Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w21 ииуль ад. 26—29
  • Иегова имаҵ аураҿы исхызгаз насыԥ змаз сыԥсҭазаара

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Иегова имаҵ аураҿы исхызгаз насыԥ змаз сыԥсҭазаара
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2021
  • Ахеиҵақәа
  • АЛАДАТӘИ АФРИКАҞА СДӘЫҚӘЛОИТ!
  • АҬААЦӘАРА АЛАЛАРЕИ ИҾЫЦУ АМАҴЗУРЕИ
  • ВЕФИЛЬ АХЬ ҲХЫНҲӘУЕИТ
  • АТИПОГРАФИАХЬ СХЫНҲӘУЕИТ
  • ДАҼА ЗНЫК СМАҴЗУРА АҼАԤСАХУЕИТ
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2021
w21 ииуль ад. 26—29

АБИОГРАФИА

Иегова имаҵ аураҿы исхызгаз насыԥ змаз сыԥсҭазаара

ЕИҬЕИҲӘЕИТ ЏЬОН КИКОТ

КАНАДАТӘИ Вефиль аҿы амаҵ анызуаз раԥхьатәи дҵас исымаз атипографиаҿы адашьма аԥссара акәын. 1958 шықәсазы, 18 шықәса анысхыҵуаз Вефиль аҿы амаҵ аура салагеит. Сара зегь сгәаԥхон. Дук мырҵыкәа акьыԥхьгатә машьына иҭыҵуаз ажурналқәа рганқәа ԥызҟоз астанок ала аусура салагеит. Вефиль аҿы амаҵ ахьызуаз даара сеигәырӷьон!

Шықәсык ашьҭахь иҳаларҳәеит Аладатәи Африка иҟоу афилиал аҿы хатәгәаԥхарала амаҵ зуло шырҭаху. Уа акьыԥхьгатә машьына дыргылараны иҟан. Сара уахь ацара шысҭаху сҳәеит. Аишьцәа уи иақәшаҳаҭхеит. Уи даараӡа сеигәырӷьеит. Канадатәи Вефиль аҟынтә даҽа хҩык аишьцәагьы алырхит: Деннис Лич, Билл Маклеллан, насгьы Кен Нордин. Ҳара уахь акыраамҭа ҳәа ҳцеит.

Сара сан сылзасны иласҳәеит: «Ажәабжь басҳәоит: сара Аладатәи Африкаҟа сиасуеит!» Сан агәрахаҵара ӷәӷәа лыман Иеговагьы бзиа дылбон. Лара рацәак имцәажәоз ԥҳәысын, уи аҽынгьы лажәа кьаҿын. Аха сара издыруан лара дышсыдгылаз. Сани саби убриаҟара сшырцәыхарахозгьы, насгьы сшыгәхьааргалозгьы ахаан сыӡбара иаҿагыломызт.

АЛАДАТӘИ АФРИКАҞА СДӘЫҚӘЛОИТ!

Деннис Личи, Кен Нордини, Билл Маклеллани сареи Кеиптаун аҟынтә Иоханнесбургҟа дәыӷбала ҳанцоз. 1959-тәи ашықәс

Ҳаԥшьҩык Алада Африкатәи афилиал аҿы 60 шықәса рышьҭахь ҿыц ҳанеиқәшәаз. 2019-тәи ашықәс

Раԥхьа ҳаԥшьҩыкгьы аҵара ҳҵарц азы бруклинтәи атипографиахь хымыз ҳәа ҳрышьҭит. Уи ашьҭахь аидара ныҟәызгоз аӷба ҳақәтәан Кеиптаунҟа ҳдәықәлеит. Усҟан сара 20 шықәса ракәын исхыҵуаз. Ибзиан исгәалашәоит Кеиптаун аҟынтә Иоханнесбургҟа дәыӷбала ҳандәықәлаз ауха. Раԥхьа ҳахьаангылаз Кару захьӡу аҭыԥ аҿы иҟоу қалақь хәыҷык аҿы акәын. Уа асаба гылан, ишоуран. Ҳабааи ҳәа иџьашьаны аԥенџьыр ҳкылыԥшуан. Шықәсқәак рышьҭахь ҿыц уахь ҳаннанага еилаҳкааит урҭ ақалақь хәыҷқәа рҿы шаҟа аԥсҭазаара бзиаз, иҭынчраз.

