Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w21 маи ад. 8—13
  • Иисус ишьҭанеира акгьы шәԥырхагамхааит!

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Иисус ишьҭанеира акгьы шәԥырхагамхааит!
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2021
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • 1. ИИСУС АУАА ЕИЛИХӠОМЫЗТ
  • 2. ИИСУС ИИАШАМЫЗ АГӘААНАГАРАҚӘА ҾАԤИҼУАН
  • 3. ИИСУС ИШЬҬАШӘАРЫЦОН
  • 4. ИИСУС ДЫРҬИИТ, ИҨЫЗЦӘАГЬЫ ДААНРЫЖЬИТ
  • Ишәԥырхагоума алакҩакра Иисус ишьҭанеира?
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2021
  • Гәык-ԥсыкала Иисус уишьҭанеила
    Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2018
  • Дызусҭада Иисус Христос?
    Иаҳнарҵозеи Абиблиа?
  • Иисус Христос изку аиаша
    Иаҳнарҵаҵәҟьозеи Абиблиа?
Шәахәаԥш еиҳаны
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2021
w21 маи ад. 8—13

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 19

Иисус ишьҭанеира акгьы шәԥырхагамхааит!

«Уара узакәан бзиа избо аҭынчра рымоуп, урҭ зыхҟьашо ахаҳә ыҟаӡам» (АԤСАЛ. 119:165).

АШӘА 122 Шәыӷәӷәаз, гәыҩбара шәмоун!

АХҲӘААa

1, 2. Ииҳәазеи ауаа ргәаанагарақәа ҭызҵаауа аӡәы, насгьы еилҳаргозеи ари астатиаҿы?

МИЛЛИОНҨЫЛА ауаа иахьа Иисус игәра шырго рҳәоит, аха ирҵарақәа ирықәныҟәаӡом (2 Тим. 4:3, 4). Абар ауаа ргәаанагарақәа ҭызҵаауа аӡәы ииҳәаз: «Иахьа дцәырҵызҭгьы актәи ашәышықәсазы Иисус ииҳәоз зҳәо „иҿыцу“ Иисус, мап ицәаҳамкрызи уи ҩ-нызқь шықәса раԥхьа Иисус мап шицәыркыз еиԥш? Иҟалап мап ицәаҳкрызҭгьы».

2 Актәи ашәышықәсазы Иисус изыӡырҩуаз, насгьы аџьашьахәқәа шыҟаиҵоз збоз рацәаҩын, аха уеизгьы игәра рымгаӡеит. Ҳазхысыз астатиаҿы уи зыхҟьаз ԥшь-мзызк еилҳаргеит, ари астатиаҿгьы еиҭа ԥшь-мзызк ҳрыхцәажәоит. Иара убас ҳара еилаҳкаауеит иахьа Иисус иҵаҩцәа изырзымӡырҩуа, насгьы ҳагәрахаҵара ахьчара иҳацхраауа.

1. ИИСУС АУАА ЕИЛИХӠОМЫЗТ

Аӡәырҩы Иисус дрыдрымкылаӡеит гәнаҳаҟаҵаҩцәоуп ҳәа ирыԥхьаӡоз ауаа аамҭа ахьрыцихигоз азы. Ирԥырхагахар шԥалшо шьоукы уи иахьагьы? (Шәахәаԥш абзац 3.)b

3. Избан шьоукы Иисус игәра агара зырҭахымыз?

3 Иисус адгьыл аҿы данынхоз еиуеиԥшым ауаа дрыҿцәажәон. Ибеиаз акыр зылшоз ауаа акрырыцифон, аха иӷарызгьы игәаҟызгьы аамҭа рацәаны ирзалихуан. Уи адагьы игәнаҳаҟаҵаҩцәоуп ҳәа ззырҳәозгьы рыцҳаишьон. Убри азы иԥагьаз ауаа Иисус игәра агара рҭахымызт. Урҭ зны Иисус иҵаҩцәа иразҵааит: «Аҳазеизгаҩцәеи агәнаҳа змоуи шәрыдтәаланы афара-ажәра шәзаҿузеи?» Иисус дара абас реиҳәоит: «Аҳақьым дызҭаху згәы бзиоу ракәӡам, ичмазаҩцәоу роуп. Сара сзааз аҵабыргцәа рааԥхьаразы акәӡам, агәнаҳа иаҵоу рыгәнаҳарақәа рхыхразы иаасыԥхьарц ауп» (Лука 5:29—32).

4. Ирдыруази ауриацәа Мессиа изкны Исаиа иԥааимбаражәа аҟынтә?

4 Иаҳәозеи Абиблиа? Аԥааимбар Исаиа заа иҳәахьан Мессиа ауаа дышрыдрымкыло. Иисус адгьыл ахь даанӡа ԥыҭк шагыз Исаиа иҩит: «Ауаа драҭәаршьомызт, иааигәара анеирагьы рҭахӡамызт... Дҳамбарц азы ҳалаԥш иҟәаҳгон. Иара драҭәаршьомызт, ҳаргьы уаҩыс дҳаԥхьаӡаӡомызт» (Ис. 53:3). Актәи ашәышықәсазы инхоз ауриацәа ирдыруан Мессиа ауаа дышрыдрымкылоз. Убри аҟынтә иџьарымшьалар акәын еиҳараҩык ауаа Иисус игәра ахьырымгоз.

5. Ишԥарзыҟоу аӡәырҩы ауаа Иисус ишьҭанеицәа?

5 Иҟоума иахьа уи аҩыза ауадаҩра? Ааи. Амцдинхаҵарақәа рнапхгаҩцәа игәырӷьаҵәа ирыдыркылоит акыр зылшо, ибеиоу, аҵара ду змоу ауаа. Урҭ ламысдарала инхозаргьы, насгьы Анцәа инормақәа ирықәымныҟәозаргьы. Аха убри аамҭазгьы дара гәыкала Иегова имаҵ зуа, насгьы Анцәа инормақәа рыла инхо ауаа рцәымӷуп. Избан? Избанзар ари адунеи ахәаԥшышьала Иегова имаҵзуҩцәа акгьы иаԥсаӡам. Павел ишиҳәаз еиԥш ауаа ираҭәарымшьо роуп Анцәа иалихыз (1 Кор. 1:26—29). Аха ауаа урҭ шырзыҟазаалакгьы Иегова изиашоу имаҵзуҩцәа зегьы рыхә ҳаракны ишьоит.

6. Ишԥаҳацхраауеи Матфеи 11:25, 26 иану ажәақәа Иисус ишьҭанеира?

6 Иҳацхраауазеи ҳагәрахаҵара ахьчара? (Шәаԥхьа Матфеи 11:25, 26.) Ҳара ҳгәаҳҽанызароуп ари адунеи аҿы Анцәа имаҵзуҩцәа ишырзыҟоу ҳаргьы ҳарзыҟамзарц. Иаҳхаҳмыршҭлароуп Иегова игәҭакы анагӡаразы ихы иаирхәо ахынраалара злоу шракәу (Аԥсал. 138:6). Шәазхәыц, иҟәыӷам аҵара змам ҳәа ари адунеи аҿы ирыԥхьаӡо ауаа рыла Иегова шаҟа ҟаиҵаз.

2. ИИСУС ИИАШАМЫЗ АГӘААНАГАРАҚӘА ҾАԤИҼУАН

7. Избан Иисус афарисеицәа ҩ-цәак зхарԥоу ҳәа зырзиҳәоз, насгьы иахырҳәаазеи уи дара?

7 Иисус дымшәаӡакәа ихаан иҟаз Иегова игәамԥхоз амцдинхаҵаратә ҵасқәа дрықәыӡбон. Иаҳҳәап, иара ҩ-цәак зхарԥаз афарисеицәа иаартны иреиҳәон дара рзы рнапыӡәӡәашьа еиҳа ишхадаз рҭаацәа рхылаԥшра аасҭа (Матф. 15:1—11). Иисус ииҳәаз иҵаҩцәа иџьаршьеит, убри аҟынтә иазҵааит: «Иудыруама, уажәақәа афарисеицәа рзы изыхҟьашо хаҳәны ишыҟалаз?» Иисус ус реиҳәеит: «Жәҩан аҿы иҟоу Сара Саб еиҭеимҳаз иарбан ҵлазаалакь ахыӡаараны иҟоуп. Шәырҟәаҵ убарҭ ауаа: урҭ — лашәцәоуп, алашәцәа ираԥхьагылаҩцәоуп, алашә алашә дымҩаԥигозар, рҩыџьагьы атыша иҭаҳауеит» (Матф. 15:12—14). Адинхаҵаратә напхгаҩцәа Иисус ииҳәоз аиаша ргәы шыԥнажәозгьы иара ажәабжь аҳәара даҟәыҵуамызт.

8. Иҳәозма Иисус Анцәа адинхаҵарақәа рырҵарақәа зегьы игәаԥхоит ҳәа?

8 Уи адагьы Иисус амцдинхаҵарақәа рырҵарақәа ҿаԥиҽуан. Иара ахаан иҳәаӡомызт Анцәа адинхаҵарақәа рырҵарақәа зегьы игәаԥхоит ҳәа. Иара иҳәон аӡәырҩы аҭахарахьы узго амҩа ҭбаала ишцало, насгьы аԥсҭазаарахь уназго амҩа ҭшәала ицало шмаҷыҩхо (Матф. 7:13, 14). Аӡәырҩы Анцәа имаҵ руеит ҳәа рҳәоит, аха Иисус еилыкка идирбеит уи ус шакәмыз. Иара ргәырҽаниҵеит: «Шәхы рцәышәыхьчала ауаса маҭәа зышәҵаны ишәҭаауа амц-ԥааимбарцәа, урҭ ҩнуҵҟала ақәыџьма-мҵарс иаҩызоуп. Урҭ румҭақәа рыла иудыруеит» (Матф. 7:15—20).

Аӡәырҩы Иисус дрыдрымкылаӡеит амцдинхаҵаратә ҵасқәа дахьрықәыӡбоз азы. Ирԥырхагахар шԥалшо шьоукы уи иахьагьы? (Шәахәаԥш абзац 9.)c

9. Еиқәышәыԥхьаӡа Иисус иҿаԥиҽуаз амцҵарақәа.

9 Иаҳәозеи Абиблиа? Абиблиатә ԥааимбаражәақәа руак аҿы заа иҳәан Мессиа Иегова иҩнахьы имазаауа агәацԥыҳәара атәы: «Уҩны агәцаракра Сара ҭаха снаҭом» (Аԥсал. 69:9; Иоанн 2:14—17). Уи агәацԥыҳәара Иисус игәазҭанаҵон амцдинхаҵарақәа рырҵарақәеи рҵасқәеи рҿаԥҽра. Иаҳҳәап, афарисеицәа аԥсы агәра ргон Иисус иакәзар аԥсы дыцәоуп ҳәа иҳәон (Иоанн 11:11). Асаддукеицәа аԥсҭалара агәра ргомызт, Иисус иакәзар иҩыза Лазарь иԥсы ҭеиҵеит (Иоанн 11:43, 44; Аус. 23:8). Афарисеицәа алахьынҵа агәра ргон, Иисус иакәзар ауаҩы Анцәа имаҵ иуло-имуло ихаҭа иӡбар илшоит ҳәа иҳәон (Матф. 11:28).

10. Избан ҳарҵарақәа аӡәырҩы рзы изыхҟьашо хаҳәны изыҟало?

10 Иҟоума иахьа уи аҩыза ауадаҩра? Ааи. Аӡәырҩы ҳзыӡырҩра рҭахӡам, избанзар Абиблиа ҳхы иархәаны рымцҵарақәа ҿаԥаҳҽуеит. Адиннапхгаҩцәа ирҳәоит Анцәа ацәгьаҟаҵаҩцәа џьаҳаным аҿы иргәаҟуашәа. Убас дара ауаа ршәаны ирымоуп. Ҳара, абзиабара злоу Анцәа Иегова имаҵзуҩцәа, уи шымцу ҳҳәоит. Адиннапхгаҩцәа, иара убас ирҳәоит ауаҩы данԥслак ашьҭахь иԥсы нхоит ҳәа. Ҳара ауаа ираҳҳәоит уи амцҵара шакәу, насгьы уи иашазҭгьы аԥсҭалара шаҭахымхоз. Адинхаҵарақәа жәпакы ргәаанагарала ауаҩы алахьынҵа имоуп, аха ҳара ауаа идҳарҵоит ауаҩы алхра ахақәиҭра шимоу, насгьы Анцәа имаҵ иуло-имуло ихаҭа иӡбар шилшо. Иахырҳәаауазеи уи адиннапхгаҩцәа? Аӡәырҩы уи рыԥсахы еибанаркуеит.

11. Дыззыԥшузеи Анцәа имаҵзуҩцәа рҟынтә, Иоанн 8:45—47 иану Иисус иажәақәа инарықәыршәаны?

11 Иҳацхраауазеи ҳагәрахаҵара ахьчара? Ҳара аҵабырг бзиа иаҳбозар Анцәа игәра ҳгалоит, насгьы ҳаизыӡырҩлоит. (Шәаԥхьа Иоанн 8:45—47.) Аҩсҭаа аҵабырг мҩа аанижьит, аха ҳара уи ҳануп, насгьы зыгәра ҳго ахаан ҳацәхьаҵӡом (Иоанн 8:44). Анцәа имаҵзуҩцәа иреиҳәеит: «Ацәгьара шәақәыӡбала, абзиара шәашьҭаз» (Рим. 12:9). Убас ауп Иисусгьы ишыҟаиҵоз (Аур. 1:9).

3. ИИСУС ИШЬҬАШӘАРЫЦОН

Аӡәырҩы Иисус дрыдрымкылаӡеит ашьаҟа дкыдҵаны дахьыршьыз азы. Ирԥырхагахар шԥалшо шьоукы уи иахьагьы? (Шәахәаԥш абзац 12.)d

12. Избан Иисус ашьаҟа дкыдҵаны дахьыршьыз азы ауриацәа аӡәырҩы игәра агара зырҭахымхаз?

12 Ирԥырхагахазеи Иисус ихаан инхоз ауриацәа игәра агара? Павел иҳәеит: «Ҳара ашьаҟа икыдҵаны иршьыз Христос иӡбахә ауаа ирзеиҭаҳҳәоит. Аиудеиаа рзы уи изыхҟьашо хаҳәны иҟалеит» (1 Кор. 1:23). Иисус ашьаҟа дкыдҵаны дахьыршьыз азы ауриацәа аӡәырҩы игәра агара рҭахымхаӡеит. Избан? Дара ргәаанагарала уи аҩыза аԥсышьа иаанарԥшуан Иисус Мессиа иакәымкәа ацәгьаҟаҵаҩи агәнаҳаҟаҵаҩи шиакәыз (Ҩынтә. 21:22, 23).

13. Зыгәра рымгазеи Иисус Мессиа иаҳасабала дыздызымкылаз ауриацәа?

13 Иисус Мессиа иаҳасабала дыздызымкылаз ауриацәа агәра ргаӡомызт иара акгьы шихарамыз, мцҳәарыла ахара шидырҵаз, насгьы ишиқәнагамыз еиԥш ишизныҟәаз. Иисус иус еилзыргоз аӡбаҩцәа аиашара хьаас ирымаӡамызт. Аиудеиатә еиҳаӡоу аусӡбарҭаҿы Иисус иус ирласны аилыргара иалагеит, насгьы азакәанқәа зегь еилаганы имҩаԥыргеит (Лука 22:54; Иоанн 18:24). Аӡбаҩцәа аиаша ахьыҟаз аилкаара аҭыԥан, «Иисус иҿадыргылашаз амц-шаҳаҭцәа ирышьҭан, ишьразы». Уи анырзалымҵ аԥхьаԥшьаҩы Иисус ихазы амц ирҳәара дашьҭалеит. Уи азакәан иаҿагылон (Матф. 26:59; Марк 14:55—64). Иисус иԥсы анҭала ашьҭахь ииашамыз аӡбаҩцәа Иисус дахьҭарҵаз адамра зыхьчоз аруаа «рызхара аԥара рырҭеит», урҭ адамра зҭацәыз иазкны ауаа амц рыладырҵәарц азы (Матф. 28:11—15).

14. Ианызи Иԥшьоу Аҩыраҿы Иисус иԥсра иазкны?

14 Иаҳәозеи Абиблиа? Иисус ихаан инхоз ауриацәа аӡәырҩы Мессиа дыԥсыр акәӡамызт ҳәа ргәы иаанагон. Аха шәахәаԥш аԥааимбаражәақәа руак аҿы ианыз: «Иара иԥсҭазаара ауаа ирықәиҵеит, ацәгьаҟаҵаҩцәагьы дырхыԥхьаӡалан, иара аӡәырҩы рыгәнаҳақәа дрыҵалеит, насгьы агәнаҳаҟаҵаҩцәа дрыдгылеит» (Ис. 53:12). Убри аҟынтә Иисус ацәгьаҟаҵаҩцәа реиԥш даныршь ауриацәа уи Мессиа шиакәыз агәра рымгартә амзызқәа рымаӡамызт.

15. Избан шьоукы Иегова ишаҳаҭцәа рыгәра зырымго?

15 Иҟоума иахьа уи аҩыза ауадаҩра? Ҳәарада! Иисус ацәгьа изҳәаны иқәыӡбеит. Иегова ишаҳаҭцәагьы убас ирзыҟоуп. Абар ҿырԥштәқәак. 1930—1940-тәи ашықәсқәа рзы ҳара Еиду Аштатқәа рҿы аусӡбарҭақәа ҳарҭаауан, ҭынч Анцәа имаҵ ауразы ҳзинқәа ҳахьчарц азы. Иҟан ҳатәазымбоз аӡбаҩцәагьы. Канада, ақалақь хәыҷ Квебек аҿы акатоликатә уахәамеи аҳәынҭқарреи еидгыланы ҳус иаԥырхагахарц рҽазыршәеит. Ажәабжьҳәаҩцәа абахҭа иҭаркуан Анцәа Иаҳра аӡбахә ауаа иахьырзеиҭарҳәоз азы. Анацисттә Германиаҿы иқәыԥшыз ҳашьцәа рацәаҩны иршьит. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Иегова ишаҳаҭцәа Абиблиа аӡбахә ахьырҳәо азы ахара рыдҵаны абахҭа иҭаркуеит. Дара екстремистцәоуп ҳәа рзырҳәоит. Урыс бызшәала иҟоу «Иԥшьоу Аҩыра — Адунеи Ҿыц аиҭага» Иегова ихьыӡ ахьану азы екстремисттә шәҟәуп ҳәагьы ирыԥхьаӡеит.

16. Избан, 1 Иоанн 4:1 иану инақәыршәаны, Иегова ишаҳаҭцәа ирызкны ауаа ирҳәо ҳамжьалар закәу?

16 Иҳацхраауазеи ҳагәрахаҵара ахьчара? Афактқәа шәыԥшаала. Иисус ашьха ашьапаҿы ажәахә аниҳәоз изыӡырҩуаз ргәырҽаниҵеит, ауаа дара цәгьарас иҟоу зегь шырзырҳәало (Матф. 5:11). Уи амц иахагылоу Аҩсҭаа иоуп. Иара ҳаӷацәа амц ҳзырҳәаларц ргәазҭазҵоит (Аат. 12:9, 10). Ҳара уи амц ҳаҿагылалароуп. Уи ҳаршәарц, насгьы ҳагәрахаҵара арԥсыҽырц алҳмыршалароуп. (Шәаԥхьа 1 Иоанн 4:1.)

4. ИИСУС ДЫРҬИИТ, ИҨЫЗЦӘАГЬЫ ДААНРЫЖЬИТ

Аӡәырҩы Иисус дрыдрымкылаӡеит Иуда дахьиҭииз азы. Ирԥырхагахар шԥалшо шьоукы уи иахьагьы? (Шәрыхәаԥш абзацқәа 17, 18.)e

17. Ишԥарныри шьоукы Иисус иԥсра маҷк шагыз иҟалаз ахҭысқәа?

17 Иисус иԥсра маҷк шагыз жәаҩаҩык иапостолцәа руаӡәк диҭиит. Даҽаӡәгьы хынтә мап ицәикит. Уи адагьы, иҵаҩцәа зегьы дааныжьны ицеит (Матф. 26:14—16, 47, 56, 75). Аха Иисус уи џьеимшьаӡеит. Иара заа иҳәахьан ус шыҟалоз (Иоанн 6:64; 13:21, 26, 38; 16:32). Иҟалап, уи збоз шьоукы Иисус иҵаҩцәаны аҟалара рҭахымхазар. Дара ирҳәар ауан: «Иисус иҵаҩцәа абас рхы мҩаԥыргозар, сара урҭ срылазар сҭахӡам!»

18. Иарбан ԥааимбаражәақәоу Иисус иԥсра маҷк шагыз инаӡаз?

18 Иаҳәозеи Абиблиа? Ашәышықәсақәа шыбжьаз Иегова ԥааимбаражәаны иҳәахьан Мессиа 30 раӡны ҳәа дшырҭиуа (Зах. 11:12, 13). Иара убас, иара заа иҳәахьан дызҭиуа Иисус иҩыза гәакьа шиакәхо (Аԥсал. 41:9). Уи адагьы, аԥааимбар Захариа иҩит: «Ахьча дықәх иуасақәагьы еимпааит» (Зах. 13:7). Убри аҟынтә Иисус дзықәшәаз збоз згәы цқьаз ауаа ишьҭанеира иаҟәыҵӡомызт. Дара еилыркаауан убас ала аԥааимбаражәақәа шынаӡо, рыгәрахаҵарагьы ӷәӷәаны иаанхон.

19. Еилыркаауазеи згәы цқьоу ауаа?

19 Иҟоума иахьа уи аҩыза ауадаҩра? Ааи. Ҳаамҭазы еицырдыруаз Иегова ишаҳаҭцәа шьоукы аҵабырг иацәхьаҵит, егьырҭгьы рымҩа иқәдырҟьарц рҽазыркит. Дара ателехәаԥшреи аинтернети рхы иархәаны Иегова ишаҳаҭцәа ирызкны ауаа амц рыладырҵәоит. Аха згәы цқьоу ауаа уи иарҩашьаӡом. Дара еилыркаауеит убас ала аԥааимбаражәақәа шынаӡо (Матф. 24:24; 2 Пиотр 2:18—22).

20. Иҳацхраауазеи ҳагәрахаҵара ахьчара аҵабырг иацәхьаҵыз иҟарҵалалакгьы? (2 Тимофеи иахь 4:4, 5).

20 Иҳацхраауазеи ҳагәрахаҵара ахьчара? Ҳара еиԥмырҟьаӡакәа Абиблиа ҭаҳҵаалароуп, еснагь Анцәа ҳиҳәалароуп, насгьы гәацԥыҳәарала Анцәа иҳадиҵаз аус наҳагӡалароуп. (Шәаԥхьа 2 Тимофеи иахь 4:4, 5.) Ҳара агәрахаҵара ҳамазар Иегова ишаҳаҭцәа ирызкны ирыладырҵәо амц ҳаршәаӡом (Ис. 28:16). Иегова иахь, иара Иажәахь, насгьы ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рахь иҳамоу абзиабара ҳацхраауеит аҵабырг иацәхьаҵыз ирыхҟьаны ҳагәрахаҵара ԥсыҽымхарц.

21. Зыгәра ганы ҳаҟазар ҳалшозеи ауаа ирзеиҭаҳҳәо ажәабжь иазымӡырҩуазаргьы?

21 Актәи ашәышықәсазы Иисус игәра зымгаз рацәаҩын. Аха игәра згазгьы маҷҩымызт. Урҭ рҟынтә аиудеиатә Синедрион иалахәыз аӡәы идамзаргьы дыҟан, иара убас аӡәырҩы аԥшьаҩцәа (Аус. 6:7; Матф. 27:57—60; Марк 15:43). Убас еиԥш иахьагьы миллионҩыла ауаа Иисус иҵаҩцәаны иҟаларц рыӡбеит. Избан? Избанзар Абиблиа иану аҵабырг еилыркааит, насгьы бзиа ирбеит. Анцәа Иажәаҿы иануп: «Уара узакәан бзиа избо аҭынчра рымоуп, урҭ зыхҟьашо ахаҳә ыҟаӡам» (Аԥсал. 119:165).

АҬАК ШԤАҞАШӘҴАРЫЗ?

  • Избан актәи ашәышықәсазы инхоз аӡәырҩы Иисус Мессиа шиакәу агәра зырымгаз?

  • Избан иахьа аӡәырҩы Иисус ишьҭанеицәа ирҳәо азыӡырҩра зырҭахым?

  • Избан ҳара Иисус игәрагара ҳзаҟәымҵуа?

АШӘА 124 Еснагь Анцәа ҳизиашоуп

a Ҳазхысыз астатиаҿы еилҳаргеит Иисус игәра зырымгоз, иахьагьы ишьҭанеицәа рыгәра зырымго ԥшь-мзызк. Ари астатиаҿы еиҭа ԥшь-мзызк еилҳаргоит. Иара убас ҳалацәажәоит Иегова бзиа дызбо рыгәрахаҵара ахьчара ирыцхраауа.

b АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Иисус Матфеии егьырҭ ашәахтә еизгаҩцәеи акыррыцифоит.

c АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Иисус аныҳәарҭаҿы ихәаахәҭуа дәылицоит.

d АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Иисус дкыдҵаны дахьыршьуа аҭыԥ ахь ашьаҟа идыргоит.

e АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Иуда Иисус дгәыдкыланы диҭиуеит.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра