Аԥхьаҩцәа рызҵаарақәа
Ҵакыс иамоузеи «ишәзааигәоу ишьра шәашьҭамлан» ҳәа Алевит 19:16 иану аԥҟара, насгьы иаҳнарҵозеи уи ҳара?
Иегова ижәлар, израильаа, цқьазарц реиҳәеит. Убри аҟынтә ириҭаз аԥҟарақәа руак абас аҳәоит: «Шәыуаажәлар ацәгьа рзышәымҳәалан. Ишәзааигәоу ишьра шәашьҭамлан. Сара Иегова соуп» (Алев. 19:2, 16).
«Ишәзааигәоу ишьра шәашьҭамлан» ҳәа иҳәоу ажәақәа аоригинал текст аҟынтә «ашьа уламгылан» ҳәа еиҭоугар алшоит. Аха арҭ ажәақәа ҵакыс ирымоу аилкаара мариаӡам.
Аҵарауаа шьоукы ирҳәоит арҭ ажәақәа реилкаара 15-тәи ажәеинраалаҿы иану ҳацхраауеит ҳәа. Уа иануп: «Аӡбарҭаҿы ииашамкәа шәхы мҩаԥыжәымгалан. Ибеиоу-иӷару ҳәа ауаа еилышәымхлан. Ишәзааигәоу иус ииашаны ишәыӡбала» (Алев. 19:15). Дара ргәаанагарала аԥҟара «ишәзааигәоу ишьра шәашьҭамлан» иаанаго Анцәа имаҵ зуа ауаа аӡбарҭаҿы, аусура иадҳәалоу азҵаарақәа рҿы, рҭаацәарақәа рҿы, ма феидак роурц анырҭаху амц рҳәалар ҟалаӡом ҳәа ауп. Уи иашоуп, амцҳәара ҟалаӡом, аха Алевит 19:16 иану ажәақәа убас аума ишеилкаатәу?
Ҳахәаԥшып ари ажәеинраала актәи ахәҭаҿы иану. Иегова иҳәоит: «Шәыуаажәлар ацәгьа рзышәымҳәалан». Аӡәы ацәгьа изҳәара уҳәан-сҳәан аҳәара аасҭа еицәоуп, уигьы ауаҩы ихьӡ бжьнахыр шалшогьы (Ажәам. 10:19; Еккл. 10:12—14; 1 Тим. 5:13—15; Иак. 3:6). Аӡәы ацәгьа изҳәара иаанаго ихьӡ бжьухырц азы иҟам-ианым изҳәара ауп. Аӡәы ацәгьа изызҳәо ауаҩы ашьра иқәҵаны дыршьырц азгьы амц изиҳәар илшоит. Навотгьы убас ауп ишизыруз. Уи амц изырҳәан, акгьы ихараӡамкәа дыршьит (1 Аҳ. 21:8—13). Ишаҳбаз еиԥш, ауаҩы ацәгьа изызҳәо иара изааигәоу ишьра дашьҭоуп ҳәа ҳҳәар ауеит.
Абжьааԥны ауаҩы аӡәы ацәгьа зизиҳәо уи дахьицәымӷу азоуп. 1 Иоанн 3:15 аҿы иануп: «Зашьа дызцәымӷу дарбанзаалакь — дуаҩшьҩуп, шәара ижәдыруеит ауаҩшьҩы изы наунагӡатәи ԥсҭазаара ҳәа акгьы шыҟам». Иџьашьатәӡам Алевит 19:16 иану аԥҟара ашьҭахь абас ахьану: «Шәашьа дышәцәымӷымхан» (Алев. 19:17).
Ишаҳбаз еиԥш, «ишәзааигәоу ишьра шәашьҭамлан» ҳәа иану аԥҟара ақьырсианцәагьы ықәныҟәалароуп. Ҳара аӡәы ацәгьа изҳәара акәым, иҽеимкәагьы ҳаизымхәыцлароуп. Ауаҩы аӡәы ацәгьа зизиҳәо уи дахьиҵашьыцуа, ма дахьицәымӷу азы ауп. Аӡәы ацәгьа изызҳәо ишьра дашьҭоуп ауп иаанаго. Ақьырсианцәа рыбжьара уи аҩыза ҟамлароуп (Матф. 12:36, 37).