Шықәсқәак рыҩныҵҟа аинтерес зҵаз, аха имариамыз аус насыгӡон. Сара ажурналқәа «Ахьчаратә бааш», насгьы «Пробудитесь!» акьыԥхьрахь рышьҭразы алинотип аҿы ацәаҳәақәа анысҵон. Ҳфилиал ажурналқәа акьыԥхьуан еиуеиԥшым африкатәи абызшәақәа рыла. Урҭ абызшәақәа рыла ицәажәоз Аладатәи Африкаҿы адагьы егьырҭ африкатәи атәылақәа рҿгьы инхон. Адунеи аҵыхәахь ҳаззааз акьыԥхьгатә машьына аанымгылаӡакәа аус ауан!

Ԥыҭрак ашьҭахь сара аофис ахь сиаргеит. Уа сус зыдҳәалаз апубликациақәа ркьыԥхьреи, аизарақәа рзышьҭреи, реиҭагареи акәын. Сыԥсҭазаара аҵакы аман, гәырӷьаралагьы иҭәын!

АҬААЦӘАРА АЛАЛАРЕИ ИҾЫЦУ АМАҴЗУРЕИ

Лореи сареи иҷыдоу пионерс амаҵ анаҳуаз. 1968-тәи ашықәс

1968 шықәсазы сара Лора Боуен ԥҳәысс дызгеит. Лара Вефиль азааигәара дынхон, пионерс амаҵ луан, насгьы аиҭагаратә ҟәшаҿы амаӡаныҟәгаҩ-кьыԥхьҩы иеиԥш Вефиль дацхраауан. Ҿыц еибагаз усҟан Вефиль иаанрыжьӡомызт аҟынтә иҷыдоу пионерцәас амаҵ аура ҳрышьҭит. Сара маҷк сшәон, избанзар аҵыхәтәантәи жәашықәса Вефиль аҿы сынхон, исфари сабанхари ҳәа ахаан схәыцуамызт. Ҳхы ҳазныҟәгома иҷыдоу апионерцәа ирырҭо аԥарала? Есымза доусу 25 ренд ҳарҭон (усҟантәи аԥарала 35 доллар). Уигь анҳарҭоз асааҭқәеи, аиҭанеирақәеи, иаҳшоз апубликациақәеи рнорма анынаҳагӡоз акәын. Урҭ аԥарақәа ҳазҳархалар акәын анхарҭа ҭыԥ ахә ашәаразы, ҳафатә, ҳамҩақьыра, ахәшәқәа, ма иаҳҭахыз даҽакы аахәаразы.

Ҳара Индиатәи аокеан аԥшаҳәаҿы ишьҭаз ақалақь Дурбан азааигәара иҟаз агәыԥ хәыҷ ахь амаҵ аура ҳрышьҭит. Уа аиндииццәа рацәаҩны инхон. Урҭ XIX-тәи ашәышықәса анҵәамҭазы ашьақартә плантациақәа рҿы аусуразы иааз ирхылҵыз ракәын. Урҭ аплантациақәа рҿы уажәы аӡәгьы аус иуӡомызт, аха дара ркультуреи рчыси рыман, акарри зырҭоз ачыс хаақәагьы уахь иналаҵаны. Уи адагьы дара англыз бызшәа рдыруан, уи ҳус арманшәалон.

Усҟан иҷыдоу апионер 150 сааҭ ажәабжь иҳәалар акәын. Убри аҟынтә Лореи сареи ажәабжьҳәара раԥхьатәи амш ҳанҭыҵ, ф-сааҭк ажәабжь ҳҳәалоит ҳәа ҳаӡбеит. Аҳауа цәаакын ашоура бааԥс ыҟан. Аиҭанеирақәеи абиблиатә ҵарақәеи ҳамаӡамызт аҟынтә ҩнаҭацыԥхьаӡа ажәабжь ҳҳәалар акәын. Уажәшьҭа ҳалгоит ҳәа сгәы ианаанагоз асааҭ санахәаԥш ажәабжь ҳҳәоижьҭеи 40 минуҭ ракәзаарын иҵхьаз. Ҳмаҵзура нагӡашьаз иамаз ҳәа ак сыздыруамызт.

Хәыҷы-хәыҷла ҳаграфик ҳашьцылеит. Ҳара ажәабжьҳәара ҳанцоз абутербродқәа шьҭаҳхуан, асуԥ, ма акаҳуа атермос иҭаҭәаны иаҳгон. Ҳаԥсы ҳшьарц анаҳҭахыз ҳфольксваген хәыҷы ашәшьыра ахьыҟаз ҵлак амҵан иҳаргылон. Зны-зынла аиндииццәа рхәыҷқәа ҳмашьына иадеизалон, насгьы ҳџьашьаны иҳахәаԥшуан. Мышқәак рышьҭахь еилаҳкааит ҩба-хԥа сааҭ ажәабжь ҳазҳәар нас аамҭа умбаӡакәа ишцо.

Асасдкылара аазырԥшуаз ауаа ажәабжь бзиа ахьырзеиҭаҳҳәоз ҳгәы ҟанаҵон. Аиндииццәа аџьшьара аазырԥшуа Анцәа ицәшәо уаа бзиақәоуп. Аиндусцәа аӡәырҩы иаҳҳәоз ажәабжь иақәҿырҭуан. Урҭ Иеговеи, Иисуси, Абиблиеи, адунеи ҿыци, аԥсҭаларазы агәыӷреи атәы аилкаара ргәаԥхон. Шықәсык ашьҭахь 20 библиатә ҵара мҩаԥаҳгон. Есыҽны Абиблиа зҳарҵоз ҭаацәарак иадамзаргьы шьыбжьхьафара ааԥхьара ҳарҭон. Ҳгәырӷьара ҳәаа амамызт!

Аха иаарласны даҽа дҵак ҳарҭеит: араионтә маҵзура алагара. Уажәшьҭа иԥшӡаз Индиатәи аокеан аԥшаҳәа иаҵанакуаз атерриториаҿы ажәабжь ҳҳәалар акәын. Есымчыбжьа еиуеиԥшым аизарақәа ҳарҭаауан, аишьцәеи аиҳәшьцәеи ажәабжь рыцаҳҳәон, насгьы уи аизараҿы иҟаз ҭаацәарак аҿы ҳанхон. Ҳара урҭ ҳрышьцылеит, насгьы рхәыҷқәеи рыҩнатә ԥстәқәеи бзиа иаҳбеит. Аха ҩышықәса рышьҭахь алада-африкатәи афилиал аҟынтә иаҳзасын иҳарҳәеит: «Вефиль ахь шәҳархынҳәыр ҳҭахуп». Сара ус расҳәеит: «Ҳара араҟагьы иаҳгәаԥхоит». Аха ҳәарада, ҳахьырышьҭлакгьы амаҵ аура ҳазхиан.

ВЕФИЛЬ АХЬ ҲХЫНҲӘУЕИТ

Сара амаҵзуратә ҟәшахьы срышьҭит. Уа аԥышәа змаз аишьцәа амаҵ рыцызуан. Усҟан араионтә хылаԥшҩы аизара данаҭаалак ашьҭахь афилиал ахь аҳасабырба ишьҭуан. Уи инақәыршәаны афилиал аизарақәа асаламшәҟәқәа рзырыҩуан. Урҭ асаламшәҟәқәа рыла аишьцәа ргәы шьҭырхуан иаҭахыз анапхгарагьы рырҭон. Амаҵзуратә ҟәша амаӡаныҟәгаҩцәа рхы иамеигӡакәа аџьабаа рбон. Зны дара араионтә хылаԥшыҩцәа иаарышьҭыз аҳасабырбақәа коса, зулу, насгьы егьырҭ африкатәи абызшәақәа рҟынтә англыз бызшәахьы еиҭаргон. Нас афилиал аҟынтә аишьцәа ирыҩуаз асаламшәҟәқәа урҭ абызшәақәа рахь дырҩегь ииаргон. Урҭ иаадырԥшуаз ахамеигӡара џьасшьон. Уи адагьы, дара рыцхыраарала еилыскааит Африка инхоз еиқәаҵәаз аишьцәеи аиҳәшьцәеи зықәшәоз ауадаҩрақәа.

Усҟантәи аамҭазы Алада Африкатәи Ареспублика апартеидтә система ыҟан. Еиуеиԥшым арасақәа рахь иаҵанакуаз ауаа шамахамзар еибабаӡомызт, насгьы хазы-хазы инхалар акәын. Еиқәаҵәаз ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рраса иатәыз мацара ракәын изацәажәалар рылшоз, ажәабжь ззеиҭарҳәалар ауаз, насгьы рхатәы бызшәала имҩаԥысуаз аизарақәа рахь акәын иныҟәалар ахьрылшоз.

