыршәаны анхара шәалагарц азы шәыԥсҭазаараҿы ишәыԥсахыз рацәоуп. Уигьы ишьақәнарӷәӷәоит агәрахаҵареи агәымшәареи шшәыло. Анаҩсгьы агәымшәара еизшәырҳала, усҟан агәра ганы шәыҟазаауеит шәахьцалакгьы Шәынцәа Иегова дышшәыцу. (Шәаԥхьа Иисус Навин 1:7—9.)

АԤСЫӠКҨЫ БЗИА... 3. амш аныцәгьоу агәымшәара ааирԥшуеит. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 11, 12.)

13. Ишәыцхраауазеи уаҳа агәымшәара аизырҳара? Иҳаилшәыркаа.

13 Ишәыцхраауазеи уаҳа агәымшәара аизырҳара? Шәиҳәала Анцәа уи шәиҭарц азы (Аус. 4:29, 31). Иегова шәыҳәарақәа рҭак ҟаиҵоит, иара ахаангьы шәаанижьӡом, дшәыцхраалоит. Шәазхәыцла ажәытәан иара ижәлар шихьчоз. Иара убас шәазхәыцла Иегова ауадаҩрақәа рыхгареи аҽыԥсахреи дышшәыцхраауаз. Иегова ижәлар Амшын Ҟаԥшь иалигазар, шәаргьы Христос иҵаҩны аҟалара дшәыцхраар илшоит (Ақәҵ. 14:13). Еизшәырҳала шәыгәрахаҵара, усҟан шәаргьы аԥсаломшәаҳәаҩ иеиԥш ишәҳәар шәылшоит: «Иегова сара дсыдгылоуп, аӡәгьы сицәшәаӡом. Исзиурызеи ауаҩы?» (Аԥсал. 118:6).

14. Ишәнарҵозеи ҩыџьа аиҳәшьцәа рҿырԥштәы?

14 Агәымшәара еизшәырҳарц азы иара убас шәазхәыцлар шәылшоит Иегова иԥхашьо ауаа агәымшәара аизырҳара дышрыцхрааз. Абар иаҳәшьак лҭоурых. Лара илзымдыруаз ауаа рацәажәара даараӡа дыԥхашьон аҟынтә, ажәабжьҳәара ахаангьы дызцом ҳәа лгәы иаанагон. Лара лзы уи аус халашьа змам аҭӡамц ҳарак иаҩызан. Илыцхраазеи нас? Аиаҳәшьа Анцәеи ауааи рахь илымаз абзиабара аизырҳара лҽазылшәеит. Лара еилылкааит ажәабжьҳәаратә ус хырԥашьа шамам, убри аҟынтә Иегова ажәабжьҳәаразы еиҳагьы агәаҳәара лиҭарц диҳәеит. Убас ала дҿаҳәаны дызмаз ашәара даиааит, пионерс амаҵ аурагьы далагеит. Иегова ажәабжьҳәара иалаго имаҵзуҩцәа агәымшәара риҭоит. Абар даҽа иаҳәшьак лҿырԥштәы. Ҩнаҭацыԥхьаӡа ажәабжьҳәара даналага, зегь раԥхьаӡа илықәшәаз аԥҳәыс длықәыҳәҳәаны ус лалҳәеит: «Сара Иегова ишаҳаҭцәа рацәажәара сҭахӡам!»,— ашәгьы кыдылҟьеит. Лара даахьаҳәын лҩыза ус лалҳәеит: «Илҳәаз баҳама? Сара ажәакгьы сымҳәаӡеит, аха лара илдырит Иегова ишаҳаҭ сшаку. Шаҟа ибзиоузеи!» Уажәы уи аиаҳәшьа пионерс амаҵ луеит.

АИҾКААРА ШӘҼАШӘЫРШЬЦЫЛАЛА

15. Дзеиԥшроузеи еиҿкаау ауаҩы, насгьы избан уи аҟазшьа ақьырсианцәа рзы изхадоу?

15 Аԥсыӡкҩы бзиа деиҿкаауп, убри аҟынтә иду аусқәа зегь наигӡоит. Иара заа дгылоит, иус амҩабжара иаанижьӡом, амш аныцәгьоугьы аус иуеит. Ҳаргьы аиҿкаара ҳалазар ауп. Уи ҳацхраауеит ҳус аҵыхәтәанынӡа анагӡара (Матф. 10:22).

16. Иҳацхраар алшозеи иаҳцәыцәгьоу аусқәа рынагӡара?

16 Ҳара уи аҟазшьа шҳалоу ҳаиӡом. Ауаҩы еиӷьаишьо ицәгьоу аус акәымкәа, имариоу ауп. Аха аҽынкылара ҳацхраауеит ҳусқәа зегь рынагӡара. Иаҳцәыцәгьоу аусқәа ҳарцәымаашьаларц азы ацхыраара ҳҭахуп. Иегова уи ацхыраара иԥшьоу идоуҳала иҳаиҭоит (Гал. 5:22, 23).

17. 1 Коринфаа рахь 9:25—27 излаҳәо ала, иҟаиҵози Павел аус бзиақәа наигӡаларц азы?

17 Апостол Павел аиҿкаара злаз уаҩын. Ус шакәызгьы, иара иҳәон аус бзиақәа рыҟаҵара шизымариамыз. (Шәаԥхьа 1 Коринфаа рахь 9:25—27.) Павел ақьырсианцәа русқәа зегь еиҿкааны инарыгӡаларц ргәазҭеиҵон (1 Кор. 14:40). Ҳара ҳхы аус адаҳулалароуп анаҩсгьы Иегова имаҵ ҳауларц, насгьы еиԥмырҟьаӡакәа ажәабжь ҳҳәаларц, аҵаҩцәагьы азыҟаҳҵаларц азы (Аус. 2:46).

ААМҬА ШӘЫМГАН

18. Иҟаҳҵалар акәзеи Иегова ажәабжьҳәаратә ус аҿы ақәҿиара ҳамоуп ҳәа иԥхьаӡаларц азы?

18 Аԥсыӡкҩы ақәҿиара иоуит ҳәа аниԥхьаӡо ирацәаны аԥсыӡ аникуа ауп. Аха ажәабжьҳәаратә ус аҿы ус акәӡам. Ажәабжьҳәараҿы ақәҿиара ҳамоу-иҳамаму зхьыԥшу Иегова иорганизациахь шаҟаҩ наҳгаз акәӡам (Лука 8:11—15). Ажәабжьҳәареи аҵаҩцәа разыҟаҵареи ҳаҿызар, Иегова ақәҿиара ҳамоуп ҳәа иԥхьаӡоит. Избан? Избанзар Иԥеи иареи иҳадырҵаз аус наҳагӡоит (Марк 13:10; Аус. 5:28, 29).

19, 20. Иарбан иҷыдоу мзызу ажәабжь аҳәаразы иҳамоу?

19 Тәылақәак рҿы аԥсыӡкыҩцәа еснагь аԥсыӡ акразы азин рымаӡам. Дара уи рклар анрылшо ашықәс аҩныҵҟа иазалху амзақәа рзы мацара ауп. Уи аамҭа аҵыхәтәа ааигәахацыԥхьаӡа аԥсыӡкҩы еиликаауеит аԥсыӡкра ишахыццактәу. Ҳаргьы ажәабжьҳәаратә ус ҳахыццакроуп, избанзар аҵыхәтәа даараӡа иааигәоуп! Ауаа еиқәзырхо ажәабжь рзеиҭаҳәаразы иаанхаз аамҭа даараӡа имаҷуп. Убри аҟынтә аамҭа шәымган, насгьы ажәабжьҳәара шәалагар аншәылшо шәыԥсҭазаараҿы зегь анбзиахо ауп ҳәа шәымхәыцын (Еккл. 11:4).

20 Уажәнатә ажәабжьҳәаразы ишәымоу агәаҳәара еизшәырҳала, Абиблиа еиӷьны иҭышәҵаала, агәымшәара еизшәырҳала, насгьы аиҿкаара шәҽашәыршьцылала. Иахьа адунеи ахьынӡанаӡааӡо ажәабжь бзиа зҳәо аа-миллионҩык иреиҳауп. Шәаргьы урҭ шәыҽрыдышәкыл, усҟан Иегова агәырӷьара шәиҭоит (Неем. 8:10). Шәҽазышәшәала иахьынӡашәылшо еиҳаны ажәабжьҳәаратә ус аҽалархәра, насгьы Иегова иазхоуп ҳәа иҳәаанӡа уи аус нашәыгӡала. Анаҩстәи астатиаҿы ҳара еилҳаргоит ажәабжьҳәара ҳгәазҭазҵо х-шьаҿак.

ИШӘЫЦХРААР АЛШОЗЕИ...

  • ажәабжь аҳәаразы ишәымоу агәаҳәара аизырҳара?

  • агәымшәара аизырҳара?

  • аиҿкаара аҽаршьцылара?

АШӘА 66 Ирылаҳҳәоит ажәабжь бзиа

a Иисус ахынраалара злаз, аусура иацәымаашьоз аԥсыӡкыҩцәа иҵаҩцәа ракәхарц иааиԥхьеит. Иахьагьы Иисус урҭ аҟазшьақәа злоу ауаа иҵаҩцәа ракәхарц, насгьы ажәабжь бзиа рҳәаларц иааиԥхьоит. Ари астатиаҿы еилҳаргоит Абиблиа зҵо, аха Иисус иааԥхьара адкылара ззымгәаӷьуа ирыцхраар алшо.

b Шәахәаԥш октиабр, 2018 шықәсазы иҭыжьыз «Ахьчаратә бааш» аҿы астатиа «Ауаа аҵабырг дшәырҵала».

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра