Аԥхьаҩцәа рызҵаарақәа
Ишԥазыҟоу Иегова ишаҳаҭцәа ахатә ҩыза иԥшааразы иҟоу асаитқәеи апрограммақәеи рхархәара?
Иегова иҭахуп аҭаацәара иалало насыԥ рымазарц, насгьы реизыҟазаашьақәа ӷәӷәазарц (Матф. 19:4—6). Аҭаацәара шәалалар шәҭахызар ишәыцхраауазеи ишәнаало ахатә ҩыза иԥшаара? Ҳазшаз Иегова насыԥ змоу аҭаацәалазаара шьаҭас иамоу идыруеит. Убри аҟынтә аибадырраангьы, аҭаацәара шәаналалакгьы Анцәа иҳаиҭаз апринципқәа шәхы иашәырхәалар, шәҭаацәалазаараҿы насыԥ шәымазаауеит. Шәааи, урҭ рҟынтә принципқәак ҳрылацәажәап.
Зегь раԥхьа иргыланы иаҳхаҳмыршҭлароуп «зегь раасҭа игьангьашу, ибааԥсу агәы» шакәу (Иер. 17:9). Ҩыџьа ауаа анеибадыруа ирласны изызҳауа рцәаныррақәа ибзианы ахәыцра ирԥырхагахар алшоит. Дара аҭаацәара алалара ргәазҭазҵо еиҳарак ацәаныррақәа ракәзар аҵыхәтәаны уи иахьхәыр ауеит (Ажәам. 28:26). Убри аҟынтә ҿыц аибадырра шәаналаго шәцәаныррақәа рыӡбахә аҳәара шәахымыццаклан, насгьы ауаҩы ибзианы деилышәкаанӡа акы дақәшәмыргәыӷлан.
Ажәамаанақәа 22:3 аҿы иануп: «Хара иԥшуа арыцҳара ибоит, насгьы иҽацәихьчоит, аԥышәа змам ԥхьаҟа дцоит, уи иахҟьангьы агәаҟрақәа дрықәшәоит». Шьоукы рхатә ԥышәала еилыркааит асаитқәеи апрограммақәеи рҿы аибадырра иҽеим ахь унанагар шалшо. Дара ауаҩы иабадырит, еиқәшәо иалагеит, нас еилыркааит аӡәы баша ихы ишаирхәаз. Уи адагьы, амцҳәаҩцәа иртәым адаҟьақәа рхы иархәаны ауаа аԥара рымырхуеит. Дара рыгәра ргарц азы зны-зынла Иегова ишаҳаҭцәа ракәушәа рҳәоит.
Иҟоуп даҽа шәарҭаракгьы. Еинаалоит ҳәа ирыԥхьаӡо ауаа еиқәдыршәарц азы саитқәак акомпиутертә программақәа рхы иадырхәоит. Аха урҭ шиашоу шьақәзырӷәӷәо ҳәа акгьы ыҟам. Рыгәра жәгома шәара ахатә ҩыза иалхра еиԥш иҟоу ихадоу азҵаараҿы ауаа ишьақәдыргылаз апрограммақәа? Иузрыдкылома урҭ абиблиатә принципқәа? (Ажәам. 1:7; 3:5—7).
Даҽа принципк ануп Ажәамаанақәа 14:15 аҿы: «Аԥышәа змам ауаҩы иаарҳәо зегь агәра игоит, аилкаара змоу ауаҩы ишьаҿақәа дрызхәыцуеит». Ҳәарада аӡәы аҭаацәара ҳицалалаанӡа ибзианы деилаҳкаар ҳҭахуп. Аха асаитқәа рҿы уи аҟаҵара уадаҩуп. Ауаҩы шәхатә даҟьа изаашәыртзаргьы, уа акыраамҭа аацҳарақәа рыла шәеицәажәозаргьы, ишәызҳәома ибзианы шәеибадыруеит ҳәа? Сгәы иақәшәаҵәҟьо дсыԥшааит ҳәа зҳәоз ауаагьы лабҿаба ианеибабалак ианеицәажәалак лассы-лассы иахьхәуан.
Аԥсаломшәаҳәаҩ иҳәеит: «Сара амц зҳәоз ауаа срыдтәаламызт, зхаҭара зҵәахуаз срыцмызт» (Аԥсал. 26:4). Аӡәырҩы рдаҟьаҿы мцык анырҵар цәгьарас ҳәа акгьы аҵамшәа рыԥхьаӡоит. Рхы бзианы иаадырԥшырц азы излаҟам рҳәар ауеит, ма ак рӡар ауеит. Шьоукы рдаҟьаҿы Иегова ишаҳаҭ шракәу анырҵоит. Аха уи ус акәҵәҟьоума? Аӡы рыҽӡаарххьоума дара? Доуҳала ишәуп ҳәа узҳәома? Иеговеи дареи реизыҟазаашьақәа ӷәӷәоума? Аизараҿы ахьӡ бзиа рымоума? Рхымҩаԥгашьа ҽеимзар? (1 Кор. 15:33; 2 Тим. 2:20, 21). Ирымоума Анцәа иҿаԥхьа азин аҭаацәара алаларазы? Арҭ азҵаарақәа рҭак ҳдыруазар хадоуп. Аха ауаҩы ибзианы дыздыруа Иегова ишаҳаҭцәа ҳармацәажәар уи ҳзеилкааӡом (Ажәам. 15:22). Иегова изиашоу ауаҩы игәрахаҵара ицеиҩызымшо ахаан аҭаацәара дицалалаӡом (2 Кор. 6:14; 1 Кор. 7:39).
Ишаҳбаз еиԥш ахатә ҩыза иԥшаареи иеилкаареи рзы иҟоу асаитқәеи апрограммақәеи рхархәара шәарҭоуп. Дҳаԥшаар абаҳалшо нас аҭаацәара ҳзыцалалаша? Ауаарацәа еизаларц азин анрымоу Иегова ишаҳаҭцәа хаҭала аибадырра рылшоит аизарақәеи, аконгрессқәеи, аиҩызаратә еиԥыларақәеи рҿы.
Аамҭа анеицышәхыжәго еиҳа еиӷьны еилышәкаауеит шәхықәкқәа еиқәшәоу-еиқәымшәоу, насгьы шәҩыџьагьы шәзы ихадоу
Гәыԥ-гәыԥла аизара анҳалымшо (иаҳҳәап, апандемиа COVID-19 иахҟьаны), аизарақәа рымҩаԥгаразы авидеоконференциақәа ҳхы иаҳархәоит. Уа аҭаацәара алалара зҭаху Иегова ишаҳаҭцәа аҭаацәара иалам ақьырсиан иабадырыр рылшоит. Ҳара иаҳбалар ҳалшоит урҭ адҵақәа рыманы ишықәгыло, насгьы аизара рыҽшаладырхәуа (1 Тим. 6:11, 12). Уи адагьы аизара ашьҭахь аишьцәеи аиҳәшьцәеи ахьеицәажәо агәыԥ хәыҷқәа рҿы ҳаицәажәалар ҳалшоит. Иара убас Иегова ишаҳаҭцәа видеоконференциала еиҿыркаауа аиҩызаратә еиқәшәарақәа рҿы ауаҩы ихы шимҩаԥиго, насгьы егьырҭ дышрацәажәо еиҳа еиӷьны даҳнардыруеит (1 Пиотр 3:4). Убас ала еиҳа-еиҳа шәеибадырцыԥхьаӡа шәхықәкқәа еиқәшәоу-еиқәымшәоу, шәҩыџьагьы шәзы ихадоу, насгьы шәеинаалоу-шәеинымаалоу еилышәкаауеит.
Ахатә ҩыза дзыԥшаауа ақьырсианцәа абиблиатә принципқәа рхы иадырхәозар рҭаацәалазаараҿы насыԥ рымазаауеит. Уи дара рзы зыхә ҳараку ҳамҭахоит, насгьы Иегова дшырзыразу аанарԥшлоит (Ажәам. 18:22).