Уаанӡа сара англыз бызшәала имҩаԥысуаз аизарақәа рҿы амаҵ зуан. Убри аҟынтә еиқәаҵәаз аишьцәеи аиҳәшьцәеи рҟынтә аӡәгьы дсыздыруамызт. Уажәы сара алшара сыман урҭ еиӷьны рабадырра, насгьы ркультуреи рҵасқәеи реилкаара. Сара еилыскааит урҭ шаҟа уадаҩра ирықәшәоз, насгьы Абиблиа иаҿагыло аҵасқәеи арҵарақәеи мап рцәыркырц азы шаҟа агәымшәара рҭахыз. Уи адагьы еилыскааит адемонцәа злахәыз аҵасқәа мап ахьырцәыркуаз азы рҭаацәеи ргәылацәеи гәымбылџьбарала ишрызныҟәоз. Уи адагьы ақыҭақәа рҿы инхоз ауаа цәгьала иӷарын. Урҭ реиҳараҩык аҵара рымаӡамызт, аха Абиблиа пату ақәырҵон.

Сара аишьцәа срыцхраауан адинхаҵаратә хақәиҭреи анеитралитет ахьчареи рзы ауаҩы изинқәа зыхьчоз аусқәа реилыргара. Иегова ишаҳаҭцәа рхәыҷқәа ашкол иҭырцон, ашкол аҿы имҩаԥыргоз анцәаиҳәарақәеи адинхаҵаратә гимн аҳәареи рҽахьаладмырхәуаз азы. Урҭ иаадырԥшуаз агәымшәареи Иегова иахь ирымаз азиашареи сыгәрахаҵара арӷәӷәон.

Усҟан Свазиленд захьӡыз африкатәи тәыла хәыҷык аҿы инхоз аишьцәеи аиҳәшьцәеи даҽа уадаҩракгьы иақәшәеит. Акрал Собхуза II данԥсы атәылаҿы инхоз ахацәа зегьы рыхқәа рсар акәын, аҳәса икьаҿны рыхқәа ҵдырффар акәын. Уи аҭыԥ аҿы ус иџьабон. Аӡәырҩы аишьцәеи аиҳәшьцәеи уи мап ахьацәыркыз азы ашьҭашәарыцарақәа ирықәшәеит. Дара Иегова иахьизиашаз ҳгәы ҟанаҵеит. Африкатәи аишьцәеи аиҳәшьцәеи иаадырԥшуаз азиашареи ачҳареи иаҳнарҵаз рацәоуп.

АТИПОГРАФИАХЬ СХЫНҲӘУЕИТ

1981 шықәсазы сара дырҩегь атипографиахь сиаргеит. Ҳара хықәкыс иҳаман акомпиутертә технологиақәа акьыԥхьратә ус аҿы рхархәара ҳалагарц. Уи аинтерес зҵаз аамҭан. Акьыԥхьратә методқәа есааира рыҽдырҿыцуан. Компаниак «фотонаборная машина» ҳәа изышьҭаз хәыда-ԥсада иԥаҳшәарц ҳадыргалеит. Уи аусушьа ҳгәаԥхеит аҟынтә жә-линотипк урҭ рҩызцәа амашьынақәа хәба рыла иҳаԥсахит. Иара убас иҿыцу акьыԥхьгатә машьына ықәҳаргылеит. Ҳтипографиа иҿыцу аметод ала аусура иалагеит.

Акомпиутерқәа рхархәара ҳахьалагаз абзоурала MEPS («Бызшәарацәала иҟоу аелектронтә-ҭыжьратә система») ацхыраарала аматериал даҟьала еихшаны акьыԥхьра ҳалагеит. Уи канадатәи Вефиль аҟынтә Аладатәи Африкаҟа ԥшьҩык аишьцәа ҳаззааз идууз имыццакӡакәа аус зуаз алинотипқәа иреиԥшымызт (Ис. 60:17). Уи аамҭазы ҳара зегьы пионерцәас амаҵ зуаз аиҳәшьцәа аҭаацәара ҳрыцалалахьан. Билли сареи макьана Вефиль аҿы амаҵ ҳуан, Кени Денниси рҭаацәарақәеи дареи афилиал азааигәара инхон.

Вефиль аҿы аусутә еиҳа-еиҳа еиҳахон. Ҳлитература бызшәарацәала еиҭаргон, иркьыԥхьуан, анаҩс егьырҭ афилиалқәа рахь ирышьҭуан. Аамҭак ашьҭахь Вефиль ҿыц ҳаргылар акәхеит. Уи азы Иоханнесбург мраҭашәаратәи ахәҭаҿы аҭыԥ ԥшӡа алхын. 1987 шықәсазы афилиал ҿыц Иегова изаҳкит. Сара Алада Африкатәи афилиал акомитет аҿы акыршықәса амаҵ зуан. Урҭ ашықәсқәа анысгәалашәо сгәы ҟанаҵоит.

