АШӘА 124
Еснагь Анцәа ҳизиашоуп
(Аԥсалом 18:25)
- 1. Шәааи ҳизиашаз Ҳаб Иегова, - Агәыблыра ааҳарԥшлап. - Уи ҳҽизаҳкзар гәык-ԥсыкала, - Нас, иԥҟарақәа ҳахьчап. - Изакәанқәа наҳагӡароуп, - Иеиӷьу ҟәышра ҳазбарым. - Узықәгәыӷша Нцәоуп Иегова, - Иара имҩа ҳаншәарым. 
- 2. Шәааи ҳрызиашаз ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи, - Ҳрывагылап, ицәгьахар. - Ҳреиҷаҳарц ҳҭахуп гәыблыла, - Ҳажәа ҟәандагьы иарӷәӷәар. - Ҳаб ҳаныҟала ҳизиашан, - Ҳаиднакылап уи ҳара. - Усҟан ҳҩызарагьы ԥсыҽхом, - Иақәлом ҳакзаара ԥгара. 
- 3. Ҳа ҳрызиашан ҳаанхалароуп - Ҳаизара аиҳабацәа. - Урҭ иҳабжьарго ҳахыԥом, - Ҳгәы-ҳахшыҩ азцап рацәа. - Ахынраалара ахьҳалоу - Илԥха ҳаимҭои Анцәа. - Уи дитәыҵәҟьоуп, гәык-ԥсыкала - Иаазырԥшуа азиашара. 
(Уахәаԥш иара убас Аԥсал. 149:1; 1 Тим. 2:8; Аур. 13:17.)