АҴАРАЗЫ АСТАТИА 4
Абзиабара еизшәырҳала
«Бзиа шәеибабала еишьцәаҵас» (РИМ. 12:10).
АШӘА 109 «Бзиа шәеибабала гәык-ԥсыкала»
АХҲӘААa
1. Иаҳзырбозеи иахьа ауаа абзиабара шырзымхо?
АБИБЛИА заа иаҳәон аҵыхәтәантәи амшқәа рзы ауаа абзиабара шырзымхало (2 Тим. 3:1, 3). Убас иагьыҟалеит. Миллионла аҭаацәарақәа хыбгалоит, хаҵеи-ԥҳәыси еилыҵуеит, еиӷацәахоит, ахәыҷқәагьы уи иахҟьаны игәаҟуеит. Хаҵеи-ԥҳәыси ахьеицынхо аҭаацәарақәа жәпакы рҿгьы абзиабара ыҟаӡам. Аҭаацәарақәа ирыцхраауа психологк иҳәеит: «Анацәеи, абацәеи, ахәыҷқәеи еицәыхарахеит. Дара раамҭа ззыркуа ателевизори, аҭели, авидеохәмаррақәеи, аинтернети роуп. Ҩнык аҿы ишеицынхогьы еицәыхароуп».
2, 3. а) Бзиа иаҳбалар ҳахәҭада, Римаа рахь 12:10 иану инақәыршәаны? б) Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?
2 Иахьа адунеи аҿы ауаа бзиа еибабаӡом (Рим. 12:2). Ҳара урҭ ҳреиԥшхарц ҳҭахӡам. Ҳара ҳҭаацәарақәа рҿы абзиабара ӷәӷәа ааҳарԥшуеит. Уи адагьы, аизараҿгьы уи аарԥшра ҳҽазаҳшәоит. (Шәаԥхьа Римаа рахь 12:10.) Ҳара ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ҳҭаацәара бзиа ишаҳбо еиԥш бзиа иаҳбалароуп. Убасала ҳаизараҿы акзаара еизҳарҳалоит, Иеговагьы дыргәырӷьо имаҵ ҳаулоит (Мих. 2:12).
3 Аха иҳацхраауазеи уи аҩыза абзиабара аизырҳара? Шәааи Абиблиа иану ҿырԥштәқәак еилҳаргап.
ИЕГОВА ДГӘЫБЫЛҨУП
4. Иҳаилнаркаауазеи Иаков 5:11 иану Иегова шаҟа бзиа ҳаибо иазкны?
4 Абиблиа аҟынтә ҳара еилаҳкаауеит Иегова иссиру иҟазшьақәа. Иаҳҳәап, 1 Иоанн 4:8 иануп Анцәа дыбзиабароуп ҳәа. Ҳәарада, ҳара иаҳҭахуп абзиабара злоу Анцәа ҳаиҩызахар. Аха Иегова иҩызахара ҳгәазырԥхо даҽа ҟазшьакгьы илоуп. Абиблиа иануп Анцәа дгәыбылҩуп ҳәа. (Шәаԥхьа Иаков 5:11.) Уи иаҳнарбоит ибзиабара ҳара ҳахь даараӡа ишыӷәӷәоу.
5. Ишԥааирԥши агәшаҭара Иегова? Иааҳарԥшлар шԥаҳалшо уи ҳара?
5 Иаков 5:11 иаанарԥшуеит Иегова илоу агәыбылреи агәшаҭареи шеидҳәалоу (Ақәҵ. 34:6). Ишԥааирԥшуеи Иегова ҳара ҳахь агәшаҭара? Иара ҳагхақәа ҳанаижьуеит (Аԥсал. 51:1). Аха Абиблиаҿы агәшаҭара иаҵанакуа уи мацара акәӡам. Агәшаҭара арыцҳара иҭагылоу ауаҩы ицхраара ҳгәазҭанаҵоит. Иегова иҳәоит игәшаҭара ан лыхшара иахь иаалырԥшуа агәшаҭара аасҭа ишыӷәӷәоу (Ис. 49:15). Убри аҟынтә арыцҳара ҳанҭагылоу Иегова ҳацхраара дазхиоуп (Аԥсал. 37:39; 1 Кор. 10:13). Ҳаргьы ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рахь агәшаҭара ааҳарԥшуеит рыгхақәа анранаҳажьуа, насгьы ҳанырцәымгәаауа (Еф. 4:32). Аха уи адагьы, агәшаҭара ҳашьцәа арыцҳара ианҭагылоу рыцхраара ҳгәазҭанаҵалароуп. Убасҟан иааҳарԥшуеит зегь иреиӷьу аҿырԥшы ҳазҭо Иегова ҳшиҿыԥшуа (Еф. 5:1).
ИОНАФАНИ ДАВИДИ РЕИҨЫЗАРА ӶӘӶӘА
6. Ишԥаадырԥшуаз Давиди Ионафани абзиабара?
6 Абиблиаҿы иануп аҩызцәа ирыбжьоу абзиабара ӷәӷәа аазырԥшуаз ауаа рҿырԥштәқәа. Шәааи уажәы Ионафани Давиди реиҩызара ҳалацәажәап. Абиблиа иануп Ионафан иԥсы Давид илаҵәеит, ихеиԥшгьы бзиа дибеит ҳәа (1 Сам. 18:1). Иегова Давид Саул ишьҭахь аҳас дҟаларц азы далихит. Саул уи анеиликаа Давид дицәымыӷхеит, дишьырцгьы иақәикит. Аха Ионафан иаб дидымгылаӡеит. Давиди иареи рыԥсы ҭанаҵы ишеиҩызцәахо, насгьы ишеицхыраало шьақәдырӷәӷәарц азы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит (1 Сам. 20:42).
Ионафан Давид акырӡа дышиеиҳабызгьы, дара аиҩызара ӷәӷәа рыбжьан. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 6—9.)
7. Иаԥырхагахар алшози Ионафани Давиди реиҩызара?
7 Ионафани Давиди реиҩызара уамашәа иубартә иҟоуп. Азныказы дара еицырзеиԥшыз ҳәа акгьы ыҟамызшәа убар алшоит. Иаҳҳәап, дара 30 шықәса аҟара рыбжьан. Ионафан игәы иаанагар алшон Давид иара изы дҩыза бзиахом ҳәа, избанзар иара имаз аԥышәа аҩыза имаӡамызт. Аха Ионафан ус дхәыцӡомызт. Иара Давид ҳаҭыр иқәиҵон.
8. Избан Ионафан Давид изы дызҩыза бзиаз?
8 Ионафан Давид диҵашьыцлар илшон. Иара аҳ иԥа иакәын аҟынтә, аҳра иара иахь ииасыр акәын (1 Сам. 20:31). Аха Ионафан ахынраалара илан, Иеговагьы дизиашан, убри аҟынтә иара Иегова аҳас иалихыз Давид дидгылеит. Иара Давид дизиашан, уи Саул иԥсахы шеибанаркуазгьы (1 Сам. 20:32—34).
9. Избан Ионафан Давид дызиҵамшьыцуаз?
9 Ионафан Давид бзиа дибон, убри аҟынтә диҵашьыцӡомызт. Иара аибашьҩы бзиа иеиԥш деицырдыруан. Ауаа ирҳәон Саули иареи ауарбажәқәа раасҭа иласын, насгьы алымқәа раасҭа иӷәӷәан ҳәа (2 Сам. 1:22, 23). Иара дызхыҽхәаша иман, аха дыҽхәаӡомызт, Давидгьы диҵашьыцӡомызт. Ионафан Давид агәымшәара ахьилаз, насгьы Иегова дахьиқәгәыӷуаз игәаԥхон. Иазгәаҭатәуп Давид Голиаф данииааи ашьҭахь шакәу Ионафан иԥсы еиԥш уи бзиа даниба. Иааҳарԥшлар шԥаҳалшо ҳара уи аҩыза абзиабара ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рахь?
АБЗИАБАРА ААҲАРԤШЛАР ШҲАЛШО
10. Иаанагозеи «гәык-ԥсыкала, гәҭыӷьӷьаала» бзиа аибабара?
10 Абиблиа иануп: «Бзиа шәеибабала гәык-ԥсыкала, гәҭыӷьӷьаала» (1 Пиотр 1:22). Иегова уи аҿы зеиԥшыҟам аҿырԥшы ҳаиҭоит. Иара ҳизиашаны ҳаанхалар ибзиабара ҳара ҳахь ахаан ихьшәашәаӡом (Рим. 8:38, 39). Ари ажәеинраалаҿы «гәык-ԥсыкала» ҳәа еиҭагоу абырзен ажәа иаанарԥшуеит абзиабара аарԥшразы аџьабаа абара шаҭаху. Аиаша ҳҳәозар, зны-зынла ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рахь абзиабара аарԥшра мариаӡам, избанзар дара ҳгәы ҳдырхьыр алшоит. Аха усҟангьы абзиабара ааҳарԥшлароуп, акзаарагьы ҳахьчалароуп (Еф. 4:1—3). Ҳашьцәеи ҳареи иҳабжьоу акзаара ахә ҳшьозар рыгхақәа ҳхы рзаҳашьҭлаӡом, насгьы Иегова дышрыхәаԥшуа еиԥш ҳрыхәаԥшлоит (1 Сам. 16:7; Аԥсал. 130:3).
Павел Еводиеи Синтихиеи акзаара рыхьчаларц рабжьеигеит. Зны-зынла ҳаргьы уи ҳцәыцәгьахар алшоит. (Шәахәаԥш абзац 11.)
11. Избан ҳашьцәа рахь абзиабара аарԥшра ҳцәыцәгьахар залшо?
11 Ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рыгхақәа анаҳбо урҭ рахь абзиабара аарԥшра ҳцәыцәгьахар ауеит. Актәи ашәышықәсазгьы ақьырсиантә еизараҿы уи аҩыза ауадаҩра ыҟан. Еводиеи Синтихиеи апостол Павел амаҵ ицура ргәаԥхозҭгьы ҟаларын, аха мзызқәак ирыхҟьаны дара ааибуамызт. Убри аҟынтә Павел урҭ акзаара рыхьчаларц рабжьеигеит (Флп. 4:2, 3).
Зықәрахь инеихьоу, насгьы иқәыԥшу аизара аиҳабацәа еиҩызцәахар ҟалоит. (Шәахәаԥш абзац 12.)
12. Иҳацхраауазеи ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рахь абзиабара аизырҳара?
12 Иҳацхраауазеи ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рахь абзиабара ӷәӷәа аизырҳара? Урҭ еиӷьны ҳрабадырыр реилкаарагьы, бзиа рбарагьы еиҳа иаҳзымариахоит. Ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи иҳаиҳабызаргьы, иҳаиҵбызаргьы, даҽа культурак иатәызаргьы ҳарҩызцәахар ҳалшоит. Хыхь ишаҳҳәахьаз еиԥш, Ионафани Давиди 30 шықәса аҟара рыбжьан, ус шакәызгьы, дара ҩызцәа бзиан. Ишәылшома шәара шәеизараҿы ишәеиҳабу, ма ишәеиҵбу ҩызас дышьҭышәхыр? Убасала иаашәырԥшуеит аиашьара зегьы бзиа ишыжәбо (1 Пиотр 2:17).
Шәахәаԥш абзац 12.b
13. Аизараҿы зегьы ҳҩызцәа гәакьақәа ракәзароума?
13 Ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи зегьы бзиа иаҳбоит, аха уи иаанагаӡом зегьы ҳҩызцәа гәакьақәа ракәзароуп ҳәа. Ҳара ҩызцәас ишьҭаҳхуа иҳаиԥшу ауаа роуп, уи цәгьарак аҵам. Иисус иҵаҩцәа зегьы ҩызцәас иԥхьаӡон, аха Иоанн зегь раасҭа дизааигәан (Иоанн 13:23; 15:15; 20:2). Ус шакәызгьы, иара уи даликааӡомызт. Иаҳҳәап, Иакови Иоанни Иисус Анцәа Иаҳраҿы аҭыԥ ду риҭарц ианиҳәа иара иҳәеит уи зыӡбо иара шиакәым (Марк 10:35—40). Убасҵәҟьа ҳаргьы аизараҿы ҳҩызцәа алҳамкаалароуп, избанзар уи аизараҿы акзаара иаԥырхагахоит (Иак. 2:3, 4; Иуда 17—19).
14. Иҳацхраауазеи аицлабра аҽацәыхьчара, Филиппаа рахь 2:3 иану инақәыршәаны?
14 Абзиабара ахьыҟоу аицлабра ыҟаӡам. Ишаҳбаз еиԥш, Ионафан Давид диҵашьыцӡомызт, аҳрагьы имаикӡомызт. Ҳаргьы ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ҳрыҵашьыцӡом, аха ахынраалара аарԥшны иҳаиҳау реиԥш ҳрыхәаԥшуеит. (Шәаԥхьа Филиппаа рахь 2:3.) Ҳара иаҳхаҳмыршҭлароуп аизараҿы зегьы рыхә шыҳараку. Ахынраалара ҳалазар егьырҭ рҟазшьа бзиақәа ҳбалоит, насгьы ҳарҿыԥшлоит (1 Кор. 12:21—25).
15. Иаҳнарҵозеи Таниа дзықәшәаз ахҭыс?
15 Арыцҳара ҳанақәшәо Иегова ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рыла ацхыраара ҳаиҭоит. Шәааи ҳахәаԥшып Таниа зыхьӡу иаҳәшьак лҿыршԥтәы. 2019 шықәсазы хҩык лхәыҷқәеи лареи Еиду Аштатқәа рҿы имҩаԥысыз «Абзиабара ахаан ииасӡом» зыхьӡыз жәларбжьаратәи аконгресс иаҭааит. Асабшазы аконгресс аҟынтә машьынала ишыхынҳәуаз даҽа машьынак рысит. Дара акгьы рмыхьӡеит, аха даараӡа ишәеит. Амашьына ианҭыҵ ирбеит аӡәы ишрызҿиҭуаз акгьы рмыхьырц азы имашьына иҭатәарц. Уи дара реиԥш аконгресс аҟынтә ихынҳәуаз аиашьа иакәын. Иара идагьы, Швециантәи аконгресс ахь иааз хәҩык аишьцәа аангылеит. Дара Таниа лыԥҳеи лареи ргәыдрыҳәҳәалеит. Уи даара ргәы арҭынчит. Таниа шәымшәан, акгьы ҳмыхьӡеит, шәцалар шәылшоит ҳәа ралҳәеит, аха дара мцаӡеит ахәышәтәырҭа аусзуҩцәа ааны акгьы шырмыхьыз шьақәдырӷәӷәаанӡа. Таниа илҳәеит ари аҭагылазаашьа цәгьаҿы Иегова инапы ӷәӷәа шылбаз. Лара илҳәоит уи ашьҭахь аишьцәеи, аиҳәшьцәеи, Иеговеи иаадырԥшуа абзиабара еиҳагьы ахә ашьара дшалагаз. Ишәгәалашәома шәара аишьцәеи аиҳәшьцәеи иуадаҩу аамҭазы ишшәывагылаз?
16. Иарбан мзызқәоу ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рахь абзиабара аарԥшразы иҳамоу?
16 Ҳазхәыцып иҳабжьо абзиабара шаҟа хәарҭа ҳзаанаго. Уи ҳгәазҭанаҵоит агәаҟра иақәшәаз ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ацхыраара рыҭара. Убасала Анцәа ижәлар ирыбжьоу акзаара ҳарӷәӷәоит. Уи адагьы, абзиабара анааҳарԥшуа Иисус иҵаҩцәа шҳакәу шьақәҳарӷәӷәоит. Уи збо гәык-ԥсыкала иҟоу ауаа аҵабырг аилкаара рҭаххар ауеит. Аха зегь раасҭа ихадоу, уи ала Ҳаб Иегова дҳараҳкуеит. Иара агәыразреи агәыжьжьареи Рынцәа иоуп. Шәааи анаҩсгьы ҳабзиабара еизҳарҳалап, насгьы ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рахь уи ааҳарԥшлап.
АШӘА 130 Шәыгәнаҳақәа шәанеибажьла
a Иисус иҳәеит иҵаҩцәа ирыбжьоу абзиабарала зегьы ирылукаартә ишыҟало. Ҳара уи аҩыза абзиабара аарԥшра ҳҽазаҳшәоит. Ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ҳҭаацәара иахәҭаку бзиа ишаҳбо еиԥш бзиа рбара ҳҽазаҳшәалароуп. Ари астатиаҿы еилҳаргоит уи аҩыза абзиабара ӷәӷәа аизырҳара, насгьы ахьчара иҳацхраауа.
b АСАХЬАҾЫ ИАҲБО: зықәрахь инеихьоу аизара аиҳабы иқәыԥшу аизара аиҳабы дицхраауеит. Иара уи сасра дааиԥхьоит, рыҳәсеи дареи аамҭа еицырхыргарц азы.