ДАҼА ЗНЫК СМАҴЗУРА АҼАԤСАХУЕИТ

Ҳара даараӡа иџьаҳшьеит 2001 шықәсазы Еиду Аштатқәа рҿы иҟаз афилиал аҟны ҿыц еиҿкааз акомитет ахь амаҵ аура ааԥхьара ансырҭа. Ҳәарада Лореи сареи Алада Африкатәи Ареспубликаҿы иҟаз бзиа иаҳбаз аусуреи ҳҩызцәеи рааныжьра ҳзымариамызт. Аха ҳгәы хыҭ-хыҭуа ҳазыԥшын Еиду Аштатқәа рҿы иҟоу Вефильтәи аҭаацәара ҳанахәҭакхо.

Убри аамҭазгьы ҳара ҳхәыцуан зықәрахь инеихьаз Лора лан дааныжьны ҳашԥацо ҳәа. Ниу-Иоркынтәи уи лхылаԥшра шҳалымшоз еилаҳкаауан. Ҳара ҳаигәырӷьеит Лора хҩык лаҳәшьцәа ран лхылаԥшра рхахьы иахьыргаз. Дара ирҳәеит: «Ҳара ҳаамҭа зегь амаҵзура азкра ҳалшаӡом, аха ҳан ҳалхылаԥшлар шәара шәмаҵзура нашәыгӡалар шәылшоит». Ҳара урҭ даараӡа иҭабуп ҳәа раҳҳәоит!

Убас еиԥшҵәҟьа Торонто инхоз сашьа иԥҳәыси иареи еибахаз сан дырбон. Лара сашьа иҭаацәараҿы 20 шықәса инареиҳаны дынхон. Урҭ иҭабуп ҳәа раҳҳәоит бзиа дахьырбоз, насгьы иахьылхылаԥшуаз азы. Илахьеиқәҵагоуп, аха Лореи сареи Ниу-Иоркҟа ҳаниас ашьҭахь хара имгакәа лара дыԥсит. Ахамеигӡара аарԥшны ацхыраара иазхиоу урҭ рҩызцәа аҭаацәара Иегова иҟынтә ҳамҭоуп, избанзар зықәрахь инеихьоу аҭаацәа рхылаԥшра мариам.

Еиду Аштатқәа рахь ҳаниас шықәсқәак рыҩныҵҟа сара Вефиль атипографиаҿы аус зуан. Уи аамҭа аҩныҵҟа алитература аҭыжьра аметодқәа еиҳа-еиҳа рыҽдырҿыцит иагьымариахеит. Аамҭак ашьҭахь Вефиль иагу-иабзоу аахәара иазкыз аҟәшахьы сиаргеит. Сара ҳаҭыр дуны исыԥхьаӡоит аҵыхәтәантәи 20 шықәса ари афилиал ду аҿы амаҵ аура ахьсылшо. Ара 5 000-ҩык аишьцәеи аиҳәшьцәеи амаҵ руеит, даҽа 2 000-ҩык раҟара афилиал иацхраауеит.

60 шықәса раԥхьа ара сшыҟалоз схаҿгьы исзаагомызт. Лора еснагь дсывагылоуп. Ҳаԥсҭазаараҿы ахҭыс бзиақәа рацәан. Ҳара Иегова иҭабуп ҳәа иаҳҳәоит еиуеиԥшым адҵақәа ахьҳаиҭоз, иара убас амаҵ зцаҳуаз, насгьы адунеи ахьынӡанаӡааӡо ҳазҭаауаз афилиалқәа рҿы ҳзабадырыз аҩызцәа рзы. Уажәы сара 80 шықәса сырҭысхьеит аҟынтә еиҳа имаҷны аус зуеит. Аха шаҟа ибзиоузеи афилиал аҿы зхы иамеигӡакәа аџьабаа збо иқәыԥшу аишьцәа рацәаҩны иахьҳамоу!

Аԥсаломшәаҳәаҩ иҩит: «Насыԥ рымоуп Иегова Нцәас дызмоу ажәлар» (Аԥсал. 33:12). Сара уи сиқәшаҳаҭуп. Иегова иҭабуп ҳәа иасҳәоит насыԥ змоу ижәлар срылагыланы имаҵ аура ахьсылшо!

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра