Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w21 маи ад. 2—7
  • Ишәԥырхагоума алакҩакра Иисус ишьҭанеира?

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Ишәԥырхагоума алакҩакра Иисус ишьҭанеира?
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2021
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • 1. ИИСУС ДАХЬАТӘЫЗ
  • 2. ИИСУС ЕГЬЫРҬ ИРШАНХАРЦ АЗЫ АЏЬАШЬАХӘҚӘА ҞАИҴОМЫЗТ
  • 3. ИИСУС АИУДЕИАТӘ ҚЬАБЗҚӘА ЖӘПАКЫ ДРЫҚӘНЫҞӘАӠОМЫЗТ
  • 4. ИИСУС АПОЛИТИКАҾЫ АԤСАХРАҚӘА ҞАИМҴАӠЕИТ
  • Иисус ишьҭанеира акгьы шәԥырхагамхааит!
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2021
  • Дызусҭада Иисус Христос?
    Иаҳнарҵозеи Абиблиа?
  • Гәык-ԥсыкала Иисус уишьҭанеила
    Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2018
  • Иисус Христос изку аиаша
    Иаҳнарҵаҵәҟьозеи Абиблиа?
Шәахәаԥш еиҳаны
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2021
w21 маи ад. 2—7

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 18

Ишәԥырхагоума алакҩакра Иисус ишьҭанеира?

«Бзабаала дыҟоуп Сара сахь гәыҩбара змам» (МАТФ. 11:6).

АШӘА 54 «Абар, амҩа»

АХҲӘААa

1. Иахырҳәаазеи шәыуацәеи шәҩызцәеи раԥхьаӡа аҵабырг анырзеиҭашәҳәа, насгьы избан уи зџьашәшьаз?

ИШӘГӘАЛАШӘОМА раԥхьаӡа акәны аҵабырг шышәыԥшааз анеилышәкаа? Абиблиа аҟынтә еилышәкаауаз шәгәаԥхон. Шәгәы иаанагон егьырҭгьы ирзеиҭашәҳәар уи ргәаԥхоит ҳәа. Агәра ганы шәыҟан аҵабырг ауаа зегь насыԥ шырзаанаго, насгьы агәыӷра шырнаҭо (Аԥсал. 119:105). Убри аҟынтә еилышәкааз шәҩызцәеи шәыуацәеи рзеиҭаҳәара шәалагеит. Аха иахырҳәаазеи уи? Иџьашьатәуп, аха реиҳараҩык аҵабырг мап ацәыркит.

2, 3. Ишԥаизыҟаз Иисус ихаан инхоз ауаа реиҳараҩык?

2 Ҳара иџьаҳамшьалароуп ауаа аҵабырг ахьрыдрымкыло. Иисус ихаан инхоз реиҳараҩыкгьы игәра рымгаӡеит, уи Анцәа дышицхраауаз шьақәзырӷәӷәоз аџьашьахәқәа шыҟаиҵозгьы. Иаҳҳәап, иара Лазарь иԥсы ҭеиҵеит. Иисус иаӷацәагьы уи рдыруан, аха уеизгьы аиудеиатә диннапхгаҩцәа Иисус Мессиа шиакәыз агәра агара рҭахымхаӡеит. Уи инеиҳангьы, Иисусгьы Лазарьгьы ршьырц рҭаххеит (Иоанн 11:47, 48, 53; 12:9—11).

3 Иисус идыруан иара Мессиа шиакәу агәра агара еиҳараҩык ишырҭахымхо (Иоанн 5:39—44). Иара Иоанн Аӡӡаахҩы иҵаҩцәа иреиҳәеит: «Бзабаала дыҟоуп Сара сахь гәыҩбара змам» (Матф. 11:2, 3, 6). Избан еиҳараҩык ауаа Иисус игәра зырымгаз?

4. Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?

4 Ари, насгьы анаҩстәи астатиа аҿы ҳара еилҳаргоит актәи ашәышықәсазы инхоз еиҳараҩык ауаа Иисус дызрыдрымкылаз ҳаилзыркаауа амзызқәа. Иара убас ҳалацәажәоит иахьагьы еиҳараҩык ауаа иаҳҳәо ажәабжь изазымӡырҩуа. Аха еиҳараӡак ихадоу, ҳара еилаҳкаауеит Иисус иахь агәрахаҵара ӷәӷәа ҳамазар зҳахәҭоу.

1. ИИСУС ДАХЬАТӘЫЗ

Аӡәырҩы Иисус игәра рымгаӡеит уи дахьиз дызхылҵыз ахьыргәамԥхоз азы. Ирԥырхагахар шԥалшо шьоукы уи иахьагьы? (Шәахәаԥш абзац 5.)b

5. Избан шьоукы ргәы иаанагалар залшоз Иисус Мессиа иакәӡам ҳәа?

5 Аӡәырҩы Иисус дахьатәыз иахҟьаны дрыдрымкылаӡеит. Дара ирдыруан Иисус дшырҵаҩ бзиаз, насгьы аџьашьахәқәа шыҟаиҵоз, аха дара рзы уи баша иӷарыз ауасҭа иԥа иакәын. Уи адагьы, иара ақалақь хәыҷ Назарет датәын. Нафанаилгьы Иисус диҵаҩны дҟалаанӡа иҳәеит: «Иназареттәу бзиарас иалоузеи?» (Иоанн 1:46). Иҟалап Нафанаил Иисус дахьынхоз ақалақь игәамԥхозҭгьы, ма зыӡбахә иҳәоз Михеи 5:2 иану аԥааимбаражәа акәызҭгьы. Уа иаҳәоит Мессиа Назарет акәымкәа, Вифлеем дираны дшыҟаз.

6. Ирыцхраар алшози Иисус ихаан инхоз ауаа иара Мессиа шиакәыз аилкаара?

6 Иаҳәозеи Абиблиа? Аԥааимбаражәақәа рацәаны Мессиа дираны дахьыҟаз дызхылҵуаз атәы рҳәон. Аха аԥааимбар Исаиа заа иҳәахьан Иисус иаӷацәа дахьиз дызхылҵыз ишазымхәыцло (Ис. 53:8). Урҭ ауаа аамҭа алхны афактқәа ҭырҵаазҭгьы еилыркаауан, Михеи ишиҳәахьаз еиԥш, Иисус Вифлеем дышиз, насгьы Аҳ Давид ихылҵшьҭра дшатәыз (Лука 2:4—7). Аха дара афактқәа ирзымхәыцӡакәа рхатә лкаақәа ҟарҵон. Уи Иисус Мессиа шиакәыз агәра агара ирԥырхагахеит.

7. Избан иахьа аӡәырҩы аҵабырг зрыдрымкыло?

7 Иҟоума иахьа уи аҩыза ауадаҩра? Ааи. Иегова ишаҳаҭцәа реиҳараҩык ибеиам уаауп. Аӡәырҩы ирҳәоит дара аҵара змам иаабац уаауп ҳәа (Аус. 4:13). Шьоукы ргәы иаанагоит Иегова ишаҳаҭцәа иахәҭоу аҵара ахьрымам азы егьырҭ Абиблиа дырҵара азин рымаӡам ҳәа. Даҽа шьоукы ирҳәоит Иегова ишаҳаҭцәа Американтәи иааз динхаҵароуп ҳәа. Аха Иегова ишаҳаҭцәа рҟынтә 14 процент роуп Еиду Аштатқәа рҿы инхо. Иегова ишаҳаҭцәа Иисус Христос дхарҵаӡом ҳәа згәы иаанагогьы ыҟоуп. Урҭ зны икоммунистцәоуп, зны америкатәи шпионцәоуп, зны екстремистцәоуп ҳәа рзырҳәоит. Аӡәырҩы уи ииашоу-ииашаму аилкаара аҭыԥан иаҳзырҳәо амц агәра ргоит. Убри аҟынтә аҵабырг рыдыркылаӡом.

8. Еилаҳкаар шԥаҳалшо иахьа ииашаҵәҟьоу Анцәа имаҵзуҩы дызусҭоу, Аусқәа 17:11 иану инақәыршәаны?

8 Иҳацхраауазеи ҳагәрахаҵара ахьчара? Ҳара афактқәа гәаҳҭалароуп. Убас ауп Лука ишыҟаиҵозгьы. Иара зегь «цқьа иҭҵааны, иҟаз шыҟаз» еилкааны ауп Аевангелие шиҩыз. Иара иҭахын ииҩыз Аевангелие иаԥхьало Иисус изкны ираҳахьаз шиашоу ала ашьақәырӷәӷәарақәа рымазарц (Лука 1:1—4). Ақалақь Вериа инхоз ауриацәагьы ус ҟарҵон. Дара раԥхьаӡакәны Иисус изкыз ажәабжь анраҳа, еилыркааз Ауриатә Ҩырақәа ирықәшәоу-ирықәымшәоу гәарҭарц рыӡбеит. (Шәаԥхьа Аусқәа 17:11.) Иахьагьы убас еиԥш афактқәа ҳаԥшаалароуп, даҽакала иаҳҳәозар, Иегова ишаҳаҭцәа иаҳдырҵо Абиблиа иақәшәоу-иақәымшәоу гәаҳҭалароуп. Уи адагьы, ҳаамҭазы урҭ инарыгӡо аус иазкны еиҳаны еилаҳкаалароуп. Ус ҟазҵо ауаҩы Иегова ишаҳаҭцәа атәазымбо, насгьы уҳәан-сҳәан рзызҳәо дизжьаӡом.

2. ИИСУС ЕГЬЫРҬ ИРШАНХАРЦ АЗЫ АЏЬАШЬАХӘҚӘА ҞАИҴОМЫЗТ

Аӡәырҩы Иисус игәра рымгаӡеит аџьашьахәқәа рыҟаҵара мап ахьацәикуаз азы. Ирԥырхагахар шԥалшо шьоукы уи иахьагьы? (Шәрыхәаԥш абзацқәа 9, 10.)c

9. Иҟалазеи Иисус ажәҩан ахьтә дыргак дырбара мап анацәик?

9 Шьоукы Иисус идирҵоз мацара рызхаӡомызт. Дара еиҳаз акы рҭахын. Иисус Мессиа шиакәу шьақәирӷәӷәарц азы «ажәҩан ахьтә дыргак дирбаразы иҳәауа» иалагеит (Матф. 16:1). Иҟалап урҭ Даниил 7:13, 14 иану аԥааимбаражәа ииашамкәа еилыркаауазҭгьы. Иегова игәҭакы инақәыршәаны уи аԥааимбаражәа аамҭак ашьҭахь инаӡар акәын. Иисус Мессиа шиакәыз идирҵоз мацаралагьы еилукаар ауан. Убри аҟынтә урҭ зызиҳәоз аџьашьахәы ҟаимҵаӡеит. Ирҭахыз анырмоу Иисус игәра агара мап ацәыркит (Матф. 16:4).

10. Ишԥанаигӡеи Иисус Мессиа изкны Исаиа 42:1, 2 иану ажәақәа?

10 Иаҳәозеи Абиблиа? Аԥааимбар Исаиа Мессиа изкны иҳәеит: «Иара ибжьы рдуны дцәажәалаӡом, дыҳәҳәалаӡом, амҩаду аҿгьы ибжьы аӡәгьы иирҳаӡом» (Ис. 42:1, 2). Иисус адгьыл аҿы Анцәа имаҵ аниуаз ихы ӡыригаӡомызт. Иара ауахәама дуқәа иргыломызт, иҷыдоу амаҭәа ишәымызт, насгьы ауаа аниацәажәоз атитул дуқәа рхы иадырхәаларц реиҳәомызт. Иисус аӡбарҭа аҿаԥхьа дангылаз иԥсҭазаара ашәарҭара ишҭагылазгьы, Ирод игәы ҟаиҵарц азы аџьашьахәы ҟаимҵаӡеит (Лука 23:8—11). Ааи, Иисус адгьыл аҿы даныҟаз аџьашьахәқәа ҟаиҵон, аха хықәкы хадас имаз Аҳра ажәабжь аҳәара акәын. Иара иҵаҩцәа иреиҳәеит: «Убри азоуп Сара сзааз» (Марк 1:38).

11. Иарбан ииашам гәаанагароу ҳдинхаҵара иазкны шьоукы ирымоу?

11 Иҟоума иахьа уи аҩыза ауадаҩра? Ааи. Аӡәырҩы иргәаԥхоит ауахәама дуқәа, уа иҟоу хәы змам аҟазаратә усумҭақәа, аԥшьаҩцәа иныҟәырго атитулқәа, насгьы имҩаԥырго аҵасқәеи ақьабзқәеи, урҭ рҵакы еиҳараҩык ауаа ишырзымдыруагьы. Аха ауахәамақәа ирҭаауа ауаа Анцәеи иара игәҭаки ирызкны ирдыруа маҷуп. Ақьырсиантә еизарақәа рахь иныҟәо ракәзар, Иегова дара рҟынтә дыззыԥшу рдыруеит. Аҳратә залқәа ауахәамақәа реиԥш ибеиаӡам, аха уа ацқьара ыҟоуп, насгьы иманшәалоуп. Аизараҿы аҭакԥхықәра зду аишьцәа иҷыдоу амаҭәа ршәӡам, насгьы атитулқәа ныҟәыргаӡом. Ҳхаҵареи ҳҵарақәеи шьаҭас ирымоу Анцәа Иажәа ауп. Аха аӡәырҩы ҳагәрахаҵара ргәаԥхаӡом, Абиблиа иану ала анхара ахьырҭахым, насгьы еиуеиԥшым аҵасқәеи ақьабзқәеи ахьҳамам азы.

12. Шьаҭас иамазар акәзеи ҳагәрахаҵара, Ауриацәа рахь 11:1, 6 иану инақәыршәаны?

12 Иҳацхраауазеи ҳагәрахаҵара ахьчара? Апостол Павел Рим инхоз ақьырсианцәа ирзиҩит: «Ахаҵара — иуаҳауа, уззыӡырҩуа аҟнытә иаауеит, иуаҳауа — Анцәа Иажәа иаҿгоуп» (Рим. 10:17). Убри аҟынтә агәрахаҵара еизҳарҳарц азы Абиблиа иаҿагыло ақьабзқәеи аҵасқәеи рынагӡара аҭыԥан, урҭ ԥшӡоушәа ҳгәы иабозаргьы, Анцәа Иажәа ҭаҳҵаалароуп. Ҳагәрахаҵара ӷәӷәазарц азы ииашоу адыррақәа ҳамазароуп, избанзар «гәрахаҵарада Анцәа игәы узыҟаҵом». (Шәаԥхьа Ауриацәа рахь 11:1, 6.) Убри аҟынтә ҳара аҵабырг шаҳаԥшааз шьақәзырӷәӷәо жәҩан аҟынтә аџьашьахәқәа ҳҭахӡам. Алакҩакрақәа ҳамамзарц азы Абиблиа инарҵауланы аҭҵаароуп иаҳҭаху.

3. ИИСУС АИУДЕИАТӘ ҚЬАБЗҚӘА ЖӘПАКЫ ДРЫҚӘНЫҞӘАӠОМЫЗТ

Аӡәырҩы Иисус игәра рымгаӡеит қьабзқәак дахьрықәымныҟәоз азы. Ирԥырхагахар шԥалшо шьоукы уи иахьагьы? (Шәахәаԥш абзац 13.)d

13. Избан аӡәырҩы Иисус Мессиа шиакәу агәра зырымгаз?

13 Иоанн Аӡӡаахҩы иҵаҩцәа даараӡа иџьаршьон Иисус ишьҭанеицәа ачгара иахьаҿымыз. Иисус идеилиркааит иара дрыцнаҵы имычгалар шрылшо (Матф. 9:14—17). Аха уеизгьы афарисеицәеи егьырҭ Иисус иаӷацәеи рҵасқәеи рқьабзқәеи дахьрықәымныҟәоз азы иқәыӡбон. Дара рыԥсахы еибанаркуан асабшаҽны ичмазаҩыз ахьихәышәтәуаз (Марк 3:1—6; Иоанн 9:16). Ганкахьала дара асабша еилазымго ауаа иашақәа реиԥш рхы аадырԥшуан, аха даҽа ганкахьала аныҳәарҭаҿы ахәаахәҭра цәгьарас ҳәа акгьы адырбаломызт. Иисус уи азы данрықәыӡбоз рыԥсахы еибакуан (Матф. 21:12, 13, 15). Иисус Назареттәи асинагогаҿы еизаз ауаа израильаа рҭоурых аҟынтә хҭысқәак ргәаларшәаны идирбеит дара рхы мацара ишазхәыцуаз, насгьы агәрахаҵара шырзымхоз (Лука 4:16, 25—30). Уи рыԥсахы еибанаркит. Аӡәырҩы Иисус Мессиа шиакәу агәра рымгаӡеит иара иҟынтә иззыԥшыз ахьыҟаимҵаз азы (Матф. 11:16—19).

14. Избан Иисус Иԥшьоу Аҩыра иаҿагылоз аҵасқәа дызрықәыӡбоз?

14 Иаҳәозеи Абиблиа? Иегова аԥааимбар Исаиа ила иҳәеит: «Арҭ ауаа сара исзааигәахошәа рҳәоит, ажәала сҳараркуеит, аха гәыла исцәыхароуп, насгьы сҿаԥхьа ирымоу ашәара — ауаа иддырҵаз ԥҟарақәоуп» (Ис. 29:13). Иисус Иԥшьоу Аҩыра иаҿагылоз аҵасқәа данрықәыӡбоз диашан. Ауаа ирхәыцыз аԥҟарақәеи аҵасқәеи Анцәа Иажәа аасҭа ихаданы изыԥхьаӡоз ауаа Иеговеи иааишьҭыз Мессиеи мап рцәыркит.

15. Избан аӡәырҩы Иегова ишаҳаҭцәа зыргәамԥхо?

15 Иҟоума иахьа уи аҩыза ауадаҩра? Ааи. Аӡәырҩы ргәы канажьуеит Иегова ишаҳаҭцәа Абиблиа иаҿагыло аныҳәақәа ахьрыцазгәарымҭо, иаҳҳәап амширақәеи, Ашықәс ҿыци. Егьырҭ рыԥсахы еибанаркуеит Иегова ишаҳаҭцәа Абиблиа иаҿагыло аҳәынҭқарратә ныҳәақәеи аԥсыжратә ҵасқәеи ахьыҟарымҵо. Урҭ ауаа ргәы иаанагоит Иегова ишаҳаҭцәа ииашаӡамкәа Анцәа имаҵ руеит ҳәа. Аха абиблиатә ҵарақәа раасҭа ауаа ирхәыцыз аҵасқәа еиҳа ихаданы ирыԥхьаӡозар, Анцәа игәы рзыҟаҵом (Марк 7:7—9).

16. Иҟаҳҵалар акәзеи, насгьы ҳҽызцәаҳахьчалар ҳахәҭоузеи? (Аԥсалом 119:97, 113, 163—165).

16 Иҳацхраауазеи ҳагәрахаҵара ахьчара? Иегова изакәанқәеи ипринципқәеи рахь абзиабара ӷәӷәа еизҳарҳалароуп. (Шәаԥхьа Аԥсалом 119:97, 113, 163—165.) Ҳара жәҩантәи Ҳаб бзиа даҳбозар ицәымӷу аҵасқәа мап рцәаҳклоит. Иегова иахь ҳабзиабара ак аԥырхагахартә алҳаршом.

4. ИИСУС АПОЛИТИКАҾЫ АԤСАХРАҚӘА ҞАИМҴАӠЕИТ

Аӡәырҩы Иисус игәра рымгаӡеит аполитика иҽахьалаимырхәуаз азы. Ирԥырхагахар шԥалшо шьоукы уи иахьагьы? (Шәахәаԥш абзац 17.)e

17. Иззыԥшызи Иисус ихаан инхоз аӡәырҩы, насгьы ишԥарԥырхагахеи уи игәра агара?

17 Иисус ихаан инхоз шьоукы аполитикаҿы аԥсахрақәа ҟарҵар рҭахын. Дара Мессиа римтәи анапхгара аҟынтә ахақәиҭра риҭоит ҳәа игәыӷуан. Аха Иисус аҳас дҟарҵарц анырҭахха, иара мап рцәикит (Иоанн 6:14, 15). Егьырҭ, аԥшьаҩцәагьы уахь иналаҵаны, Иисус аполитика аԥсахра далагар ҳәа ишәон. Уи римаа рыԥсахы еибанаркуан, насгьы иалырхыз аԥшьаҩцәа рҭыԥқәа рцәыӡуан. Ари зегьы аиудеиаа аӡәырҩы Иисус игәра агара ирԥырхагахеит.

18. Иарбан Мессиа изку ԥааимбаражәақәоу Иисус ихаан инхоз аӡәырҩы мап зцәыркуаз?

18 Иаҳәозеи Абиблиа? Ирацәаны аԥааимбаражәақәа рҿы заа иҳәан Мессиа аиааира зго аибашьҩы шиакәхо. Аха егьырҭ аԥааимбаражәақәа иаадырԥшуан уи аԥхьа ҳагәнаҳақәа рзы дыԥсраны дшыҟаз (Ис. 53:9, 12). Нас избан Иисус иаамҭазы инхоз ауаа Мессиа изкны ииашам агәаанагарақәа зрымаз? Избанзар аӡәырҩы рыуадаҩрақәа иаразнак ишыӡбахо аазмырԥшуаз аԥааимбаражәақәа зегьы мап рцәыркуан (Иоанн 6:26, 27).

19. Иззыԥшузеи иахьа ҳара ҳҟынтә, насгьы изазымӡырҩуазеи иаҳҳәо ажәабжь?

19 Иҟоума иахьа уи аҩыза ауадаҩра? Ааи. Аӡәырҩы иаҳҳәо ажәабжь иазыӡырҩӡом аполитика ҳҽахьалаҳмырхәуа азы. Урҭ ргәы иаанагоит алхрақәа раан ҳабжьы ҳҭилароуп ҳәа, аха ҳара еилаҳкаауеит ауаа рҟынтә анапхгаҩцәа алаҳхуазар, Иегова ҳшиҿагыло (1 Сам. 8:4—7). Уи адагьы, дара ирҭахуп ауаа ҳрыцхрааларц, иаҳҳәап ашколқәеи ахәышәтәырҭақәеи ҳаргылаларц. Урҭ иаҳҳәо ажәабжь иазыӡырҩӡом, избанзар ҳамчқәа зегьы ззаҳкуа ажәабжьҳәаратә ус ауп, ари адунеи аҿы иҟоу ауадаҩрақәа рыӡбара акәымкәа.

20. Ихадазар акәзеи зегь раасҭа ҳара ҳзы, Матфеи 7:21—23 иану Иисус иажәақәа инарықәыршәаны?

20 Иҳацхраауазеи ҳагәрахаҵара ахьчара? (Шәаԥхьа Матфеи 7:21—23.) Иисус иҳадиҵаз аус анагӡара ҳара ҳзы зегь раасҭа ихадазар ауп (Матф. 28:19, 20). Ари адунеи аҿы иҟоу ауадаҩрақәа рыӡбара ҳашьҭамзароуп. Ҳара ауаа бзиа иаҳбоит, насгьы ҳрыцхраауеит, аха еилаҳкаауеит Анцәа Иаҳра иазку ажәабжь дырҵареи Иегова иҩызахара рыцхраареи зегь иреиҳау ацхыраара шакәу.

21. Иҟаҳҵалар акәзеи ҳара?

21 Ари астатиаҿы еилҳаргеит актәи ашәышықәсазы Иисус дызрыдрымкылаз, иахьагьы ишьҭанеицәа изырзымӡырҩуа ԥшь-мзызк. Аха иҟоума уаҳа амзызқәа? Ааи, анаҩстәи астатиаҿы еиҭа ԥшь-мзызк еилҳаргоит. Шәааи ҳагәрахаҵара ҳарӷәӷәалап, насгьы Иисус Анцәа дшааишьҭыз агәра ҳгалап.

АҬАК ШԤАҞАШӘҴАРЫЗ?

  • Избан актәи ашәышықәсазы инхоз аӡәырҩы Иисус Мессиа шиакәыз агәра зырымгаз?

  • Избан иахьа аӡәырҩы Иисус ишьҭанеицәа изырзымӡырҩуа?

  • Избан ҳара Иисус игәра агара ҳзаҟәымҵуа?

АШӘА 56 Цқьа аҵабырг ҭҵаа

a Иисус иеиԥш ибзиаз Арҵаҩы ахаан дыҟамызт, аха еиҳараҩык ауаа Анцәа дшааишьҭыз агәра ргомызт. Избан? Ари астатиаҿы ԥшь-мзызк еилҳаргоит. Ҳара еилаҳкаауеит иахьа еиҳараҩык ауаа Иисус иҵаҩцәа рзыӡырҩра зырҭахым, насгьы Иисус игәра агара ҳаҟәымҵырц азы иҟаҳҵалар ҳалшо. Ари, насгьы анаҩстәи астатиа еиҳарак ахәарҭа ззаанаго Абиблиа зҵо, насгьы аизарақәа рахь иныҟәо, аха макьана аӡы зыҽӡаазымхыц роуп.

b АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Филипп Нафанаил иеиҳәоит Иисус иахь днеирц.

c АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Иисус ажәабжь бзиа еиҭеиҳәоит.

d АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Иисус дызцәымӷу ауаа ишырбо знапы ҩаз ауаҩы дихәышәтәуеит.

e АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Иисус ихала ашьхарахь дцоит.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра