Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w20 октиабр ад. 2—5
  • 1920 — Шәышықәса раԥхьа

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • 1920 — Шәышықәса раԥхьа
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2020
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • ЗЕИԤШЫҞАМ АГӘАЦԤЫҲӘАРА
  • ҲХАТӘ ЛИТЕРАТУРА АҬЫЖЬРА ҲАЛАГОИТ
  • «ҬЫНЧ ҲАИЦЫНХАЛАП»
  • «ZG» РЫЛАҲАРҴӘОИТ
  • ЕВРОПА ҾЫЦ АУС ЕИҾАҲКААУЕИТ
  • ИҴӘАХНЫ ИРЫМАЗ АИАШАМРА ЦӘЫРАҲГОИТ
  • 1919. Шәышықәса раԥхьа
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2019
  • Шәышықәса раԥхьа: 1922-тәи ашықәс
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2022
  • Шәышықәса раԥхьа: 1923-⁠тәи ашықәс
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2023
  • Дара амцдинхаҵара атҟәара аҟынтә рхы иақәиҭхеит
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2020
w20 октиабр ад. 2—5

Рутерфорди егьырҭ аишьцәеи Европа ианыҟыз

1920 — Шәышықәса раԥхьа

1920-тәи ашықәс инаркны Иегова имаҵзуҩцәа раԥхьа ишьҭаз аусқәа ҩаԥхьа гәацԥыҳәарала анагӡара иазхиан. Аԥсалом 118:14 иану ажәақәа уи ашықәс жәеинраалас иазалхын. Урҭ ажәақәа ааган англыз бызшәала иҭыжьу «Акрал Иаков Ибиблиа» аҟынтә: «ИҲАҚӘИҬУ сымчи сашәеи иоуп».

Иегова агәацԥыҳәара аазырԥшуаз урҭ ажәабжьҳәаҩцәа амч риҭаҵәҟьеит. Уи ашықәс азы ауаа ашәҟәқәа рылазырҵәоз, даҽакала иуҳәозар, пионерс амаҵ зуаз рхыԥхьаӡара 225-ҩык рҟынтә 350-ҩык рҟынӡа инаӡеит. Раԥхьаӡакәны ихадоу аусбарҭахь аҳасабрба назышьҭыз акружок иалахәыз, мамзаргьы ажәабжьҳәаҩцәа, рхыԥхьаӡара 8 000 еиҳахеит. Иегова урҭ рџьабаа дазылԥхеит — ажәабжь иақәҿызҭыз даара ирацәахеит.

ЗЕИԤШЫҞАМ АГӘАЦԤЫҲӘАРА

Урҭ ашықәсқәа рзы аиашьа Џьозеф Рутерфорд Абиблиа аҭҵааҩцәа рус напхгара азиуан. Март 21, 1920 шықәсазы иара «Миллионы теперь живущих никогда не умрут» захьӡыз ажәахә иманы дықәгылараны дыҟан. Абиблиа аҭҵааҩцәа уи ажәахә ахь ауаа аарыԥхьарц азы ирылшоз зегь ҟарҵеит. Дара Ниу-Иорк аҿы иреиҳаз атеатрқәа руак арендала иргеит, насгьы 320 000 ааԥхьарақәа ршеит.

Ажәахә «Миллионы теперь живущих никогда не умрут» иазку аӡыргара агазеҭ аҿы

Абиблиа аҭҵааҩцәа абриаҟара ауаа ааиуеит ҳәа иҟамызт. 5 000-ҩык инареиҳаны зкуаз атеатр узыҩнамло иҭәын, еиҭа 7 000-ҩык ҭыԥда иаанхеит. «Ахьчаратә бааш» ианын Жәларбжьаратәи Абиблиа аҭҵааҩцәа имҩаԥыргоз аиԥыларақәа рҟынтә уи зегь раасҭа ақәҿиара змаз аиԥыларақәа ируакын ҳәа.

«Миллионы теперь живущих никогда не умрут» — ари ажәахә ахьӡ абзоурала Абиблиа аҭҵааҩцәа зегьы еицырдыруа иҟалеит. Усҟан Абиблиа аҭҵааҩцәа ирзеилкаауамызт Аҳра иазку ажәабжь егьырҭ атәылақәа рҿгьы ираҳар шакәыз, уи азы еиҳаны аамҭагьы шаҭаххоз. Ус шакәызгьы, дара уамашәа иубашаз агәацԥыҳәара аадырԥшуан. 1902 шықәсазы аизарақәа рҭаара иалагаз Аида Олмстед илҳәон: «Ҳара иаҳдыруан ауаа зегьы азылԥхара дуқәа шырзыԥшыз, убри аҟынтә ажәабжь бзиа амаҵзураҿы иаҳԥылоз зегьы ираҳҳәалар ҳҭахын».

ҲХАТӘ ЛИТЕРАТУРА АҬЫЖЬРА ҲАЛАГОИТ

Аишьцәеи аиҳәшьцәеи адоуҳатә фатә рымазарц азы Вефиль аҿы амаҵ зуаз аишьцәа публикациақәак рхаҭа иркьыԥхьуа иалагеит. Уи азы дара бруклинтәи Вефиль азааигәара, Миртл-авениу 35 аҿы ахыбра арендала иргеит, насгьы уа акьыԥхьразы иаҭахыз зегь дыргылеит.

Лио Пелли Уолтер Кесслери Вефиль аҿы амаҵ аура иалагеит ианвар 1920 шықәсазы. Абар Уолтер еиҭеиҳәоз: «Ҳашнеизҵәҟьа акьыԥхьратә ҟәша ахылаԥшҩы дааҳахәаԥшын иҳәеит: „Шьыбхьафаранӡа сааҭки бжаки шәымоуп“. Нас аҩнаҵаҟа ишьҭаз ашәҟәқәа зҭаз акоробкақәа хаҳгаларц ҳадиҵеит».

Лио еиҭеиҳәеит адырҩаҽны иҟалаз. Иара иҳәеит: «Ҳара иҳадырҵеит уи ахыбра актәи аетаж аҭӡамцқәа ҳаӡәӡәарц. Убас иҟьашьу аус ахаан иҟасымҵацызт. Аха уи зыҟаҳҵоз Иегова изы акәын, убри аҟынтә уи ҳаҭыр дуны иҳаԥхьаӡон».

«Ахьчаратә бааш» зларкьыԥхьуаз иҟьаҟьаз акьыԥхьгатә машьынка

Мчыбжьқәак рышьҭахь гәацԥыҳәарала Анцәа имаҵ зуаз аишьцәа «Ахьчаратә бааш» ркьыԥхьуа иалагеит. Аҩбатәи аетаж аҿы игылаз иҟьаҟьаз акьыԥхьгатә машьынкаҿы икьыԥхьын 60 000 екземплиар. Уи февраль 1, 1920 шықәсазтәи «Ахьчаратә бааш» аҭыжьымҭа акәын. Убри аамҭазы аишьцәа аҩны аҵаҟа иҟаз ауадаҿы даҽа машьынкак дыргылеит, иагьахьӡырҵеит «Аибашьҩы». Уа ажурнал «Золотой век» акьыԥхьра иалагеит Апрель 14, 1920 шықәсазтәи аҭыжьымҭа инаркны. Иубаратәы иҟан Иегова ахамеигӡара аазырԥшуаз урҭ аишьцәа дшырзылԥхоз.

«Уи зыҟаҳҵоз Иегова изы акәын, убри аҟынтә уи ҳаҭыр дуны иҳаԥхьаӡон»

«ҬЫНЧ ҲАИЦЫНХАЛАП»

Иегова изиашаз имаҵзуҩцәа ҿыц гәацԥыҳәарала ажәабжь рҳәалар ахьрылшоз, насгьы ҭаацәарак еиԥш иахьеидкылаз иеигәырӷьон. Ихьанҭаз 1917—1919-тәи ашықәсқәа рзы Абиблиа аҭҵааҩцәа аӡәырҩы аорганизациа аанрыжьит. Ишԥалшоз урҭ рыцхраара?

Апрель 1, 1920 шықәсазы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш» аҿы ианын астатиа «Шәааи ҭынч ҳаицынхалап». Уа абас еиԥш иҟаз угәы зырԥхоз ажәақәа анын: «Ҳара агәра ганы ҳаҟоуп Иҳақәиҭу идоуҳа змоу зегьы... ииасхьоу шырхадыршҭуа... аӡәк иеиԥш ҭынч ҳаицынхаларц азы».

Урҭ ажәақәа ирықәҿызҭыз рацәаҩхеит. Ҭаацәак ирҩыз асаламшәҟәы ус анын: «Егьырҭ ажәабжьҳәара ианаҿыз аамҭазы ҳара усда ҳтәан. Убас шықәсык инеиҳаны цеит. Изакәытә гхоузеи иҳахьыз! [...] Уаҳа ахаан ҳамҩахҟьар ҳҭахӡам». Иегова иахь ихынҳәыз урҭ ажәабжьҳәаҩцәа аус дуқәа рзыԥшын.

«ZG» РЫЛАҲАРҴӘОИТ

Ииун 21, 1920 шықәсазы Абиблиа аҭҵааҩцәа «ZG»a, мамзаргьы ацәа тата змаз ашәҟәы «Завершенная тайна» аҭыжьымҭа, аларҵәаразы акампаниа еиҿыркааит. 1918 шықәсазы уи ашәҟәы аԥхьара ҟалаӡом ҳәа азакәан ҭрыжьит аҟынтә, ирацәаны ашәҟәқәа ус иаанхеит.

Ари акампаниа рҽаладырхәырц ашәҟәқәа рылазырҵәоз рыдагьы, акружок иалахәыз зегь аарыԥхьон. Ииун 1920 шықәсазы иҭыжьыз «Биуллетень»b ианын: «Акружокқәа зегь рҿы акампаниа гәыкала рҽаладырхәыроуп Анцәа зҽизызкхьоу [зыҽӡаазххьоу] зегьы. Шәааи дасу абарҭ ажәақәа ҳрықәныҟәалап: „Иҟасҵо абри ауп — исшоит ZG“». Едмунд Хупер еиҭеиҳәон уи акампаниа аан аӡәырҩы раԥхьаӡакәны ҩнаҭацыԥхьаӡа ажәабжь шырҳәоз. Иара иҳәеит: «Ҳара еилаҳкаауа ҳалагеит ҳаԥхьа ишьҭаз аус ҳхаҿы ишаҳзаамгоз еиԥш аҽарҭбаараны ишыҟаз».

ЕВРОПА ҾЫЦ АУС ЕИҾАҲКААУЕИТ

Актәи адунеизегьтәи аибашьраан егьырҭ атәылақәа рҿы инхоз Абиблиа аҭҵааҩцәа рацәажәаразы алшара ыҟамызт. Убри аҟынтә аиашьа Рутерфорд иҭахын уа инхоз аишьцәеи аиҳәшьцәеи ргәы шьҭихырц, насгьы ҿыц ажәабжьҳәара иалагарц ргәазҭеиҵарц. Уи азы август 12, 1920 шықәсазы Рутерфорд ԥшьҩык аишьцәа иманы Великобританиеи, Агәҭанытәи Европеи, Агәҭанытәи Мрагылареи рахь ддәықәлеит.

Аиашьа Рутерфорд Мысра даныҟаз

Рутерфорд Великобританиа даннеи Абиблиа аҭҵааҩцәа уа х-конгресски 12 еиԥылареи еиҿыркааит. Аконгресси аиԥыларақәеи ирҭааз рхыԥхьаӡара 50 000 рҟынӡа инеиуан. Уи иазкны «Ахьчаратә бааш» ианын: «Аҩызцәа ргәы ҭгәырӷьаауан. Дара еицәажәон, амаҵ еицыруан, уи абзоурала рыбзиабара еиҳагьы иӷәӷәахеит, згәы каҳаны иҟаз аӡәырҩгьы ргәы шьҭыҵит». Париж даннеи Рутерфорд «Миллионы теперь живущих никогда не умрут» захьӡыз ажәахә иманы еиҭах дықәгылеит. Ажәахә аналагоз азал ушьапы узыҩнамыргыло иҭәхьан. Ажәахә ашьҭахь 300-ҩык ауаа Абиблиа иану еиҳаны еилыркаарц рҭаххеит.

Лондон Роиаль-Альберт-Холл захьӡыз ахыбраҿы Рутерфорд ииҳәараны иҟаз ажәахә иазкыз ааԥхьаратә плакат

Анаҩстәи амчыбжь азы Рутерфод иҩызцәеи иареи Афинақәеи, Каири, Иерусалими ирҭааит. Ауаа иаадырԥшуаз аинтерес еизирҳаларц азы аиашьа Рутерфорд Иерусалим азааигәара иҟаз ақалақь Рамаллаҳ аҿы афилиал еиҿикааит. Анаҩс Агәҭанытәи Европаҟа дхынҳәит. Уагьы иара Афилиал еиҿикааит, насгьы уи афилиал аҿы алитература ркьыԥхьларц азы иаҭахыз зегь ҟаиҵеит.

ИҴӘАХНЫ ИРЫМАЗ АИАШАМРА ЦӘЫРАҲГОИТ

Сентиабр 1920 шықәсазы Абиблиа аҭҵааҩцәа иҭрыжьит ажурнал «Золотой век» 27-тәи аномер. Уи иҷыдаз ҭыжьымҭан. Уа иаартны ианын 1918 шықәсазы Абиблиа аҭҵааҩцәа зықәшәоз ашьҭашәарыцарақәа рыӡбахә. Хыхь зыӡбахә ҳәаз «Аибашьҩы» уахгьы-ҽынгьы аусура иаҿын, избанзар ԥшь-миллионк ажурналқәа кьыԥхьтәын.

Аполициаҿы иҭырхыз Емма Мартин лпатреҭ

Ажурнал иаԥхьаз еилыркааит Емма Мартин уаҩ имаҳацыз ахҭыс дшақәшәаз. Аиаҳәшьа Мартин ашәҟәқәа ршаҩ иеиԥш амаҵ луан Сан-Бернандо (Калифорниа). Март 17, 1918 шықәсазы Еммеи аишьцәа Едуард Ҳемми, Едуард Сонненбурги, Стивенси Абиблиа аҭҵааҩцәа ргәыԥ маҷ иаҭааит.

Аха уа еизоз руаӡәк дызнеиуаз Абиблиа еиӷьны еиликаарц азы акәӡамызт. Абар ихаҭа ԥыҭрак ашьҭахь ииҳәаз: «Сара уахь сызныҟәоз... апрокурор ишиҳәаз еиԥш ашьақәырӷәӷәара сыԥшаарц азы акәын». «Ашьақәырӷәӷәара» ҳәа дзышьҭаз ашәҟәы «Завершенная тайна» акәын. Мышқәак рышьҭахь аполициа аусзуҩцәа аиаҳәшьа Мартини урҭ аишьцәеи рыманы ицеит. Дара зыԥхьара ҟамло ашәҟәы ауаа ирыларҵәо ашпионтә ус нарыгӡоит ҳәа ахара рыдырҵеит.

Еммеи хҩык аишьцәеи ахара рыдуп ҳәа ԥхьаӡаны хышықәса рықәырҵеит. Дара зныкымкәа уи аӡбара иазашшуан, аха уаҳа ианаму маи 17, 1920 шықәсазы абахҭахь иргеит. Аха хара имгакәа аҭагылазаашьа аҽаԥсахит.

Ииун 20, 1920 шықәсазы аиашьа Рутерфорд Сан-Франциско имҩаԥысуаз аконгресс аҿы аиаҳәшьа Еммеи хҩык аишьцәеи зықәшәаз еиҭеиҳәеит. Уи заҳаз даараӡа иџьаршьеит, насгьы Еиду Аштатқәа рыпрезидент иахь ателеграмма рышьҭит. Дара ирҩит: «Ҳара агәра ганы ҳаҟоуп... миссис Мартин... ашпионаж далахәызшәа илыдырҵаз ахара шиашам... Аҳәынҭқарцәа миссис Мартин азакәан еилалгазшәа аадырԥшырц.., насгьы дҭаркырц азы рымчра ииашамкәа рхы иахьадырхәаз угәы ԥнажәартә иҟоуп».

Адырҩаҽныҵәҟьа апрезидент Вудро Вильсон аиаҳәшьа Мартини аишьцәа Ҳемми, Сонненбурги, Стивенси аурышьҭырц азы адҵа ҟаиҵеит. Убасала дара аушьҭын.

1920-тәи ашықәс анҵәамҭазы Абиблиа аҭҵааҩцәа зеигәырӷьашаз рацәан. Ихадоу аусбарҭаҿы инагӡалатәыз аусқәа еиҳа-еиҳа еиҳахон. Абиблиа аҭҵааҩцәа гәацԥыҳәарала еиҭарҳәон ауаа рыуадаҩрақәа зегь зыӡбо Анцәа Иаҳра заҵәык шакәу (Матф. 24:14). Аха Аҳра иазку ажәабжь аҽарҭбаар акәын аҟынтә, анаҩстәи 1921-тәи ашықәс еиҳагьы иалукаартә иҟалозар акәхарын.

a «Завершенная тайна» — ашәҟәы «Исследование Писания» абыжьбатәи атом акәын. «ZG» — март 1, 1918 шықәсазтәи «Ахьчаратә бааш» аҭыжьымҭа аҭыԥан, ацәа тата аҭаны иҭрыжьит. Анбан «Z» иаанагон «Сионтәи ахьчаратә бааш» (англыз бызшәала Zion’s Watch Tower), анбан «G» англыз алфавит аҿы абыжьбатәи нбануп аҟынтә, абыжьбатәи атом аанагон.

b Уажәы Аусуратә тетрад «Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи».

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра